Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аилибамкаарақәа шыӡбалатәу

Аилибамкаарақәа шыӡбалатәу

Избан ҳандыргәаауа агәыԥжәара аҽаҭара ма ашьаура зҳахәҭам?

Ажәм 20:22; 24:29; Рм 12:17, 18; Иак 1:19, 20; 1Пт 3:8, 9

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • 1См 25:9—13, 23—35. Навал Давид иуаажәлари иареи анылаирҟә, насгьы ацхыраара анриимҭа, Давид игәы ԥжәан, Навали иҩны иҩназ ахацәеи ишьырц иӡбеит, аха Авигеиа аҟәышра аарԥшны иабжьылгаз ицхрааит ашьакаҭәара ацәцара.

    • Ажәм 24:17—20. Иегова игәаԥхаӡом имаҵзуҩцәа ангәырӷьо раӷацәа ацәгьара иахьақәшәо азы; ҳара урҭ рус аӡбара Иегова инапы ианаҳҵоит.

Ақьырсиан аӡәи иареи аилибамкаара рыбжьалазар, уи димацәажәо игәаӷ икыр ихәҭоума?

Алв 19:17, 18; 1Кр 13:4, 5; Еф 4:26

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Мф 5:23, 24. Иисус иҳәеит иҳазгәааны иҟоу ҳашьеи ҳареи ҳаинааларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵар шҳахәҭоу.

Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи, аӡәы ҳиргәаазар?

Ажәм 10:12; 19:11; Еф 4:32; Кл 3:13

Избан зныкымкәа агәнаҳа ҳзызузгьы иранаҳажьлар зҳахәҭоу, урҭ гәык-ԥсыкала иахьхәузар?

Ҳашьа ҳҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵазар, иаҳҳәап, иҟам-ианым ҳзиҳәазар, ма ҳаижьазар, насгьы уи ус иаанҳажьыр ҟамлозар, иацәажәар зыхәҭада, насгьы изакәазы иацәажәатәузеи?

Мф 18:15

Шәахәаԥш иара убас Иак 5:20

Иҟаҳҵар акәзеи, иҟам-ианым ҳзызҳәаз, ма ҳазжьаз ҳнаидгыланы ҳаниацәажәа ашьҭахьгьы дахьымхәуазар?