Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Анцәа иҟәыӷара аиура шәрыцхраала

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа Анцәа иҟәыӷара аиура шәрыцхраала

Аҭаацәа рхәыҷқәа Анцәа иҟәыӷара аиура ирыцхраарц азы, ақьырсиантә еизарақәа ахәарҭа рзааргаларц ирыцхраалар рылшоит. Ахәыҷқәа аизарақәа рҿы ибзиан иӡырҩуазар, насгьы рхы аладырхәуазар, Иегова изкны еилыркаауа рацәахоит, иҩызахарагьы рылшоит (Ҩнтә 31:12, 13). Ҵаҟа иаагоуп аҭаацәа рзы ихәарҭоу лабжьарақәак:

  • Аҳратә зал аҿы аизарақәа шәырҭааларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала (Аԥс 22:22).

  • Аизара алагаанӡа, ма уи анынҵәалак ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәажәаразы аамҭа алшәхла (Аур 10:25).

  • Аизараҿы иҭаҳҵаауа апубликациа доусу ихатә екземплиар имазааит — аелектронтә, ма икьыԥхьу.

  • Шәхәыҷқәа рхатә ажәақәа рыла аҭак аҽазыҟаҵара шәрыцхраа (Мф 21:15, 16).

  • Аизарақәеи уа ишәоуа арҵареи ибзианы шәрыхцәажәала.

  • Ахәыҷқәа Аҳратә зал аилыргареи адуцәа рыҿцәажәареи иашәыршьцылала.

Ахәыҷқәа Иегова иҩызахара рыцхраара имариам усуп, зны-зынла шәыгәгьы каҳалар алшоит. Аха ишәхашәмыршҭлан: шәара Иегова дшәыцхраалоит (Иса 40:29).

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҬААЦӘА, ИЕГОВА ИҲАИҬО АМЧ ШӘАҚӘГӘЫӶЛА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Ишԥарныруаз Заки иԥшәма Лиеи ааԥсара?

  • Изрыхәҭоузеи аҭаацәа Иегова амч риҭарц иҳәара?

  • Ишԥаиқәгәыӷуаз Заки Лиеи Иегова?