Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44

Анцәа Иажәа «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи» еилышәкаала

Анцәа Иажәа «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи» еилышәкаала

«Аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи бзианы [аилкаара]» шәҽазышәшәала (ЕФ. 3:18).

АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит

АХҲӘАА a

1, 2. Еиҳа ишԥеиӷьу Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи? Иаажәга аҿырԥштәы.

 ШӘХАҾЫ иаажәг аҩны аахәара шәгәы иҭоушәа. Уи аашәхәаанӡа шәызхәаԥшырц ишәҭахузеи? Аҩны адәахьала иҭыхны ишәдырбар, уи мацара шәызхома? Мап, шәара уи аҩны жәбар шәҭаххоит, шәакәшаны игәашәҭоит, насгьы аҩныҵҟа шәыҩналаны ауадақәа зегьы шәрыхәаԥшуеит. Иҟалап аҩны шыргылаз еилышәкаарц азы архитектор иҭихыз аплан ҭышәҵаар. Убасала, иаашәхәараны иҟоу аҩны ибзианы шәахәаԥшырц шәҭаххоит.

2 Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы ианҭаҳҵаауа убасҵәҟьа ҟаҳҵоит. Абиблиа аҭҵааҩык уи ашәҟәы «абааш ҳаракқәа зхагылоу, зышьаҭа ӷәӷәоу ахыбра ду» иаҿирԥшит. Иҳалшома, нас, Абиблиа иану зегь аилкаара? Шәара уи шәыццакы-ццакуа шәаԥхьар, «иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа» мацара роуп еилышәкаауа (Аур. 5:12). Ҳара аҩны анааҳхәо еиԥш, «аҩныҵҟа» ҳаҩналаны акәама-ҵамарақәа бзианы игәаҳҭароуп. Абиблиа ахәҭақәа злеидҳәалоу гәаҳҭалар, уи ибзианы аҭҵаара иҳацхраауеит. Зыгәра жәго аҵабыргқәа реилкаара адагьы, урҭ рыгәра зыжәго аилкаарагьы шәашьҭаз.

3. Ргәы зызҭеиҵози апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы избан? (Ефесаа рахь 3:14—19).

3 Абиблиа ибзианы еилаҳкааларц азы, уи инарҵауланы иҭаҳҵаалароуп. Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵон Анцәа Иажәа инарҵауланы иҭырҵааларц, — уи «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи бзианы еилы[ркаарц]» азы. Убасҟан дара рхаҵара ӷәӷәахон, рышьаҭагьы ӷәӷәазаауан. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 3:14—19.) Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп. Шәааи ҳахәаԥшып Анцәа Иажәа аҵакы еиҳа еиӷьны еилаҳкаарц азы уи инарҵауланы аҭҵаара иҳацхраауа.

ИҴАУЛОУ АБИБЛИАТӘ ҴАБЫРГҚӘА ҬЫШӘҴААЛА

4. Ишԥашәыцхраауеи Абиблиа аҭҵаара Иегова изааигәахара? Иаажәга аҿырԥшы.

4 Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Абиблиа хыхь-хыхь аҭҵаара мацара ҳазҳархаӡом. Ҳара иаҳҭахуп «Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы» еилаҳкааларц. Ҳара иаҳдыруеит иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала уи шҳалшо (1 Кор. 2:9, 10). Шәара ишәгәаԥхо темак, ма зҵаарак алхны уи инарҵауланы иҭышәҵаар шәылшоит. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара Иеговеи шәареи шәеиҩызара арӷәӷәоит. Иаҳҳәап, Анцәа ажәытәан имаҵзуҩцәа рахь абзиабара шааирԥшуаз, насгьы уи шәаргьы бзиа шәшибо шышьақәнарӷәӷәо ҭышәҵаар ауеит. Мамзаргьы абиблиатә аамҭақәа раан израильаа Анцәа имаҵ шыруази иахьа ақьырсианцәа имаҵ шыруеи злеиԥшу еиҿшәырԥшыр шәылшоит. Иара убас Иисус адгьыл аҿы даныҟаз инаӡаз аԥааимбаражәақәа ҭышәҵаар ауеит.

5. Ишәымоума шәхатә ҭҵаара аан еиҳа еиӷьны иҭышәҵаарц ишәҭаху азҵаарақәа?

5 Абиблиа аҭҵаара бзиа избо шьоукы иарбан темақәоу еиҳа инарҵауланы иҭырҵаар ирҭаху ҳәа иразҵааит. Урҭ иҟарҵаз ҭакқәак арамка « Иҭышәҵаалар шәылшо» аҿы иаагоуп. Ус еиԥш иҟоу аҭҵаара агәахәара ду узаанагоит. Шәара ишәылшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни» мамзаргьы «Аҭҵаара амҩаԥгаразы амыруга» шәхы иашәырхәар. Абиблиа инарҵауланы аҭҵаара шәыцхраауеит «Анцәа изку адыррагьы» аиура, шәхаҵарагьы арӷәӷәара (Ажәам. 2:4, 5). Шәааи инарҵауланы иҭышәҵаар шәылшо библиатә ҵабыргқәак ҳрылацәажәап.

АНЦӘА ИГӘҬАКЫ ШӘАЗХӘЫЦЛА

6. а) Излеиԥшымзеи агәҭаки аплани? б) Избан Иегова адгьыли ауааи рзы имоу игәҭакы наӡаӡатәиуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

6 Ҳахәаԥшып Абиблиаҿы Анцәа игәҭакы иазкны иану. Агәҭаки аплани злеиԥшым ыҟоуп. Аплан иалхны иумоу аҭыԥ ахь уназго амҩа иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Аха амҩан уадаҩрак уақәшәар, уплан хыбгалар ауеит. Агәҭакы иалхны иумоу аҭыԥ иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаҳдыруеит ҳнеир ахьаҳҭаху, аха уахь ҳазланеиуа уиаҟара ихадаӡам. Амҩан иаҳԥырхагоу ак ҟалар, даҽа мҩак алхны ҳцар ауеит. Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит, адгьыли ауааи рганахь ала имоу «наӡаӡатәи [и]гәҭакы» ахьаҳдыруа (Еф. 3:11). Анцәа хәыҷы-хәыҷла Абиблиа ала ауаа игәҭакы рзааиртуан. Уадаҩрас ицәырҵуазаалакгьы, Иегова еснагь игәҭакы наӡартә иҟаиҵоит (Ажәам. 16:4). Иара игәы иҭеикыз ахаан аӡәгьы дзаԥырхагахаӡом. Хықәкыс имоузеи Иегова, насгьы иарбан ԥсахрақәоу иҟаиҵар акәхаз уи наигӡарц азы?

7. Иҟаиҵазеи Иегова игәҭакы наигӡарц азы раԥхьатәи ауаа аниҿагыла ашьҭахь? (Матфеи 25:34).

7 Анцәа раԥхьатәи ауаа дара рзы имаз агәҭакы рзааиртит. Иара ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала, напхгара рышәҭала... адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы» (Аҟаз. 1:28). Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла, ирхылҵыз ауаа зегьы агәнаҳа рҭынхеит. Аха Иегова уи игәҭакы анагӡара иԥырхагамхаӡеит. Иара раԥхьатәи ихықәкы наигӡарц азы даҽа знеишьак ихы иаирхәеит. Анцәа иаразнак иӡбеит ажәҩан аҿы Аҳра шышьақәиргыло, уи ауааи адгьыли рзы имаз игәҭакы нанагӡоит. (Шәаԥхьа Матфеи 25:34.) Иегова иалихыз аамҭазы адгьыл ахь зегь раԥхьаӡа иишаз Иԥа дааишьҭит. Иисус уи Аҳра аӡбахә ауаа ирзеиҭеиҳәон, насгьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ҳҿихырц азы иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Убри ала Анцәа ибзиабара дуӡӡа ааԥшит. Анаҩс Иегова Иисус Анцәа Иаҳраҿы Аҳас дҟаларц азы иԥсы ҭеиҵеит. Аха Анцәа игәҭакы иазкны еилаҳкаар ҳалшо иҵегьы ирацәоуп.

Шәхаҿы иаажәг ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа зегьы аӡәк иеиԥш имаҵ аныруло аамҭа! (Шәахәаԥш абзац 8.)

8. а) Тема хадас иамоузеи Абиблиа? б) Иаҵанакуазеи иҵегьы Иегова игәҭакахьы? (Ефесаа рахь 1:8—11). (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

8 Тема хадас иамоузеи Абиблиа? Иегова ихьӡ шҳаракхо. Уи ҟалоит Христос дызхагылоу Аҳра ацхыраарала адгьыл азы имоу игәҭакы анынаигӡалак. Иегова игәҭакы аҽаԥсахӡом. Анцәа агәра ҳиргоит ииҳәаз зегь шынаигӡо (Ис. 46:10, 11; Аур. 6:17, 18). Адгьыл џьанаҭхоит, Адами Евеи ирхылҵыз ауаа иашақәа наӡахоит, насгьы наӡаӡа аԥсҭазаара иалагәырӷьалоит (Аԥсал. 22:26). Аха Анцәа гәҭакыс имоу еиҳагьы еиҳауп. Иегова ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы иҟоу имаҵзуҩцәа аӡәк иеиԥш еидикылоит. Дара зегьы Хыхь иҟоу Анцәа Ду имчра ҳаҭыр ақәырҵалоит, насгьы гәыкала имаҵ рулоит. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 1:8—11.) Иегова игәҭакы шынаигӡо ҳаназхәыцуа, уи даараӡа ҳгәы шьҭнахуеит!

ԤХЬАҞАТӘИ АԤСҬАЗААРА ШӘАЗХӘЫЦЛА

9. Шаҟа ихараны ԥхьаҟа аԥшра ҳалшозеи Абиблиа ҳанаԥхьо?

9 Ҳахәаԥшып Иегова Едемтәи абаҳчаҿы ииҳәаз аԥааимбаражәа. Уи ануп Аҟазаара 3:15 аҿы b. Уа Анцәа игәҭакы шынаигӡо ҳаилиркаауеит. Аха уа иану ахҭысқәа азқьышықәсақәа анҵы ашьҭахь ауп хәыҷы-хәыҷла аҟалара ианалага. Иаҳҳәап, Анцәа Авраам иеиҳәеит ихылҵшьҭра иатәу аӡәы Христос шиакәхо (Аҟаз. 22:15—18). Анаҩс 33 шықәса ҳ. ҳ. азы Аҩсҭаа Иисус ишьхәа дацҳаит (Аус. 3:13—15). Аҟазаара 3:15 иану ахылҵ Аҩсҭаа ихы даӷрагыланы ианирҟьацуа иазку аԥааимбаражәа аҵыхәтәанынӡа инаӡаанӡа 1000 шықәса инареиҳаны ицароуп (Аат. 20:7—10). Абиблиа аҟынтә еилаҳкаар ҳалшоит Аҩсҭаа идунеии Иегова иорганизациеи реиӷара зынӡа аҽанарцәгьо иҟало егьырҭ ахҭысқәагьы.

10. а) Иарбан хҭысқәоу иаарласны иҟало? б) Ишԥаҳалшо аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа ҳгәи ҳахшыҩи рзыҟаҳҵар? (Шәахәаԥш албаагаҿы зыӡбахә ҳәоу ашәҟәы.)

10 Шәрызхәыц Абиблиа аҿы заа зыӡбахә ҳәаз иҟалараны иҟоу иааџьоушьаша ахҭысқәа. Раԥхьа ажәларқәа ирыларҳәоит «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» ҳәа (1 Фес. 5:2, 3). Анаҩс амцдинхаҵарақәа зегь ықәыргарц азы ирықәлоит (Аат. 17:16). Убасала арыцҳара ду алагоит. Уи ашьҭахь ауаа «дырбоит амч зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа ирылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа». Иҟалап уи иаанагозар, усҟан ауаа ажәҩан аҿы уаҩ иимбац аџьашьахәқәа шырбо (Матф. 24:30). Анаҩс Иисус ауаатәыҩса рус аӡбара далагоит, насгьы ауасақәеи аџьмақәеи еилихуеит (Матф. 25:31—33, 46). Аха убри аамҭазы Аҩсҭаа ус баша дтәазааӡом. Иара иԥсахы еибакны амилаҭқәа ркоалициа (адгьыл Магог аҟынтә Гог) Иегова имаҵзуҩцәа ирықәлартә иҟаиҵоит (Иез. 38:2, 10, 11). Аамҭак иалагӡаны адгьыл аҿы инхо иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь игахоит, Христоси жәҩантәи ири дареи еидгыланы Армагеддон аҿы еибашьырц азы. Убасала арыцҳара ду хыркәшахоит (Матф. 24:31; Аат. 16:14, 16) c. Анаҩс Христос Зқьышықәсатәи инапхгара алагоит (Аат. 20:6).

Шәара Иегова миллиард шықәсала деилышәкаалоит. Шаҟа иӷәӷәахозеи шәеиҩызара урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа? (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Иарбан лшарақәоу наӡаӡатәи аԥсҭазаара ишәзаанартуа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Шәааи 1000 шықәса анынҵәалак ашьҭахь иаҳзыԥшу ҳазхәыцып. Абиблиаҿы иануп Ҳазшаз «ауаа наӡаӡа инхаларц агәаҳәара рылеиҵеит» ҳәа (Еккл. 3:11). Шәазхәыц уи шәара шәзы ҵакыс иамоу, насгьы уи Иеговеи шәареи шәеиҩызара ишаныруа. Ашәҟәы «Приближайся к Иегове», адаҟьа 319 аҿы угәы шьҭызхуа абарҭ ажәақәа ануп: «Адунеи ҿыц аҿы ҳанхоижьҭеи шәышықәса, зқьышықәса, миллион шықәса, миллиард шықәсагьы анҵло, Иегова изкны еилаҳкаауа уажәы иаҳдыруа аасҭа акырӡа еиҳахоит. Аха иаҳзаатраны иҟоу аҵабыргқәа уеизгьы ирацәахоит. [...] Наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳхаҿы ишаҳзаамго еиԥш аинтерес аҵазаауеит! Аха зегь реиҳа ихадоу, ҳара жәҩантәи Ҳаб еиҳа еиӷьны деилаҳкаалоит!» Аха еилаҳкаар ҳалшозеи иҵегьы уажәнатә, Анцәа Иажәа ҭаҳҵаалар?

АЖӘҨАН АҾЫ ИҞОУ ШӘАЗХӘЫЦЛА

12. Иҳацхраауазеи ажәҩан аҿы иҟоу азхәыцра? Иаажәга аҿырԥшы.

12 Анцәа Иажәа ҳацхраауеит хыхь иҟоу Анцәа Иегова иааигәара аҟазаара шаҟа ҳаҭыр дуу ҳхаҿы аагара (Ис. 33:5). Абиблиа Иеговеи жәҩантәи иорганизациеи ирызкны иаҳзаанартуа рацәоуп (Ис. 6:1—4; Дан. 7:9, 10; Аат. 4:1—6). Иаҳҳәап, «ажәҩан [анаат]» Иезекииль иоуз зеиԥшыҟамыз абара мацара зыԥсоузеи! (Иез. 1:1).

13. Избан Иисус ажәҩан аҿы инаигӡо амаҵзура ахә ҳаракны изышәшьо? (Ауриацәа рахь 4:14—16).

13 Шәазхәыц иара убас Иисус ажәҩан аҿы ҭыԥс иааникыло. Иара напхгара зуа Аҳ иоуп, насгьы арыцҳашьара злоу Ԥхьаԥшьаҩуп. Иисус ибзоурала ҳара «ҳзыԥсам ақьиара аазырԥшуа Анцәа иаҳраҭыԥ» ҳазааигәахаларц алшара ҳамоуп. Даҽакала иуҳәозар, Анцәа ҳаниҳәо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ҳашрыцҳаишьо, насгьы «ацхыраара анаҳҭаххо аамҭазы» дышҳацхраауа. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 4:14—16.) Шәааи Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵахьоу, иара убас уажәы иаҳзыҟарҵо еснагь ҳазхәыцлап. Дара ҳара ҳахь иаадырԥшуа абзиабара ҳгәазҭанаҵалароуп даргьы бзиа рбара, насгьы Иегова гәыкала имаҵ аура (2 Кор. 5:14, 15).

Шәхаҿы иаажәг адунеи ҿыц аҿы шәышгәырӷьало, ауаа Иегова ишаҳаҭцәаны, насгьы Иисус иҵаҩцәаны аҟалара шәышрыцхрааз шәаназхәыцло! (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Идҳарбар шԥаҳалшо Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵо зегьы ахә ҳаракны ишаҳшьо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

14 Ҳара ауаа Иегова ишаҳаҭцәаны, насгьы Иисус иҵаҩцәаны аҟалара ҳанрыцхраауа Анцәа Иԥеи иареи ӷәӷәала бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (Матф. 28:19, 20). Павел Анцәеи Христоси изыҟарҵаз ахә ҳаракны ишьон, убри аҟынтә егьырҭ рыцхрааразы ихы деигӡаӡомызт. Иара идыруан Иегова «еиуеиԥшым ауаа аҵабырг еилыркаарц, насгьы еиқәхарц» шиҭаху (1 Тим. 2:3, 4). Павел иԥсҭазаара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иазикуан, аӡәы имаҳакәа даанхаргьы иҭахӡамызт. Убри аҟынтә иара ҿыӷәӷәала иҳәеит: «Зегьы сыҽраҟарастәит, ма ԥыҭҩык еиқәсырхарц азы» (1 Кор. 9:22, 23).

АБИБЛИА ШӘЫԤСҬАЗААРА ГӘЫРӶЬАРАЛА ИАРҬӘААИТ

15. Насыԥ ҳазҭозеи ҳара, Аԥсалом 1:2 иану инақәыршәаны?

15 Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩуан анасыԥи ақәҿиареи змоу ауаҩы — уи Иегова изакәан иалагәырӷьо, насгьы уахгьы-ҽынгьы уи иазхәыцуа иоуп ҳәа (Аԥсал. 1:1—3). Абиблиа аиҭагаҩ Џьозеф Ротергам ари ажәеинраала данахцәажәоз ус еиԥш иҟоу ауаҩы абас изиҳәеит: «...иара убасҟак Анцәа имҩақәҵара бзиа ибоит, еснагь уи аԥшаара дашьҭоуп, гәыкала иҭиҵаауеит, насгьы дзыԥхьо акыраамҭа дазхәыцуеит. [...] ...Иара амш анҵәамҭазы Абиблиа иану аҟәыӷара еиҳа еиӷьны еилыскаауеит ҳәа изымҳәозар, имш баша имҩасит» (Joseph Rotherham. Studies in the Psalms). Абиблиа аҵакы ҵаулоуп, акәамаҵамарақәагьы рацәоуп. Урҭ шеидҳәалоу анҭуҵаауа — агәырӷьара уоуеит. Шаҟа ибзиоузеи Анцәа Иажәа инарҵауланы аҭҵаара!

16. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиа аҟны?

16 Иегова Иажәаҿы зеиԥшыҟам аҵабыргқәа рацәаны иаҳзааиртуеит. Аӡәы уа иану ахаангьы исзеилкааӡом ҳәа иҳәар илшоит. Аха ҳаццакны алкаа ҟаҳамҵалап. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит иҵаулоу темак: Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду. Апостол Павел Ауриацәа рахь ииҩыз асаламшәҟәы аҿы уи дахцәажәон. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп уи атема аҭҵаара даараӡа ишышәгәаԥхо.

АШӘА 94 Аџьшьара ааҳарԥшуеит Анцәа Иажәазы

a Абиблиа аҭҵаара — уи агәырӷьара зцу жәҩантәи Ҳаб изааигәахара иҳацхраауа ҳаԥсы ҭанаҵы ҳазҿызар алшо усуп. Ари астатиа иаҳнарбоит Анцәа Иажәа «аҭбаареи, ауреи, аҳаракыреи, аҵаулареи» аилкаара шҳалшо.

b Шәахәаԥш 2022 шықәса, ииуль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ажәытәтәи аԥааимбаражәеи шәареи».

c Иаарласны иҟало адунеи зырхыџхыџуа ахҭысқәа шәҽырзыҟашәҵарц азы шәахәаԥш ашәҟәы «Царство Бога правит!», адаҟьа 230.