Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа имҵахырхәара

Анцәа имҵахырхәара

Избан Иегова заҵәык ҳимҵахырхәалар зҳахәҭоу?

Ақәҵ 34:14; Ҩнтә 5:8—10; Иса 42:8

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Мф 4:8—10. Аҩсҭаа иҳәеит Иисус дшьамхышгыланы диеихырхәар, адунеи аҳрақәа зегь шииҭо. Иисус дзымҵахырхәоз Иегова заҵәык иакәын, убри аҟынтә Аҩсҭаа идигалаз мап ацәикит.

    • Аат 19:9, 10. Апостол Иоанн амаалықь диеихырхәарц аниҭахыз, амаалықь уи дааникылеит.

Ҳимҵахырхәалар шԥаҳахәҭоу Иегова?

Ин 4:24; Иак 1:26, 27

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Иса 1:10—17. Иегова иҳәатәы хазымҵо, гәык-ԥсыкала имҵамхырхәо рымҵахырхәара идикылаӡом.

    • Мф 15:1—11. Иисус иажәақәа ишаҳдырбо еиԥш, Иегова иҭахӡам Анцәа изакәанқәа инарықәыршәаны акәымкәа, ауаа рқьабзқәа инарықәыршәаны ҳимҵахырхәаларц.

Избан иахьынӡазалшо ала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Иегова имаҵ ҳаулар зҳахәҭоу?

Аур 10:24, 25

Шәахәаԥш иара убас Аԥс 133:1—3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аус 2:40—42. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа Анцәа еициҳәаларц, еицәажәаларц, насгьы Анцәа иԥшьоу адоуҳа ала ирзааиртуаз аҵабырг ҭырҵааларц азы еизон.

    • 1Кр 14:26—40. Апостол Павел иҳәеит аизарақәа еиҿкааны имҩаԥыслар шрыхәҭоу, насгьы урҭ уахь инеиуа ргәы шьҭырхлар шакәу. Уи абзоурала зегьы аҵара аҵареи иддырҵо аилкаареи рылшоит.

Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иегова ҳмаҵзура акгьы иаԥсам еиԥш имԥхьаӡаларц азы?

Мф 7:21—24; 1Ин 2:17; 5:3

  • Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа

    • Аур 11:6. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, Анцәа игәы ҳақәшәаларц азы ахаҵара ҳамазароуп.

    • Иак 2:14—17, 24—26. Иисус Христос иашьа гәакьа Иаков иҳәеит ахаҵара аусқәа рыла ишаарԥшлатәу. Ахаҵара ҳамазар, уи ак аҟаҵара ҳгәазҭанаҵалоит.