Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абиблиа аҭҵаара

Абиблиа аҭҵаара

Избан ақьырсианцәа Анцәа Иажәа иааиԥмырҟьаӡакәа иҭырҵаалар зрыхәҭоу?

Аԥс 1:1—3; Ажәм 18:15; 1Тм 4:6; 2Тм 2:15

Шәахәаԥш иара убас Аус 17:11

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аԥс 119:97—101. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәоит Анцәа изакәан бзиа ишибо, Анцәа ииҳәо дшықәныҟәо, насгьы уи иԥсҭазаара шеиӷьнатәуа.

    • Дан 9:1—3, албаага. Аԥааимбар Даниил иԥшьоу ашәҟәқәа анҭиҵаа, 70 шықәса ицоз израильаа рытҟәара аамҭа иаарласны аҵыхәтәахьы ишнеиуаз еиликааит.

Избан Абиблиа иану ҳааҟәымҵӡакәа еилаҳкаалар зҳахәҭоу?

Аур 6:1—3; 2Пт 3:18

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Ажәм 4:18. Ашьыжьымҭан еиҳа-еиҳа ишлашо еиԥш, Иегова абиблиатә ҵабырг бзиа дызбо еиҳа-еиҳа ирзааиртуеит.

    • Мф 24:45—47. Иисус иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имаҵзуҩцәа ианаамҭоу адоуҳатә афатә рызҭало «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» дшалихуа.

Избан Абиблиа аҟынтә иҳауа аҟәыӷара еиҳа изеиӷьу ари адунеи аҿы ауаа ирыҩуа ашәҟәқәа ирну аҟәыӷара аасҭа?

Изықәиргәыӷуазеи Иегова гәык-ԥсыкала Абиблиа ҭызҭаауа?

Ажәм 2:4—6; 9:10; Ин 6:45

Ҳзызиҳәалар акәзеи Анцәа, Абиблиа аҭҵаара ҳалагаанӡа?

Лк 11:13; 1Кр 2:10; Иак 1:5

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 119:66

Избан «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» иҳаиҭо адоуҳатә фатә зегь ахә ҳшьалар зҳахәҭоу?

Мф 24:45—47

Шәахәаԥш иара убас Мф 4:4; 1Тм 4:15

Ҳазрышьҭоузеи ҳара иҵаулоу, ииашоу, ихарҭәаау адыррақәа?

Шаҟа ихадоузеи аҟәыӷареи аилкаареи рырҳара?

Ажәм 4:7; Ек 7:25

Избан ҳмыццакӡакәа, ҳзыԥхьо ҳазхәыцуа ҳаԥхьалар зҳахәҭоу?

ИсН 1:8; Аԥс 1:2

Избан Абиблиа иану алабжьарақәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы ишаҳархәаша ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

Избан еилаҳкааз егьырҭ ишырзеиҭаҳҳәаша ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

Ажәм 15:28; 1Пт 3:15

Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа иану аҵабыргқәа зныкымкәа иахьҭаҳҵаауа?

2Пт 1:13; 3:1, 2

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы

    • Ҩнтә 6:6, 7; 11:18—20. Иегова израильаа дҵас ириҭеит алшара анроуа еснагь рхәыҷқәа изакәанқәа ргәаладыршәаларц.

Хәарҭас иаанагозеи ҭаацәашәала Анцәа Иажәа алацәажәара?

Еф 6:4

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аҟ 18:17—19. Иегова иҭахын Авраам ихәыҷқәа Анцәа ишизыӡырҩлаша, насгьы ииашаны рхы шымҩаԥыргалаша дирҵаларц.

    • Аԥс 78:5—7. Израильтәи аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иӡбахә рзеиҭарҳәалар акәын, анаҩстәи абиԥарақәа Иегова иқәгәыӷларц азы.

Хәарҭас иаҳзаанагозеи аизараҿы Абиблиа ахьеицҭаҳҵаауа?

Аур 10:25

Шәахәаԥш иара убас Ажәм 18:1