Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра


Ари аброшиура шәхы иашәырхәалар шшәылшо

Ари аброшиура шәхы иашәырхәалар шшәылшо

Аӡәы шәиҳәа Абиблиа аҭҵаара дшәыцхраарц. Шәиҳәа ари аброшиура шәызҭаз Абиблиа аҭҵаара дшәыцхраарц. Ма уи азы ҳсаит jw.org аҿы арзаҳал хашәырҭәаа.

АКТӘИ АХӘҬА

Шәрыԥхьа абзацқәа, насгьы абзацқәа рханы иаагоу азҵаарақәа (1), иара убас шәрыԥхьа ихадоу азхәыцрақәа алызкаауа абиблиатә жәеинраалақәа (2). Иазгәашәҭ жәеинраалақәак «Шәаԥхьа» ҳәа ишарбоу.

АҨБАТӘИ АХӘҬА

Ахеиҵа «Еиҳаны еилышәкаа» (3) шәыцхраауеит атема инарҵауланы аҭҵаара. Уа иҟоу апунктқәа (4) ихадоу азхәыцрақәа реилкаара ишәыцхраауеит. Шәрыԥхьа абиблиатә жәеинраалақәа, азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа, иара убас шәрыхәаԥш авидеонҵамҭақәа (5).

Шәрыхәаԥш асахьақәа, насгьы рыҵаҟа иану азхәыцрақәа (6). Арамка «Шьоукы ирҳәоит» (7) аҿы иаагоу азҵаара аҭак шыҟашәҵаша шәазхәыц.

АХԤАТӘИ АХӘҬА

Арамкақәа «Ихадоу азхәыцра», насгьы «Аиҭахысра» (8) шәызхысыз агәынкылара ишәыцхраауеит. Аурок шәанахыслак ашьҭахь шәанахысыз арыцхә анышәҵа. Арамка «Ахықәкқәа» (9) ишәнарбоит еилышәкааз шәхы ишашәырхәаша. Арамка «Иҵегь шәахәаԥш» (10) аҿы иҵегь астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи шәыԥшаауеит.

Абиблиатә жәеинраалақәа шәыԥшаар шшәылшо

Иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа рҿы иарбоуп абиблиатә шәҟәы (1), ахы (2), насгьы ажәеинраала (ма ажәеинраалақәа) (3). Иаҳҳәап, Иоанн 17:3 иаанагоит ишаарттәу Иоанн иҟынтә Аевангелие 17-тәи ахы, 3-тәи ажәеинраала.