Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа

Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа

Аӡәырҩы амчра знапаҿы иҟоу ауаа бзиа ирбаӡом. Уи џьашьатәӡам, избанзар ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амчра знапаҿы иҟаз ауаа уи цәгьашақә рхы иадырхәон (Мх 7:3). Ишԥабзиоу ҳаизарақәа рҿы аизара ахылаԥшыҩцәа иахьыддырҵо амчра ииашаны иазыҟазарц, насгьы уи Иегова ижәлар ахәарҭа рзаанагаларц азы рхы иадырхәаларц! (Есф 10:3; Мф 20:25, 26).

Аизара ахылаԥшыҩцәа ари адунеи аҿы амчра змоу ауаа иреиԥшӡам. Дара аҭакԥхықәра роурц зырҭаху Иеговеи иара ижәлари бзиа иахьырбо азоуп (Ин 21:16; 1Пт 5:1—3). Иисус инапхгара аҵаҟа иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа ҳацхраауеит аизара ҭаацәарак еиԥш абара, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара. Дара еснагь Иегова иуасақәа адоуҳатә цхыраара рыҭара иазхиоуп, иара убас иаалырҟьаны аӡәы амедицинатә цхыраара иҭаххар, ма аԥсабаратә рыцҳара ҟалар, урҭ ирывагылоит. Уара лабжьарак уҭахызар, ма угәы ак ыҵхозар, уԥхамшьаӡакәа уеизараҿы иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк уиацәажәа (Иак 5:14).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АԤСАСА ИЕИҶАҲАУА АХЬЧАЦӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Ишԥалыцхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа Мариана?

  • Ишԥаицхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа Елиас?

  • Ушԥазыҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа рџьабаа, ари авидеонҵамҭа уанахәаԥш ашьҭахь?