Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАҨЦӘА АЗЫҞАШӘҴАЛА

АУРОК 11

Ирмарианы шәцәажәала

Ирмарианы шәцәажәала

Абиблиатә принцип: «Иузеилымкаауа ажәақәа шәҳәозар, ишәҳәарц ишәҭаху злеилукаауеи?» (1 Кор. 14:9).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Матфеи 6:25—27. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Иарбан ҿырԥштәу иааигаз Иисус, Иегова ауаа дшырхылаԥшуа ҳирбарц азы?

  2.  б) Избан Иисус аҵарақәа ирызкны ирацәаны ишидыруазгьы, ган заҵәык дзалацәажәаз? Избан уи азнеишьа зыбзиаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Ауаҩы ирмарианы иҳарҵалар, еиликаауа еиҳагьы игәникылоит. Иара убас уи еиҳагьы игәаҵанӡа инеир алшоит.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Амцхә шәымцәажәалан. Шәызхысуа атема иазкны ижәдыруа зегь шәымҳәалан, еиҳа еиӷьуп аурок аҿы иаагоу аматериал шәалацәажәалар. Абиблиа зшәырҵо азҵаара анишәҭалак ашьҭахь аҭак иҳәаанӡа шәааԥшы. Азҵаара аҭак изымдыруазар, ма ииҳәо Абиблиа иаҿагылозар, иҵегь азҵаарақәа ишәҭ, ииашоу алкаа ҟаиҵарц азы. Ихадоу азхәыцра еиликаазар, анаҩстәи апункт ахь шәиас.

4. Абиблиа зшәырҵо уаанӡа дызхысхьази ҿыц еиликаази шеидҳәалоу ишәырбала. Иаҳҳәап, аԥсҭалара иазку аурок аилыргара шәалагаанӡа, Абиблиа зшәырҵо ауаҩи шәареи аԥсра иазкны еиликаахьоу иааркьаҿны шәалацәажәар шәылшоит.

5. Аҿырԥштәқәа шәхы ианашәырхәо, агәҽанызаара аашәырԥшла. Ҿырԥштәык шәалацәажәаанӡа шәазхәыц:

  1.   а) Имариоума уи аҿырԥштәы?

  2.  б) Изымариахома Абиблиа зҵо уи аилкаара?

  3.  в) Игәникылои Абиблиа зҵо: ихадоу азхәыцра акәу, аҿырԥштәы акәу?

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС