Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ианухыччо Иегова уиқәгәыӷла

Ианухыччо Иегова уиқәгәыӷла

Иқәыԥшу ақьырсианцәа шьоукы ирхыччоит ианырыпҟогьы ыҟоуп. Уи иахҟьаны ргәы каҳар ауеит, рылахьгьы еиқәызар алшоит. Ақьырсиан зыгәра иго иахырҟьаны ианихыччо ашәара иҽеиҭар, уи Иеговеи иареи реиҩызара иаԥырхагахар алшоит. Ишԥаҳалшо ахыччарақәа ҳхы рцәыҳахьчар?

Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы иара имч ала ус еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ириааит (Аԥс 18:17). Иаҳҳәап, Есфирь дымшәаӡакәа Аман игәы иҭеикыз ацәгьара аартны илҳәеит (Есф 7:1—6). Уи аԥхьа лара дычгон, убас ала Иегова дышиқәгәыӷуаз аалырԥшит (Есф 4:14—16). Иегова иҟалҵаз дазылԥхеит, насгьы ижәлари лареи еиқәирхеит.

Уара иухыччозар, Иегова ацхырааразы уиҳәа, насгьы аиҳабацәа зегь рзеиҭаҳәа, иаҳҳәап уҭаацәа. Иегова Есфирь длыцхрааит, уаргьы дышуцхраауа агәра ганы уҟаз. Иҟауҵар улшозеи иҵегьы, иухыччозар?

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АХБЫЏ ИԤСҬАЗААРА. ИҞАСҴАР СЫЛШОЗЕИ АШКОЛ АҾЫ ИСХЫЧЧОЗАР?», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Ирҿырҵаар рылшозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа Чарлии Ферини?

  • Ишԥаҳаилдыркаауеи Чарлии Ферини ражәақәа ахәыҷы ашкол аҿы ихыччозар, иҭаацәа ицхраарц азы иҟарҵар рылшо?