Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 5

АШӘА 27 Анцәа иԥацәа адунеи иаирбоит

«Ахаангьы укасыжьуам»!

«Ахаангьы укасыжьуам»!

«[Анцәа] иҳәеит: „Ахаангьы уаансыжьуам, ахаангьы укасыжьуам“» (АУР. 13:5).

ЕИЛАҲКААУА

Доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Анцәа адгьыл аҿы иаанхо имаҵзуҩцәа цхыраарада ишаанимыжьуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо.

1. Ианбеизгахо доуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы ажәҩан аҿы?

 УААНӠА Иегова имаҵзуҩцәа абри аҩыза азҵаара рыман: «Данбацо ажәҩан ахь аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан?» Иҟан аамҭа урҭ рҟынтә шьоукы Армагеддон рхыргоит, насгьы уи ашьҭахь маҷк адгьыл аҿы иаанхар ҟалап ҳәа ҳгәы ианаанагоз. Аха 2013 шықәса, ииуль 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» (аурыс) аҟынтә ҳара еилаҳкааит, макьана адгьыл аҿы инхо доуҳала иалху ақьырсианцәа зегьы Армагеддон алагаанӡа ажәҩан ахь ишгахо (Матф. 24:31).

2. Иарбан зҵаароу ицәырҵыр алшо, насгьы еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Аха азҵаара цәырҵыр алшоит: ирыхьуазеи «арыцҳара ду» аан адгьыл аҿы Иегова гәыкала имаҵ зуло Христос «егьырҭ иуасақәа»? (Иоанн 10:16; Матф. 24:21). Иахьа шьоукы ргәы ҭынчӡам, избанзар бзиа ирбо доуҳала иалху рашьцәеи раҳәшьцәеи ажәҩан ахь ианцалак, рхала иаанхазшәа, ма икарыжьызшәа рхы рбалар ҳәа ишәоит. Шәааи ҳрылацәажәап уи аҩыза ашәара узцәырҵыр залшо узырбо Абиблиа аҿы иану ҩ-хҭыск. Анаҩс еилҳаргоит ҳгәы ҭынчзар залшо амзызқәа.

ИҞАМЛОЗЕИ?

3, 4. Ргәы змырҭынчуазеи шьоукы, насгьы избан?

3 Шьоукы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа доуҳала иалху аишьцәа уаҳа адгьыл аҿы ианыҟамло аамҭа иацәшәоит. Дара шәоит урҭ аишьцәа рыда егьырҭ ауасақәа аҵабырг аанрыжьыр ҳәа. Ус еиԥш иҟоу ашәара рызцәырызго Абиблиа аҿы иану ахҭысқәа ракәзар ауеит. Еилҳаргап ҩ-ҿырԥштәык. Даҳгәалаҳаршәап аԥшьаҩ хада Иодаи. Иара гәыкала Анцәа имаҵ зуаз уаҩын. Иԥшәма Иехошевеи иареи Иоас зыхьӡыз аҷкәын хәыҷ дрыхьчеит, насгьы аҳ бзиа иакәны аҟалара ицхрааит. Иодаи иԥсы ҭанаҵы, уи аҳ Иегова имаҵ иуан. Аха аԥшьаҩ хада данԥсы, Иоас аус ҿаасҭақәа ҟаиҵо далагеит. Иара аҭауад цәгьақәа рҳәатәы хеиҵон, Иеговагьы даанижьит (2 Аш. 24:2, 15—19).

4 Иара убас ҳалацәажәап аҩбатәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рыӡбахә. Аҵыхәтәантәи апостол Иоанн иԥсы ҭанаҵы ақьырсианцәа аӡәырҩы анырра бзиа риҭон, насгьы хьаҵрада Иегова имаҵ аура дрыцхраауан (3 Иоанн 4). Егьырҭ апостолцәа дрывагыланы Иоанн еиҳа-еиҳа зыҽзырҭбаауаз, аҵабырг иацәхьаҵыз рырҵарақәа дырҿагылон (2 Фес. 2:7; 1 Иоанн 2:18). Аха Иоанн данԥсы, аҵабырг иацәхьаҵыз рырҵарақәа абна амца анакуа еиԥш, нкылашьа рымамкәа ирласны ауаа ирылаҵәеит. Жәашықәсақәак рыла аизара иҵабыргу ақьырсианра арҵарақәеи анормақәеи акыр иацәыхарахеит.

5. Иарбан лкаақәоу ҳазлацәажәаз абиблиатә хҭысқәа рҟынтә иҟаҳамҵалар ҳахәҭоу?

5 Иаадырԥшуама Абиблиа иану арҭ ҩ-ҭоурыхк доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос егьырҭ иуасақәагьы убри аҩыза рыхьуеит ҳәа? Адгьыл аҿы иаанхо гәыкала Анцәа имаҵ зуа ақьырсианцәа Иоас иеиԥш ацәгьоура иалагома? Мамзаргьы аҩбатәи ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҟаз аӡәырҩы ақьырсианцәа реиԥш аҵабырг иацәхьаҵуоу? Арҭ азҵаарақәа зегь рҭак ишьақәырӷәӷәаҵәҟьаны «мап» ауп. Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, егьырҭ ауасақәа хылаԥшрада иаанхаӡом, насгьы гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ шыруц ирулоит. Иҳазҭозеи хара уи аҩыза агәрагара?

ИЦҚЬОУ АМҴАХЫРХӘАРА АКГЬЫ АХЬӠОМ

6. Ҳара иааркьаҿны х-периодк ҳрылацәажәоит. Иарбанқәоу урҭ?

6 Избан ицқьоу амҵахырхәара акгьы шамыхьуа агәра ганы ҳзыҟоу, аԥхьаҟа даараӡа ицәгьоу аамҭақәа шаҳзыԥшугьы? Уи аҩыза агәрагара ҳазҭо Абиблиа аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны иану ауп. Урҭ амшқәа ажәытәтәи Израиль аан иҟаз аамҭеи аҩбатәи ашәышықәса ҳ. ҳ. аан иҟаз аамҭеи зынӡа иреиԥшӡам. Убри аҟынтә шәааи иааркьаҿны урҭ х-периодк ҳрылацәажәап: 1) ажәытәтәи Израиль аан иҟаз аамҭа, 2) апостолцәа анԥсы ашьҭахь иҟаз аамҭа, насгьы 3) ҳамшқәа — «зегь анеиҭашьақәыргылахо» аамҭа (Аус. 3:21).

7. Избан ажәлар зегьы, насгьы аҳцәа амҩа иаша ианацәыхҟьозгьы, гәыкала иҟаз израильаа Анцәа имаҵ аура изаҟәымҵуаз?

7 Ажәытәтәи Израиль аан иҟаз аамҭа. Моисеи иԥсра маҷк шагыз израильаа иреиҳәеит: «Сара издыруеит санԥслак ашьҭахь аус ҿаасҭақәа шыҟашәҵало, насгьы шәызныланы шәцалаша ҳәа ишәасҳәаз амҩа шәшаныҵуа» (Ҩынтә. 31:29). Иара убас Моисеи израильаа ргәырҽаниҵеит Анцәа имаҵ рмулар, итҟәаны ишырго (Ҩынтә. 28:35, 36). Инаӡама иажәақәа? Ааи. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аҳцәа аӡәырҩы ииашамыз амҩа ианылон, Анцәа ижәларгьы амҩа иаша иқәдырҟьон. Уи иахҟьаны Иегова ижәлар мап рцәикит, насгьы адгьыл аҿы уаҳа аҳцәа алихӡомызт (Иез. 21:25—27). Аха гәыкала Анцәа имаҵ зуаз израильаа ирбон Иажәа шынаӡоз (Ис. 55:10, 11). Уи анаҩсгьы имаҵ ауразы агәымшәара рнаҭон.

8. Иџьаҳшьалароума аҩбатәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизара аҵабырг иахьацәхьаҵыз? Иҳаилшәыркаа.

8 Апостолцәа анԥсы ашьҭахь иҟаз аамҭа. Иџьаҳшьалар аума аҩбатәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизара аҵабырг иахьацәхьаҵыз? Уи зынӡа иџьашьатәӡам. Иисус заа иҳәахьан аҵабырг ӷәӷәала ианацәхьаҵуа аамҭа шааиуа (Матф. 7:21—23; 13:24—30, 36—43). Апостолцәа Павели, Пиотри, Иоанни ишьақәдырӷәӷәеит Иисус иԥааимбаражәа актәи ашәышықәсазы анаӡара ишалагахьаз (2 Фес. 2:3, 7; 2 Пиотр 2:1; 1 Иоанн 2:18). Аҩбатәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизара хыбгалеит. Аҵабырг иацәхьаҵыз ақьырсианра ҟалеит, уи Вавилон ду — адунеизегьтәи амц динхаҵаратә империа — иахәҭакхеит. Ари абиблиатә ԥааимбаражәагьы наӡеит.

9. Излареиԥшымзеи иахьатәи аамҭа ажәытәтәи Израиль аан иҟаз аамҭеи аҩбатәи ашәышықәса ҳ. ҳ. аан иҟаз аамҭеи?

9 «Зегь анеиҭашьақәыргылахо» аамҭа. Ҳамшқәа ажәытәтәи Израиль аан иҟаз аамҭеи аҵабырг иацәхьаҵыз арҵарақәа анеизҳазыӷьоз аҩбатәи ашәышықәса ҳ. ҳ. аан иҟаз аамҭеи зынӡа иреиԥшӡам. Ишԥахьӡу ҳаамҭа? Зегь раԥхьаӡа ҳхахьы иааиуа уи, — ари адунеи «аҵыхәтәантәи амшқәа» ракәхап (2 Тим. 3:1). Аха Абиблиа иаҳнарбоит «аҵыхәтәантәи амшқәа» ианрылага зҵакы еиҳа иҵаулоу, насгьы еиҳа акыраамҭа ицало аепохагьы ишалагаз. Уи хыркәшахоит мессиантәи Аҳра ауаа анаӡарахь ианнанагалак, насгьы адгьыл џьанаҭны ианыҟанаҵалак. Уи аепоха «зегь анеиҭашьақәыргылахо» аамҭа ҳәа ахьӡуп (Аус. 3:21). Уи алагеит 1914 шықәсазы. Еиҭашьақәыргылази усҟан? Иисус жәҩантәи Аҳра дахаргылан. Убри аҟынтә Иегова ҿыц диоуит иара ихаҭарнаку, насгьы Анцәа гәыкала имаҵ зуаз аҳ Давид ихылҵшьҭра иатәу анапхгаҩы. Аха Иегова уи мацара акәӡам еиҭашьақәиргылаз. Уи ашьҭахь хара имгакәа иара ицқьоу амҵахырхәарагьы аиҭашьақәыргылара далагеит (Ис. 2:2—4; Иез. 11:17—20). Ихыбгалома уи дырҩегь?

10. а) Иҳәазеи Абиблиа аҿы заа ҳаамҭақәа рзы иҟоу ицқьоу амҵахырхәара иазкны? (Исаиа 54:17). б) Избан ус еиԥш иҟоу аԥааимбаражәақәа ҳамшәаӡакәа ԥхьаҟа аԥшра изҳацхраауа?

10 Шәаԥхьа Исаиа 54:17. Шәазхәыц абри аԥааимбаражәа: «Ак узырурц азы иҟарҵо иарбан бџьарзаалакгьы қәҿиара аиуам»! Арҭ ажәақәа иахьа анаӡара иаҿуп. Иара убас иахьа инаӡоит ҳгәы зырҭынчуа абарҭ ажәақәа: «Ухәыҷқәа зегь Иегова аҵара дирҵалоит, урҭ аҭынчра ду рымазаауеит. Уара иашарыла ушьақәгылоит. ...Уара акгьы уацәшәалаӡом, насгьы акгьы уцәа уҭанарӡыӡалаӡом — уи узцәырҵӡом» (Ис. 54:13, 14). «Ари адунеи анцәа», Аҩсҭаагьы, Иегова имаҵзуҩцәа инарыгӡо арҵаратә ус изаанкылаӡом (2 Кор. 4:4). Ицқьоу амҵахырхәара еиҭашьақәыргылоуп. Уи ахаан ԥырхага аиуӡом, наӡаӡа иҟазаауеит. Ҳара иаҳԥырхагахарц азы иҟарҵо иарбан бџьарзаалакгьы, уи қәҿиара аиуӡом!

ИҞАЛОЗЕИ?

11. Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, ԥхьаӡашьак змам ауаа акгьы иацәымшәалар шрылшо?

11 Иҟалозеи доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак? Ишәхашәмыршҭлан Ҳахьчаҩ — Иисус иоуп. Иара ақьырсиантә еизара дахагылоуп. Уи ихаҭа иҳәеит: «Мҩақәҵаҩыс ишәымоу Христос заҵәык иоуп» (Матф. 23:10). Напхгара зуа Ҳаҳ ииашаҵәҟьоу ишьҭанеицәа еснагь дырхылаԥшлоит. Ҳара Христос напхгара ҳзиуеит аҟынтә, акгьы ҳацәшәалаӡом. Ҳәарада, Христос усҟантәи аамҭазы ишьҭанеицәа напхгара шриҭало иазку акәамаҵамарақәа зегь ҳаздырӡом, аха ҳгәы шьҭызхыр алшо Абиблиа иану ҿырԥштәқәак ҳрылацәажәар ауеит.

12. Дышԥархылаԥшуаз Иегова ижәлар: а) Моисеи данԥсы ашьҭахь? б) Ильиа адҵа ҿыц аниоу ашьҭахь? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеиаанӡа Моисеи дыԥсит. Иҟалазеи уи ашьҭахь? Израильаа цхыраарада иаанхама? Мап. Урҭ гәыкала Иегова имаҵ рунаҵы, иара дырхылаԥшуан. Моисеи дыԥсаанӡа маҷк шагыз Анцәа иеиҳәеит Иисус Навин ижәлар раԥхьагылаҩыс дҟаиҵарц. Уи аԥхьа Моисеи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Иисус дазыҟаиҵон (Ақәҵ. 33:11; Ҩынтә. 34:9). Уи адагьы, ажәлар рыбжьара аҟазара злаз егьырҭ ахацәагьы ыҟан: зықьҩык, шәҩык, ҩынҩажәижәабаҩык, жәаҩыкҵәҟьагьы рхадацәа (Ҩынтә. 1:15). Ҳара иаҳбоит Анцәа ижәлар ибзианы ишырхылаԥшуаз. Уи еиԥшыз аҭагылазаашьа аԥааимбар Ильиа ихаангьы иҟан. Акыршықәса рыҩныҵҟа иара израильаа ииашаны Анцәа имҵахырхәаларц дрыцхраауан. Аха иааит аамҭа Анцәа даҽа дҵак иҭаны Иудаҟа данишьҭ (2 Аҳ. 2:1; 2 Аш. 21:12). Напхгарада иаанхама жәа-еимшьҭрак ишьақәдыргылоз Израиль аҳраҿы инхоз гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа? Мап. Ильиа Елисеи дазыҟаиҵоижьҭеи шықәсқәак ҵхьан. Иара убас «аԥааимбарцәа рԥацәа» ыҟан (2 Аҳ. 2:7). Иҟалап урҭ аҵара еицызҵоз аԥааимбарцәа ракәызҭгьы. Ус анакәха, Анцәа ижәлар анапхгара рыҭара зылшоз узықәгәыӷыртә иҟаз ахацәа рацәаҩын. Иегова игәҭакы анагӡареи гәыкала имаҵ зуаз ауаа рхылаԥшреи дшаҿыц даҿын.

Моисеии (армарахьтәи асахьа) Ильиеи (арӷьарахьтәи асахьа) рцынхәрас иҟало узықәгәыӷыртә иҟаз ауаа азыҟарҵеит. (Шәахәаԥш абзац 12.)


13. Зыгәра ҳдыргозеи Ауриацәа 13:5 аҿы иану ажәақәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Арҭ аҿырԥштәқәа шәхаҿы иааганы шәазхәыц: иҟалозеи аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак ашьҭахь? Ҳара уи азҵаара аҭак ҳзымдыруа ҳаҟаӡам. Абиблиа иаҳзаанартуеит имариоу, аха ҳгәы зырӷәӷәо аҵабырг: Иегова ахаан ижәлар аанижьӡом. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:5.) Моисеии Ильиеи реиԥш иахьа напхгара ҳзызуа доуҳала иалху ақьырсианцәа ргәыԥ хәыҷ егьырҭ аишьцәа разыҟаҵаразы раамҭа еигӡаӡом. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа егьырҭ ауасақәа рахь иаҵанакуа ахацәа Анцәа ижәлар рхылаԥшшьа ддырҵоит. Иаҳҳәап, дара аизара ахылаԥшыҩцәа, араион ахылаԥшыҩцәа, афилиал акомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәа, Вефиль аҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа, амиссионерцәа рзы, насгьы егьырҭ рзы еиуеиԥшым ашколқәа еиҿыркааит. Анапхгаратә хеилак хаҭала аҵара ддырҵоит Анапхгаратә хеилак еиуеиԥшым акомитетқәа рҿы цхырааҩцәас амаҵ зуа аишьцәа. Урҭ ацхырааҩцәа уажәнатә аҭакԥхықәра ду рыдуп, насгьы аорганизациаҿы еиуеиԥшым аусқәа нарыгӡоит. Дара доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан ахь ианцалак, Христос иуасақәа ирхылаԥшларц азы ибзианы иазыҟаҵоуп.

Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа рбоит: дара ирыцхраауа аишьцәа азыҟарҵоит, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәеи, араион ахылаԥшыҩцәеи, афилиалқәа ркомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәеи, Вефиль аҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәеи, адунеи зегь аҿы амаҵ зуа амиссионерцәеи рзы ашколқәа еиҿыркаауеит. (Шәахәаԥш абзац 13.)


14. Иарбан ихадоу зхәыцроу ари астатиа аҟынтә еилаҳкааз?

14 Абар еилҳаргаз аҟынтә ихадоу азхәыцра. Арыцҳара ду анҵәамҭазы аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, адгьыл аҿы ицқьоу амҵахырхәара акгьы ахьӡом. Иисус Христос инапхгара абзоурала ҳара анаҩсгьы Иегова имаҵ ҳаулоит. Ҳәарада, усҟан амилаҭқәа ркоалициа — Магог аҟынтә Гог — Анцәа ижәлар ирықәлоит, аха уи ақәылара кьаҿзаауеит, насгьы ақәҿиара аиуӡом (Иез. 38:18—20). Ҳара Иегова имаҵ аураҿы ҳтемп иагҳархаӡом. Иегова ҳәарада ҳаиқәирхоит! Апостол Иоанн ибеит «ԥхьаӡашьак змамыз» Христос егьырҭ иуасақәа, иара иаҳаит урҭ «арыцҳара ду иацәынхаз роуп» ҳәа (Аат. 7:9, 14). Ааи, Иегова хымԥада ҳаиқәирхоит!

15, 16. Аатра 17:14 иану инақәыршәаны, иҟарҵалозеи доуҳала иалху Христос ишьҭанеицәа Армагеддон аан, насгьы избан уи ҳгәы зышьҭнахуа?

15 Аха аӡәы абас дҵаар илшоит: «Иҟарҵалозеи доуҳала иалху ақьырсианцәа адгьыл аҟынтә ажәҩан ахь ианцалак?» Абиблиа уи азҵаара аҭак еилыкка иаҳнаҭоит. Уи иаҳзаанартуеит ари адунеи аполитикатә мчрақәа «Асыс [ишабашьуа]». Ҳәарада, урҭ аҵахоит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Асыс... урҭ ириааиуеит». Ицхраауада иара? Аҭак уаҵәҟьа иануп: «Уи иацаиааиуеит Анцәа иааиԥхьаз, иалихыз, насгьы гәык-ԥсыкала имаҵ зуа». (Шәаԥхьа Аатра 17:14.) Иазусҭцәада урҭ? Зыԥсы ҭалаз доуҳала иалху ақьырсианцәа роуп! Убри аҟынтә арыцҳара ду нҵәаанӡа маҷк шагу аҵыхәтәантәи доуҳала иалху ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак, зегь раԥхьаӡа дҵас ироуа — аибашьра ауп. Шаҟа иџьашьахәузеи ари адҵа! Доуҳала иалху ақьырсианцәа шьоукы аҵабырг еилыркаанӡа ақәԥара бзиа ирбон. Иҟан еибашьуазгьы. Аха аҵабырг еилкааны ианқьырсианцәаха, ауааи дареи аҭынчра рыбжьалеит (Гал. 5:22; 2 Фес. 3:16). Дара ирымаз абџьар зегь карыжьит. Аха доуҳала иалху ақьырсианцәа ажәҩан аҿы Христоси иԥшьоу имаалықьцәеи ирывагыланы аҵыхәтәантәи аибашьраҿы Анцәа иаӷацәа ирҿагылоит.

16 Шәазхәыц, доуҳала иалху ақьырсианцәа шьоукы рықәрахь инеихьеит, насгьы рымч кәадахахьеит. Аха ажәҩан аҿы анхаразы рыԥсы анҭалалак, ԥсра зқәым амч ду змоу доуҳақәахоит. Аиааира зго Раҳ, Иисус Христос, ивагыланы аибашьра Армагеддон аҿы еибашьлоит. Уи аибашьра анынҵәалак ашьҭахь Христоси дареи ауаа наӡаны аҟалара ирыцхраалоит. Доуҳала иалху ақьырсианцәа адгьыл аҿы инхо бзиа ирбо рашьцәеи раҳәшьцәеи рзы ажәҩан аҟынтә акырӡа еиҳаны иҟарҵар рылшоит, инаӡамыз уааны ианыҟаз аасҭа!

17. Иабантәиаадыруеи Армагеддон аан Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә аӡәгьы ԥырхага шимоуа?

17 Иҟарҵалар акәзеи егьырҭ ауасақәа, аибашьра Армагеддон аналагалак? Иуадаҩу ҳәа акгьы ыҟаӡам: дара Иегова игәра ганы, инапхгара иазыӡырҩлароуп. Иаҵанакуазеи уахь? Абиблиаҿы иануп ҳгәы зырҭынчуа ажәақәа: «Аҩныҵҟатәи ауадақәа шәрыҩналаны, ашә ашәыркы. Шәҽышәҵәах аамҭа кьаҿк иалагӡаны, агәыԥжәара ииасаанӡа» (Ис. 26:20). Усҟан ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы гәыкала Анцәа изыҟоу имаҵзуҩцәа ԥырхага роуӡом. Апостол Павел иеиԥш, ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп «Анцәа бзиа ҳбара даҟәызхыр алшо акгьы шыҟам: ...аҳәынҭқаррақәагьы, уажәы иҟоу ма ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәагьы» (Рим. 8:38, 39). Ахаан ишәхашәмыршҭлан: Иегова бзиа шәибоит, ахаангьы шәаанижьӡом!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иҟамлозеи доуҳала иалху аҵыхәтәантәи ақьырсиан ажәҩан ахь данцалак?

  • Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо ицқьоу амҵахырхәара акгьы шамыхьуа?

  • Избан агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова ижәлар ахаан ишаанимыжьуа?

АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп