Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Сырзыҟоума сара аҳәса Иегова дшырзыҟоу еиԥш?

Сырзыҟоума сара аҳәса Иегова дшырзыҟоу еиԥш?

ШАҞА ҳаҭыр дуузеи зыхә ҳараку ҳаҳәшьцәа ҳрывагыланы Иегова имаҵ аура! a Урҭ урықәгәыӷыртә иҟоуп, аџьабаагьы иацәшәаӡом. Ҳара урҭ даараӡа бзиа иаҳбоит, рыхәгьы ҳаракны иаҳшьоит. Убри аҟынтә ҳара, аишьцәа, дара рахь ақьиара ааҳарԥшлароуп, насгьы иаҳмыргәаалароуп. Аха ҳара зегьы ҳнаӡаӡам, убри аҟынтә ргәы андҳархьуа ыҟоуп. Иҟоуп аҳәса пату рықәҵара даара иззымариам аишьцәагьы.

Тәылақәак рҿы аҳәса атәарбаӡом. Боливиа амаҵ зуа араион ахылаԥшҩы Ханс иҳәоит: «Ахацәа шьоукы, ахацәа аҳәса раасҭа еиӷьуп ҳәа ахьырыԥхьаӡо акультураҿы ирызҳаит, убри аҟынтә дара аҳәса пату рықәырҵаӡом». Таивань инхо аизара ахылаԥшҩы Шен Сиань иҳәоит: «Ҳкультураҿы аԥҳәыс ажәа лымаӡам, насгьы ахацәа рус даламцәажәароуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Ахаҵа аԥҳәыс илҳәо ҟаиҵар, уи иҩызцәа рҿаԥхьа ипату ланарҟәуеит». Зны-зынла ахацәа аҳәса пату шрықәрымҵо иаразнак иубарҭаӡам. Иаҳҳәап, аҳәса лазырҟәуа алаф анырҳәо.

Ахаҵа дызлиааз акультура зеиԥшразаалакгьы, игәаанагара ԥсахны, аҳәса пату рықәҵара далагар илшоит (Еф. 4:22—24). Ахаҵа ихәыцшьа иԥсахырц азы Иегова диҿыԥшлароуп. Ари астатиа аҿы х-зҵаарак еилҳаргоит: Дышԥарзыҟоу Иегова аҳәса? Ирыцхраар алшозеи аишьцәа Иегова аҳәса дшырзыҟоу еиԥш рзыҟазаара? Насгьы ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа пату рықәҵаны, егьырҭ аҿырԥш бзиа рырҭалар?

ДЫШԤАРЗЫҞОУ ИЕГОВА АҲӘСА?

Иегова аҳәса ҳарзыҟазар шҳахәҭоу аганахьала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит. Арыцҳашьара злоу Аб иаҳасабала иара ихәыҷқәа зегь бзиа ибоит (Иоанн 3:16). Ҳаҳәшьцәа ракәзар, урҭ бзиа иибо иԥҳацәа реиԥш дрыхәаԥшуеит. Шәааи ҳалацәажәап Иегова аҳәса пату шрықәиҵо ҳзырбо.

Иара урҭ тәамбашақә дырзыҟаӡам. Иегова ахаҵагьы аԥҳәысгьы иара иеиԥшны ишеит (Аҟаз. 1:27). Иара ахацәа еиҳа ахшыҩ рыманы ма еиҳа аҟазара рылаҵаны имшаӡеит, насгьы урҭ аҳәса раасҭа еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаӡом (2 Аш. 19:7). Иара урҭ Абиблиа иану аҵабырг аилкааразы, насгьы зеиԥшыҟам иҟазшьақәа раарԥшразы алшарақәа еиԥшны ириҭеит. Уи адагьы, Иегова ахацәагьы аҳәсагьы рхаҵаразы еиԥшны дырзылԥхоит. Арҭгьы урҭгьы џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы, ма ажәҩан аҿы аҳцәас, насгьы ԥшьаҩцәас аҟаларазы агәыӷра риҭеит (2 Пиотр 1:1). Еилыкка иубарҭоуп Иегова аҳәса тәамбашақә дшырзыҟам!

Иара урҭ рыҳәарақәа дырзыӡырҩуеит. Иегова аҳәса рцәаныррақәеи рыгәҭыхақәеи хьаас имоуп. Ҳара иаҳдыруеит иара Рахильи Аннеи рыҳәарақәа дшырзыӡырҩуаз, насгьы изызиҳәаз шриҭаз (Аҟаз. 30:22; 1 Сам. 1:10, 11, 19, 20). Уи адагьы, Анцәа аҳәса ирзыӡырҩуаз ахацәа рҭоурыхқәа Абиблиа ианылартә иҟаиҵеит. Иаҳҳәап, Авраам Иегова дизыӡырҩны, иԥҳәыс Сарра илҳәаз ҟаиҵеит (Аҟаз. 21:12—14). Аҳ Давид Авигеиа илҳәаз ҟаиҵеит. Уи Иегова иоуп даазышьҭыз ҳәагьы иҳәеит (1 Сам. 25:32—35). Еснагь Иаб иеиԥш зхы мҩаԥызгоз Иисус иан Мариа илҳәаз ҟаиҵеит (Иоанн 2:3—10). Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит: Иегова аҳәса рыҳәарақәа дахьырзыӡырҩуа, урҭ пату шрықәиҵо аанарԥшуеит.

Иара урҭ рыгәра игоит. Иаҳҳәап, Иегова Адами Евеи адгьыл иахылаԥшларц адҵа риҭеит (Аҟаз. 1:28). Ева лыԥшәма дхазырҭәаауа ацхырааҩ лакәны дишеит, убас ала иара иааирԥшит Адам иеиԥш Евагьы лыхә ҳаракны ишишьо. Иегова аҳәса ихадоу адҵақәа риҭон. Иаҳҳәап, Девореи Хулдеи ижәлар рзы ԥааимбарцәас иҟаиҵеит, аӡбаҩцәагьы аҳцәагьы урҭ рҿы алабжьара иаҳәон (Аӡб. 4:4—9; 2 Аҳ. 22:14—20). Иахьагьы Иегова аҳәса рыгәра игоит. Ҳаҳәшьцәа ажәабжь бзиа рҳәоит, пионерс, насгьы миссионерс амаҵ руеит. Дара Аҳратә залқәеи вефильқәеи рзы апроектқәа ҟарҵоит, урҭ дыргылоит, насгьы ирхылаԥшуеит. Шьоукы Вефиль аҿы амаҵ руеит, егьырҭ ихароу аиҭагаратә офисқәа рҿы. Урҭ аиҳәшьцәа ар ду еиԥш рыжәҩахыр еибыҭаны Иегова игәаԥхара нарыгӡоит (Аԥсал. 68:11). Агәраганы ҳаҟазар ҳалшоит: Иегова аҳәса акгьы злымшо, иԥсыҽу ҳәа иԥхьаӡаӡом.

ИРЫЦХРААУЕИ АИШЬЦӘА ИЕГОВА ИЕИԤШ АҲӘСА РЗЫҞАЗААРА?

Аишьцәа, иҳацхраауазеи аиҳәшьцәа Иегова дшырзыҟоу еиԥш ҳарзыҟоу-ҳарзыҟаму аилкаара? Уи азы ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи гәаҳҭароуп. Ҳара ак ҳагуп ҳәа ҳгәы иаанамгозаргьы ауеит. Аха арентген угәы шгәанаҭо еиԥш, аҩыза бзиеи Анцәа Иажәеи ҳацхраауеит аҳәса ҳшырзыҟоу Иегова игәаԥхоу-игәамԥхоу аилкаара. Иҟаҵатәузеи уи аҩыза ацхыраара ҳаурц азы?

Уҩыза игәаанагара еилкаа (Ажәам. 18:17). Ақьиареи аҟәышреи злоу аҩыза дҳамазар, абас ҳиазҵаар ҳалшоит: «Угәы ишԥаанаго, сышԥарзыҟоу аиҳәшьцәа? Дара пату шрықәысҵо рбома? Урҭ сышрызныҟәо аганахьала акыр ԥсахтәума?» Уҩыза ак шыԥсахтәу уеиҳәазар, ухы ариашара уаламган. Уи аасҭа умчқәа зегьы ухы аус адулара иазкы.

Абиблиа ала ухы гәаҭ. Аиҳәшьцәа ҳшырзыҟоу гәаҳҭарц азы зегь раасҭа еиӷьу амыруга — уи Абиблиа ауп (Аур. 4:12). Уи адаҟьақәа рҿы ирацәаҩны ахацәа рыхҭысқәа ҳрыԥхьоит. Урҭ рҟынтә шьоукы аҳәса ибзианы ирызныҟәон, егьырҭ — иҽеимкәа. Ҳара Анцәа Иажәа анҭаҳҵаауа, урҭ рхымҩаԥгашьа ҳара ҳхымҩаԥгашьа иаҿҳарԥшлар ҳалшоит. Уи адагьы, Абиблиа зегь аҿы иану ҳазхәыцлароуп. Убасҟан аҳәса ирызкны иҟоу ииашам агәаанагарақәа шьақәҳарӷәӷәарц азы аконтекст ҳамыхәаԥшӡакәа ажәеинраалақәа ааҳгалаӡом. Иаҳҳәап, 1 Пиотр 3:7 аҿы аҳәса «иуашәшәыроу амаҭәар иаҩызоуп, урҭ еиҳа иԥсыҽуп» b ҳәа рызҳәоуп. Иаанагома уи аҳәса ахацәа реиԥш иҟәышӡам ма ирылшо маҷуп ҳәа? Ҳәарада, мап! Пиотр иажәақәа Галатаа 3:26—29 аҿы иану иаҿшәырԥш. Уа иҳәоуп Иегова Иисус аҳра ицзуло аналихуа ахацәа реиԥш аҳәсагьы шалихуа. Ҳара Анцәа Иажәа ҭаҳҵаауазар, насгьы ҳҩыза бзиа (уи дхаҵазаргьы, дыԥҳәысзаргьы алшоит), алабжьаразы ҳиҳәозар, аиҳәшьцәа ишахәҭоу еиԥш пату рықәҵашьа ҳҵоит.

ИШԤААДЫРԤШУЕИ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АИҲӘШЬЦӘА РАХЬ АПАТУҚӘҴАРА?

Аишьцәа аиҷаҳара аазырԥшуа аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа ишырзыҟоу гәаҭаны, урҭ ирҿыԥшлар рылшоит. Иҟарҵозеи аизара ахылаԥшыҩцәа, аиҳәшьцәа пату шрықәу рбаларц азы? Шәааи ҿырԥштәқәак ҳрыхәаԥшып.

Дара аиҳәшьцәа дырҽхәоит. Апостол Павел аизара ахылаԥшыҩцәа аҿырԥш бзиа риҭеит. Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иара еиҳәшьцәақәак ирҽхәоит (Рим. 16:12). Шәхаҿы иаажәг уи асаламшәҟәы аизараҿы ианаԥхьоз, урҭ ақьырсианҳәсақәа шаҟа игәырӷьоз! Убас еиԥшҵәҟьа аизара ахылаԥшыҩцәагьы аиҳәшьцәа ргәы шьҭырхуеит. Дара урҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа рзы, насгьы Иегова изы иҟарҵо зегь азы идырҽхәоит. Уи аиҳәшьцәа пату шрықәырҵо, насгьы рыхә ҳаракны ишыршьо днарбоит. Аизара ахылаԥшҩы аԥхарра зҵоу иажәақәа аиаҳәшьа анаҩсгьы Иегова гәыкала имаҵ аура илыцхраар ауеит (Ажәам. 15:23).

Ирҽхәала

Аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа андырҽхәо, уи гәыкала иҟарҵоит, насгьы изакәазы идырҽхәо иалкааны ирарҳәоит. Избан? Абар Џье́ссика илҳәо: «Аишьцәа „Аферым!“ ҳәа ануарҳәо, уи угәы ҟанаҵоит. Аха изакәазы удырҽхәо иалкаан иануарҳәо, уи еиҳагьы еиӷьуп. Иаҳҳәап, аиаҳәшьа лхәыҷқәа аизараҿы ашьшьыҳәа итәаны аӡырҩышьа ахьыдлырҵо азы, ма Абиблиа зҵо Аҳратә зал ахь машьынала дахьналго азы». Аишьцәа аиҳәшьцәа иалкааны аказы иандырҽхәо, аиҳәшьцәа аизараҿы ахәарҭа шаарго, насгьы рыхә шыршьо рбоит.

Урҭ аиҳәшьцәа ирзыӡырҩуеит. Ахынраалара злоу аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит зҵаарак шыӡбатәу аганахьала аиҳәшьцәагьы зхәыцра бзиак рымазар шалшо. Убри аҟынтә дара аиҳәшьцәа ргәаанагара рҳәаларц ргәазҭарҵоит. Нас гәыкала ирзыӡырҩуеит. Убас аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа ргәы ашьҭыхра адагьы, рхаҭагьы урҭ ирҿырҵаауа рацәоуп. Вефиль аҿы амаҵ зуа Гера́рдо зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Сара аиҳәшьцәа акы санразҵаауа, сыдҵақәа еиҳа еиӷьны инасыгӡоит. Лассы-лассы аиҳәшьцәа уск аҿы аишьцәа реиҳараҩык раасҭа аԥышәа рымоуп». Аиҳәшьцәа аӡәырҩы пионерс амаҵ руеит. Убри аҟынтә рҭыԥ аҿы инхо ауаа ибзианы ирдыруеит. Бра́иан зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Ҳаҳәшьцәа ҳорганизациаҿы иаҭаху ирацәаны зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи аҟазара бзиеи рылоуп. Убри аҟынтә аџьабаа иацәымшәо ҳаҳәшьцәа рыхә ҳаракны ишәшьала!»

Уӡырҩла

Аиҳәшьцәа ргәаанагара анырҳәо аҟәыӷара злоу аизара ахылаԥшыҩцәа урҭ ирыдыргало иаразнак мап ацәыркӡом. Избан? Е́двард зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Аиаҳәшьа лгәаанагареи илымоу аԥышәеи аиашьа ицхраар ауеит аҭагылазаашьа ганрацәала ахәаԥшреи, егьырҭ ауаа рцәаныррақәа рызхәыцреи» (Ажәам. 1:5). Аизара ахылаԥшҩы аиаҳәшьа илҳәо ахархәара илымшаргьы, лгәаанагара ахьылҳәаз азы дирҽхәоит.

Дара аиҳәшьцәа аҵара ддырҵоит. Ԥхьаҟа ихәыцуа аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа аҵара ддырҵоит. Иаҳҳәап, дара ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа шымҩаԥгалатәу рзеиҭарҳәоит. Уи абзоурала ус еиԥш иҟоу аиԥылараҿы аӡы иӡааху аиашьа дыҟамзар, аиҳәшьцәа иҟарҵаша рдыруеит. Уи адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа атехника, ма амыругақәа рхархәашьа ддырҵоит, дара ҳорганизациа иатәу ахыбрақәа рымаҵ ауреи рыргылареи рҽаладырхәларц азы. Вефиль аҟны аҭакԥхықәра зду аишьцәа аиҳәшьцәа еиуеиԥшым аусқәа рынагӡара иазыҟарҵоит: уи атехника ахылаԥшра, Вефиль аҿы иаҭаху зегь ыҟазарц азы ахәаахәҭра, абухгалтериа, насгьы апрограммақәа рышьақәыргылара иадҳәалазар алшоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа аиҳәшьцәа аҵара аныддырҵо урҭ аҟазара шрылоу, насгьы урықәгәыӷыртә ишыҟоу шеилыркаауа аадырԥшуеит.

Идырҵала

Ақьырсианҳәсақәа аӡәырҩы ироуз адыррақәа егьырҭ ирыцхрааларц азы рхы иадырхәоит. Иаҳҳәап, ахыбрақәа рыргылашьа зҵаз аиҳәшьцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа рышьҭахь аҩнқәа еиҭашьақәдыргылоит. Даҽа шьоукы ауаа еиҳа иахьырацәоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжь аҳәашьа ддырҵеит. Анаҩс урҭ ирдыруа егьырҭ аиҳәшьцәа иддырҵоит, даргьы уи амаҵзура хкы рҽаладырхәларц азы. Ирҳәозеи аиҳәшьцәа аҵара дзырҵоз аизара ахылаԥшыҩцәа ирызкны? Абар Џье́ннифер илҳәо: «Зны сара Аҳратә зал аргылара сҽаласырхәуан. Апроект аргылара знапы ианыз аиашьа иаамҭа дамеигӡаӡакәа аҵара сирҵон. Иара сус гәаҭаны, есымша сирҽхәон. Уи аус ицура даара исгәаԥхон. Сара сыхә ҳаракны ишыршьоз, насгьы сыгәра шыргоз збон».

ИЗБАН ИЕГОВА ИЕИԤШ АҲӘСА ҲАРЗЫҞАЗАР ЗҲАХӘҬОУ?

Ҳара зыхә ҳараку ҳаҳәшьцәа бзиа иаҳбоит. Урҭ ҳҭаацәара роуп. Ҳара иаҳҭахуп урҭ Иегова дшырзыҟоу еиԥш ҳарзыҟазарц (1 Тим. 5:1, 2). Ҳара урҭ рыхә ҳшьоит, насгьы ҳрывагыланы Анцәа имаҵ ахьаҳуа ҳаигәырӷьоит. Аиҳәшьцәа ҳабзиабареи ҳацхыраареи анырбо ҳгәы ҟанаҵоит. Ване́сса илҳәоит: «Сара Иегова иорганизациаҿы сахьыҟоу азы сааҟәымҵӡакәа ҭабуп ҳәа иасҳәоит! Уа еснагь ажәа ҟәандақәа уазҳәо аишьцәа рацәаҩны иҟоуп». Таивань инхо даҽа иаҳәшьак илҳәоит: «Сара сгәы иахәоит Иегова иорганизациеи иареи аҳәса рцәаныррақәеи дареи ишырзыҟоу. Уи схаҵара арӷәӷәоит, насгьы Анцәа ижәлар сахьрыхәҭаку еиҳагьы ахә ҳаракны исшьоит».

Аишьцәа, Иегова ибоит иара аҳәса дшырзыҟоу еиԥш рзыҟазаара шәыҽшазышәшәо, насгьы уи пату ақәиҵоит! (Ажәам. 27:11). Шотландиа инхо Бе́нџьамин зыхьӡу аизара ахылаԥшҩы иҳәоит: «Ари адунеи аҿы лассы-лассы аҳәса пату рықәырҵаӡом. Убри аҟынтә ҳара иаҳҭахуп урҭ Аҳратә зал ахь ианааиуа зынӡа даҽакала рхы рбаларц». Шәааи акыр иаҳзаԥсоу аиҳәшьцәа Иегова дшырзыҟоу ҳарзыҟазаалап — дара зыԥсоу абзиабареи апатуқәҵареи ааҳарԥшлап (Рим. 12:10).

a Ари астатиаҿы «аиаҳәшьа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ақьырсиантә иаҳәшьа лоуп, аиаҳәшьа гәакьа лакәӡам.

b Ажәеидҳәала «иуашәшәыроу амаҭәар» иазкны еиҳа инарҭбааны иануп 2006 шықәса, маи 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҿы иаагоу астатиа «Ценность „более слабого сосуда“» аҿы, иара убас 2005 шықәса, март 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҟны иану астатиа «Мудрое наставление для супружеских пар» аҿы.