Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АИНТЕРЕС ЕИЗШӘЫРҲАЛА

АУРОК 9

Ауаа рхьаа рыцеиҩышәшала

Ауаа рхьаа рыцеиҩышәшала

Абиблиатә принцип: «Игәырӷьо шәрыцгәырӷьала, иҵәыуо шәрыцҵәыуала» (Рим. 12:15).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Марк 6:30—34. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Избан Иисус иапостолцәеи иареи аӡәгьы дахьыҟам аҭыԥ ахь изцаз?

  2.  б) Игәазҭазҵазеи Иисус ауаа аҵара дырҵара?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ҳара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара мацара акәӡам иаҳҭаху, ҳрыцхрааларгьы ҳҭахуп.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Ибзианы шәӡырҩла. Ауаҩы игәаанагара иҳәарц азы алшара ишәҭала. Иара игәҭыхақәеи игәҭынчымрақәеи данрылацәажәо, иажәа ԥышәымҟан, насгьы шәеицәажәара даҽа темак ахь ииашәымган. Убасала ауаҩы ишәырбар шәылшоит хьаас дышшәымоу.

4. Ауаҩы шәизхәыцла. Шәазхәыцла шәзацәажәози шәареи еибышәҳәоз, анаҩс абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭала:

  1.   а) Избан ауаҩы аҵабырг еиликаар зхадоу?

  2.  б) Ишԥеиӷьхо иахьагьы ҳаԥхьаҟагьы ауаҩы иԥсҭазаара, Абиблиа иҵалар?

5. Ауаҩы ахәарҭа изаазго азхәыцрақәа шәрылацәажәала. Аамҭа мгакәа ауаҩы ишәырба Абиблиа аҵара ацхыраарала игәы иҵхо азҵаарақәа рҭак иоур шилшо, насгьы уа иану иԥсҭазаараҿы ихәар шалшо.

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС