Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ааигәа иҟаҵаз еиҭарҿыцу аилкаара ҳаҩҳмыжьырц иҟаҵатәу

Ҳара ҳаигәырӷьоит Иегова Иажәа аҟынтә аҵабыргқәа рацәаны ианааиртуа аамҭазы ҳахьынхо (Дан. 12:4). Аха еиҭарҿыцу аилкаарақәа зегьы ҳархьымӡозар алшоит. Иҳаԥшаар абаҳалшо урҭ?

• «Индекс публикаций Сторожевой башни» ахы «Уточнение в понимании» аҿы еиҭарҿыцу аилкаарақәа зегьы ашықәсқәа рыла еилыхны иануп. Уи шәыԥшаарц азы иаашәырты аелектронтә библиотека Watchtower Library ма «Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека», нас аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа «уточнение в понимании» (ахыцқәа ирҭакны).

• «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» аҟны иаагоуп темала еилыху еиҳа икьаҿу асиа. Иаашәырты атема «Свидетели Иеговы», анаҩс ахы «Взгляды и убеждения», нас — «Уточнение в понимании».

Шәхатә ҭҵаараан ааигәа иҟаҵаз еиҭарҿыцу еилкаарак алхны иҭышәҵаар шәылшоит, насгьы уи шьаҭас иамоу абиблиатә жәеинраалақәа шәрыхәаԥшыр ауеит.