Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42

Ишәзымариоума аҳәатәхаҵара аарԥшра?

Ишәзымариоума аҳәатәхаҵара аарԥшра?

«Жәҩанынтә аҟәыӷара... аӡырҩра иазхиоуп» (ИАК. 3:17).

АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит

АХҲӘАА a

1. Избан аҳәатәхаҵара аарԥшра заҳцәыцәгьоу?

 ИШӘЦӘЫЦӘГЬОУМА шәара аҳәатәхаҵара аарԥшра? Шәара шәымацара шәакәӡам уи зцәыцәгьоу. Иаҳҳәап, аҳ Давид Иегова даараӡа бзиа дибон. Аха иаргьы аҳәатәхаҵара аарԥшра анизымариамыз ыҟан. Убри аҟынтә иара абас Анцәа диҳәон: «Уара узыӡырҩра агәаҳәара сыҭ» (Аԥсал. 51:12). Избан ауаа аҳәатәхаҵара абас изырцәыцәгьоу? Актәи, ҳаниуа инаркны аҳәатәхамҵара ҳалоуп. Аҩбатәи, Аҩсҭаа ихаҭа Иегова дшиҿагылаз еиԥш, ҳаргьы Анцәа ҳаиҿагыларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (2 Кор. 11:3). Ахԥатәи, ҳахьынхо адунеи аҳәатәхамҵара алаҽны иҟоуп (Еф. 2:2). Ҳара ииашам ҳгәаҳәарақәеи, Аҩсҭаа инырреи, идунеи анырреи ҳаҿагылалароуп. Насгьы Иегова амчра зиҭази иареи ҳарзыӡырҩларц азы аџьабаа ҳбалароуп.

2. Ишԥаҳалшо аӡырҩра ҳшазхиоу ааҳарԥшыр? (Иаков 3:17).

2 Шәаԥхьа Иаков 3:17. Иаков иԥшьоу адоуҳа инарҳәеит иҟәыӷоу ауаа аӡырҩра иазхиоуп ҳәа. Шәазхәыц уи иаанаго. Ҳара Иегова амчра зиҭаз гәыкала ҳарзыӡырҩлароуп. Ҳәарада, уи иаанагаӡом Анцәа изакәанқәа еилаҳгарц ҳазҳәо ҳарзыӡырҩлар иҭахуп ҳәа (Аус. 4:18—20).

3. Избан Иегова изы изхадоу амчра змоу ҳарзыӡырҩлар?

3 Ҳәарада, Иегова изыӡырҩра еиҳа имариоуп ауаа рзыӡырҩра аасҭа. Избанзар ауаа наӡаӡам, аха Иегова днаӡоуп (Аԥсал. 19:7). Ус ишыҟоугьы жәҩантәи Ҳаб анацәеи абацәеи, аҳәынҭқарцәеи, аизара ахылаԥшыҩцәеи амчра риҭеит (Ажәам. 6:20; 1 Фес. 5:12; 1 Пиотр 2:13, 14). Урҭ ҳанырзыӡырҩуа Иегова ҳаизыӡырҩуеит. Шәааи ҳахәаԥшып дара рзыӡырҩра иҳацхраауа, уи ҳҭахымзаргьы, ма иҳарҭо амҩақәҵарақәа ҳрықәшаҳаҭымзаргьы.

ШӘҬААЦӘА РҲӘАТӘЫ ХАШӘҴАЛА

4. Избан ахәыҷқәа аӡәырҩы рҭаацәа изырзымӡырҩуа?

4 Ахәыҷқәеи ахбыџқәеи аӡәырҩы рҭаацәа ирзыӡырҩӡом (2 Тим. 3:1, 2). Избан? Шьоукы ирыԥхьаӡоит рҭаацәа ирҳәои иҟарҵои еиқәшәаӡом ҳәа, урҭ рхәыҷқәа рҟынтә иззыԥшу рхаҭа иҟарҵаӡом ҳәа. Егьырҭ ргәы иаанагоит ранацәеи рабацәеи ажәытәраҿы иаанхеит ҳәа, ма ишьақәдыргыло аԥҟарақәа џьбарацәоуп ҳәа. Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ишәызцәырҵуама шәара убас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа? Иахьа аӡәырҩы ирцәыцәгьоуп Иегова абри имҩақәҵара ақәныҟәара: «Ахәыҷқәа, шәҭаацәа Иҳақәиҭу ишиҭаху еиԥш рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи иашоуп» (Еф. 6:1). Аха ишәыцхраар алшозеи шәҭаацәа рҳәатәы ахаҵара?

5. Избан Иисус иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы аӡырҩра аганахь ала зегь иреиӷьу ҿырԥшуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Лука 2:46—52).

5 Иисус аӡырҩра аганахьала зегьы иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит. Уи иҿышәҵаар шәылшо рацәоуп (1 Пиотр 2:21—24). Иара инаӡамыз аҭаацәа ирааӡоз инаӡаз уаҩын. Иисус иҭаацәа пату рықәиҵон, урҭ агхақәа анрыхьуазгьы, данырзеилымкаауазгьы (Ақәҵ. 20:12). Иаҳгәалаҳаршәап 12 шықәса анихыҵуаз иҟалаз хҭыск. (Шәаԥхьа Лука 2:46—52.) Иосифи Мариеи Иерусалимынтәи ианыхынҳәуаз, Иисус дышрыцмыз рызгәамҭаӡеит. Аҭаацәа раҳасабала дара рхәыҷқәа зегь рыцу-ирыцму гәарҭар рыхәҭан. Аха Иисус данырԥшаа, абриаҟара иахьиргәаҟыз азы Мариа иацәҳара далагеит. Иисус урҭ шиашамыз раҳәара даламгаӡакәа, патуқәҵарала аҭак риҭеит. Иосифи Мариеи уи «ииҳәаз иаанагоз рзеилымкааӡеит», аха иара уеизгьы «урҭ рҳәатәы дахыԥомызт».

6, 7. Ирыцхраауеи ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҭаацәа рзыӡырҩра?

6 Ҳаҭыр зқәу ҳхәыҷқәеи ҳахбыџқәеи, шәҭаацәа рзыӡырҩра анышәцәыцәгьоу ыҟоума, еиҳараӡак урҭ агха анрыхьуа, ма еилибамкаарак аншәыбжьало? Ишәыцхраар алшозеи усҟан? Раԥхьаӡа иргыланы Иегова шәизхәыц. Абиблиаҿы иануп шәара шәҭаацәа шәанырзыӡырҩуа, «уи Иҳақәиҭу игәы иахәоит» ҳәа (Кол. 3:20). Иегова ибоит аиҳабацәа шәанырзеилымкаауа мамзаргьы ишьақәдыргыло аԥҟарақәа рықәныҟәара аныцәгьоу. Аха шәара уеизгьы урҭ шәырзыӡырҩуазар, Иегова игәы шәақәшәоит.

7 Аҩбатәи, шәҭаацәа шәрызхәыцла. Шәҭаацәа шәырзыӡырҩлар, урҭ шәыргәырӷьалоит, насгьы дара шәыгәра ргалоит (Ажәам. 23:22—25). Уи адагьы, уи дареи шәареи еиҳа шәеизааигәанатәыр алшоит. Бельгиа иатәу Александр иҳәоит: «Сҭаацәа еиҳа сырзыӡырҩуа саналага, уи еиҳа ҳаизааигәанатәит, ҳгәырӷьарагьы иацлеит» b. Ахԥатәи, аҳәатәхаҵара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара аҽазыҟаҵара ишшәыцхраауа шәазхәыцла. Бразилиа иатәу Па́улу иҳәоит: «Сҭаацәа сахьырзыӡырҩуаз аԥхьаҟа исыхәеит. Уи Иеговеи амчра змоу ауааи рзыӡырҩшьа снарҵеит». Анцәа Иажәаҿы аҭаацәа рзыӡырҩра зхадоу амзыз аагоуп. Уа иануп: «„Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“ — ари ақәыргәыӷра зцу раԥхьатәи ԥҟароуп. Уи ақәыргәыӷра абас аҳәоит: „Аԥсҭазаара бзиа уоурц, насгьы адгьыл аҿы акыршықәса нуҵырц азы“» (Еф. 6:2, 3).

8. Избан арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы рҭаацәа рзыӡырҩра зырыӡбаз?

8 Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы рхатә ԥышәала еилыркааит аҳәатәхаҵара аарԥшра еснагь ахәарҭа шаанаго. Бразилиа инхо Луиза раԥхьа илзеилкааӡомызт лҭаацәа аҭел зылзаарымхәо. Лықәлацәа реиҳараҩык аҭел рыман. Аха нас лара еилылкааит лҭаацәа дрыхьчарц шырҭахыз. Лара илҳәоит: «Сани саби ишьақәдыргыло аԥҟарақәа ахақәиҭра сымызхуа ак еиԥш срыхәаԥшӡом, сара еилыскаауеит урҭ ахәарҭа шысзаарго». Еиду Аштатқәа рҿы инхо Ели́забет лҭаацәа ирыдыркыло аӡбарақәа данрықәшаҳаҭым ыҟоуп. Лара илҳәоит усҟан илыцхраауа: «Сҭаацәа акы мап зацәыркуа анысзеилымкаауа, ишьақәдыргыло аԥҟарақәа ахәарҭа шысзааргахьоу сазхәыцуеит». Ермантәыла инхо Мо́ника зныкымкәа игәалҭахьеит: лҭаацәа рҳәатәы даназыӡырҩуа алҵшәа еиҳа ишеиӷьу, лара лтәала ианыҟалҵо аасҭа.

«НАПХГАРА ҲЗЫЗУА АИҲАБЫРА» ШӘЫРЗЫӠЫРҨЛА

9. Ишԥарзыҟоу аӡәырҩы аҳәынҭқарратә закәанқәа?

9 Абиблиаҿы аҳәынҭқарцәа «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ҳәа рызҳәоуп (Рим. 13:1). Аӡәырҩы еилыркаауеит урҭ рыда ԥсыхәа шыҟам, насгьы уахьынхо атәылаҿы иҟоу азакәанқәа ишрықәныҟәалатәу. Аха закәанқәак иашаӡам, ма урҭ рықәныҟәара цәгьоуп ҳәа рыԥхьаӡозар, — ирықәныҟәаӡом. Иаҳҳәап, ашәахтәқәа ршәара иазку азакәанқәа. Европатәи тәылак аҿы аҭҵаара мҩаԥыргеит. Изызҵааз ауаа аԥшьбатәи рыхәҭа ирҳәеит ашәахтә иазку азакәан иашаӡам ҳәа уԥхьаӡозар, уи умшәар улшоит ҳәа. Иџьашьатәӡам уи аҳәынҭқарра ашәахтәқәа ахԥатәи рыхәҭа аҟара ахьамоуа.

Иаҳнарҵозеи Иосифи Мариеи аҳәатәхаҵара аарԥшра аганахь ала иҳарҭаз аҿырԥшы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—12.) c

10. Избан ҳара иаҳгәамԥхо азакәанқәагьы ҳазрықәныҟәо?

10 Абиблиаҿы иануп ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа ауаа агәаҟрақәа шырзаанаго, урҭ Аҩсҭаа анапхгара шриҭо, насгьы иаарласны ишықәгахо (Аԥсал. 110:5, 6; Еккл. 8:9; Лука 4:5, 6). Аха уи адагьы уа иануп аиҳабыра ҳарҿагылозар, Анцәа ҳаиҿагылоит ҳәа. Иегова аҳәынҭқарцәа аамҭак иалагӡаны напхгара руларц алшара риҭеит. Иара иҭахуп ҳара урҭ ҳарзыӡырҩларц. Убри аҟынтә ҳара «дасу иитәу [иаҳҭалароуп]», ашәахтәқәеи, аҳаҭырқәҵареи, аҳәатәхаҵареи уахь иналаҵаны (Рим. 13:1—7). Ҳара ҳгәы иаанагозар алшоит закәанк маншәалаӡам, иашаӡам, ма уи анагӡара ухнарҵәоит ҳәа. Аха ҳара Иегова ҳаизыӡырҩуеит, иара иҳәеит анапхгаҩцәа ҳарзыӡырҩларц, урҭ иҳарҳәо иара изакәанқәа ирҿамгылозар (Аус. 5:29).

11, 12. Иҟарҵазеи Иосифи Мариеи азакәан иқәныҟәарц азы, насгьы лҵшәас иаанагазеи уи? (Лука 2:1—6). (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

11 Ианымариамгьы аҳәынҭқарцәа рзыӡырҩра аганахь ала Иосифи Мариеи аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. (Шәаԥхьа Лука 2:1—6.) Зцәазтәымкәа иҟаз Мариа жә-мзы данырҭагылаз, Иосифи лареи имариамыз аӡбара рыдыркылар акәхеит. Аимператор Август адҵа ҟаиҵеит Римтәи аимпериаҿы инхоз зегьы ашәҟәы рҽанырҵарц. Иосифи Мариеи Вифлеемҟа ицар акәхеит. Уахьынӡа 150 километра раҟара бжьан, насгьы ахылаӷьарақәеи амардарақәеи рацәан! Уи аҩыза амҩа анысра мариан ҳәа узҳәом. Дара ахәыҷи лареи ак рыхьыр ҳәа ишәозар ауан. Амҩан ахшароура далагар? Лара Мессиа иакәны иҟалараны иҟаз длоураны дыҟан! Арҭ аҭагылазаашьақәа мзызс иҟаҵаны аҳәынҭқарцәа ирзымӡырҩыр ауеит ҳәа рыԥхьаӡама?

12 Иосифи Мариеи агәҭынчымрақәа шрымазгьы, азакәан иаҳәоз ҟарҵеит. Иегова урҭ иаадырԥшыз аҳәатәхаҵаразы дырзылԥхеит. Иосифи Мариеи еибга-еизҩыда Вифлеем инеит. Лара агәабзиара змаз ахәыҷы хазына длоуит, уи адагьы Абиблиа иану аԥааимбаражәа налыгӡеит (Мих. 5:2).

13. Ирыцхраар шԥалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи иааҳарԥшуа аҳәатәхаҵара?

13 Ҳара анапхгара ҳзызуа аиҳабыра ҳанырзыӡырҩуа ҳхаҭагьы иаҳзеиӷьуп, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит. Шәазхәыц: ҳара азакәанқәа еилаҳамгозар, ҳахьдырхәыр акәхаӡом (Рим. 13:4). Уи адагьы, ҳара хаҭала иааҳарԥшуа аҳәатәхаҵара аҳәынҭқарцәа Иегова ишаҳаҭцәа ишырзыҟоу ианыруеит. Абар ажәашықәсақәа раԥхьа Нигериа иҟалаз хҭыск. Аизара шцоз асолдаҭцәа азал иааҩналеит. Дара ашәахтәқәа ршәара иаҿагыланы аилаҩынтрақәа еиҿызкаауаз ирышьҭан. Аха аофицер еизаз Иегова ишаҳаҭцәа шракәу анеиликаа, асолдаҭцәа наҟ ицарц реиҳәеит. Иара иҳәеит: «Иегова ишаҳаҭцәа ашәахтәқәа ирызку азакәанқәа ирҿагылаӡом». Шәара азакәанқәа шәрықәныҟәацыԥхьаӡа, Иегова ишаҳаҭцәа рзы ахьӡ бзиа шәырҳауеит. Аԥхьаҟа уи шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи еиқәнархар алшоит (Матф. 5:16).

14. Илыцхраазеи иаҳәшьак напхгара ҳзызуа аиҳабыра рзыӡырҩра?

14 Зны-зынла ҳара еилаҳкаауеит аҳәынҭқарцәа ҳарзыӡырҩлар шҳахәҭоу, аха уи ҳҭахымзар ауеит. Еиду Аштатқәа рҿы инхо Џьоанна илҳәоит: «Сара аҳәынҭқарцәа рзыӡырҩшьа сҵарц азы ирацәаны аџьабаа збар акәхеит. Сҭынхацәа шьоукы урҭ ирыхҟьаны ирхыргахьаз рацәан». Аха Џьоанна аҳәынҭқарцәа дшырзыҟаз лыԥсахырц азы ирацәаны лхы аус адылулон. Лара асоциалтә каҭақәа рҿы аҳәынҭқарцәа рахь агәыԥжәара лызцәырызгоз ажәабжьқәа рыхәаԥшра даҟәыҵит (Ажәам. 20:3). Иара убас лара Иегова диҳәон аԥсҭазаара еиӷьызтәуа аԥсахрақәа ҟазҵо ауаа ракәымкәа, иара шиакәу аилкаара длыцхраарц (Аԥсал. 9:9, 10). Уи адагьы, ҳпубликациақәа рҿы анеитралитет иазку астатиақәа дрыԥхьон (Иоанн 17:16). Џьоанна илҳәоит аҳәынҭқарцәа пату рықәҵашьа анылҵа, ахаан илымамыз агәҭынчра шлоуз.

ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИА ИАҲНАҬО АМҨАҚӘҴАРАҚӘА ШӘРЫҚӘНЫҞӘАЛА

15. Избан Иегова иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара ақәныҟәара зны-зынла изымариам?

15 Иегова дҳаҳәоит: «Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла» (Аур. 13:17). Аизара Ахада, Иисус Христос, днаӡоуп. Аха анапхгара злаҳаиҭо инаӡам ауаа рыла ауп. Ҳара урҭ рзыӡырҩра ҳцәыцәгьазар ауеит, еиҳарак иаҳгәамԥхо ак ҟаҳҵарц ҳарҳәозар. Апостол Пиотр зны ус еиԥш иҟаз аҭагылазаашьа дақәшәахьан. Амаалықь иеиҳәеит Моисеи изакәан ала ицқьам ҳәа иԥхьаӡоу аԥстәқәа ржьы ифарц. Пиотр мап икит, знык акәымкәа, хынтәгьы! (Аус. 10:9—16). Избан? Избанзар иҿыцыз уи анапхгара заҭахыз изеилкааӡомызт. Уи дзышьцылахьаз зынӡа иеиԥшӡамызт. Пиотр инаӡаз амаалықь изыӡырҩра ицәыцәгьахеит. Шаҟа иаҳцәыцәгьахар алшозеи, нас, ҳара инаӡам ауаа рҟынтә иҳауа анапхгара ақәныҟәара!

16. Ихы шԥамҩаԥигеи апостол Павел уалс идмыз ак ҟаиҵарц ианиҳәа? (Аусқәа 21:23, 24, 26).

16 Апостол Павел уалс идмыз ак аҟаҵара ианиҳәозгьы, аҳәатәхаҵара аарԥшра дазхиан. Иауриаз ақьырсианцәа лымҳаҭасқәак роуит, Павел ауриацәа «Моисеи изакәан иацәхьаҵырц [реиҳәозшәа]» (Аус. 21:21). Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа Павел иарҳәеит ԥшьҩык ахацәа дрыцны аныҳәарҭахь дцаны азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьарц. Усҟан зегьы ирбарҭахон Павел азакәан дшықәныҟәо. Иара идыруан ақьырсианцәа уаҳа Моисеи изакәан иқәныҟәалар шакәмыз, насгьы ииашам ҳәа акгьы шыҟаимҵоз. Аха иара уеизгьы урҭ ажәа рымеимкӡеит. «Адырҩаҽны Павел урҭ ахацәа иманы дцан, азакәан ишаҳәоз еиԥш иҽирыцқьеит». (Шәаԥхьа Аусқәа 21:23, 24, 26.) Иара аизара ахылаԥшыҩцәа иарҳәаз ҟаиҵеит, уи аизара еиднакылеит (Рим. 14:19, 21).

17. Ишәнарҵозеи Стефани лҿырԥшы?

17 Сте́фани зыхьӡу аиаҳәшьа афилиал аҿы аишьцәа ирыдыркылаз аӡбара ақәшаҳаҭхара лцәыцәгьан. Лара лхатә ҩызеи лареи атәым бызшәала иҟаз агәыԥ аҿы амаҵ аура ргәаԥхон. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ргәыԥ анаҟәырх, Стефани лыԥшәмеи лареи рхатәы бызшәала имҩаԥысуаз аизарахь ирышьҭит. «Сара уи даара сгәы снархьит, — лҳәоит Стефани. — Сара сгәы иаанагон ҳхатәы бызшәала иҟаз аизараҿы ҭахра дук ыҟаӡам ҳәа». Аха лара уеизгьы ироуз анапхгара дықәныҟәарц лыӡбеит. «Ԥыҭрак ашьҭахь сара еилыскааит афилиал аҿы аишьцәа ирыдыркылаз аӡбара шаҟа иҟәыӷараз, — иацылҵоит Стефани. — Сыԥшәмеи сареи доуҳатә ҭаацәараны ҳарзыҟалеит зҭаацәарақәа рҿы зхала Иегова имаҵ зуа еишьцәақәаки еиҳәшьцәақәаки. Уажәы сара Абиблиа лсырҵоит ааигәа аизарахь ихынҳәыз иаҳәшьак. Уи адагьы сара схатә ҭҵааразы еиҳаны аамҭа соуит». Лара иацылҵоит: «Сара Иегова ламысцқьала имаҵ зулар сылшоит, избанзар иара сизыӡырҩларц азы исылшоз зегь ҟасҵеит».

18. Избан аҳәатәхаҵара аарԥшра зхадоу?

18 Ҳара аҳәатәхаҵара аарԥшышьа ҳҵар ҳалшоит. Иисус аҳәатәхаҵара аарԥшышьа ахьиҵаз зыбзоураз иԥсҭазаараҿы зегь ахьыбзиаз акәӡамызт, аха агәаҟрақәа ахьихигаз акәын (Аур. 5:8). Ҳаргьы лассы-лассы аҳәатәхаҵара аарԥшышьа анаҳҵо ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ауп. Иаҳҳәап, ишәгәалашәома апандемиа COVID-19 аналага Аҳратә залқәа рҿы аизареи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәареи ҳаҟәыҵырц шҳаларҳәаз? Ишәзымариазма шәара уи анапхгара ақәныҟәара? Ишәзымариамзар алшон, аха уеизгьы аҳәатәхаҵара аашәырԥшит. Уи шәахьчеит, шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәареи шәеиднакылеит, Иеговагьы даргәырӷьеит. Уи адагьы, уи ҳара зегьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахҭысқәа ибзианы ҳазыҟанаҵеит. Уи абзоурала арыцҳара ду аан иҳауа амҩақәҵарақәа рзыӡырҩра еиҳа иаҳзымариахоит. Ишаҳдыруа еиԥш, ҳаиқәхара зхьыԥшхо иааҳарԥшуа аҳәатәхаҵара акәхоит! (Иов 36:11).

19. Иарбан ихадоу мзызу аҳәатәхаҵара аарԥшразы иҳамоу?

19 Ишаҳбаз еиԥш, аҳәатәхаҵара еснагь азылԥхарақәа аанагоит. Аха Иегова ҳзизыӡырҩуа ихадоу амзыз, уи бзиа дахьаҳбо, насгьы иргәырӷьара ахьаҳҭаху ауп (1 Иоанн 5:3). Ҳара Иегова иаҳзыҟаиҵо абзиарақәа зегьы рыхә ахаан иҳазшәаӡом (Аԥсал. 116:12). Аха ҳара иҳалшоит иареи амчра зиҭаз ауааи ҳарзыӡырҩлар. Ус ҟаҳҵалар, аҟәыӷара шҳалоу ааҳарԥшуеит, насгьы Иегова дҳаргәырӷьалоит (Ажәам. 27:11).

АШӘА 89 Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

a Ҳара зегьы ҳнаӡаӡам. Убри аҟынтә зны-зынла амҩақәҵарақәа ҳаҭара азин змоуҵәҟьагьы рзыӡырҩра ҳцәыцәгьоуп. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит анацәеи абацәеи, напхгара ҳзызуа аиҳабыреи, ақьырсиантә еизараҿы анапхгара ҳазҭо аишьцәеи рзыӡырҩра зхадоу.

b Шәҭаацәа ишьақәдыргылаз ԥҟарақәак рықәныҟәара шәзымариамзар, насгьы шәани шәаби уи шрашәҳәаша шәзымдыруазар, шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу астатиа «Что делать, если родительские правила кажутся слишком строгими?».

c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Иосифи Мариеи ашәҟәы рҽанырҵарц азы Вифлеемҟа ицеит, убас ацезарь идҵа нарыгӡеит. Иахьа ақьырсианцәа «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ирзыӡырҩуеит: амашьына ианақәтәо аԥҟарақәа ирықәныҟәоит, ашәахтәқәа ршәоит, насгьы ргәабзиара зыхьчо амҩақәҵарақәа ирықәныҟәоит.