Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЦӘАЖӘАРА ШӘАЛАГА

АУРОК 1

Ауаа рахь аинтерес аашәырԥшла

Ауаа рахь аинтерес аашәырԥшла

Абиблиатә принцип: «Абзиабара... ахы мацара иазхәыцӡом» (1 Кор. 13:4, 5).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Иоанн 4:6—9. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Иазгәеиҭеи Иисус, аԥҳәыс лацәажәара далагаанӡа?

  2.  б) Иисус аԥҳәыс «аӡы сыржә» ҳәа леиҳәеит. Избан арҭ ажәақәа рыла аицәажәара алагара зыбзиаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаҩы игәаԥхо атема ала иацәажәара шәалагар, ибзианы шәеицәажәар шәылшоит.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Аҭагылазаашьа шәҽақәшәыршәала. Шәара ишәгәаԥхо атемақәа рыла аицәажәара шәаламгаларгьы ауеит. Еиҳа еиӷьхоит егьырҭ ргәы иҵхо атемақәа рыла аицәажәара шәалагар. Шәазхәыц:

  1.   а) «Жәабжьс исаҳаи ааигәа?»

  2.  б) «Излацәажәои сгәылацәа, аус сыцызуа, мамзаргьы аҵара сыцызҵо?»

4. Шәыкәша-мыкәша иҟоу гәашәҭала. Шәазхәыц:

  1.   а) «Дызҿуи ауаҩы уажәы? Дзызхәыцуеи иара?»

  2.  б) «Исеилдыркаар алшозеи ауаҩы идинхаҵареи икультуреи ирызкны иеилаҳәашьеи, иԥшреи-исахьеи, иҩни?»

  3.  в) «Иаамҭоума уажәы ауаҩы иацәажәара?»

5. Ауаҩы ибзианы шәизыӡырҩла.

  1.   а) Амцхә шәымцәажәалан.

  2.  б) Ауаҩы игәаанагара иҳәарц азы алшара ишәҭ. Иахәҭоуп ҳәа анышәыԥхьаӡо, азҵаарақәа ишәҭала.