Агәнаҳа
Изакәызеи агәнаҳа? Избан уи зегьы изаҳныруа?
Агәра шԥаҳнарго Абиблиа игәнаҳау агәаҳәарақәа риааира шҳалшо?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
2См 11:2—5, 14, 15, 26, 27; 12:1—13. Аҳ Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, аха дахьиашамыз ирбаны ианиабжьа, иҽиԥсахырц азы илшо зегь ҟаиҵон.
-
Рм 7:15—24. Апостол Павел ахаҵара ӷәӷәа иман, насгьы гәыкала Анцәа дизиашан, аха уеизгьы ииашамыз ахәыцрақәеи агәаҳәарақәеи дырҿагылалар акәын.
-
Избан аӡәырҩы ауаа агәнаҳа зыҟарҵо?
Аус 3:17; 17:29, 30; 1Тм 1:13; 1Пт 1:14
Шәахәаԥш иара убас Ахԥ 15:27—29
Избан иаҳдырны агәнаҳа аныҟаҳҵо еиҳагьы изшәарҭоу?
Шәахәаԥш иара убас Ахԥ 15:30; Рм 1:28—32; 1Тм 5:20
Ихы иаирхәар илшозеи Аҩсҭаа, Анцәа имаҵзуҩцәа агәнаҳа дирҟаҵарц азы?
Ажәм 1:10, 11, 15; Мф 5:28; Иак 1:14, 15
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Аҟ 3:1—6. Аҩсҭаа амаҭ ихы иархәаны Ева данлацәажәа, агәнаҳа лирҟаҵеит; лхы мацара дазхәыцларц лгәазҭеиҵеит, уи иахҟьаны Иегова игәра агара лцәыцәгьахо далагеит.
-
Ажәм 7:6—10, 21—23. Соломон еиҭеиҳәоит аԥҳәыс ԥхамшьа аҟәышра ззымхо аҷкәын дышхылхуа.
-
Иҳацхраауазеи, Аҩсҭаа ҳхихырц иҽаназишәо?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Ажәм 5:1—14. Соломон ила Иегова иҳәеит асексуалтә ламысдара ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу, насгьы уи аҿы иҳацхраауа.
-
Мф 4:1—11. Иисус Аҩсҭаа ишьацҳәақәа дырҿамшәарц азы Анцәа Иажәа ихы иаирхәон.
-
Иарбан гәнаҳа ӷәӷәақәоу ақьырсианцәа рҽызцәырыхьчалар рыхәҭоу?
Шәахәаԥш «Ииашам ахымҩаԥгашьа»
Агәнаҳа шыҟауҵаз аҳәара
Избан агәнаҳа шыҟауҵаз аҵәахра захәҭам?
Иаартны изаҳәатәыда ҳагәнаҳақәа зегьы?
Аԥс 32:5; Мф 6:9—14
Дызусҭада цхырааҩыс иҳамоу, ҳара ҳзы Иегова иҳәо?
Ишԥаилшо агәнаҳаҟаҵаҩ игәнаҳақәа дышрыхьхәыз ааирԥшыр?
Шәахәаԥш иара убас «Ахьхәра»
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Ақәҵ 22:1—12. Моисеи изакәан инақәыршәаны, аӷьыч ииӷьычыз ахә ишәар акәын.
-
Лк 19:8, 9. Ашәахтәеизгаҩцәа иреиҳабыз Закхеи иҽиԥсахит, насгьы амц ҳәаны аԥара змиххьаз ирызирхынҳәит.
-
Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ҳагәнаҳақәа шҳанаижьуа?
Шәахәаԥш «Анажьра»
Знапы ианиҵада Иегова аизара ахьчареи агәнаҳа ҟазҵаз ицхраареи?
Шәахәаԥш иара убас Аус 20:28; Гл 6:1
Ишԥалшо аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳа иҭаацәеи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирнырыр?
Шәахәаԥш иара убас Ҩнтә 29:18
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
ИсН 7:1—13, 20—26. Ахан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵан, иҵәахырц дашьҭалеит. Уи Израиль зегьы арыцҳара иҭанаргылеит.
-
Ион 1:1—16. Иона Иегова ииҳәаз ҟаимҵаӡеит. Уи аӷба иақәтәаз зегьы ашәарҭара иҭанаргылеит.
-
1Кр 5:1—7. Апостол Павел иҩит қьырсианк Коринф агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵоз. Уи аизара зегьы анырра бааԥс анаҭон.
-
Избан ҳахьдырхәуеит ҳәа ҳшәаны аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳармыҳәар зиашам?
Ажәм 3:11, 12; Аур 12:5—7, 11; Иак 5:14, 15
Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу Анцәа уаанӡатәи ҳагәнаҳақәа шҳанаижьыз, насгьы избан урҭ ҳдыргәаҟлар зрыхәҭам?
Шәахәаԥш «Анажьра»
Қьырсианк гәнаҳак шыҟаиҵаз ҳдыруазар, избан агәра ганы ҳаҟазар зҳахәҭоу уи аизара ахылаԥшыҩцәа ишреиҳәаз?
Алв 5:1
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Ҩнтә 13:6—9; 21:18—20. Моисеи изакәан инақәыршәаны, израильаа аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз рдыруазҭгьы, ирҳәар акәын, уи ҟазҵаз рҭынха ма ирзааигәоу аӡә иакәзаргьы.
-