Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЦҴА В

Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ацхыраарала Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу

Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ацхыраарала Абиблиа аҵара шымҩаԥгалатәу

Аишьцәа ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» аус анадырулоз, ирацәаны Анцәа иҳәон. Иара убас аҭҵаарақәа мҩаԥыргон, аурокқәа шеиҿыркааша, насгьы иарбан информациоу иаларгалаша рыӡбарц азы. Ҵаҟа иаагоу алабжьарақәа ҟазарала абиблиатә ҵара амҩаԥгара ишәыцхраауеит.

Абиблиатә ҵара амҩаԥгара шәалагаанӡа

  1. 1. Ибзианы шәҽазыҟашәҵа. Шәҽаназыҟашәҵо, Абиблиа зшәырҵо иҭахрақәеи, иҭагылазаашьақәеи, игәаанагареи шәрызхәыцла. Шәазхәыц, иарбан зхәыцрақәоу иара еиҳараӡак зеилкаара ма зхархәара ицәыцәгьахар алшо. Шәазхәыц Абиблиа зшәырҵо арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу аматериал ицхраар шалшо. Иаҭаххар, уи аматериал абиблиатә ҵара анымҩаԥыжәго шәхы иашәырхәар шәылшоит.

Абиблиатә ҵара амҩаԥгараан

  1. 2. Абиблиа зшәырҵо дақәшаҳаҭзар, Абиблиа аҵара шәаналаго, насгьы шәаналго, Анцәа шәиҳәала.

  2. 3. Амцхә шәымцәажәалан. Шәызхысуа аматериал шәхы азышәышьҭла. Абиблиа зшәырҵо игәаанагара иҳәаларц азы алшара ишәҭала.

  3. 4. Иҿыцу аҟәша шәаналаго, шәаԥхьа уи хықәкыс иамоу. Иара убас шәахәаԥш уи аҟәша иаҵанакуа аурокқәа рыхьӡ.

  4. 5. Аҟәша шәаналгалак ашьҭахь, аиҭахысразы иҟоу азҵаарақәа шәхы иархәаны, Абиблиа зшәырҵо еилшәыргаз аурокқәа ргәынкылара шәицхраа.

  5. 6. Абиблиа зшәырҵои шәареи аурокқәа шәанырхысуа:

    1. а) Апунктқәа шәрыԥхьала.

    2. б) «Шәаԥхьа» ҳәа иалкаау ажәеинраалақәа шәрыԥхьала.

    3. в) Иаҭаххар, апункт аҿы иаагоу егьырҭ ажәеинраалақәа шәрыԥхьа.

    4. г) «Шәахәаԥш» ҳәа иалкаау авидеонҵамҭақәа шәрыхәаԥшла (уи аҩыза алшара шәымазар).

    5. д) Абиблиа зшәырҵо аурок аҿы иаагоу азҵаарақәа зегь ишәҭала.

    6. е) Аҟәша «Еиҳаны еилышәкаа» аҿы иаагоу асахьақәа дрызхьашәырԥшла, насгьы азҵаарақәа шәхы иархәаны урҭ шәрыхцәажәала.

    7. ж) Арамка «Ахықәкқәа» шәхы иархәаны, Абиблиа зшәырҵо доуҳала деизҳауоу-деизымҳауоу аилкаара шәицхраала. Иара убас арамка аҿы иаагоу ахықәкы, ма егьырҭ ахықәкқәа ықәиргылаларц игәазҭашәҵала.

    8. з) Шәиазҵаа аурок уҽаназыҟауҵоз арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рҟынтә еиҳараӡак иугәаԥхеи ҳәа.

    9. и) Шәҽазышәшәала зныкала урокк ахысра.

Абиблиатә ҵара анымҩаԥыжәгалак ашьҭахь

  1. 7. Анаҩсгьы Абиблиа зшәырҵо шәизхәыцла. Иегова шәиҳәала Абиблиа зшәырҵо иҟаиҵо аҽазышәарақәа дырзылԥхаларц. Иара убас Анцәа шәиҳәала аҟәыӷара шәиҭарц, Абиблиа зшәырҵо шәышицхрааша еилышәкаарц азы.