Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАҨЦӘА АЗЫҞАШӘҴАЛА

АУРОК 12

Агәымшәара

Агәымшәара

Абиблиатә принцип: «Ахәшеи афимиами угәы ишахәо еиԥш, гәыкала алабжьара узҭо аҩызагьы угәы ҟаиҵоит» (Ажәам. 27:9).

Иисус уи шыҟаиҵоз

1. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, мамзаргьы шәаԥхьа Марк 10:17—22. Анаҩс шәрызхәыц абарҭ азҵаарақәа:

  1.   а) Иарбан ҟазшьа бзиақәоу Иисус уи аҷкәын иҿы игәеиҭаз?

  2.  б) Избан Иисус уи аҷкәын алабжьара ииҭарц азы абзиабареи агәымшәареи раарԥшра зихәҭаз?

Иисус иҿырԥшы иаҳнарҵо

2. Абиблиа зҵо Иегова иҩызахара иԥырхагоу ак ыҟазар, иаартны, хаала уи шәалацәажәа.

Иисус шәиҿыԥшла

3. Шәицхраала Абиблиа зшәырҵо ахықәкқәа рықәыргылареи урҭ рынагӡареи.

  1.   а) Уи азы шәхы иашәырхәа ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аҿы иаагоу арамка «Ахықәкқәа».

  2.  б) Изеиҭашәҳәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны иузынагӡо, насгьы акыраамҭа узыдхало ахықәкқәа рынагӡаразы иҟаиҵаша ашьаҿақәа.

  3.  в) Иҟаиҵо ақәҿиарақәа рзы лассы-лассы дшәырҽхәала.

4. Еилышәкаа Абиблиа зшәырҵо Иегова иҩызахара иԥырхагоу, анаҩс шәицхраа уи аиааира.

  1.   а) Шәазхәыц:

    • Иԥырхагоузеи Абиблиа зсырҵо аӡы аҽӡаахра?

    • Иҟасҵар сылшои сицхраарц азы?

  2.  б) Анцәа шәиҳәала, агәымшәара шәиҭарц, Абиблиа зшәырҵо иҽиԥсахырц азы иҟаиҵар ихәҭоу хаала, иаартны, иашәҳәарц азы.

5. Ауаҩы Иегова иҩызахаразы ашьаҿақәа ҟаимҵозар, Абиблиа ирҵара шәаҟәыҵ.

  1.   а) Ауаҩы доуҳала деизҳауоу-деизымҳауоу еилышәкаарц азы, шәазхәыц:

    • Еиликаауа ихы иаирхәома?

    • Дырҭаауама аизарақәа, насгьы еиликааз егьырҭ ирзеиҭеиҳәома?

    • Иара акыраамҭа Абиблиа иҵозар, имоума агәаҳәара Иегова ишаҳаҭ иакәны аҟалара?

  2.  б) Абиблиа зшәырҵо Иегова иҩызахаразы ашьаҿақәа шыҟаимҵо жәбозар:

    • Иԥырхагоу шәиазҵаа.

    • Ҳаҭырқәҵарала изеиҭашәҳәа Абиблиа уаҳа изишәмырҵало.

    • Иашәҳәа иарбан ԥсахрақәоу иҟаиҵар ихәҭоу, ԥыҭраамҭак ашьҭахь ҿыц Абиблиа ирҵара шәалагарц азы.

ШӘАХӘАԤШ ИАРА УБАС

Аԥсал. 141:5; Ажәам. 25:12; 27:6; 1 Кор. 9:26; Кол. 4:5, 6