Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

«Иегова... згәы каҳаӡаны иҟоу еиқәирхоит»

«Иегова... згәы каҳаӡаны иҟоу еиқәирхоит»

Зны-зынла зылахь еиқәымло ҳәа аӡәгьы ҳаҟаӡам, аха уи иаанагаӡом ҳхаҵара ԥсыҽуп ҳәа. Абиблиаҿы иануп Иеговагьы зны-зынла игәы шихьуа (Аҟ 6:5, 6). Аха иҟауҵар улшозеи лассы-лассы угәы каҳауазар, мамзаргьы еснагь угәы каҳаны уҟазар?

Иегова ацхырааразы уиҳәала. Иегова изы ҳапсихикатә, насгьы ҳемоциатә гәабзиара даара ихадоуп. Иара ҳангәырӷьо, иара убас ҳгәы анҳахьуа ибоит. Иара идыруеит иҳазцәырҵыз ахәыцра, насгьы ацәанырра зыхҟьо (Аԥс 7:9б). Иегова бзиа ҳаибоит, иара ҳалахь еиқәызаргьы адепрессиа ҳамазаргьы, дҳацхраауеит (Аԥс 34:18).

Упсихикатә гәабзиара уацклаԥшла. Иҽеим аемоциақәа агәырӷьара ҳацәдырӡуеит, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахаргьы алшоит. Убри аҟынтә асимволтә ҵакы змоу ҳгәы ҳахьчалароуп (Ажәм 4:23).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ ҲАРЕИ АҬЫНЧРА ҲАМОУП» АЦЫԤҴӘАХА, АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Иҟалҵазеи Никки адепрессиа шлымоу анеилылкаа?

  • Избан Никки аҳақьым иахь ацара зылыӡбаз? (Мф 9:12).

  • Ишԥаалырԥши Никки Иегова дышиқәгәыӷуа?