Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Шәышықәса раԥхьа: 1923-⁠тәи ашықәс

Шәышықәса раԥхьа: 1923-⁠тәи ашықәс

1923 ШЫҚӘСА, ианвар 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Ҳара ҳгәыӷуеит 1923-тәи ашықәс алшара бзиақәа ҳзаанартуеит ҳәа. Ҳара аҳаҭыр ду ҳаҭәашьоуп — ари адунеи аҿы игәаҟуа ауаа иаарласны аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу рзеиҭаҳәара». Абиблиа аҭҵааҩцәа ргәыӷрақәа наӡеит. Уи ашықәс азы аизарақәеи, аконгрессқәеи, ажәабжьҳәаратә уси рганахь ала аиҭакра дуқәа ҟалеит. Урҭ аиҭакрақәа Анцәа ижәлар еиҳагьы еиднакылеит. Иахьа уи ибзианы иаҳбарҭоуп.

АИЗАРАҚӘА АИШЬЦӘА ЕИДНАКЫЛЕИТ

Абиблиатә жәеинраалақәеи Анцәа дҳаразкуа ашәақәа рномерқәеи зну амзар

Уи ашықәс азы Абиблиа аҭҵааҩцәа еидызкылаз даҽа ԥсахрақәакгьы ҟалеит. «Ахьчаратә бааш» аҿы иркьыԥхьуа иалагеит есымчыбжьа имҩаԥысуаз аиԥыларақәа рҿы изыхцәажәоз абиблиатә жәеинраалақәа рзы акомментариқәа (уи иахьӡын Анцәа иҳәареи, ирҽхәареи, ажәабжьҳәараҿы ҳзықәшәо угәы шьҭызхуа ахҭысқәеи рзы аиԥылара ҳәа). Уи адагьы, амчыбжь иазалхыз абиблиатә жәеинраала амзар аҿы ианырҵон. Иара убас уа иааган есыҽны ирҳәалар рылшоз ашәақәа рномерқәа. Урҭ ашәақәа ахатә ҭҵаареи аҭаацәаратә мҵахырхәареи раан ирҳәалар рылшон.

Абиблиа аҭҵааҩцәа реиԥыларақәа рҿы ажәабжьҳәараҿы изықәшәоз угәы шьҭызхуаз ахҭысқәа еиҭарҳәон. Иара убас еиҭарҳәон Иегова ҭабуп ҳәа изакәазы иарҳәоз. Аӡәы ашәа иҳәар, ма Анцәа диҳәаргьы илшон. Е́ва Ба́рни 1923 шықәсазы 15 шықәса анылхыҵуаз аӡы лыҽӡаалхит. Лара илҳәоит: «Акы еиҭоуҳәар уҭахызҭгьы, угыланы абас уалагон: „Сара Иҳақәиҭу исзыҟаиҵаз абзиарақәа зегь рзы ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп“». Аишьцәа шьоукы аиԥыларақәа рҿы ақәгылара даара иргәаԥхон. Аиаҳәшьа Барни иацылҵоит: «Бзиа иаҳбоз аиашьа Го́дуин Иҳақәиҭу ҭабуп ҳәа аниеиҳәоз иаанкылара уадаҩын. Аха иԥшәмаԥҳәыс аиԥылара мҩаԥызгоз аиашьа уи хьаас ишыҟаиҵаз ангәалҭалак, лыԥшәма икьаҿ дацрыхон, нас иара дтәон».

Мызк ахь знык агәыԥқәа зегьы (аизарақәа) иҷыдоу аиԥылара мҩаԥыргон. Абар 1923 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианыз: «Аиԥылара иазалху аамҭа азбжак ажәабжьҳәара аҟынтә угәы шьҭызхуа ахҭысқәа реиҭаҳәара иазктәуп, насгьы аусуҩцәа ргәы шьҭыхлатәуп. [...] Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: арҭ аиԥыларақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳагьы еиднакылоит».

Ванкувер (Канада) иҟаз агәыԥ иатәыз (аизара ажәабжьҳәаҩ) 19 шықәса зхыҵуаз Чарлз Ма́ртин урҭ аиԥыларақәа ахәарҭа ду изааргеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара игәаларшәаны иҳәон: «Урҭ аиԥыларақәа рҿы ауп сара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо иаҳҳәаша, насгьы ишаҳҳәаша ахьеилыскааз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи лассы-лассы ажәабжьҳәараҿы изықәшәоз ахҭысқәа еиҭарҳәон. Убасала сара ажәабжь шҳәалатәуи, уажәа анҿахырҵәо аҭак шрыҭалатәуи ирызкны азхәыцра бзиақәа еизызгон».

АЖӘАБЖЬҲӘАРА АИШЬЦӘА ЕИДНАКЫЛЕИТ

1923 шықәса, маи 1 азы иҭыҵыз «Абиуллетень»

Иҟан ҳорганизациа еидызкылоз даҽакгьы. Уи «ажәабжьҳәара амшқәа» ракәын. 1923 шықәса, апрель 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианын: «Ҳара аӡәкра шҳабжьоу еиҳа игәаҳҭаларц азы 1923 шықәса, маи 1, аҩаша, ажәабжьҳәара иамшхоит. Убри инаркны амза алагамҭазы есҩаша ажәабжьҳәара иамшхоит... Уи аҽны агәыԥ иатәу зегьы аамҭак алхны ажәабжьҳәара иазыркроуп».

Иқәыԥшыз Абиблиа аҭҵааҩцәагьы ажәабжьҳәаратә ус рхы аладырхәуан. Хе́изел Бе́рфорд усҟан 16 шықәса ракәын илхыҵуаз. Лара илгәаларшәаны илҳәоит: «„Абиуллетен“ a аҟны адгаларақәа ркьыԥхьуан [уажәы аицәажәарақәа рыхкқәа ахьӡуп], ҳара урҭ ҿырҳәала иаҳҵон. Сабдуи сареи иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь ҳҳәон». Нас аиаҳәшьа Берфорд дызқәымгәыӷуаз ак ҟалеит. Лара иацылҵоит: «Зықәрахь инеихьаз иашьак ажәабжьҳәара бымныҟәалароуп ҳәа сеиҳәеит». Усҟантәи аамҭазы шьоукы ирзеилкааӡомызт, Зегьзымчу Ҳазшаз ирҽхәара Абиблиа аҭҵааҩцәа зегьы ишрыхәҭоу, арԥарцәагьы аҭыԥҳацәагьы уахь иналаҵаны (Аԥсал. 148:12, 13). Аха аиаҳәшьа Берфорд даанызкылоз ҳәа ак ыҟамызт. Ԥыҭрак ашьҭахь лара Галаад ашкол аҩбатәи акласс аҿы аҵара лҵон. Нас Панама миссионерс амаҵ луан. Аамҭак ашьҭахь урҭ аишьцәа ргәаанагара рыԥсахит, насгьы еилыркааит аҿаргьы ажәабжь рҳәалар шрыхәҭоу.

АКОНГРЕССҚӘА АИШЬЦӘА ЕИДНАКЫЛЕИТ

Аҭыԥантәи, насгьы арегионалтә конгрессқәа аишьцәа еиднакылон. Урҭ аконгрессқәа жәпакы раан ажәабжьҳәаразы амшқәа алхын. Ус еиԥш иҟаз конгресск Ви́ннипег (Канада) имҩаԥысит. Уи аконгресс аҿы иҟаз зегьы, март 31 азы ақалақь Виннипег аҿы ажәабжь аҳәаразы алшара роуит. Ус еиԥш иҟаз амшқәа рыбзоурала ажәабжь бзиа еиҳа ирацәаҩны ауаа ираҳауан. Август 5 азы Виннипег имҩаԥысыз аконгресс аҿы 7000-ҩык раҟара ауаа ыҟан. Канада уаанӡа ахаан асҟак ауаа меизаӡацызт.

1923 шықәсазы имҩаԥысыз аконгрессқәа зегь рҟынтә Иегова ижәлар рзы еиҳа ихадаз аконгресс мҩаԥысит август 18 инаркны 26-нӡа, Лос-Анџьелес (аштат Калифорниа, Еиду Аштатқәа). Мчыбжьқәак рыҩныҵҟа агазеҭқәа рҿы иҟалараны иҟаз аконгресс аӡбахә рыҩуан. Абиблиа аҭҵааҩцәа 500000 инареиҳаны ааԥхьарақәа ршеит. Аконгресс иазкыз аплакатқәа атрамваиқәеи амашьынақәеи ирықәдырҷабуан.

Лос-Анџьелес имҩаԥысыз Абиблиа аҭҵааҩцәа рконгресс. 1923-тәи ашықәс

Асабша, август 25 азы аиашьа Рутерфорд «Ауасақәеи аџьмақәеи» захьӡыз ажәахә иманы дықәгылеит. Уи ажәахә аҿы иара еизаз иреилиркааит «ауасақәа» — уи аҵабырг здызкыларц зҭаху ауаа иашақәа шракәу. Урҭ џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит. Анаҩс иара «Агәҽанҵара» захьӡыз арезолиуциа даԥхьеит. Уи ақьырсиантә уахәамақәа ирықәыӡбон, насгьы гәыкала Анцәа бзиа дызбоз ауаа «Вавилон ду» аанрыжьырц ргәазҭанаҵон (Аат. 18:2, 4). Ԥыҭрак ашьҭахь гәацԥыҳәарала ажәабжь зҳәоз Абиблиа аҭҵааҩцәа рымчқәа еидҵаны адунеи зегь аҿы уи арезолиуциа миллионла ирыладырҵәеит.

«Арҭ аиԥыларақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳагьы еиднакылоит»

Аконгресс аҵыхәтәантәи амш азы аиашьа Рутерфорд «Ажәларқәа зегь Армагеддон ахь амҩа иқәуп, аха миллионҩыла уажәы инхо ахаан иԥсӡом» захьӡыз ажәахә иманы дықәгылеит. Уи 30000-ҩык инареиҳаны ауаа азыӡырҩит. Абиблиа аҭҵааҩцәа ирацәаҩны ауаа ҟалоит ҳәа, ҿыц идыргылаз «Лос-Анџьелес аколизеи» ҳәа захьӡыз астадион қьырала иргеит. Зегьы апрограмма бзианы ираҳаларц азы аишьцәа астадион аҿы иҟаз абжьқәа дуны иузырҳауа атехника рхы иадырхәеит. Усҟан уи иҿыцыз ак акәын. Уи адагьы ирацәаҩны ауаа арадио ала уи апрограмма иазыӡырҩит.

АЖӘАБЖЬҲӘАРАТӘ УС АҼАРҬБААУЕИТ

1923 шықәсазы Африкеи, Европеи, Индиеи, Аладатәи Америкеи рҿы ажәабжьҳәаратә ус еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауа иалагеит. Иаҳҳәап, Индиа аиашьа Адавиманна́тху Џьо́зеф амалаи́алам, атами́ль, те́лугу, урду́, хи́нди абызшәақәа рыла ҳлитература аҭыжьра дацхраауан. Убри аамҭазгьы иԥшәмеи иареи фҩык ахәыҷқәа рааӡон.

Уильиам Браун иҭаацәареи иареи

Сье́рра-Лео́не иҟаз Абиблиа аҭҵааҩцәа А́льфред Џьо́зефи Ле́нард Бла́кмани ацхыраара иаҳәарц азы Бруклин иҟаз ихадоу аусбарҭахь асаламшәҟәы рҩит. 1923 шықәса, апрель 14 азы дара аҭак роуит. Альфред игәаларшәаны иҳәоит: «Ҽнак, асабша ахәылбыҽха, аҭел абжьы геит». Аҭел аҟынтә аӡәы ибжьы дуны игеит: «Шәара шәоума ажәабжьҳәаҩцәа шәзаарышьҭырц азы Ахьчаратә бааш аилазаарахь асаламшәҟәы зҩыз?» — «Ааи», — иҳәеит Альфред. Аҭел аҟынтә ицәажәоз ус иҳәеит: «Урҭ сара саарышьҭит». Уи Уи́льиам Браун иакәын. Иԥшәма Анто́ниеи, иԥҳацәа Луи́зи Лу́сии иареи, уи аҽны Карибтәи адгьылбжьахақәа рҟынтә иааит. Браун иҭаацәеи иареи аишьцәеи еиқәшәарц азы урҭ акыраамҭа аԥшра рықәымшәаӡеит.

Альфред иациҵоит: «Адырҩаҽны ашьжьымҭан Ленарди сареи есымчыбжьатәи Абиблиа аҵара шымҩаԥаҳгоз, ашә даалагылеит хаҵа наӡа-ааӡак. Уи Уильиам Браун иакәын. Иара аҵабырг убриаҟара бзиа ибон, уаҵәыҵәҟьа ажәахә иманы ақәгылара дазхиан». Мызкгьы мҵӡацызт еиԥш, аиашьа Браун иааигаз алитература зегь ишахьан. Уи ашьҭахь иара даҽа 5000 шәҟәы иоуит, аха урҭгьы ирласны инҵәеит. Аха аиашьа Браун ашәҟәқәа зҭиуаз иеиԥш акәӡамызт дшырдыруаз. Иара акыршықәса гәыкала Иегова имаҵ иуан, насгьы иажәахәқәа рҿы еснагь Абиблиа ихы иаирхәон. Убри аҟынтә иара Абиблиатә Браун ҳәа ишьҭан.

Магдебургтәи Вефиль 1920-⁠тәи ашықәсқәа раан.

Убри аамҭазы Германиа иҟаз аишьцәа афилиал азы аҭыԥ ҿыц иашьҭан. Ба́рмен иҟаз ахыбрақәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы ихәыҷцәахеит. Уи адагьы дара ираҳаит ааигәа иҟаз Франциа уи ақалақь иақәлараны ишыҟаз. Аишьцәа Магдебу́рг аҿы акьыԥхьгатә цех азы уаҳа назҭахым ахыбра рыԥшааит. Ииун 19 азы иаанхаз амаҭәахәқәа еизганы Вефиль ҿыц ахь ииаргеит. Аишьцәа Вефиль ҿыц ахь ишиасыз ихадоу аусбарҭахь аацҳара аныҟарҵа аҽныҵәҟьа агазеҭқәа зегь рҿы ирыҩуан Франциа Бармен ишақәлаз. Аишьцәа Иегова ҭабуп ҳәа иарҳәон, ианаамҭаз иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь иахьиасыз.

Џьорџь Ианги, Сара Фергусони (арыӷьарахь), уи лаҳәшьеи

Абар Бразилиа аусқәа шцоз. Уахь аиашьа Џьорџь Ианг дааит. Агәацԥыҳәара злаз уи ажәабжьҳәаҩ ирацәаны атәылақәа рҿы ажәабжь бзиа рылеиҳәахьан. Иара Бразилиа афилиал ҿыц аартра дрыцхрааит, насгьы апортугал бызшәала «Ахьчаратә бааш» аҭыжьра далагеит. Мызқәак рыла аиашьа Ианг 7000 инареиҳаны ажурналқәеи абуклетқәеи ишеит. Аиашьа Ианг иаара еиҳараӡак деигәырӷьеит Сара Фе́ргусон. Лара 1899 шықәса раахыс «Ахьчаратә бааш» даԥхьон, насгьы аӡы лыҽӡаалхырц даара илҭахын. Мызқәак рышьҭахь ԥшьҩык лхәыҷқәеи лареи ихадоу уи ашьаҿа ҟарҵеит — аӡы рыҽӡаархит.

АԤХЬАҞА АГӘЫРӶЬАРА ДУ ҲЗЫԤШУП

Иарбан хәарҭоу Абиблиа аҭҵааҩцәа ирзаанагаз аизарақәеи, аконгрессқәеи, ажәабжьҳәаратә уси рҿы иҟаҵаз аԥсахрақәа? Абар 1923 шықәса анҵәамҭазы, декабр 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иҟаҵаз алкаа: «Иузгәамҭар залшом, аишьцәеи аиҳәшьцәеи... ахаҵара ӷәӷәа шрымоу... [...] Шәааи Анцәа иҳаиҭаз абџьармаҭәақәа рыла ҳҽеибыҭаны, гәыкала Анцәа имаҵ ҳаулап! Иааиуа ашықәс азы аусқәа рацәаны иаҳзыԥшуп, аха уи агәырӷьарагьы ацуп».

Анаҩстәи ашықәсгьы Абиблиа аҭҵааҩцәа рзы акрызҵазкуаз шықәсан. Бруклинтәи Вефиль азааигәара иҟаз адгьылбжьаха Ста́тен аҿы аишьцәа мызқәак рыҩныҵҟа аргыларатә проектк аус адырулон. Уи апроект хыркәшан 1924-тәи ашықәс алагамҭазы. Аишьцәа идыргылаз ахыбрақәа аиашьара еиҳагьы еиднакылеит, насгьы уаанӡа ахаан ишыҟамлацыз еиԥш ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара ирыцхрааит.

Адгьылбжьаха Статен аҿы аргылаҩцәа ргәыԥ

a Уажәы уи аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ауп.