Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6

АШӘА 10 Дшәырҽхәала Ҳанцәа Иегова!

«Ишәырҽхәала Иегова ихьӡ!»

«Ишәырҽхәала Иегова ихьӡ!»

«Иегова имаҵзуҩцәа, ишәырҽхәала, ишәырҽхәала Иегова ихьӡ!» (АԤСАЛ. 113:1).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова иԥшьоу ихьӡ еснагь арҽхәара ҳазхиазар зҳахәҭоу.

1, 2. Иарбан ҿырԥшу Иегова ихьӡ иҟам-ианым ахьазырҳәо азы ихы шибо аилкаара иҳацхраауа?

 ШӘХАҾЫ иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: бзиа ижәбо ауаҩы иҟам-ианым шәзиҳәоит. Шәара ижәдыруеит уи шымцу, аха шьоукы уи агәра ргоит. Уи азмырхаӡакәа, дара уи амц егьырҭ рзеиҭаҳәара иалагоит, аӡәырҩгьы уи агәра ргоит. Шәхы шԥажәбарыз уи аҩыза шәақәшәазҭгьы? Ауааи шәареи шәеизыҟазаашьақәеи ишәымоу ахьӡи ахә ҳаракны ишәшьозар, уи аҩыза амц, ҳәарада, шәгәы шәнархьрын (Ажәам. 22:1).

2 Уи Иегова ихьӡ бзиа иҟам-ианым аназырҳәа ихы шибаз аилкаара иҳацхраауеит. Идоуҳатә ԥацәа руаӡәк иара изкны раԥхьатәи аԥҳәыс, Ева, амц леиҳәеит. Лара уи агәра лгеит. Уи иахҟьаны раԥхьатәи ауаа Иегова иҿагылеит, насгьы ауаа зегьы агәнаҳаи аԥсреи рҭынхеит (Аҟаз. 3:1—6; Рим. 5:12). Иахьа иҟоу ауадаҩрақәа зегьы — аԥсрақәа, аибашьрақәа, агәаҟрақәа — Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы ииҳәаз амц ауп изыхҟьаз. Игәы инамырхьӡои Иегова амц ахьизырҳәо, насгьы уи иаанаго алҵшәа бааԥсқәа ахьибо? Ҳәарада, инархьуеит. Аха Иегова дымгәааӡеит, аӡәгьы игәаӷгьы имкӡеит. Иара «насыԥ змоу Анцәа» иакәны даанхоит (1 Тим. 1:11).

3. Иарбан ҳаҭыру ҳара иҳаҭәашьоу?

3 Ҳара Анцәа ихьӡ ахьымӡӷ ахыхра аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп. Убри аҟынтә шәааи абарҭ ажәақәа ирҳәо ҟаҳҵалап: «Ишәырҽхәала Иегова ихьӡ!» (Аԥсал. 113:1). Ҳара уи ҟаҳҵоит Ҳанцәа изку аҵабырг ауаа ианырзеиҭаҳҳәо. Ишәымоума шәара Анцәа ихьӡ арҽхәара агәаҳәара? Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит гәык-ԥсыкала Иегова ихьӡ арҳаракра ҳгәазҭазҵо х-мзызк.

ИЕГОВА ИХЬӠ АНҲАРҼХӘО, ДҲАРГӘЫРӶЬОИТ

4. Избан Иегова данҳарҽхәо, уи дзеигәырӷьо? Иаажәга аҿырԥштәы. (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

4 Ҳара жәҩантәи Ҳаб дҳаргәырӷьоит, ихьӡ анҳарҽхәо (Аԥсал. 119:108). Аха иаанагома уи зегь зымчу Анцәа игәы камҳаларц азы инаӡам ауаа реиԥш дырҽхәалатәуп, насгьы бзиа дшырбо иаҳәалатәуп ҳәа? Мап. Иааҳгап ҿырԥштәык. Аӡӷаб хәыҷ дыҩны лаб иахь днеиуеит, насгьы лнап хәыҷқәа ихәда иакәыршаны иалҳәоит: «Саб, уара уаасҭа еиӷьу аӡәгьы дыҟаӡам!» Аб дааԥышәарччоит, избанзар илҳәаз игәы ҟанаҵоит. Избан? Иӡӷаб дылмырҽхәар ада ԥсыхәа имамкәа дыҟоума? Ҳәарада, мап. Аха лара бзиа дахьылбо, насгьы ихә ҳаракны иахьылшьо игәы иахәоит. Иара идыруеит арҭ аҟазшьақәа ианлызҳалак анасыԥ аиура ишлыцхраауа. Убас еиԥшҵәҟьа жәҩантәи Ҳаб Иеговагьы данҳарҽхәо, деигәырӷьоит.

Ахәыҷы иаб бзиа дшибо аниеиҳәо, насгьы ҭабуп ҳәа аниҳәо, аб дышгәырӷьо еиԥш, Иеговагьы ихьӡ анҳарҽхәо дҳаргәырӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Иарбан мцу ҳазҿагыло, Анцәа ихьӡ анҳарҽхәо?

5 Ҳара жәҩантәи Ҳаб данҳарҽхәо, хаҭала ҳара ҳазҵазкуа амц ҳаҿагылоит. Аҩсҭаа иҳәоит ауаа рҟынтә Иегова ихьӡ бзиа гәыкала аӡәгьы ихьчалаӡом ҳәа. Иара убас иара иҳәоит феидак ҳаур ауеит ҳәа ҳхәыцны, ҳаззегьы Анцәа даҳҭиуеит ҳәа (Иов 1:9—11; 2:4). Аха Иов Анцәа дизиашаны даанхеит, убас Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу шьақәирӷәӷәеит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара ҳзы? Ҳара жәҩантәи Ҳаб гәыкала имаҵ ҳаулар, дҳаргәырӷьалоит, ихьӡ бзиагьы ҳахьчалоит (Ажәам. 27:11). Шаҟа ҳаҭыр дуузеи уи ҳара ҳзы!

6. Ҳарҿыԥшлар шԥаҳалшо аҳ Давиди алевитцәеи? (Неемиа 9:5).

6 Иегова бзиа дызбо гәыкала ихьӡ дырҽхәалар рҭахуп. Аҳ Давид абас ашәа иҳәон: «Дырҽхәала Иегова, сгәы-сыԥсы! Исылоу зегь иԥшьоу ихьӡ арҽхәалааит» (Аԥсал. 103:1). Давид еиликаауан Иегова ихьӡ арҽхәара Анцәа ихаҭа ирҽхәара шаанагоз. Ари ахьӡи Иегова Анцәа иаҳасабала имоу ахьӡи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Убри аҟынтә ҳара ари ахьӡ анҳаҳауа, Ҳанцәа илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәеи иус џьашьахәқәеи иаразнак иаҳгәалашәоит. Давид Иаб ихьӡ пату ақәиҵон, насгьы гәык-ԥсыкала уи ирҽхәалар иҭахын. Алевитцәагьы уи аганахьала аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Аԥагьара зламыз урҭ ахацәа еилыркаауан Анцәа иԥшьоу ихьӡ ишақәнагоу еиԥш арҽхәаразы ажәақәагьы шырзымхоз. (Шәаԥхьа Неемиа 9:5.) Ҳәара аҭахума, абас ахынраалара аарԥшны гәыкала Иегова данҳарҽхәо, уи игәы ҟанаҵоит.

7. Ишԥаҳалшо амаҵзураҿы, насгьы абжьааԥны ҳаԥсҭазаараҿы Иегова дҳарҽхәалар?

7 Иахьа Иегова дҳаргәырӷьалар ҳалшоит аԥхарреи, аџьшьареи, абзиабареи аарԥшны иӡбахә ҳҳәалар. Ҳара ажәабжь анаҳҳәо хықәкы хадас иҳамоу ауаа Иегова иҩызахара рыцхраара шакәу ҳхаҳаршҭӡом. Ҳара иаҳҭахуп бзиа иаҳбо Ҳаб ҳара ҳашихәаԥшуа еиԥш, даргьы ихәаԥшларц (Иак. 4:8). Ҳара иаҳгәаԥхоит ауаа Иегова изкны Абиблиа аҿы иану дырбара, илоу абзиабареи, аиашареи, аҟәыӷареи, амчи, егьырҭ зеиԥшыҟам иҟазшьақәеи шаанартуа. Уи адагьы, Иегова дҳарҽхәоит, насгьы дҳаргәырӷьоит, иҿыԥшразы есыҽны иҳалшо зегь аныҟаҳҵо (Еф. 5:1). Уи абзоурала иҟалап егьырҭ ауаа ари адунеи иатәу ауаа ҳашреиԥшым гәарҭар, насгьы ус изыҟоу аилкаара рҭаххар (Матф. 5:14—16). Убасҟан ҳара ус ҳхы зымҩаԥаҳго деилыркааразы алшара ҳауеит. Уи абзоурала згәы цқьоу ауаа Анцәа иҩызахара рҭаххар ауеит. Иегова ҳмаҵзуреи ҳхымҩаԥгашьеи рыла данҳарҽхәо, дҳаргәырӷьоит (1 Тим. 2:3, 4).

ИЕГОВА ИХЬӠ АНҲАРҼХӘО, ИИСУС ДҲАРГӘЫРӶЬОИТ

8. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус Иегова ихьӡ арҽхәараҿы зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит ҳәа?

8 Иисус иеиԥш Иегова дыздыруа ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы аӡәгьы дыҟаӡам (Матф. 11:27). Иисус Иаб бзиа дибоит, насгьы ихьӡ арҽхәара аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит (Иоанн 14:31). Иԥсра аламҭалазы имаҵзура хыркәшо Анцәа даниҳәоз, абас иҳәеит: «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит» (Иоанн 17:26). Ииҳәарц ииҭахызи иара?

9. Иарбан ажәамааноу Иисус еиҭеиҳәаз, жәҩантәи Ҳаб еиҳа еиӷьны иеилкаара дҳацхраарц азы?

9 Иисус ауаа Анцәа Иегова шихьӡу мацара акәӡамызт ирзеиҭеиҳәоз, аҵабырг зеиҳәоз ауриацәа уи бзианы ирдыруан. Иара ауаа дрыцхраауан Анцәа еиҳа еиӷьны иеилкаара (Иоанн 1:17, 18). Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа иднарбон Иегова шаҟа дрыцҳашьаҩу (Ақәҵ. 34:5—7). Иисус уи иаанаго деилиркааит иҟьалаз аԥа иаби иареи ирызку ажәамаана анырзеиҭеиҳәа. Иҟьалаз аԥа иаб зыгәнаҳақәа ирыхьхәыз иҷкәын харантә даниба дыҩны дшиԥылаз, дшигәыдиҳәҳәалаз, насгьы гәыкала игха шианаижьыз аӡбахә ҳанаԥхьо, уи Иегова шаҟа арыцҳашьара илоу аилкаара иҳацхраауеит (Лука 15:11—32). Иисус Иаб дзакәыҵәҟьоу ауаа идеилиркааит.

10. а) Иабантәиаадыруеи Иисус Анцәа ихьӡ шиҳәоз, насгьы егьырҭгьы убас ҟарҵалар шиҭахыз? (Марк 5:19). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.) б) Ииҭахузеи Иисус иахьа иҟаҳҵаларц?

10 Иҭахызма Иисус ауаа Иаб ихьӡ рҳәаларц? Ҳәарада! Иҟалап усҟантәи аамҭазы иҟаз адиннапхгаҩцәа шьоукы ргәы иаанагозҭгьы Анцәа ихьӡ даара иԥшьоуп аҟынтә, уи уҳәалар ҟалаӡом ҳәа. Аха Иисус ус еиԥш иҟаз аҵасқәа Иаб ихьӡ арҽхәара иԥырхагахар иуӡомызт. Ишәгәалашәыршәа герасаа рҳаблаҿы адемонцәа идыргәаҟуаз ахаҵа урҭ анихица иҟалаз. Ауаа шәан, Иисус наҟ дцарц иарҳәеит, иара ус иагьыҟаиҵеит (Марк 5:16, 17). Аха иара иҭахын уи аҳаблаҿы Иегова ихьӡ раҳарц. Убри аҟынтә иихәышәтәыз ахаҵа иҭынхацәа иҟалаз зегь рзеиҭеиҳәарц иеиҳәеит. Аха уи ҟазҵаз Иисус иакәымкәа, Иегова шиакәу иҳәар акәын. (Шәаԥхьа Марк 5:19 a.) Иахьагьы Иисус иҭахуп Иаб ихьӡ ауаа ираҳарц! (Матф. 24:14; 28:19, 20). Ажәабжьҳәараҿы Анцәа ихьӡ анаҳҳәо, Ҳаҳ, Иисус, дҳаргәырӷьоит.

Иисус адемонцәа зхицаз ахаҵа идиҵеит Иегова уи дышицхрааз ауаа ирзеиҭаиҳәарц. (Шәахәаԥш абзац 10.)


11. Ишԥадирҵоз Иисус ишьҭанеицәа Анцәа иҳәаларц, насгьы избан уи абас изхадоу? (Иезекииль 36:23).

11 Иисус идыруан Иегова гәҭакыс имоу ихьӡ аԥшьареи, иазырҳәаз амц аҟынтә арыцқьареи шакәу. Убри азоуп Арҵаҩ Ду иҵаҩцәа Анцәа абас иҳәаларц зыдирҵоз: «Ажәҩан аҿы иҟоу Ҳаб, ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ» (Матф. 6:9). Иисус еиликаауан Иегова ихьӡ аԥшьара ашамҭақәа зегьы рҿаԥхьа иқәгылоу зегь раасҭа ихадоу аимактә зҵаара шакәу. (Шәаԥхьа Иезекииль 36:23.) Уи азҵаара аӡбаразы амаалықьцәеи ауааи рҟынтә Иисус иаасҭа еиҳаны иҟазҵаз аӡәгьы дыҟаӡам. Ус шакәугьы, иарбан хароу Иисус идырҵаз? Анцәа дирџьоит ҳәа! Иаб иԥшьоу ихьӡ ирџьоит ҳәа ахара идырҵеит, арахь уи зегь раасҭа ицәымӷыз гәнаҳан. Убри азы акәзар ҟалап Иисус дыкны дыргаанӡа сааҭқәак шагыз «даараӡа игәы [зихьуаз]» (Лука 22:41—44).

12. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус иеиԥш Иаб ихьӡ зырҽхәаз дыҟаӡам ҳәа?

12 Иисус цәгьала ддыргәаҟуан, дладырҟәуан, насгьы амц изырҳәон. Аха иара Иаб ихьӡ иԥшьарц азы уи зегь ихигеит. Иара Иаб еснагь дизыӡырҩуан, дызцәыԥхашьаша ҳәа акгьы шимамгьы идыруан (Аур. 12:2). Иара убас Иисус еиликаауан иуадаҩыз уи аамҭазы иҿагыло Аҩсҭаа шиакәыз (Лука 22:2—4; 23:33, 34). Уи аӷа дгәыӷуан Иисус Анцәа даанижьуеит ҳәа. Аха агха ихьит! Иисус ишьақәирӷәӷәеит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы иӷәӷәоу аԥышәарақәа раангьы Анцәа изиашаны иаанхо амаҵзуҩцәа еснагь ишимазаало!

13. Ишԥашәылшо напхгара зуа Шәаҳ дшәыргәырӷьалар?

13 Ишәҭахума шәара напхгара зуа Шәаҳ дшәыргәырӷьалар? Анаҩсгьы ауаа Ҳанцәа иабашәырдырла. Убас Иегова ихьӡ шәырҽхәалоит, насгьы Иисус ишьҭа шәхыланы шәышцо аашәырԥшлоит (1 Пиотр 2:21). Иисус иеиԥш, шәаргьы Иегова дшәыргәырӷьоит, Анцәа иаӷа, Аҩсҭаа, дшымцҳәаҩугьы шьақәшәырӷәӷәоит!

ИЕГОВА ИХЬӠ АНҲАРҼХӘО, АУАА АИҚӘХАРА ҲРЫЦХРААУЕИТ

14, 15. Иҟалозеи ауаа Иегова изку аҵабырг аныдҳарҵо?

14 Ҳара Иегова ихьӡ анҳарҽхәо, ауаа аиқәхара ҳрыцхраауеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳара иаҳдыруеит Аҩсҭаа ауаа «рыхшыҩ [ширлашәыз]» (2 Кор. 4:4). Убри азоуп дара имц агәра зырго — Анцәа дыҟамшәа, урҭ дырхыламԥшуашәа, дгәымбылџьбароушәа, насгьы агәнаҳаҟаҵаҩцәа наӡаӡа иргәаҟуашәа. Ари амц хықәкыс иамоу Иегова ихьӡ арџьароуп, иара иабадырра аӡәгьы иҭахымхарц азы. Аха ҳара инаҳагӡо аус Аҩсҭаа игәҭакы хнарбгалоит. Ҳара Ҳанцәа изку аҵабырг ауаа идҳарҵоит, убас иԥшьоу ихьӡ ҳарҽхәоит. Лҵшәас иаанагозеи уи?

15 Анцәа Иажәа иану аҵабырг амч ду амоуп. Ҳара Иегова изку аҵабырг ауаа ианыдҳарҵо, Аҩсҭаа имц иахҟьаны рыла ихылаз аш хыҵуеит, насгьы дара Ҳанцәа зеиԥшыҟам иҟазшьақәа рбо иалагоит. Уи џьоумшьар залшом. Дара Иегова шаҟа амч ду имоу анеилыркаауа, ргәы хыҭхыҭуеит (Ис. 40:26). Иара еснагь аиашара шааирԥшуа рбоит (Ҩынтә. 32:4). Иара убас ҳәаа змам иҟәыӷара иҿырҵаауеит (Ис. 55:9; Рим. 11:33). Уи адагьы, Анцәа дшыбзиабароу ахьеилыркаауа, ргәы арҭынчуеит (1 Иоанн 4:8). Дара Иегова ианизааигәахо, наӡаӡа анхаразы агәыӷра роуеит. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи иҳаҭәашьоу — Иегова аус ицура, насгьы ауаа иҩызахара рыцхраара! (1 Кор. 3:5, 9).

16. Аҽшԥаԥсахи шьоукы рыԥсҭазаара Анцәа ихьӡ анеилыркаа? Иаажәга аҿырԥштәқәа.

16 Раԥхьа ауаа Анцәа ихьӡ Иегова шакәу дҳарбалар ҳалшоит. Згәы цқьоу ауаҩы иԥсҭазаара иԥсахырц азы уи мацарагьы азхар алшоит. Иаҳҳәап, Али́а b зыхьӡу иқәыԥшу ԥҳәыск иқьырсианым динхаҵарак ныҟәызгоз аҭаацәараҿы илызҳауан. Аха лара лдинхаҵараҿы аӡәгьы диҭахымызшәа лбон, насгьы Анцәа дицәыхаразшәа лгәы иаанагон. Аха Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа лырҵара ианалага, зегь аҽаԥсахит. Алиа еилылкааит Анцәа лҩыза шиакәу. Лара даараӡа иџьалшьеит Абиблиақәа жәпакы рҿы Анцәа ихьӡ ахьанырхыз, насгьы Иҳақәиҭу еиԥш иҟоу атитулқәа рыла иахьырыԥсахыз. Алиа Иегова ихьӡ ахьеилылкааз лыԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахит. Лара илҳәеит: «Зегь иреиӷьу Сҩыза ахьӡ имоуп!» Ишԥалныри лара уи? Алиа илҳәоит: «Сара агәҭынчра соуит. Шаҟа ибзиоузеи Иегова ихьӡ анудыруа!» Абар Стив ихҭыс. Иара ауриатә ҵасқәа акы агмыжькәа иназыгӡоз ауриатә ҭаацәараҿы изҳаит, аха динхаҵарак иҽадикылар иҭахӡамызт. Амузыка акәын еиҳа игәаԥхоз. Аха иан данԥсы ашьҭахь хара имгакәа, Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк имҩаԥигоз Абиблиа аҵараҿы рылатәара дақәшаҳаҭхеит. Иара Анцәа ахьӡ шимоу анеиликаа, уи игәаҵанӡа инеит. Стив иҳәоит: «Сара исыздырӡомызт Анцәа ахьӡ шимоу». Иара иациҵоит: «Анцәа дшыҟоу ахаан абас агәра ганы сыҟамызт, уаанӡа баша мчы ӷәӷәак ауп иҟоу ҳәа сгәы иаанагон. Сара Аҩыза дсоуит!»

17. Избан анаҩсгьы Иегова ихьӡ арҽхәара зышәҭаху? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Ажәабжь анышәҳәо, насгьы ауаа аҵабырг аныдшәырҵо, Иегова иԥшьоу ихьӡ аӡбахә рашәҳәома? Шәрыцхраауама Анцәа дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара? Ааи акәзар, Иегова ихьӡ шәырҽхәоит. Жәҩантәи Ҳаб илоу зеиԥшыҟам аҟазшьақәа рыӡбахә ауаа ирзеиҭаҳәо, Иегова иԥшьоу ихьӡ арҽхәара шәаҟәымҵлан. Убас рыԥсҭазаара еиқәшәырхоит. Шәаҳ, Иисус Христос, ишьҭа шәхыланы шәцалоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, бзиа шәызбо Шәаб, Иегова, дшәыргәырӷьалоит. Шәааи ихьӡ наӡаӡа иҳарҽхәалап! (Аԥсал. 145:2).

Ҳара ауаа Абиблиа ахьыдҳарҵо, насгьы Анцәа дзеиԥшраҵәҟьоу аилкаара ҳахьрыцхраауа ала Иегова ихьӡ ҳарҽхәоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)

АНЦӘА ИХЬӠ АНҲАРҼХӘО...

  • дышԥаҳаргәырӷьо Иегова?

  • дышԥаҳаргәырӷьо Христос Иисус?

  • ҳашԥарыцхраауеи ауаа аиқәхара?

АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова

a Иҟоуп ашьақәырӷәӷәарақәа Марк Иисус иажәақәа анеиҭеиҳәоз Анцәа ихьӡ ихы ишаирхәаз ҳзырбо. Убри аҟынтә Абиблиа аиҭага «Адунеи ҿыц» аҟны Анцәа ихьӡ еиҭашьақәыргылан. Шәахәаԥш «Учебная Библия» аҿы ари ажәеинраалахь иаагоу акомментари.

b Ахьыӡқәа ԥсахуп.