Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 45

Иегова иныҳәарҭаҿы имаҵ аура алшара ахьшәымоу ахә ҳаракны ишәшьала

Иегова иныҳәарҭаҿы имаҵ аура алшара ахьшәымоу ахә ҳаракны ишәшьала

Шәимҵахырхәа адгьыли ажәҩани Зшаз! (ААТ. 14:7).

АШӘА 93 Урзылԥха ҳаиԥыларақәа

АХҲӘАА a

1. Ииҳәозеи амаалықь, насгьы ҵакыс ирымоузеи уи иажәақәа ҳара ҳзы?

 АМААЛЫҚЬ шәацәажәара далагазҭгьы, ишәеиҳәаз ҟашәҵарызма? Убас ауп иахьа ишыҟоу — амаалықь «милаҭс, биԥарас, жәларыс... иҟоу зегьы» рахь ихы рханы ак реиҳәоит. Ииҳәозеи иара? «Шәицәшәала Анцәа, хьӡи-ԥшеи ишәҭала... Шәимҵахырхәа адгьыли, ажәҩани, амшыни, аӡқәа ахьыҵыҵуа аҭыԥқәеи Зшаз!» (Аат. 14:6, 7). Иегова иоуп Анцәаҵәҟьа, иара ида аӡәгьы дыҟаӡам, убри аҟынтә зегьы иара заҵәык имаҵ рулароуп. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду аҿы имаҵ аура аҳаҭыр ахьҳаҭәеишьаз!

2. Изакәызеи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа? (Шәахәаԥш иара убас арамка « Адоуҳатә ныҳәарҭа — уи...».)

2 Иаанарԥшуазеи адоуҳатә ныҳәарҭа, насгьы ишԥаҳалшо уи иазкны еиҳаны еилаҳкаар? Адоуҳатә ныҳәарҭа — уи ублала иубо хыбраӡам. Уи Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас измоу Иегова игәы иақәшәо имҵахырхәашьа ауп. Апостол Павел уи аныҳәарҭа аӡбахә иҳәеит Иудеиа инхоз иауриаз ақьырсианцәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы b.

3, 4. Избан Павел Иудеиа инхоз ақьырсианцәа хьаас изимаз, насгьы дышԥарыцхрааи урҭ?

3 Избан Павел Иудеиа инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы зырзиҩыз? Уи азы ҩ-мзызк иадамзаргьы имазар алшон. Актәи, иара урҭ ргәы шьҭихыр иҭахын. Урҭ реиҳараҩык ианхәыҷыз аахыс аиудаизм рыларааӡон. Аха уажәшьҭа ианқьырсианцәаха, уаанӡа ирхагылаз адиннапхгаҩцәа рхыччалар алшон. Избан? Избанзар ақьырсианцәа аныҳәарҭеи, акәырбаннагарҭеи, аԥшьаҩцәеи рымаӡамызт. Уи иахҟьаны Христос иҵаҩцәа ргәы каҳар, рхаҵарагьы ԥсыҽхар ауан (Аур. 2:1; 3:12, 14). Аӡәы аиудаизм ахь ахынҳәра иҭаххаргьы алшон.

4 Аҩбатәи, Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи иреиҳәеит Анцәа Иажәа аҿы иаагоу «икьакьоу афатә», даҽакала иуҳәозар, иҵаулоу адоуҳатә ҵабыргқәа, ма иҿыцу аҵарақәа, рхаҳаларц азы акгьы шыҟарымҵоз (Аур. 5:11—14). Урҭ ақьырсианцәа рҟынтә шьоукы Моисеи изакәан ақәныҟәара иаҟәымҵзар ҟалап. Павел иреилиркааит азакәан инақәыршәаны инаргоз акәырбанқәа ауаа агәнаҳа аҟынтә инагӡаны ишазымрыцқьоз. Убри азоуп азакәан заԥыхыз. Анаҩс Павел исаламшәҟәаҿы иҵаулоу аҵабыргқәа рахь диасит. Иара ақьырсианцәа иргәалаиршәеит Иисус Христос иԥсхҭынҵара шьаҭас измоу, Анцәа изааигәахара ирыцхраауа агәыӷра аӡбахә (Аур. 7:18, 19).

5. Еилаҳкаар ҳахәҭоузеи Ауриацәа рахь асаламшәҟәы ҳанаԥхьо, насгьы избан?

5 Павел иауриаз иашьцәа иреиҳәеит ииасхьоу аанрыжьыр шрыхәҭоу. Дара уаанӡа Анцәа ишимҵахырхәоз «иҟалараны иҟаз иагаган». Аха Христос игәра анырга ашьҭахь Анцәа имҵахырхәара ишалагаз — иҟаҵәҟьоу акәхеит (Кол. 2:17). Агага иуеилнаркаауа маҷуп. Убас еиԥш, ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз, иара зышьақәыргылара игәы иҭаз, еиҳа еиӷьыз амҵахырхәара «иагаган». Ҳара еилаҳкаауазар ауп ҳагәнаҳақәа ҳанажьхарц, насгьы Иегова ишиҭаху еиԥш имҵахырхәара ҳалшарц азы иара иҟаиҵаз. Шәааи «агага» (ажәытәан ауриацәа Анцәа ишимҵахырхәоз) «иҟаҵәҟьоу» (ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо) иаҿҳарԥшып. Ари аиҿырԥшра абзоурала ҳара еиӷьны еилаҳкаауеит адоуҳатә ныҳәарҭа закәу, насгьы уи ҳара ҳзы ҵакыс иамоу.

ИԤШЬОУ АҚЬАЛА

6. Рхы ишԥадырхәоз иԥшьоу ақьала?

6 Ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз. Апостол Павел Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа данахцәажәоз, уи Моисеи 1512 шықәсазы ҳ. ҟ. иҟаиҵаз иԥшьоу ақьала иаҿирԥшит. (Шәахәаԥш асхема «Ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз. Ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо».) Израильаа ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ианиасуаз, уи ақьала рыманы ицон. Дара уи 500 шықәса раҟара рхы иадырхәон, Иерусалим аныҳәарҭа дыргылаанӡа (Ақәҵ. 25:8, 9; Ахыԥхь. 9:22). Уи «аиқәшәара ақьала» израильаа Анцәа имҵахырхәаларц азы, насгьы акәырбанқәа изнаргаларц азы иахьнеиуаз ҭыԥын (Ақәҵ. 29:43—46). Аха иԥшьоу ақьала иара убас ақьырсианцәа ироураны иҟаз еиҳа еиӷьыз ак аанарԥшуан.

7. Ианбацәырҵи адоуҳатә ныҳәарҭа?

7 Ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо. Ажәытәан рхы иадырхәоз иԥшьоу ақьала «ажәҩан аҿы иҟоу... иагаган». Павел иҳәеит уи «уажәы иҟоу [шаанарԥшуа]» — Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду (Аур. 8:5; 9:9). Ус анакәха, Павел ауриацәа Асаламшәҟәы анырзиҩуаз адоуҳатә ныҳәарҭа цәырҵхьан. Уи 29 шықәса ҳ. ҳ. азы ицәырҵит. Уи ашықәс азы Иисус аӡы иҽӡааихит, иԥшьоу адоуҳа иоуит, насгьы Иегова идоуҳатә ныҳәарҭаҿы «аԥшьаҩ хада ду» иаҳасабала амаҵ аура далагеит (Аур. 4:14; Аус. 10:37, 38) c.

АԤШЬАҨ ХАДА

8, 9. Излеиԥшымзи израильтәи аԥшьаҩ хадацәеи Аԥшьаҩ хада ду Иисус Христоси? (Ауриацәа рахь 7:23—27).

8 Ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз. Аԥшьаҩ хада Анцәа иҿаԥхьа ажәлар дырхаҭарнакын. Израильаа раԥхьатәи рыԥшьаҩ хада Аарон иакәын. Иегова уи амаҵзура Аарон инапы ианиҵеит, Анцәа имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьала рхы иадырхәо ианалага. Аха Павел излеиҳәаз ала «аԥшьаҩцәа рҽырыԥсахлар акәын, избанзар аԥсра рмаҵзура анагӡара ирԥырхаган» d. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 7:23—27.) Урҭ аԥшьаҩ хадацәа инаӡамыз уаан, убри аҟынтә рыгәнаҳақәа рзы акәырбанқәа наргалар рыхәҭан. Убри ала ауп дара Аԥшьаҩ хада ду, Иисус Христос, еиҳараӡак излаиеиԥшымыз.

9 Ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо. Ҳаԥшьаҩ хада, Иисус Христос, «ауаҩы иргылаз акәымкәа, Иегова иргылаз ақьалаҿы» амаҵ иуеит (Аур. 8:1, 2). Павел иҳәеит «иара [Иисус] наӡаӡа дыҟоуп азы, иара иҭыԥан ԥшьаҩыс уаҳа аӡәгьы дҟалаӡом» ҳәа. Иара убас апостол иазгәеиҭеит Иисус «дшыцқьоу, агәнаҳаҟаҵаҩцәа зынӡа дышреиԥшым», насгьы израильтәи аԥшьаҩ хадацәа реиԥш игәнаҳақәа рзы есыҽны акәырбанқәа неигалар шакәым. Аха уажәшьҭа шәааи ажәытәан ауриацәа ирымаз акәырбаннагарҭақәеи акәырбанқәеи иахьа ақьырсианцәа ирымоу акәырбаннагарҭақәеи акәырбанқәеи злеиԥшым ҳахәаԥшып.

АКӘЫРБАННАГАРҬАҚӘЕИ АКӘЫРБАНҚӘЕИ

10. Иаадырԥшуази абҩа иалхыз акәырбаннагарҭаҿы ауриацәа инаргоз акәырбанқәа?

10 Ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз. Иԥшьоу ақьала аҩналарҭаҿы абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа гылан, уа Иегова аԥстәқәа кәырбанс изнаргон (Ақәҵ. 27:1, 2; 40:29). Аха урҭ акәырбанқәа рыбзоурала ажәлар рыгәнаҳақәа инагӡаны иранажьхаӡомызт (Аур. 10:1—4). Иԥшьоу ақьалаҿы иааҟәымҵӡакәа инаргоз акәырбанқәа иаадырԥшуан, ауаатәыҩса зегь агәнаҳа аҟынтә шьаҭанкыла иҿызхуа акәырбан аԥхьаҟа ишнагахо.

11. Иаанарԥшуазеи Иисус иԥсҭазаара кәырбанс иахьнеигаз акәырбаннагарҭа? (Ауриацәа рахь 10:5—7, 10).

11 Ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо. Иисус идыруан Иегова иара адгьыл ахь дзааишьҭыз иԥсҭазаара ауаа ирыхҭынҵаны, иҿихырц азы шакәыз (Матф. 20:28). Иара аӡы иҽанӡааих Иегова игәҭакы анагӡара дшазхиоу ааирԥшит (Иоанн 6:38; Гал. 1:4). Асимволтә ҵакы змоу Иисус дахьыԥсыз акәырбаннагарҭа — уи Анцәа игәҭакы ауп. Иисус инаӡаз иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара кәырбанс инеигар акәын. Анцәа гәҭакыс имаз убри ауп. Иисус игәра зго зегьы рыгәнаҳақәа рхихырц азы ицәеижь «знызаҵәык» кәырбанс инеигеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:5—7, 10.) Уажәшьҭа шәааи ҳахәаԥшып иԥшьоу ақьала аҩныҵҟа иҟаз.

ИԤШЬОУ АҬЫԤИ ИԤШЬАӠОУ АҬЫԤИ

12. Измадаз азин иԥшьоу ақьала иамаз аҿқәа рахь аҩналара?

12 Ажәытәан ауриацәа Анцәа ишимҵахырхәоз. Иԥшьоу ақьалеи ԥыҭрак ашьҭахь Иерусалим идыргылаз аныҳәарҭақәеи еиԥшны иҟаҵан. Урҭ ҩ-ҿык рыман: Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи. Урҭ аԥарда рыбжьан (Аур. 9:2—5; Ақәҵ. 26:31—33). Иԥшьоу аҭыԥ аҿы игылан ахьы иалхыз алашарбагеи, афимиам ахьырбылуаз акәырбаннагарҭеи, иԥшьоу ача ахьықәырҵоз астоли. Уахь аҩналара азин змаз иԥшьоу адоуҳала иалхыз аԥшьаҩцәа мацара ракәын, уа ирыдыз аҭакԥхықәрақәа нарыгӡаларц азы (Ахыԥхь. 3:3, 7, 10). Иԥшьаӡоу аҭыԥ аҿы игылан Иегова уа дшыҟаз аазырԥшуаз ахьы иалхыз аиқәшаҳаҭра аковчег (Ақәҵ. 25:21, 22). Уахь аҩналара азин змаз аԥшьаҩ хада заҵәык иакәын. Иара уи есышықәса иазгәарҭоз Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны иҟаиҵон (Алев. 16:2, 17). Аԥшьаҩ хада игәнаҳақәеи ажәлар рыгәнаҳақәеи рзы аԥстәқәа ршьа иманы уахь дыҩналон. Убас есышықәса иҟарҵон. Аамҭа анҵы Иегова иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала имаҵзуҩцәа иреилиркааит иԥшьоу ақьалаҿы иҟаз Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ҵакыс ирымаз (Аур. 9:6—8) e.

13. Иаадырԥшуазеи Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи?

13 Иахьа ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо. 144000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иҵаҩцәа ажәҩан аҿы иара ԥшьаҩцәас амаҵ ицрулоит (Аат. 1:6; 14:1). Урҭ адгьыл аҿы инхонаҵы Анцәа иԥшьоу адоуҳала иалихуеит, насгьы ԥацәас иҟаиҵоит. Иԥшьоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Анцәеи дареи ирыбжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьақәа (Рим. 8:15—17). Иԥшьаӡоу аҭыԥ иаанарԥшуеит Иегова дахьыҟоу ажәҩан. Иԥшьоу аҭыԥи Иԥшьаӡоу аҭыԥи ирыбжьоу «аԥарда» иаанарԥшуеит Иисус адгьыл аҿы даныҟаз имаз ацәеижь. Иара адгьыл аҿы дынхонаҵы ажәҩан ахь дызцаӡомызт. Аха ауаа ҿихырц азы ицәеижь кәырбанс ианнеига ашьҭахь, Иисус ажәҩан ахь дхалеит, насгьы иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы жәҩантәи аԥсҭазаарахь амҩа рзааиртит. Жәҩантәи рҳамҭа роурц азы даргьы ауаҩытәыҩсатә цәеижь аанрыжьроуп (Аур. 10:19, 20; 1 Кор. 15:50). Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь адоуҳатә ныҳәарҭа аҿы иҟоу Иԥшьаӡоу аҭыԥ ахь дыҩналеит. Аамҭак ашьҭахь доуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы уа ицҟалоит.

14. Избан иахьа иҟоу Иегова игәы иақәшәо аиҿкаара ажәытәан иҟаз аасҭа еиҳа изеиӷьу? (Ауриацәа рахь 9:12, 24—26).

14 Ҳара иаҳбеит иарбан еиҿкаароу иахьа ицқьоу амҵахырхәараҿы Иегова дыззыразу. Уи шьаҭас иамоуп Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵареи ԥшьаҩык иаҳасабала инаигӡо имаҵзуреи. Уи аиҿкаара ажәытәан иҟаз аасҭа акырӡа еиӷьуп. Израиль иҟаз Аԥшьаҩ хада ауаа идыргылаз ақьалаҿы иҟаз Иԥшьаӡоу аҭыԥ ахь аԥстәқәа ршьа иманы дыҩналон. Иисус иакәзар Иегова иҿаԥхьа дгыларц азы «ажәҩан ахаҭахьы» ауп дахьнеиз, зегь раасҭа иԥшьоу аҭыԥ ахь. Уа иара инаӡоу ауаҩы иеиԥш адгьыл аҿы анхаразы имаз азин Анцәа изирхынҳәит, убас ала «агәнаҳа аҵыхәтәа ԥиҵәарц азы». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 9:12, 24—26.) Иисус иԥсхҭынҵара наӡаӡа агәнаҳақәа хнаҩоит. Анаҩс ишеилаҳкаауа еиԥш ҳара анхаразы агәыӷра ахьҳамазаалакгьы — ажәҩан аҿы аума адгьыл аҿы аума — ҳаззегьы Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа аҿы имҵахырхәара алшара ҳамоуп.

АШҬАҚӘА

15. Амаҵ зуадаз иԥшьоу ақьала ашҭаҿы?

15 Ауриацәа ажәытәан Анцәа ишимҵахырхәоз. Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны ашҭа ыҟан, уи аԥшьаҩцәа ирыдыз адҵақәа ахьынарыгӡоз, ихкааны иҟаз ҭыԥын. Уа ишеибгоу ирбылуаз акәырбанқәа рзы абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа дуи аӡы зҭаз абҩа иалхыз ачани гылан. Уи аӡала аԥшьаҩцәа рмаҵзура иалагаанӡа рҽырыӡәӡәон (Ақәҵ. 30:17—20; 40:6—8). Ԥыҭрак ашьҭахь идыргылаз аныҳәарҭақәа рҿы иара убас адәахьтәи ашҭа ыҟан, уахь Анцәа имҵахырхәаларц азы егьырҭ ауаагьы неилар ауан.

16. Амаҵ зуада адоуҳатә ныҳәарҭа аҩныҵҟатәи, насгьы адәахьтәи ашҭақәа рҿы?

16 Ақьырсианцәа Анцәа ишимҵахырхәо. Доуҳала иалху Христос иашьцәа аԥшьаҩцәа раҳасабала Иисус амаҵ ицруларц азы ажәҩан ахь ицаанӡа, адоуҳатә ныҳәарҭа аҩныҵҟатәи ашҭаҿы гәыкала Анцәа имаҵ руеит. Аӡы зҭоу ачан ду ақьырсианцәа зегь реиԥш даргьы иргәаланаршәоит зегь рыла ицқьаны иаанхалар шрыхәҭоу. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи доуҳала иалху Христос иашьцәа ирывагыланы гәыкала аџьабаа збо «ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа» рзы? Иабаруеи дара Анцәа имаҵ? Апостол Иоанн ибеит дара «Анцәа итәарҭа аҿаԥхьа» ишгылоу. Уи иаанарԥшуеит дара Анцәа «уахи-ҽни... имаҵ [ахьыруа]» адоуҳатә ныҳәарҭа адәахьтәи ашҭа (Аат. 7:9, 13—15). Шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьозеи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду аҿы имаҵ аура ахьҳаҭәеишьаз!

ИЕГОВА ИМҴАХЫРХӘАРАЗЫ ИҲАМОУ ЗЫХӘ ҲАРАКУ АЛШАРА

17. Иарбан кәырбанқәоу Иегова изнаҳго?

17 Иахьа ақьырсианцәа зегьы рхы иамеигӡаӡакәа Иегова ак иҭаразы зеиԥшыҟам алшара рымоуп. Уи Аҳра аус иақәҳарӡуа аамҭеи, амчи, аԥареи ракәзар ауеит. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, ҳара иҳалшоит «еснагь Анцәа дҳарҽхәала[р], ихьӡ ауаа ирылаҳҳәала[р], убасала, ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа рыла, акәырбан изнаҳгала[р]» (Аур. 13:15). Ҳара Иегова зегьы иреиӷьу иаҳҭалар, имҵахырхәаразы иҳамоу алшара ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит.

18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ахаан? (Ауриацәа рахь 10:22—25).

18 Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:22—25. Апостол Павел Ауриацәа рахь ииҩыз асаламшәҟәы анҵәамҭаҿы ахаан иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоу еиқәиԥхьаӡеит. Уахь иаҵанакуеит Анцәа иҳәара, ажәабжь аҳәара, аизарақәа рҭаара, насгьы агәышьҭибахра. Иегова имш «еиҳа-еиҳа иааигәахоит азы, шәааи уи зегьы еиҳагьы ҳгәы-ҳаԥсы ақәкны иҟаҳҵалап». Ашәҟәы Аатра аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы Иегова имаалықь ҩынтә абас иҳәеит: «Анцәа уиеихырхәа!» (Аат. 19:10; 22:9). Амаалықь арҭ ажәақәа ҩынтә иахьиҳәаз иаанарԥшуеит урҭ рзыӡырҩра шаҟа ихадоу. Шәааи Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду иазку иҵаулоу аҵабыргқәа ҳхаҳмыршҭлап, насгьы Ҳанцәа ҳимҵахырхәаларц азы иҳамоу зеиԥшыҟам алшара ахә ҳаракны иаҳшьалап!

АШӘА 88 Умҩақәа сзаарт

a Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа ду — уи инарҵауланы аҭҵаара иаԥсоу темоуп. Иаанарԥшуазеи уи аныҳәарҭа? Ҳара инарҭбааны ҳалацәажәоит уи иазкны Ауриацәа рахь асаламшәҟәаҿы иану. Ҳгәыӷуеит ари ахцәажәара Иегова имҵахырхәаразы ишәымоу алшара еиҳаны ахә ашьара ишәыцхраауеит ҳәа.

b Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иаагоу «Ауриацәа рахь асаламшәҟәы ахҳәаа» захьӡу авидеонҵамҭа.

c Ауриацәа рахь асаламшәҟәы — Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Иисус Аԥшьаҩ хада ҳәа ахьизҳәоу шәҟәы заҵәык ауп.

d Усумҭак излаҳәо ала 70-тәи ашықәс ҳ. ҳ. азы Иерусалимтәи аныҳәарҭа анхырбгалаз аамҭа аҟынӡа Израиль 84-ҩык раҟара аԥшьаҩ хадацәа рҽырыԥсахит.

e Ҵакыс иамази Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны аԥшьаҩ хада иҟаиҵоз? Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу авидеонҵамҭа «Шатёр».

f Шәахәаԥш ашәҟәы «Чистое поклонение Иегове восстановлено!», адаҟьа 240.

g Шәахәаԥш 2010 шықәса, ииуль 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу арамка «Как дух открыл, что такое духовный храм», адаҟьа 22.