Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 2

АШӘА 19 Иҳақәиҭу иуаххьа

Шәазхиоума шәара ашықәс аҿы зегь раасҭа ихадоу ахҭыс?

Шәазхиоума шәара ашықәс аҿы зегь раасҭа ихадоу ахҭыс?

«Абри ҟашәҵала, салашәгәалашәыршәаларц азы» (ЛУКА 22:19).

ЕИЛАҲКААУА

Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара абас изхадоу, уи ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо, насгьы егьырҭгьы уи аиԥылара иаҭаарц азы иҟаҳҵар ҳалшо.

1. Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара — уи ашықәс аҩныҵҟа зегь раасҭа ихадоу хҭысуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Лука 22:19, 20).

 ИЕГОВА ижәлар рзы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ашықәс аҩныҵҟа зегь раасҭа ихадоу хҭысуп. Убри ауп Иисус ихаҭа иаԥиҵаз ныҳәа заҵәык. (Шәаԥхьа Лука 22:19, 20.) Ҳара Иисус иԥсра агәаларшәара амш ҳзазыԥшу амзызқәа ҳамоуп. Шәааи урҭ рҟынтә мзызқәак ҳрылацәажәап.

2. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳзазыԥшу мзызқәак еиқәышәыԥхьаӡа.

2 Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳацхраауеит аҿыхра шаҟа ахә ҳараку азхәыцра. Уи иаҳгәаланаршәоит Иисус иԥсхҭынҵара ахә шаҳшьо ааҳарԥшырц азы иҟаҳҵар ҳалшо (2 Кор. 5:14, 15). Уи адагьы, ҳара ҳанеизо ҳагәқәа шьҭибахуеит (Рим. 1:12). Есышықәса уи аиԥыларахь аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рацәаҩны иаауеит. Урҭ гәыкала иахьҳадаҳкыло ргәаҵанӡа инеиуеит, убри аҟынтә иҟоуп Иегова иахь ахынҳәра зҭаххогьы. Иара убас Иисус иԥсра агәаларшәарахь асасцәагьы аауеит. Урҭ ирбо-ираҳауа ргәаҵанӡа ианнеилак, Абиблиа аҵара рҭаххоит. Иџьашьатәӡам ари аиԥылара ҳара ҳзы абас изхадоу!

3. Ишԥеиднакыло адунеизегьтәи ҳаиашьара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Шәазхәыц иара убас Иисус иԥсра агәаларшәара адунеизегьтәи ҳаиашьара шеиднакыло. Адгьыл еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы амра анҭашәалак ашьҭахь, Иегова ишаҳаҭцәа уи ихадоу ахҭыс азгәарҭарц азы еизоит. Ҳара аҿыхра шаҟа ахә ҳараку ҳаилзыркаауа Абиблиа шьаҭас измоу ажәахә ҳазыӡырҩуеит, Иегова дҳаразкуа ҩ-шәак ҳҳәоит, насгьы ачеи аҩи еимаҳдоит. Уи аиԥылараҿы ԥшьынтә Анцәа ҳиҳәоит, насгьы гәыкала «амин» ҳәа ҳҳәоит. 24 сааҭ раҟара ирылагӡаны адгьыл аҿы иҟоу аизарақәа зегь рҿы уи ахҭыс азгәарҭоит. Ҳара акзаара зыбжьоу жәларык раҳасабала Иеговеи Иисуси ҳараҳкуеит. Шәхаҿы иаажәг уи дара шаҟа иеигәырӷьо!

Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара адунеизегьтәи ҳаиашьара еиднакылоит. (Шәахәаԥш абзац 3.) f


4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

4 Ари астатиаҿы ҳара анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҳауеит: Ишԥаҳалшо Иисус иԥсра агәаларшәара ҳҽазыҟаҳҵар? Ишԥаҳалшо асасцәа аамҭа рзаҳкыр? Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳаизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы? Арҭ азҵаарақәа ари ихадоу ахҭыс аҽазыҟаҵара иҳацхраауеит.

ИШԤАҲАЛШО ИИСУС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРА ҲҼАЗЫҞАҲҴАР?

5. а) Избан аҿыхра ҳазхәыцлар зхадоу? (Аԥсалом 49:7, 8). б) Еилышәкаазеи авидеонҵамҭа «Избан Иисус дзыԥсыз?» аҟынтә?

5 Иисус иԥсра агәаларшәара ҳҽазыҟаҳҵарц азы раԥхьаӡа иргыланы Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵара ҳазхәыцлароуп. Ҳара ҳхала ахаан агәнаҳаи аԥсреи ҳзаҵыҵрымызт. (Шәаԥхьа Аԥсалом 49:7, 8; шәахәаԥш иара убас авидеонҵамҭа «Избан Иисус дзыԥсыз?» a.) Убри аҟынтә Иегова Иԥа иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Иегова изгьы Иисус изгьы уи мариаӡамызт (Рим. 6:23). Дара иаҳзыҟарҵаз ҳазхәыццыԥхьаӡа аҿыхра еиҳагьы ахә ҳаракны иаҳшьалоит. Анаҩс ари астатиаҿы аҿыхра закәу ҳалацәажәоит, иара убас иаҳгәалаҳаршәоит Иеговеи Иисуси ҳҿырхырц азы иҟарҵар акәхаз.

6. Изакәызеи аҿыхра, насгьы избан уи заҭаххаз?

6 Аҿыхра — уи ирцәыӡыз акы дырхынҳәырц азы иахыршәаауа ахә ауп. Адам днаӡаны дшан. Аха нас агәнаҳа ҟаиҵеит. Убасала иара наӡаӡа анхаразы алшара ицәыӡит, ихылҵызгьы уи рыцәирӡит. Иисус Адам ирӡыз ирхынҳәырц азы инаӡаз иԥсҭазаара ҳахҭниҵеит. Адгьыл аҿы данынхоз Анцәа Иԥа «гәнаҳас ҳәа акгьы ҟаимҵаӡеит, иажәақәагьы мцык рыламызт» (1 Пиотр 2:22). Убри аҟынтә Иисус данԥсуаз, Адам агәнаҳа ҟаиҵаанӡа дшынаӡаз еиԥш днаӡан (1 Кор. 15:45; 1 Тим. 2:6).

7. Иарбан уадаҩрақәоу Иисус адгьыл аҿы даныҟаз дзықәшәоз?

7 Иисус адгьыл аҿы данынхоз еснагь жәҩантәи Иаб иҳәатәы хеиҵон — уи анымариамызгьы. Иара дуаҩы наӡаны диит, аха изҳауанаҵы инаӡамыз иҭаацәа дырзыӡырҩлар акәын (Лука 2:51). Иисус даныҩеидас иҭаацәа рҳәатәы хаимҵаларц ма Анцәа изакәан еилеигарц иарҳәозҭгьы ҟаларын. Аха иара вба имаӡамкәа дшыҟац даанхон. Иисус ианизҳа Аџьныш ихыхрақәагьы дырҿагылар акәхеит. Уи аӷа Иисус Анцәа диҭиирц иаахтынгьы иеиҳәеит (Матф. 4:1—11). Аҩсҭаа ииулакгьы Иисус агәнаҳа иирҟаҵар иҭахын. Уи изалҵызҭгьы, Иисус ҳҿыхра илшарымызт.

8. Иарбан ԥышәарақәоу Иисус иҵегьы имаз?

8 Иисус имаҵзура даналага иԥышәарақәа еиҳагьы еиҳахеит. Иаӷацәа ишьҭашәарыцон, зныкымкәа дыршьырцгьы иақәыркхьан (Лука 4:28, 29; 13:31). Иҵаҩцәа агхақәа анрыхьуаз, уи ичҳалар акәын (Марк 9:33, 34). Иисус иус анырыӡбоз аума изааргон, насгьы ихыччон. Иара дыргәаҟны, ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш дыршьит (Аур. 12:1—3). Уи адагьы, уи аԥышәара аҵыхәтәантәи ахәҭа Иегова ицхыраарада ихигар акәхеит (Матф. 27:46) b.

9. Иарбан цәаныррақәоу Иисус иԥсхҭынҵара ишәызцәырнаго? (1 Пиотр 1:8).

9 Ааи, Иисус ҳҿихырц азы ирацәаны агәаҟрақәа ихигар акәхеит. Ихы дамеигӡаӡакәа ҳара ҳзы иҟаиҵаз ҳаназхәыцуа, иара иахь ҳабзиабареи ҳаџьшьареи еизҳауеит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 1:8.)

10. Иҟаиҵазеи Иегова ҳҿихырц азы?

10 Ихигазеи Иегова ҳҿихырц азы? Иеговеи Иисуси ирыбжьоу абзиабара аҩыза ыҟаӡам — дара реиԥш еизааигәоу аби аԥеи ыҟаӡам (Ажәам. 8:30). Шәхаҿы иаажәг Иегова ихы шибоз, Иисус адгьыл аҿы ҵыхәаԥҵәара змамыз аԥышәарақәа шихиго анибоз. Иара игәы тҟәацны ицон, Иԥа ииашаӡамкәа иахьизныҟәоз, акгьы иаԥсам аӡә иеиԥш иахьихәаԥшуаз, насгьы рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа агәаҟра ӷәӷәақәа дахьрықәдыршәоз азы.

11. Иҳаилзыркаауазеи Иегова Иԥа даныԥсуаз ихы шибоз?

11 Аҭаацәа рзы рхәыҷы иԥсра аасҭа еицәоу акгьы ыҟаӡам. Аԥсҭалара шыҟало агәра ганы ҳаҟазаргьы, уи ахьаа хызҽуа акгьы ыҟаӡам. Аҭаацәа рцәаныррақәа ҳанрызхәыцуа, Иегова бзиа иибо Иԥа дгәаҟны аԥсра данаҿыз ихы шибоз маҷк еилаҳкаар ҳалшоит (Матф. 3:17) c.

12. Ҳхы иаҳархәар шԥаҳалшо Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аҟынӡа иаанхаз аамҭа?

12 Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ааигәахоит. Ишәылшома иаанхаз аамҭа аҿыхра аӡбахә еиҳаны еилышәкаарц азы шәхы иашәырхәар? Уи шәхатә ҭҵаараан ма аҭаацәаратә мҵахырхәараан иҟашәҵар шәылшоит. Шәхы иашәырхәа «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» ма егьырҭ апубликациақәа d. Иара убас аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы иаагоу аграфик ала Абиблиа шәаԥхьала. Аныҳәа амш аҽны ашьыжьтәи амҵахырхәара иҷыдоу аҭыжьымҭа ахәаԥшра шәхашәмыршҭын. Ҳара Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ибзианы ҳҽазыҟаҳҵар, уи аныҳәа шаҟа ихадоу ауаа реилыркаара ҳзымариахоит (Езд. 7:10).

АСАСЦӘА ААМҬА РЗЫШӘК

13. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аӡбахә ауаа ираҳарц азы?

13 Ҳасасцәа рзы раԥхьаӡа иргыланы иҟаҳҵар ҳалшо, — уи ааԥхьара рыҭара ауп. Ҳәарада, ажәабжьҳәараҿы иҳақәшәо ауаа Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара раҳҭалоит. Аха уи адагьы, ҳара ааԥхьара заҳҭар ҳҭаху иаҳдыруа ауаа заа ҳрызхәыцыр бзиоуп. Иаҳҳәап, ҳауацәа, ҳҭынхацәа, аус ҳацызуа, аҵара ҳацызҵо. Ааԥхьаратә бӷьыцқәа ҳцәынҵәаргьы, ҳара иҳалшоит аелектронтә ааԥхьарахь азхьарԥш рзынаҳашьҭыр. Шәхаҿы иаажәг урҭ зегь аныҳәа иаҭаар шаҟа ибзиахо! (Еккл. 11:6).

14. Мчыс иамоузеи ауаҩы хаҭала ааԥхьаратә бӷьыц аниаҳҭо?

14 Ауаҩы хаҭала ааԥхьара аниуҭо уи амч ду амоуп. Абар хҭыск. Иаҳәшьак даара иџьалшьеит Иегова имаҵ зымуа лхатә ҩыза Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь сбыццоит ҳәа анлеиҳәа. Избан лара уи убас изџьалшьаз? Избанзар уаанӡа лара усыцаала ҳәа зныкымкәа иалҳәахьан, аха иара есымша мап икуан. Избан, нас, уажәы дцарц зиӡбаз? «Бахәаԥш исырҭаз», — иҳәеит иара. Иидыруаз аҭыԥантәи аизара ахылаԥшҩы ааԥхьаратә бӷьыц ииҭазаап. Уи ахаҵа уи ашықәс азы мацара адагьы, анаҩсгьы акыршықәса рыҩныҵҟа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара даҭаауан.

15. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ауаа ааԥхьара анраҳҭо?

15 Иаҳхаҳмыршҭлароуп Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара заҳҭо ауаа ирацәаны азҵаарақәа рызцәырҵыр шалшо — еиҳараӡак урҭ раԥхьаӡа акәзар аиԥыларахь ианааз. Урҭ рҟынтә зҵаарақәак заа ҳҽырзыҟаҳҵар ҳалшоит (Кол. 4:6). Иаҳҳәап, дара абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа рымазар ауеит: «Ишԥамҩаԥысло уи аиԥылара? Шаҟаамҭа ицалозеи? Рҽеиларҳәар шԥарыхәҭоу? Аҩналаразы аԥара шәатәума? Еизо ауаа аԥара рылыргома?» Аӡәы Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара иаҳҭазар, азҵаара ҳәа акыр шәымоума ҳәа ҳиазҵаар ауеит? Имазар, аҭак ҟаҳҵар ҳалшоит. Уи адагьы, авидеонҵамҭақәа «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара», насгьы «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?» дҳарбар ҳалшоит. Урҭ авидеонҵамҭақәа рҟынтә ауаҩы ҳаиԥыларақәа шымҩаԥысуа еиликаауеит. Иара убас ҳаззааҭгылар ҳахәҭоу азхәыцрақәа рацәаны ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аурок 28 аҿы иануп.

16. Иарбан зҵаарақәоу Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ашьҭахь ҳасасцәа ирызцәырҵыр алшо?

16 Иисус Христос иԥсра агәаларшәара анынҵәалак ашьҭахь, ҳасасцәа даҽа зҵаарақәакгьы рызцәырҵыр ауеит. Дара ирзеилымкаар алшоит избан аӡәгьы, мамзаргьы аӡәык-ҩыџьак рыда ача зимфоз, насгьы аҩы зимжәуаз. Иара убас Иисус Христос иԥсра агәаларшәара шаҟа лассы-лассы иазгәаҳҭо, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ реиԥыларақәагьы убас имҩаԥысуама ҳәа иҳазҵаар ауеит. Урҭ рҟынтә зҵаарақәак Иисус Христос иԥсра агәаларшәараҿы ирҳәо ажәахә аҟны ирылацәажәоит. Аха раԥхьаӡакәны аиԥыларахь иааз ауаҩы еиҳаны аилкаара иҭаххар ауеит. Астатиа «Почему Свидетели Иеговы отмечают Вечерю Господню не так, как это принято в других религиях?» урҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵара иҳацхраауеит. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ааиаанӡа, уи анымҩаԥысло, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵар ҳҭахуп «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩа ианылар [зҭаху]» ҳрыцхраарц азы (Аус. 13:48).

ҲАИЗАРАҚӘА РҬААРА ИАҞӘЫҴЫЗ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ААМҬА РЗЫШӘК

17. Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар? (Иезекииль 34:12, 16).

17 Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иисус Христос иԥсра агәаларшәара апериод аан аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраар? Урҭ шәаамҭа рзышәк. (Шәаԥхьа Иезекииль 34:12, 16.) Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ааиаанӡа, хаҭала зегьы рацәажәара шәҽазышәшәа. Урҭ бзиа ишыжәбо, насгьы шәрыцхраарц шышәҭаху дшәырба. Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ааԥхьара рышәҭ. Ианааилак гәыкала шәырԥыл. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ашьҭахьгьы, акыр иаҳзаԥсоу урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова иахь ахынҳәра шәрыцхраарц азы аамҭа рзышәкла (1 Пиотр 2:25).

18. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы? (Римаа 12:10).

18 Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳара зегьы аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраарц азы? Урҭ Иисус Христос иԥсра агәаларшәарахь ианааилак, дара рахь абзиабареи, ақьиареи, апатуқәҵареи аашәырԥшла. (Шәаԥхьа Римаа 12:10.) Ишәхашәмыршҭын зыхә ҳараку урҭ ауасақәа ари аиԥыларахь аара рзымариамзар шалшоз. Иҟалап дара ргәы дзырхьуа ак рарҳәар, ма ирзырҳәар ҳәа ишәозҭгьы e. Убри аҟынтә изырԥхашьар алшо азҵаарақәа рышәымҭалан, насгьы ргәы дзырхьыр алшо акгьы шәымҳәалан (1 Фес. 5:11). Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳдоуҳатә ҭаацәара иахәҭакуп. Ҳара ҳаигәырӷьоит дырҩегь урҭ ҳрывагыланы Анцәа имаҵ аура ахьҳалшо! (Аԥсал. 119:176; Аус. 20:35).

19. Избан Иисус ишҳаиҳәаз еиԥш иԥсра ҳгәалаҳаршәалар зхадоу?

19 Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Иисус есышықәса иԥсра ҳгәалаҳаршәаларц ахьҳаиҳәаз. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара аҭаара даара ихадоуп. Уи ҳхаҭагьы, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит (Ис. 48:17, 18). Иеговеи Иисуси рахь ҳабзиабара еизҳауеит. Иара убас ҳара иааҳарԥшуеит урҭ иаҳзыҟарҵаз шаҟа ахә ҳаракны иаҳшьо. Уи адагьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит. Иара убас Христос иԥсхҭынҵара аԥхьаҟа иаҳзаанартуа аԥсҭазаара бзиа аӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳҳәоит. Иисус Христос иԥсра агәаларшәара — уи ашықәс аҩныҵҟа зегь раасҭа ихадоу хҭысуп. Шәааи уи ишахәҭоу еиԥш ҳҽазыҟаҳҵап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳалшо Иисус Христос иԥсра агәаларшәара амш ҳҽазыҟаҳҵар?

  • Ишԥаҳалшо асасцәа аамҭа рзаҳкыр?

  • Ишԥаҳалшо аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рзаҳкыр?

АШӘА 18 Аҿыхразы аџьшьара ааҳарԥшуеит

a Ари астатиаҿы зыӡбахә ҳәоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи шәыԥшаарц азы, асаит jw.org аҿы иаагоу аԥшааратә цәаҳәа шәхы иашәырхәа.

b Шәахәаԥш 2021 шықәса, апрель мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа».

d Шәахәаԥш арамка « Иҭуҵаалар улшо».

e Шәахәаԥш асахьа, насгьы « Урҭ аизараҿы ишырԥылаз» захьӡу арамка. Аизарақәа рҭаара иаҟәыҵыз аиашьа Аҳратә зал аҩналара изыгәаӷьуам, аха ииулакгьы ашәара даиааиуеит. Уи гәыкала иԥылеит, иаргьы дгәырӷьаҵәа аишьцәа драцәажәоит.

f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҭыԥк аҿы Иегова имаҵзуҩцәа Иисус иԥсра ргәаладыршәарц еизахьеит, егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхо рашьцәеи раҳәшьцәеи иҷыдоу уи аиԥылара рҽазыҟарҵоит.