Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12

Иегова ишамҭақәа рыла еиҳа еиӷьны деилышәкаала

Иегова ишамҭақәа рыла еиҳа еиӷьны деилышәкаала

«Иаҳбарҭам иҟазшьақәа ишамҭақәа рыла иубарҭоуп. Урҭ ҭаҳҵаауазар, иара дзеиԥшроу еилаҳкаауеит» (РИМ. 1:20).

АШӘА 6 Ажәҩан Анцәа ихьӡ ҳаранакуеит

АХҲӘАА a

1. Ицхраазеи Иов Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара?

 УИ АИЦӘАЖӘАРА Иов ахаан ихашҭраны дыҟамызт. Иара Анцәа Иегова ихаҭа диацәажәон. Иов иҭахын Анцәа дышҟәыӷоу, насгьы ишамҭақәа дырхылаԥшлар шилшо еиҳаны агәра изыргоз акы. Убри аҟынтә Иегова иџьоушьашаз ишамҭақәа дрызхьаирԥшит. Иаҳҳәап, иара Иов игәалаиршәеит аԥстәқәа дшырхылаԥшуа, ус анакәха Иовгьы дихылаԥшыр шилшо (Иов 38:39—41; 39:1, 5, 13—16). Иов Иегова иишаз даназхәыц, Анцәа иҟазшьақәа ирызкны еиликааз рацәахеит.

2. Иаҳԥырхагахар алшозеи Иегова ишамҭақәа рыхәаԥшра?

2 Ҳаргьы ашамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа Ҳанцәа изкны еилаҳкаар ҳалшо рацәоуп. Аха зны-зынла уи мариаӡам. Ҳара ақалақь ду аҿы ҳанхозар, Иегова ишамҭақәа шамахамзар иҳамбозар ауеит. Ақыҭараҿы ҳанхозаргьы Иегова ишамҭақәа рыхәаԥшразы аамҭа ҳзымхозар алшоит. Убри аҟынтә шәааи ҳалацәажәап Иегова иишаз ахәаԥшразы аамҭа алхреи аџьабаа абареи зхадоу. Ҳара иаҳбоит Иеговеи Иисуси ауаа ак аныддырҵоз ашамҭақәа ишрызхьадырԥшуаз. Иара убас еилаҳкаауеит иааҳакәыршаны иҟоу аԥшӡара иаҳнарҵар алшо.

ИЗБАН ИЕГОВА ИШАМҬАҚӘА ҲРЫХӘАԤШЛАР ЗҲАХӘҬОУ?

Иегова иҭахын Адам ашамҭақәа дрылагәырӷьаларц, насгьы аԥстәқәа ахьӡқәа риҭарц дҵас ииҭеит. (Шәахәаԥш абзац 3.)

3. Иҭахызма Иегова Адам ашамҭақәа дрылагәырӷьаларц? Иҳаилшәыркаа.

3 Иегова иҭахын раԥхьатәи ауаҩы иааикәыршаны иҟаз ашамҭақәа дрылагәырӷьаларц. Анцәа Адам даниша абаҳча ԥшӡаҿы дынирхеит, насгьы уи дахылаԥшларц ирҭбааларц идиҵеит (Аҟаз. 2:8, 9, 15). Иҟалап Адам иџьеишьозҭгьы ажәлақәа адгьыл ишыҵыҵуаз, насгьы ашәҭқәа шышәҭуаз анибоз. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи раԥхьатәи ауаҩы иаҭәашьаз — Едемтәи абаҳча ахылаԥшра! Иегова иара убас Адам диҳәеит, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи зегьы ахьӡқәа риҭарц (Аҟаз. 2:19, 20). Анцәа урҭ ихаҭа ахьӡқәа риҭар илшон, аха Адам игәра ганы уи идиҵеит. Ҳәарада шамҭак ахьӡ аиҭаанӡа Адам уи ибзианы дахәаԥшуан, насгьы иамаз аҷыдарақәа дрыцклаԥшуан. Ҳәарада Адам уи аус анагӡара агәырӷьара ду изаанагон. Уи иара инаҭеит алшара Иаб иҟәыӷареи, иҟазареи, ирҿиаратә лшарақәеи еиҳа еиӷьны реилкаара.

4. а) Избан Иегова ишамҭақәа ҳрыхәаԥшлар зҳахәҭоу? б) Иарбан шамҭақәоу еиҳараӡак шәара ишәгәаԥхо?

4 Избан ҳара Иегова ишамҭақәа ҳрыхәаԥшлар зҳахәҭоу? Избанзар иара ихаҭа убас ҟаҳҵаларц ҳаиҳәоит: «Шәыблақәа шәырҩаханы хыхьҟа шәыԥшы». Уи ашьҭахь абри аҩыза азҵаара ҳаиҭоит: «Изшада ари зегьы?» Аҭак еилкаауп (Ис. 40:26). Ажәҩан адагьы, адгьылгьы амшынгьы иџьашьахәу Иегова ишамҭақәа рыла иҭәуп. Урҭ зегьы иара изкны иҳаилдыркаауа рацәоуп (Аԥсал. 104:24, 25). Уи адагьы Анцәа ауаҩы дшишаз шәазхәыц. Иара ашәаԥыџьаԥ бзиа иаҳбо ҳаишеит, насгьы хә-цәаныррак ҳалеиҵеит: ак абара, ак аҳара, ак акьысра, насгьы агьамақәеи афыҩқәеи реилыргара. Уи абзоурала ҳара Иегова ишамҭақәа ҳрылагәырӷьалар ҳалшоит.

5. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова ишамҭақәа ҳанрыхәаԥшуа, Римаа рахь 1:20 иану инақәыршәаны?

5 Абиблиаҿы Иегова ишамҭақәа ҳрыхәаԥшлар зҳахәҭоу даҽа мзызкгьы аагоуп. Урҭ иҟазшьақәа ҳзаадыртуеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:20.) Иаҳҳәап, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ҳанахәаԥшуа зегьы џьашьахәыла ишеиҿкаау ҳбоит. Иҳанамҳәаӡои уи Иегова аҟәыӷара шилоу? Шәазхәыц иара убас ҳгәы иахәо хкы рацәала иҟоу афатә. Уи ишьақәнарӷәӷәоит Анцәа ауаа бзиа ишибо. Иегова ишамҭақәа иара дзеиԥшроу ҳзаадыртуеит, убас иара еиҳагьы еиӷьны деилаҳкаауеит, насгьы иҵегьы изааигәахара ҳҭаххоит. Уажәшьҭа шәааи ҳалацәажәап Иегова ауаа ихадоу ак дирҵарц аниҭахыз ишамҭақәа ишрызхьаирԥшуаз.

АНЦӘА ДЗЕИԤШРОУ ҲЗЕИҬЕИҲӘАРЦ АЗЫ ИШАМҬАҚӘА ҲРЫЗХЬАИРԤШУЕИТ

6. Иаҳҵозеи ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ицо аҵарақәа ҳанрыхәаԥшуа?

6 Иегова иусқәа зегьы рзы аамҭа алхны имоуп. Есышықәса февраль анҵәамҭа инаркны маи агәҭанӡа израильаа ирбон ртәыла иахыԥрааны аҩада ицоз аистқәа. Анцәа израильаа иреиҳәеит: «Ажәҩан иалоу аистгьы иара аамҭа адыруеит» (Иер. 8:7). Иегова урҭ аҵарақәа аҩада ианцаша аамҭа шырзалихыз еиԥш, иӡбарақәа анынаигӡаша аамҭагьы алихит. Ҳаргьы ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ицо аҵарақәа анаҳбо, иаҳгәалашәоит, Иегова ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа анԥиҵәо амш шалихыз (Авв. 2:3).

7. Зыгәра ҳнаргозеи аҵарақәа рыԥрышьа? (Исаиа 40:31).

7 Иегова имаҵзуҩцәа амч риҭоит. Иегова Исаиа ила имаҵзуҩцәа ақәиргәыӷит, рымч рылӡаазшәа рбаргьы, ргәы каҳаргьы, ауарбажә амҵәыжәҩақәа рымоушәа иԥырларц азы амч шриҭо. (Шәаԥхьа Исаиа 40:31.) Израильаа лассы-лассы ирбон ажәҩан иалаз ауарбажәқәа. Урҭ аҵарақәа аџьабаа мбаӡакәа хыхь иҩеиуа аҳауа рыцырхырааны ажәҩан иалалоит. Иегова ауарбажәқәа амч риҭозар, имаҵзуҩцәагьы амч риҭар илшоит. Шәара аҵыс ду амҵәыжәҩақәа мҟьаӡакәа, еиҳа-еиҳа ажәҩан ахь ишхало аныжәбо, ишәгәалашәыршәала, Иегова шәыуадаҩрақәа шәыриааирц азы амч шәиҭар шилшо.

8. Еиликаазеи Иов Анцәа ишамҭақәа данрызхәыцуаз, насгьы избан ҳаргьы урҭ ҳрызхәыцлар зхадоу?

8 Иегова ҳагәрагара даԥсоуп. Иеговеи Иови реицәажәара ашьҭахь Иов еиҳагьы Иегова игәра агара далагеит (Иов 32:2; 40:6—8). Анцәа Иов ашамҭақәа дрызхьаирԥшит. Иаҳҳәап, аеҵәақәа, аԥҭақәа, амшын. Иара убас Иегова аԥстәқәа рыӡбахә иҳәеит, иаҳҳәап абнацә, насгьы аҽы (Иов 38:32—35; 39:9, 19, 20). Урҭ аҿырԥштәқәа ихы иархәаны Анцәа амч ду шимоу адагьы, абзиабареи аҟәыӷареи шилоу Иов иирбеит. Уи аицәажәара ашьҭахь Иов еиҳагьы Иегова игәра агара далагеит (Иов 42:1—6). Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа ишамҭақәа ирызкны еиҳаны еилаҳкаалар, уи иаҳгәаланаршәалоит Иегова ҳара ҳаасҭа акырӡа дышҟәыӷоу, насгьы дшыӷәӷәоу. Ус анакәха Анцәа ҳауадаҩрақәеи ҳгәаҟрақәеи зегьы рҵыхәтәа ԥиҵәар илшоит, ус иагьыҟаиҵоит. Уи ҳазхәыцлар Иегова еиҳагьы игәра ҳгалоит.

ИИСУС ИАБ ИӠБАХӘ АУАА ИРЗЕИҬЕИҲӘАРЦ АЗЫ АШАМҬАҚӘА ҾЫРԤШТӘЫС ИААИГОН

9, 10. Иаҳдырҵозеи амреи ақәеи Иегова изкны?

9 Иисус аԥсабара шеиҿкаау бзианы идыруан. Иаб Адунеи анишоз дивагыланы аџьабаа ибон. Иара «зус бзиаӡаны издыруа [аҟаза]» ҳәа изҳәоуп (Ажәам. 8:30). Ԥыҭрак ашьҭахь, Иисус адгьыл аҿы данынхоз, иҵаҩцәа Иаб иӡбахә рзеиҭеиҳәарц азы, ашамҭақәа ҿырԥштәыс ирзааигон. Шәааи ҳахәаԥшып урҭ идирҵоз.

10 Иегова ауаа зегь бзиа ибоит. Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы Иисус иҵаҩцәа амреи ақәеи ирызхьаирԥшит. Аӡәырҩы урҭ иаабац ак еиԥш иахәаԥшуеит. Аха урҭ рыда аԥсҭазаара зыҟаломызт. Иегова имаҵ зымуа урҭ риимҭар ауан. Аха иара ауаа зегь амра рықәирԥхоит, насгьы ақәа рзаируеит (Матф. 5:43—45). Убас Иисус иҵаҩцәа ихадоу ак дирҵеит: Иегова иҭахуп ҳара ауаа зегь бзиа иаҳбаларц. Ҳара амра шҭашәо, насгьы ақәа хааӡа ишауа анаҳбо, Иегова ауаа зегь бзиа ишибо ҳазхәыцлар ауеит. Уи ҳгәазҭанаҵар алшоит ҳаргьы ауаа убас ҳарзыҟазарц, насгьы урҭ еилымхӡакәа ажәабжь рзеиҭаҳҳәаларц.

11. Ҳгәы шьҭнахыр шԥалшо аҵарақәа рыхәаԥшра?

11 Иегова зда ԥсыхәа ҳамам зегь ҳаиҭоит. Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы Иисус иҳәеит: «Шәрыхәаԥш аҵарақәа: дара ак ларҵом, ак ҭаргалом, ацагьы ак ҭарыԥсом, аха жәҩантәи Шәаб урҭ акрырҿеиҵоит». Иҟалап Иисус арҭ ажәақәа аниҳәоз ажәҩан аҿы аҵарақәа ԥыруазҭгьы. Шаҟа аԥхарра рыҵоузеи Иисус анаҩс ииҳәаз ажәақәа: «Шәара еиҳагьы шәаԥсаӡами?» (Матф. 6:26). Иегова агәра ҳиргоит зда ԥсыхәа ҳамам зегь шҳаиҭо (Матф. 6:31, 32). Арҭ ажәақәа Анцәа гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа иахьагьы амч рнаҭоит. Испаниа инхо пионерс амаҵ зуа иқәыԥшу иаҳәшьак анхарҭа ҭыԥ ахьылзымԥшаауаз азы лгәы ҭынчмызт. Аха акрыфара иаҿыз аҵарақәа данрыхәаԥш лгәы шьҭыҵит. Лара илҳәоит: «Сара избеит Иегова аҵарақәа дшырхылаԥшуа. Уи исгәаланаршәеит саргьы сшаанимыжьуа». Убас иагьыҟалеит. Иаарласны аиаҳәшьа анхарҭа ҭыԥ лыԥшааит.

12. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны абаӷырқәа ҳанрыхәаԥшуа? (Матфеи 10:29—31).

12 Иегова ҳара зегьы хаҭала ҳахә ҳаракны ишьоит. Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәара ишьҭаанӡа ирҿагылоз ирцәымшәаларц дрыцхрааит. (Шәаԥхьа Матфеи 10:29—31.) Ишԥа? Иара урҭ азхьаирԥшит лассы-лассы Израиль иуԥылоз аҵыс — абаӷыр. Иисус ихаан абаӷырқәа ахә рымаӡамызт, аха иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Жәҩантәи Шәаб изгәамҭакәа баӷыркгьы кашәаӡом». Анаҩс иациҵеит: «Шәара абаӷырқәа раасҭа акыр шәаԥсоуп». Убас Иисус иҵаҩцәа агәра диргеит Иегова хаҭала рыхә шишьо, убри аҟынтә ашьҭашәарыцарақәа ирцәымшәалар шрылшо. Иисус иҵаҩцәа ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы ажәабжь анырҳәоз абаӷырқәа анырбоз, Рырҵаҩы ииҳәоз ажәақәа ргәалашәозҭгьы ҟаларын. Уара аҵара хәыҷқәа анубо, Иегова хаҭала ухә шишьо уазхәыцла, избанзар уара абаӷырқәа раасҭа акыр уаԥсоуп. Анцәа ицхыраарала уара иуҿагыло урцәымшәалар улшоит (Аԥсал. 118:6).

ИҞАҴАЛАТӘУЗЕИ АНЦӘА ИШАМҬАҚӘА ЕИҲА ЕИӶЬНЫ ИЕИЛКААРА ИҲАЦХРААЛАРЦ АЗЫ?

13. Иҟаҵалатәузеи ашамҭақәа Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара иҳацхрааларц азы?

13 Ашамҭақәа Иегова изкны иҵегьы иаҳдырҵар алшо рацәоуп. Иҟаҵалатәузеи уи азы? Раԥхьаӡа иргыланы, ашамҭақәа ҳрыхәаԥшларц азы, аамҭа алаҳхлароуп. Уи адагьы, урҭ Иегова изкны иаҳдырҵо ҳазхәыцлароуп. Ҳәарада, уи анымариамгьы ыҟоуп. Камерун инхо Жеральди́на зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара ақалақь ду аҿы исызҳаит. Убри аҟынтә еилыскаауеит аԥсабара ҳахәаԥшларц азы аџьабаа шбалатәу». Альфо́нсо зыхьӡу аизара аиҳабы иҳәоит: «Сара еилыскааит акгьы сԥырхагамкәа ашамҭақәа срыхәаԥшларц, насгьы урҭ Иегова изкны исдырҵо сазхәыцларц азы, ҷыдала аамҭа алысхлар шсыхәҭоу».

Давид иааикәыршаны иҟаз ашамҭақәа дрыхәаԥшуан, насгьы урҭ Иегова изкны идырҵоз дазхәыцуан. (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Еиликаазеи Давид Анцәа ишамҭақәа данрызхәыцуаз?

14 Давид ихшыҩ азышьҭны Анцәа ишамҭақәа дрызхәыцуан. Иара Иегова абас иеиҳәеит: «Унапала иушаз ажәҩан санаҵаԥшуа, иушаз амзеи аеҵәақәеи санрыхәаԥшуа, абас схәыцуеит: дызусҭада ауаҩы, уара духамышҭлартә еиԥш» (Аԥсал. 8:3, 4). Ааи, Давид уахынла ажәҩан данаҵаԥшуаз аеҵәақәа рыхәаԥшра мацара акәӡамызт игәаԥхоз. Иара еиликаар иҭахын аеҵәақәа Анцәа изкны идырҵо. Убас иара еиликааит Иегова аҟәыӷара дуи амчи шимоу. Иара убас Давид иан лымгәарҭаҿы дшеизҳауаз дазхәыцуан. Ицәеижь шаҟа џьашьахәыла еиҿартәоу даназхәыцуаз, Иегова изыҟаиҵаз еиҳагьы ахә ишьон (Аԥсал. 139:14—17).

15. Ишԥаҳалшо Иегова ишамҭақәа ҳрыхәаԥшны иҟазшьақәа ҳбар? Иаажәга аҿырԥштәқәа (Аԥсалом 148:7—10).

15 Иҟалап шәаргьы Давид иеиԥш аԥсабараҿы шәзызхәыцша ак аԥшаара шәцәыцәгьамзар. Шәнаԥшы-ааԥшыр Иегова зеиԥшыҟам иҟазшьақәа рацәаны ижәбар шәылшоит. Иаҳҳәап, амра ӷәӷәала ианкашуа, Анцәа имч шәазхәыц (Иер. 31:35). Аҵыс аҭра шыҟанаҵо жәбар, Иегова иҟәыӷара шәазхәыц. Аласба аҵыхәа ишалахәмаруа жәбазар, Анцәа аччареи-ахәмарреи бзиа ишибо шәгәалашәыршәа. Насгьы ан лхәыҷы лнапаҿы дыкны дышлырҵысуа жәбацыԥхьаӡа, Иегова ибзиабаразы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. Ҳара Иегова деилаҳкаарц азы алшарақәа рацәаны иҳамоуп, избанзар ишамҭақәа зегьы — ихәыҷугьы, идуугьы, ҳааигәара иҟоугьы, иаҳцәыхароугьы — Иегова дҳараркуеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 148:7—10.)

16. Иарбан хықәку иқәҳаргылар ҳахәҭоу?

16 Ҳанцәа иеиԥш иҟәыӷоу, абзиабара злоу, амч змоу, насгьы аҟазара злоу дыҟаӡам. Арҭ, насгьы ирацәаны егьырҭ аҟазшьақәа ишамҭақәа ирнубаалоит. Аха уи азы ҳакәша-мыкәша иҟоу гәаҳҭалароуп. Шәааи Анцәа ишамҭақәа рыхәаԥшразы, насгьы Иегова изкны урҭ иаҳдырҵо азхәыцразы аамҭа алаҳхлап. Усҟан Ҳазшаз еиҳагьы ҳаизааигәахоит (Иак. 4:8). Анаҩстәи астатиаҿы еилаҳкаауеит, аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова изааигәахара ирыцхраарц азы, ишамҭақәа ирызхьадырԥшлар шрылшо.

АШӘА 5 Иџьоушьаша Анцәа иусқәа

a Иегова ишамҭақәа ҳдыршанхоит. Ҳара иџьаҳшьоит Амра иамоу амч дуи зыфҩы хаау ашәҭ ԥшқақәеи. Иара убас Иегова ишамҭақәа иара изкны иаҳдырҵо рацәоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова ишамҭақәа ҳахшыҩ рзышьҭны ҳрыцклаԥшларц азы аамҭа алаҳхлар зҳахәҭоу, насгьы уи иара изааигәахара ишҳацхраауа.