Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 1

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

Ашәара шәиааир жәымун — Иегова шәиқәгәыӷла

Ашәара шәиааир жәымун — Иегова шәиқәгәыӷла

2024-ТӘИ АШЫҚӘС ИАЗАЛХУ АЖӘЕИНРААЛА: «Акы санацәшәо, уара суқәгәыӷуеит» (АԤСАЛ. 56:3).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар, насгьы ашәара ҳҽаҳамҭалар шҳалшо.

1. Избан зны-зынла ҳазшәо?

 ҲАРА зегьы акы ҳацәшәозар алшоит. Ҳәарада, Абиблиа ахьҭаҳҵаауа абзоурала ҳара аԥсцәеи адемонцәеи ҳрыцәшәаӡом, насгьы аԥхьаҟа ауаатәыҩса ирзыԥшу азы ҳгәы ҭынчуп. Аха ҳара аамҭа цәгьақәа раан ҳанхоит, иахьа ирацәоуп «ахҭыс ҿаасҭақәа» — аибашьрақәа, ацәгьоурақәа, аепидемиақәа (Лука 21:11). Уи адагьы, ҳхаҵаразы аҳәынҭқарцәа ҳҿагылар ма иаҳзааигәоу ауаа ргәы ҳзыԥжәар ҳәа ҳшәозар ауеит. Шьоукы уажәы изықәшәо ма аԥхьаҟа изықәшәар алшо аԥышәарақәа рызхымгар ҳәа ишәоит.

2. Иарбан ҭагылазаашьоу Давид ақалақь Гат даннеи дзықәшәаз?

2 Давидгьы зны-зынла дшәон. Иаҳҳәап, аҳ Саул Давид данишьҭаз, иара филистимтәи ақалақь Гатҟа дыбналарц иӡбеит. Хара имгакәа Гат аҳ, Ахиш, иарҳәеит Давид израильаа ашәа зхырҳәааз аибашьҩы ӷәӷәа шиакәу. Уи ашәаҿы иҳәан Давид жәанызқьҩыла филистимаа шишьыз. Давид даара дшәеит (1 Сам. 21:10—12). Иара Ахиш дишьыр ҳәа дшәон. Ицхрааи Давид ашәара аиааира?

3. Ицхрааи Давид имаз ашәара аиааира? (Аԥсалом 56:1—3, 11).

3 Аԥсалом 56 аҿы Давид Гат даныҟаз ихы шибоз еиҭеиҳәоит. Уи аԥсалом аҿы иара иҳәоит ашәара изцәырызгаз, насгьы уи аиааира ицхрааз. Иара даншәоз, Иегова диқәгәыӷуан. (Шәаԥхьа Аԥсалом 56:1—3, 11.) Ус ахьыҟаиҵоз бзиан. Иегова ицхыраарала Давид атактика бзиа ихәыцит — иара ихы еилаԥсазшәа ҟаиҵеит! Уинахыс Ахиш Давид дицәшәаӡомызт, насгьы дықәцан дкарцарц адҵа ҟаиҵеит. Убас Давид абналара илшеит (1 Сам. 21:13—22:1).

4. Ишԥаҳалшо Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар? Иаажәга аҿырԥштәы.

4 Ҳаргьы Иегова ҳиқәгәыӷлар, ашәара ҳаиааир ҳалшоит. Ишԥаҳалшо Иегова еиҳагьы иқәгәыӷшьа ҳҵар? Ҳазааҭгылап ҿырԥштәык. Иаҳҳәап, шәара ӷәӷәала шәычмазаҩхеит. Раԥхьа уи шәаршәеит. Аха нас еилышәкааит аҳақьым бзиа шәшихәышәтәло. Иара уи ачымазара ахәышәтәраҿы аԥышәа ду имоуп, насгьы ирацәаҩны ауаа ихәышәтәхьеит. Уи адагьы, уи аҳақьым ауаҩы дизааигәоуп. Иара ачҳара аарԥшны дышәзыӡырҩуеит, насгьы дшәыцхраар шиҭаху убарҭоуп. Уи ахәарҭа шәзаазго ахәышәтәышьа шәыдигалоит, убри аҟынтә шәиқәгәыӷлар, насгьы акгьы хьаас иҟашәымҵар шшәылшо еилышәкаауеит. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова ҳиқәгәыӷлар ҳҭахуп. Уи азы иара иҟаиҵахьоу, уажәы иҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу ҳазхәыцлароуп. Убас ауп Давидгьы ишыҟаиҵоз. Шәааи Аԥсалом 56 аҿы иану иажәақәа ҳрылацәажәап, насгьы Иегова иахь ҳагәрагара рӷәӷәаны, ҳшәарақәа ҳариааилар шҳалшо ҳазхәыцып.

ИҞАИҴАХЬОУЗЕИ ИЕГОВА?

5. Дзызхәыцуази Давид имаз ашәара даиааирц азы? (Аԥсалом 56:12, 13).

5 Давид иԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагылаз, Иегова иара изы иҟаиҵахьаз дазхәыцуан. (Шәаԥхьа Аԥсалом 56:12, 13.) Иара Анцәа изхәыцра шьцыларас иман. Иаҳҳәап, Давид Анцәа ишамҭақәа дрызхәыцуан. Урҭ Иегова амч ду шимоу, насгьы ауаа бзиа ишибо игәаладыршәон (Аԥсал. 65:6—9). Уи адагьы, Давид Анцәа имаҵзуҩцәа зегь рахь шаҟа ақьиара ааирԥшуа дазхәыцуан (Аԥсал. 31:19; 37:25, 26). Аха еиҳараӡак игәаҵанӡа инеиуаз Иегова хаҭала иара дышиеиҷаҳауаз акәын. Давид данхәыҷыз инаркны Анцәа дицхраауан, дагьихылаԥшуан (Аԥсал. 22:9, 10). Ҳәара аҭахума, ус еиԥш иҟаз ахәыцрақәа Давид Иегова иахь игәрагара дырӷәӷәон!

Давид Иегова иҟаиҵахьоу, уажәы иҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу дазхәыцуан. Убас Иегова иахь игәрагара ирӷәӷәон. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 8, 12.) d


6. Иҳацхраауазеи ҳаншәо Иегова иқәгәыӷра?

6 Шәаншәо шәхы шәазҵаа: «Иҟаиҵахьои Иегова?» Шәрызхәыц ишамҭақәа. Иаҳҳәап, аԥсаатәқәеи ашәҭқәеи. Иегова урҭ иара иеиԥшны ишимшазгьы, имҵахырхәалартә алшара шрымамгьы, урҭ дреиҷаҳауеит. Ус акәзар, шәара еиҳагьы дшәеиҷаҳауеит (Матф. 6:25—32). Уи шәазхәыцлар, Иегова иахь шәыгәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Иара убас шәазхәыц имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа. Абиблиатә аамҭақәа раан инхоз, ма иахьа инхо ахацәеи аҳәсеи рыӡбахә ҭышәҵаар шәылшоит a. Уи адагьы, Иегова хаҭала шәара шәзы иҟаиҵаз шәхашәмыршҭлан. Дышԥашәыцхрааи аҵабырг аилкаара? (Иоанн 6:44). Ишԥаҟаиҵо шәыҳәарақәа рҭак? (1 Иоанн 5:14). Ишԥаиуи шәыԥсҭазаара аҵакы Иисус Христос иԥсхҭынҵара абзоурала, насгьы ишԥашәзаанаго уи агәырӷьара? (Еф. 1:7; Аур. 4:14—16).

Иегова иҟаиҵахьоу, уажәы иҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу ҳазхәыцлар, Иегова иахь ҳагәрагара ҳарӷәӷәоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6, 9, 10, 13, 14.) e


7. Ишԥалыцхрааи аиаҳәшьа Ванесса аԥааимбар Даниил ихҭыс илымаз ашәара аиааира?

7 Гаити инхо аиаҳәшьа Ванесса b узыршәартә иҟоу аҭагылазаашьа дақәшәеит. Лааигәара инхоз хаҵак есыҽны аҭел дылзасуан, насгьы асексуалтә ламысдара лирҟаҵарц азы иҟьашьу СМС-аацҳарақәа лзиҩуан. Ванесса еилыкка иалҳәеит уи ҟалашьа шамам. Аха иара ииҳәац иҳәон, уимоу лыршәарагьы далагеит. «Сара сшәаны сыҟан», — лҳәоит Ванесса. Илыцхрааи ашәара аиааира? Лара лхы лыхьчарц азы иаҭахыз зегь ҟалҵеит. Аизара ахылаԥшҩы аполициа аусуҩцәа рҟынтә ацхыраара аиура длыцхрааит. Уи адагьы, лара Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа шихьчоз дазхәыцуан. «Раԥхьа схахьы иааиз, — уи аԥааимбар Даниил иоуп, — лҳәоит Ванесса. — Иара акгьы ихараӡамкәа имлашьуаз алымқәа ахьҭакыз ажра дҭарыжьит. Аха уи аҩыза аҭагылазаашьаҿгьы Анцәа Даниил даанимыжьӡеит. Сара Иегова сиҳәеит уи аус аҭыԥ иқәиҵарц. Уинахыс уаҳа сшәаӡомызт» (Дан. 6:12—22).

ИҞАИҴОИ ИЕГОВА УАЖӘЫ?

8. Зыгәра ганы дыҟази Давид? (Аԥсалом 56:8).

8 Давид Гат даныҟаз иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, ашәара ииааиртә алимыршаӡеит. Уи аҭыԥан Иегова уажәы иара изы иҟаиҵо ихы азишьҭит. Иара ибон Иегова дышицу, дшихьчо, ицәаныррақәагьы шеиликаауа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 56:8.) Уи адагьы, Давид гәыкала изыҟаз аҩызцәа иман, иаҳҳәап, Ионафан, насгьы аԥхьаԥшьаҩы Ахимелех. Урҭ иара идгылан, иагьицхраауан (1 Сам. 20:41, 42; 21:6, 8, 9). Аҳ Саул Давид ишьра дшашьҭазгьы, иара иԥсы еиқәирхеит. Уи агәра инаргон уажәы дызҭагылоу, насгьы шаҟа ицәыцәгьоу Иегова ибзианы ишеиликаауа.

9. Иидыруеи Иегова хаҭала зегьы иҳазкны?

9 Ҳаргьы ҳзыршәо аԥышәара ҳанақәшәо, Иегова зегь ибоит: ҳзықәшәаз еиԥш, уи иахҟьаны ҳхы шаҳбогьы. Иаҳҳәап, Анцәа ибон израильаа Египет ианыҟаз шаҟа гәымбылџьбарала ирызныҟәоз, насгьы уа шаҟа игәаҟуаз (Ақәҵ. 3:7). Давид агәра ганы дыҟан дызҭагылаз агәаҟреи шаҟа ицәыцәгьази Иегова ишидыруаз (Аԥсал. 31:7). Анцәа ижәларгьы агәаҟра ианақәшәоз, — уи дара рхаҭа ианырхаразгьы — «уи иара ахьаа инаҭон» (Ис. 63:9). Шәара акы шәанацәшәо, Иегова шәцәаныррақәа еиликаауеит, насгьы ашәара аиааира дшәыцхраар иҭахуп.

10. Избан агәра ганы шәзыҟоу Иегова дшышәхылаԥшуа, насгьы иарбан ԥышәаразаалакгьы шәзықәшәо уи ахгара дышшәыцхраауа?

10 Аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо, ашәара Иегова дшаҳхылаԥшуа абара иаҳԥырхагахар ауеит. Иҟаҵатәузеи усҟан? Анцәа дшышәхылаԥшуа агәаҭара дшәыцхраарц шәиҳәала (2 Аҳ. 6:15—17). Ааигәа аизараҿы ишәаҳаз ажәахә, ма аӡәы иҟаиҵаз аҭак шәгәы арӷәӷәазар? Мамзаргьы ҳсаит аҿы иаагоу статиак, видеонҵамҭак, ма ашәак амч шәнаҭазар? Аӡәы шәгәы шьҭызхыз зхәыцрак шәзеиҭеиҳәазар, мамзаргьы библиатә жәеинраалак шәгәалаиршәазар? Зны-зынла абзиабара ахьыҟоу ҳаиашьареи адоуҳатә фатәи ҳрышьцыланы рыхә ашьара ҳаҟәыҵыр ауеит. Аха урҭ Иегова иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭақәоуп (Ис. 65:13; Марк 10:29, 30). Урҭ ишьақәдырӷәӷәоит Иегова бзиа шәшибо, насгьы еснагь шәиқәгәыӷлар шшәылшо (Ис. 49:14—16).

11. Илыцхрааи Аида илымаз ашәара аиааира?

11 Сенегал инхо А́ида иуадаҩу аамҭақәа раан Иегова дышлыцхраауа агәаҭара лҽазылшәон. Лҭаацәараҿы лара ахәыҷқәа дреиҳабуп, убри аҟынтә лҭаацәа ҳныҟәылгалоит ҳәа илықәгәыӷуан. Аха Аида пионерс амаҵ лулар лҭахын. Убри аҟынтә лара еиҳа имаҷны аусура далагеит, илоуазгьы еиҳа имаҷхеит. Лҭынхацәа уи ргәамԥхаӡеит, илықәыӡбогьы иалагеит. «Сара сҭаацәа рхылаԥшра сылымшар ҳәа, насгьы уи иахҟьаны сҭаацәара сылҵыр ҳәа сшәон, — лҳәоит Аида. — Аҭагылазаашьа убри аҟынӡа иахьнеиз азы Иеговагьы сицәгәааит». Уи ашьҭахь лара аизараҿы ажәахә лаҳаит. Аида иацылҵоит: «Ажәахә зҳәоз иаҳгәалаиршәеит: ҳгәы ҳзырхьыз закәызаалакгьы, Иегова ҳхьаа ибоит. Аизара ахылаԥшыҩцәеи, сҩызцәеи Иегова бзиа сшибо сарҳәон. Убас хәыҷы-хәыҷла иара иахь исымаз агәрагара еиҳа иӷәӷәахеит. Уи нахыс Анцәа саниҳәоз уи дышсыцхраауа ала гәыҩбарак сымамызт. Иегова сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз анызбоз, зеиԥшыҟамыз агәҭынчра соуан». Ԥыҭрак ашьҭахь Аида даҽа усурак лыԥшааит, уи пионерс амаҵ аурагьы, лҭаацәа рыцхраарагьы лылнаршеит. «Сара аҵыхәтәанынӡа Иегова иқәгәыӷшьа сҵеит, — лҳәоит Аида. — Уажәшьҭа Анцәа саниҳәалак, сшәара ахьцогьы збом».

ИҞАИҴОИ ИЕГОВА АԤХЬАҞА?

12. Аԥсалом 56:9 иану инақәыршәаны, зыгәра ганы дыҟази Давид?

12 Шәаԥхьа Аԥсалом 56:9. Ари ажәеинраала иаҳнарбоит Давид ашәара аиааира иҵегьы ицхраауаз. Иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы Иегова аԥхьаҟа иара изы иҟаиҵо дазхәыцуан. Давид идыруан ианаамҭоу Иегова дшеиқәирхо. Избанзар иара Израиль анаҩстәи аҳас дшалихыз иҳәахьан (1 Сам. 16:1, 13). Давид агәра ганы дыҟан: Иегова ак иҳәазар, уи намӡакәа инхаӡом.

13. Иҟаиҵои Иегова ҳара ҳзы аԥхьаҟа?

13 Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова ҳара зегьы? Иара ауадаҩрақәа зегь ҳарцәихьчалоит ҳәа ҳазыԥшӡам c. Аха ҳара иаҳдыруеит, адунеи ҿыц аҿы Иегова иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь шықәиго (Ис. 25:7—9). Ҳазшаз амч имоуп иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы, ҳчымазарақәа, аемоциатә чымазарақәагьы уахь иналаҵаны, рҟынтә ҳахәышәтәразы, насгьы ҳаӷацәа рықәгаразы (1 Иоанн 4:4).

14. Ҳзызхәыцлар ҳалшои?

14 Шәара ашәара аншәызцәырҵуа Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵо шәазхәыцла. Шәхаҿы иаажәг, Аҩсҭааи ауаа цәгьақәеи ахьыҟамло адунеи аҿы аԥсҭазаара шаҟа ибзиахо. Иаашәыкәыршаны аиашара бзиа избо ауаа ыҟазаауеит, насгьы шәара есыҽны еиҳа-еиҳа шәнаӡахоит. 2014 шықәсазы имҩаԥысыз арегионалтә конгресс аҿы иҟаз аинсценировкақәа руак аҟны аб иҭаацәа дрыцхраауан Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра азхәыцра. Дара 2 Тимофеи иахь 3:1—5 аҿы џьанаҭ дгьыл аӡбахә аҳәозҭгьы, уа иану ажәақәа зеиԥшрахоз иалацәажәон: «Адунеи ҿыц аҿы даара аамҭа бзиақәа ҟалоит, ауаа ргәы ҭбаазаауеит, аҵабырг бзиа ирбалоит, рхы ҳарарклаӡом, иҟәымшәышәзаауеит, Анцәа дҳарарклоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлоит, ҭабуп аҳәашьа рдыруазаауеит, ирзааигәоу ауаа карыжьлаӡом, агәыбылра рымазаауеит, аинышәара иазхиазаауеит, егьырҭ рзы абзиара мацара рҳәалоит, аҽынкылара рымазаауеит, итатазаауеит, абзиара бзиа ирбалоит, урықәгәыӷыртә иҟазаауеит, рҳәатәы иадыргалаӡом, ахынраалара рылазаауеит, ақьафура аасҭа Анцәа еиҳа бзиа дырбалоит, гәык-ԥсыкала Анцәа изыҟазаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа ҩызцәас иумаз». Шәалацәажәома шәҭаацәеи ма шәҩызцәеи шәареи адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо?

15. Илыцхрааи Таниа дышшәозгьы Иегова гәыкала дшизыҟаз аанхара?

15 Ҳалацәажәап Аҩадатәи Македониа инхо Таниа зыхьӡу аиаҳәшьа лыхҭыс. Лара Абиблиа аҵара даналага, лҭаацәа ӷәӷәала илҿагылеит. Аха Иегова аԥхьаҟа лара лзы иҟаиҵо дазхәыцуан, убри аҟынтә ашәара лҽалымҭаӡеит. Лара илгәалалыршәоит: «Сзықәшәаз ҭагылазаашьақәак зегь раасҭа сзыцәшәоз иреиуан. Сан аизара аҟынтә аҩныҟа сааицыԥхьаӡа слыпҟон. Сҭаацәа, Иегова ишаҳаҭ бакәхар, баҳшьуеит ҳәагьы сарҳәон». Ԥыҭрак ашьҭахь Таниа аҩны ддәылырцеит. Лхы шԥамҩаԥылгеи ари аҭагылазаашьаҿы? Лара илҳәоит: «Сара Иегова гәыкала сшизыҟоу саанхар, наӡаӡа шаҟа насыԥ сымазаауа схы азысышьҭит. Уи адагьы, абас схәыцуан: уажәы ак сыгхаргьы, адунеи ҿыц аҿы Иегова уи меигӡарахда исиҭоит. Усҟан сгәаҟрақәа зегь схашҭуеит». Таниа Иегова даанылмыжьӡеит. Иара ицхыраарала лара анхарҭа ҭыԥ лыԥшааит. Лара уаҳа назҭахым аиашьа диццеит, дара рҭаацәараҿы анасыԥ рымоуп, насгьы рҩыџьагьы раамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазыркуеит.

ИЕГОВА ИАХЬ ШӘЫГӘРАГАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

16. Иҳацхраауазеи агәымшәара аарԥшра, Лука 21:26—28 иану ажәақәа анаӡара ианалагалак?

16 Арыцҳара ду аан ауаа «ргәы ҭҟьаны, рыԥсы маҷханы икаҳалоит». Аха Анцәа имаҵзуҩцәа ачҳареи агәымшәареи аадырԥшлоит. (Шәаԥхьа Лука 21:26—28.) Иҳазҭозеи усҟан агәымшәара? Уи зыбзоурахо Иегова ҳахьиқәгәыӷуа ауп. Ҳазхысыз абзац аҿы зыӡбахә ҳәаз Таниа излалҳәо ала, илхылгаз аԥышәарақәа иҿыцу ауадаҩрақәа рыхгара илыцхрааит. Абар лара илҳәо: «Сара схатә ԥышәала еилыскааит: Иегова зыӡбара илымшо ауадаҩра ыҟаӡам. Ҳзықәшәо аҭагылазаашьа егьа ицәгьазаргьы, Иегова уи ахгара дҳацхраар, насгьы даҳзылԥхар илшоит». Лара иацылҵоит: «Зны-зынла уԥсҭазаара егьырҭ рнапы ианушәа убар алшоит. Аха уи ус акәӡам — Иегова иаасҭа амч змоу дыҟаӡам. Ҳазҭагылоу аԥышәара зегь раасҭа ицәгьазаргьы, уи алагамҭа шамаз еиԥш анҵәамҭагьы амоуп».

17. Ишԥаҳацхраауеи 2024 шықәса иазалху ажәеинраала? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

17 Иахьа ҳзыршәар алшо рацәоуп. Аха Давид иеиԥш ҳаргьы ашәара ҳҽаҳҭаӡом. 2024-тәи ашықәс иазалху ажәеинраалаҿы Давид Иегова иеиҳәаз ажәақәа ануп: «Акы санацәшәо, уара суқәгәыӷуеит» (Аԥсал. 56:3). Еилыркаагатә усумҭак аҿы ари ажәеинраала абас иахцәажәоит: «Давид дзыршәо дааҟәымҵӡакәа дазхәыцӡом. Иара уи илаԥш аҟәганы Иеиқәырхаҩ дихәаԥшуеит, избанзар уи хымԥада дшеиқәирхо идыруеит». Ари ажәеинраала ажәақәа ашықәс аҩныҵҟа есымша шәхаҿы ишәкыз. Лассы-лассы урҭ шәгәалашәыршәала, еиҳараӡак ашәара аншәызцәырҵуа. Иегова ажәытәан иҟаиҵоз, уажәы иҟаиҵо, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу азхәыцразы аамҭа алшәхла. Убасҟан Давид иеиԥш шәаргьы ишәҳәоит: «Анцәа сиқәгәыӷуеит, сшәаӡом» (Аԥсал. 56:4).

Арыцҳара аан аиаҳәшьа ашықәс иазалху абиблиатә жәеинраала дазхәыцуеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)

ИШԤАҲАЛШО АШӘАРА ҲАИААИР, АНАҨСТӘИ АЗҴААРАҚӘА ҲРЫЗХӘЫЦЛАР?

  • Иҟаиҵахьоузеи Иегова?

  • Иҟаиҵои Иегова уажәы?

  • Иҟаиҵои Иегова аԥхьаҟа?

АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа

a Асаит jw.org аҿы аԥшааратә цәаҳәаҿы ианышәҵа «шәаҿыԥшла урҭ рхаҵара» ма «аԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа». Апрограмма JW Library® аҿы иаашәырты астатиақәа «Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» ма «Биографии Свидетелей Иеговы».

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Давид дазхәыцуан Иегова амшә ашьра дышицхраахьаз, уажәы Ахимелех ила дышицхраауа, насгьы аԥхьаҟа аҳас дшыҟаиҵо.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Абахҭа иҭаку аиашьа дазхәыцуеит Иегова аҭаҭын ахара акажьра дышицхраахьаз, иҩызцәа изырыҩуа асаламшәҟәқәа рыла уажәы игәы шышьҭихуа, насгьы аԥхьаҟа џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡатәи аԥсҭазаара шииҭо.