Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 152

Абра уҳарҽхәалар ҳҭахуп

Абра уҳарҽхәалар ҳҭахуп

(1 Аҳцәа 8:27; 1 Ашықәсынҵа 29:14)

  1. 1. Иегова, иушеит адунеи ҭбаа,

    Уазкуам Адунеи ду уара.

    Аҩнқәа рҿы ахаан узынхарым,

    Умч ду ҳацуп иахьа абра.

    Идырԥшӡоит Вефиль уара ужәлар,

    Уиашара бзиа избаз.

    Ҳара ҳакзаара кыр иаҳзаԥсоуп,

    Ахә ушьоит ҳажәа, о, Ҳазшаз.

    АИАСЫРҬА

    Ҳаб, иҳамоу зегьы

    Уара уоуми иҳазҭаз.

    Гәыҭбаарала иҳауҭаз

    Ҳарҭ иузҳархынҳәуеит.

    АХАПА

    Ҳгәы гәырӷьо ҳара ашәа узаҳҳәоит,

    Иаҳзыҟауҵаз, Ҳаб, ирацәоуп.

    Иаҳҭахын абра уҳарҽхәалар,

    Ҳагәҭакы назыгӡаз уа уоуп.

  2. 2. Иегова, иузаҳкуеит аҩны ссир,

    Иудыруеит ишаҳҭахыз уи.

    Ҳашьцәа рымаҵ ҳурц гәык-ԥсыкала,

    Ухьӡ ҳараҳкларц уи аҩнаҿы.

    Уҩны ухықәкы нанагӡарцаз

    Ҳаумыҳәои, Иегова, уажәы,

    Иаҳзыԥшуп аусқәа ҳаԥхьаҟа,

    Дҵас иҳаиҭеит Уԥа зегьы.

    АИАСЫРҬА

    Зегь иреиӷьу уаԥсоуп,

    Ҳара ҳаамҭа, ҳалшара

    Уара уоуми иззаҳкуа,

    Бзиа ҳазбо Ҳанцәа.

    АХАПА

    Ҳгәы гәырӷьо ҳара ашәа узаҳҳәоит,

    Иаҳзыҟауҵаз, Ҳаб, ирацәоуп.

    Иаҳҭахын абра уҳарҽхәалар,

    Ҳагәҭакы назыгӡаз уа уоуп.