Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 7

АШӘА 51 Ҳаԥсҭазаара Анцәа изаҳкит!

Аназореицәа ирҿаҳҵаар ҳалшо

Аназореицәа ирҿаҳҵаар ҳалшо

«Иназореира амшқәа раан иара Иегова изы дыԥшьоуп» (АХЫԤХЬ. 6:8).

ЕИЛАҲКААУА

Аназореицәа рҿырԥшы агәымшәареи ахамеигӡареи аарԥшны Иегова имаҵ аушьа шаҳнарҵо.

1. Иарбан гәазыҟашьоу жәытәнатә аахыс Иегова имаҵзуҩцәа ирымоу?

 РЫХӘ ҳаракны ишәшьома Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа? Агәра ганы ҳаҟоуп ишышәшьо! Шәара ишәеиԥшу рацәаҩуп. Иегова гәыкала бзиа дызбоз ауаа жәытәнатә аахыс иҟан (Аԥсал. 104:33, 34). Имаҵ руларц азы дара мап зцәыркуаз рацәан. Ажәытә Израиль инхоз аназореицәа рзгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Иазусҭцәадаз урҭ? Насгьы иаҳнарҵозеи урҭ рҿырԥшы?

2. а) Иазусҭцәадаз аназореицәа? (Ахыԥхьаӡарақәа 6:1, 2). б) Избан израильаа шьоукы назореицәас аҟалара зырыӡбоз?

2 Ажәа «аназореи» ауриатә ажәа аҟынтә иаауеит, уи иаанагоит «иалху; акы иазку». Аназореицәа Иегова ҷыдала имаҵ ауразы ак мап ацәызкуаз, агәацԥыҳәара злаз израильаа ракәын. Моисеи изакәан излаҳәоз ала, ахаҵа ма аԥҳәыс аамҭак аҩныҵҟа аназореи иаҳасабала дшынхало Иегова ҷыдала ажәа ирҭар рылшон a. (Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 6:1, 2.) Ауаҩы ус еиԥш иҟоу ажәа Иегова ианииҭоз егьырҭ израильаа зыҟаҵара уалс ирыдмыз шыҟаиҵало аанарԥшуан. Избан аӡәы дназореихарц зиӡбоз? Ауаҩы уи игәазҭазҵоз Иегова иахь имаз абзиабара ӷәӷәеи иҳамҭақәа рзы иааирԥшуаз аџьшьареи ракәзар ҟаларын (Ҩынтә. 6:5; 16:17).

3. Излареиԥшузеи ҳаамҭазы инхо Анцәа имаҵзуҩцәа аназореицәа?

3 Моисеи изакәан аҭыԥан «Христос изакәан» аус аура ианалага, уаҳа аӡәгьы дназореины дҟалаӡомызт (Гал. 6:2; Рим. 10:4). Аха ажәытәан аназореицәа реиԥш, иахьа Иегова имаҵзуҩцәагьы гәык-ԥсыкала, рыԥси рыхшыҩи иара изкны, рымч рылшара иамеигӡаӡакәа имаҵ рулар рҭахуп (Марк 12:30). Ҳара Иегова ҳҽанизаҳкуаз ус шыҟаҳҵало ажәа иаҳҭеит. Иаҳҭаз ажәа иаанагоит игәаԥхара анагӡареи иара изы акы мап ацәкреи ҳшазхиоу. Аназореицәа рҿырԥшы Иегова ҳҽанизаҳкуаз иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхалар шҳалшо аганахьала иаҳнарҵо рацәоуп (Матф. 16:24) b. Ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак.

АК МАП АЦӘКРА ШӘАЗХИАЗ

4. Ахыԥхьаӡарақәа 6:3, 4 иану инақәыршәаны, мап зцәыркуази аназореицәа?

4 Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 6:3, 4. Аназореицәа иџьбараз арыжәтәи аӡахәа иҿалоз ажьи рҿахьы инарымгалар акәын, иҟалахьазгьы ирҩаны иҟазгьы. Егьырҭ ауаа уи зегь рфалар иржәлар рылшон, уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡамызт. Избанзар аҩы Иегова ауаа ириҭаз аҳамҭақәа иреиуоуп. Абиблиаҿы иануп уи ауаҩы агәырӷьара шинаҭо (Аԥсал. 104:14, 15). Арҭ афатә хкқәа ауаҩы агәырӷьара шизааргозгьы, аназореицәа хатәгәаԥхарала уи мап ацәыркуан c.

Шәазхиоума шәара аназореицәа реиԥш ак мап ацәкра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 4—6.)


5. Мап зцәыркзеи Мадиани Марселеи, насгьы избан?

5 Ажәытәан аназореицәа реиԥш, ҳаргьы еиҳаны Иегова имаҵ ҳауларц азы ак мап анацәаҳкуа ыҟоуп. Еилҳаргап Мадиа́ни Марсе́леи d рҿырԥшы. Урҭ хаҵеи-ԥҳәыси акгьы рыгӡамызт. Мадиан аԥара бзианы ирҳауан, насгьы дара иманшәалаз иԥшӡаз ауаҭах рыман. Аха дара еиҳаны Иегова имаҵ рулар рҭахын. Убри аҟынтә рыԥсҭазаара дырмариарц рыӡбеит. «Ҳара еиҳа имаҷны аԥара аныхра ҳалагеит — рҳәоит дара. — Еиҳа еиҵоу ауаҭах ахь ҳаиасит, ҳмашьынагьы ҳҭиит». Ирыхәҭазма Мадиани Марселеи убас аҟаҵара? Мап. Аха дара Анцәа имаҵ аура еиҳаны аамҭа азырклар рҭахын. Уи аҩыза аӡбара анрыдыркыла зеиԥшыҟам агәырӷьареи анасыԥи роуит.

6. Избан ақьырсианцәа ак мап ацәкра изазхиоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Иахьа ақьырсианцәа атеократиатә усқәа еиҳаны аамҭа рзыркларц азы ак мап ацәкра иазхиоуп (1 Кор. 9:3—6). Иегова ус аҟаҵара ҳадицалаӡом. Иара убас мап зцәаҳкуа ҽеиӡам ҳәагьы ҳазҳәаӡом. Иаҳҳәап, шьоукы мап ацәыркит зегь раасҭа ргәы ззыҳәоз аусура, ахатәы ҩны аахәара, ма ҩнатә ԥстәык анҵара. Аӡәырҩы макьана аҭаацәара иаламларц рыӡбеит, даҽа шьоукы ахшароура иахыццакӡом. Иҟоуп Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь ииасыз, рҭынхацәа ишырцәыхарахазгьы. Ҳара ҳхы ҳзамеигӡо Иегова зегьы иреиӷьу иаҳҭаларц ахьаҳҭаху азоуп. Агәра ганы шәыҟаз: Иегова имаҵ жәуларц азы мап зцәышәкуа закәызаалакгьы, — ихәыҷызаргьы, идузаргьы — уи ахә ҳаракны ишьоит (Аур. 6:10).

ЕГЬЫРҬ ШӘАХЬРЕИԤШЫМ ШӘАЦӘЫМШӘАЛАН

7. Иарбан уадаҩрақәоу аназореи дзықәшәар алшоз? (Ахыԥхьаӡарақәа 6:5). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 6:5. Аназореицәа рыхцәы шхырымҵәало Анцәа ажәа ирҭон. Убас дара иаадырԥшуан зегь рыла Иегова иҳәатәы ишацныҟәало. Ауаҩы акыраамҭа дназореизҭгьы, ихцәы зегьы ирбарҭахартә еиԥш иазҳауан. Аназореи Анцәа ииҭаз ажәа ауаа пату ақәырҵозҭгьы, иажәа анагӡара изымариахон. Аха израильтәи ажәлар рҭоурых аҿы аназореицәа пату анрықәрымҵоз аамҭақәагьы ыҟан. Аԥааимбар Амос ихаан Иегова даанзыжьыз израильаа аназореицәа аҩы рыдыргалон. Иҟалап уи зыҟарҵоз, аназореицәа Анцәа ирҭаз ажәа анагӡара ирԥырхагахарц азы акәызҭгьы (Ам. 2:12). Аназореи иажәа наигӡарц азы, насгьы егьырҭ ауаа дреиԥшымзарц азы агәымшәара ду аниҭахыз ыҟан.

Аназореи егьырҭ дахьреиԥшымыз дацәшәаӡомызт. (Шәахәаԥш абзац 7.)


8. Шәгәы шԥашьҭнахи иқәыԥшу Беньиамин ихҭыс?

8 Ҳара ҳаԥхашьаҩызаргьы, Иегова дҳацхраауеит егьырҭ ауаа ҳахьреиԥшым ацәымшәара. Ҳахәаԥшып Норвегиа инхо 10 шықәса зхыҵуа Иегова имаҵ зуа Бе́ньиамин дзықәшәаз. Ашкол аҿы Украина ишадгыло аадырԥшырц азы аиԥылара мҩаԥыргон. Ахәыҷқәа Украина абираҟ иеиԥшу амаҭәақәа рышәҵаны ашәа рҳәар акәын. Беньиамин уи иҽалеимырхәырц азы аиԥылара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ ааигәагьы дымнеирц иӡбеит. Аха арҵаҩы дгәалҭан, абас изҿылҭит: «Арахь уааины ашәа ҳацҳәа. Зегьы уара ҳаузыԥшуп!» Беньиамин дымшәаӡакәа днеин, абас леиҳәеит: «Ари аиԥылара аполитика иадҳәалоуп, убри аҟынтә сҽаласырхәӡом. Иегова ишаҳаҭцәа аӡәырҩы иахьымеибашьуа азы абахҭагьы иҭакуп». Арҵаҩы Беньиамин игәаанагара пату ақәҵаны, аиԥылара иҽалеимырхәырц азин илҭеит. Аха аҵара ицызҵоз ахәыҷқәа ашәа рыцҳәара зиҭахым иазҵаауа иалагеит. Беньиамин азныказы игәы аахыҭхыҭын, дамхаҵәыуарц егьигымхеит. Аха нас уеизгьы дымшәаӡакәа ахәыҷқәа зегьы рҿаԥхьа арҵаҩы илеиҳәахьаз дырҩегь иҳәеит. Уи ашьҭахь Беньиамин иҭаацәа ирзеиҭеиҳәеит Иегова ицхыраарала шакәу дымшәаӡакәа зыгәра иго аҳәара злаилшаз.

9. Дҳаргәырӷьалар шԥаҳалшо Иегова?

9 Ҳара Анцәа игәаԥхара наҳагӡаларц ҳаӡбеит, убри аҟынтә иааҳакәыршаны иҟоу ауаа ҳреиԥшӡам. Ашкол аҿы, насгьы аусураҿы Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу ҳҳәаларц азы агәымшәара ҳҭахуп. Ари адунеи аҿы иҟоу ауаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи еиҳа-еиҳа еицәахоит аҟынтә, абиблиатә принципқәа рыла анхара, насгьы ажәабжь бзиа аҳәара еиҳа-еиҳа иаҳцәыцәгьахалар ауеит (2 Тим. 1:8; 3:13). Аха ахаан ишәхашәмыршҭлан ҳара Анцәа имаҵ зымуа ауаа реиԥшымхара ҳанацәымшәо, Иегова дышҳаргәырӷьо (Ажәам. 27:11; Мал. 3:18).

ИЕГОВА ШӘЫԤСҬАЗААРАҾЫ РАԤХЬАТӘИ АҬЫԤ ААНИКЫЛАЛААИТ

10. Избан Ахыԥхьаӡарақәа 6:6, 7 рҿы иану адҵа аназореицәа рзы ԥышәара ӷәӷәахар залшоз?

10 Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 6:6, 7. Аназореицәа аԥсы иааигәара инеир ҟалаӡомызт. Раԥхьа уи уиаҟара ицәгьаӡам ҳәа угәы иаанагар алшоит. Аха абиблиатә аамҭақәа раан уи аназореи изы ԥышәара ӷәӷәахар алшон, еиҳараӡак изааигәаз аӡәы даныԥсуаз. Усҟантәи аамҭазы иҟаз аԥсыжра иадҳәалаз аҵасқәа инарықәыршәаны ауаҩы аԥсы иааигәара дыҟазар акәын (Иоанн 19:39, 40; Аус. 9:36—40). Аха аназореи Иегова ажәа ииҭахьан аҟынтә, уи аҵас анагӡара илшаӡомызт. Аназореицәа даараӡа иангәырҩозгьы, ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны, Анцәа ирҭаз ажәа нарыгӡон. Ҳәара аҭахума, Иегова гәыкала амаҵ зуаз урҭ аназореицәа ирӷәӷәон, уи аԥышәара ӷәӷәа ахгара дрыцхраарц азы.

11. Дзызхиазар акәзеи ақьырсиан иҭаацәара иадҳәалоу азҵаарақәа аниӡбо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Ҳара Иегова ҳҽанизаҳкуаз иаҳҭаз ажәа ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Уи ҳҭаацәараҿы ицәырҵуа азҵаарақәа шаҳаӡбо ианыруеит. Ҳара ҳҭаацәара рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәрақәа наҳагӡоит, аха дара ирҭаху Иегова иҳадиҵо аасҭа ихадахар ҳауӡом (Матф. 10:35—37; 1 Тим. 5:8). Зны-зынлагьы Иегова дҳаргәырӷьаларц азы ҳҭынхацәа иргәамԥхо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар акәхоит.

Шәазхиоума шәара иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раангьы шәыԥсҭазаараҿы Иегова раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылара? (Шәахәаԥш абзац 11.) e


12. Ихы шԥамҩаԥигеи Александру иҭаацәараҿы ауадаҩра анцәырҵ?

12 Абар Алекса́ндру иԥшәма Дори́неи иареи рҿырԥшы. Дара шықәсык аҟара Абиблиа рҵон. Уи ашьҭахь Дорина Абиблиа аҵара даҟәыҵырц лыӡбеит, Александругьы даҟәылхырц лҭахын. Аха иара дшаҟәымҵуа хаала илеиҳәеит. Дорина уи лгәамԥхаӡеит, насгьы дылԥырхагахарц азы иааҟалымҵоз ҳәа акгьы ыҟаӡамызт. Александру иҳәоит ус лхы зымҩаԥылгоз аилкаара шиҭахыз, аха уи шымариамыз. Зны-зынла лыкритикеи лҵәылхрақәеи ирыхҟьаны Абиблиа аҵара каижьырцгьы иҭахын. Аха уеизгьы Александру иԥсҭазаараҿы Иегова раԥхьатәи аҭыԥ аҿы диргылон, насгьы иԥшәма лахь абзиабареи апатуқәҵареи ааирԥшуан. Аҵыхәтәаны иҿырԥш бзиа Дорина дырҩегь Абиблиа аҵара алагара лгәазҭанаҵеит, аамҭак ашьҭахь аӡгьы лыҽӡаалхит. (Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы иҟоу арубрика «Аҵабырг ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҟны иаагоу авидеонҵамҭа «Александруи Доринеи Векар. „Абзиабара ачҳара амоуп, иқьиоуп“».)

13. Ишԥаҳалшо Иеговагьы ҳҭаацәара иатәугьы бзиа ишаҳбо дҳарбалар?

13 Иегова аҭаацәара аԥиҵеит, насгьы аҭаацәарақәа рҿы агәырӷьара ыҟазарц иҭахуп (Еф. 3:14, 15). Анасыԥҵәҟьа ҳамазарц азы Иегова иҳаиҳәо ҟаҳҵалароуп. Шәҭаацәара иатәу шәреиҷаҳала, насгьы урҭ рахь абзиабареи апатуқәҵареи аашәырԥшла (Рим. 12:10). Агәра ганы шәыҟаз Иегова дшәыргәырӷьаларц азы ижәбо аџьабаа ахә ҳаракны ишишьо.

АНАЗОРЕИЦӘА ШӘРЕИԤШХАРЦ АЗЫ АӠӘИ-АӠӘИ ШӘЕИЦХЫРААЛА

14. Изҭахыда еиҳараӡак агәышьҭыхра?

14 Иахьа Иегова имҩа ианыло ауаа иара бзиа дырбоит азы ак мап ацәкра иазхиоуп. Зны-зынла уи мариаӡам. Ишԥаҳалшо ҳара-ҳара ҳаицхыраалар? Ҳгәы шьҭибахлароуп (Иов 16:5). Иҟоума шәеизараҿы Иегова изы еиҳаны иҟарҵаларц азы зыԥсҭазаара армариара иашьҭоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ижәдыруама, уи шымариамгьы, ашкол аҿы егьырҭ реиԥшымхара иацәымшәо иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Иаҳҳәар ҳалшозеи рҭаацәарақәа рҿы иахьырҿагыло азы Анцәа изиашаны аанхара ззымариам аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ма Абиблиа зҵо ауаа рзы? Убас еиԥш агәымшәара аазырԥшуа, насгьы Иегова изы зхы иамеигӡо имаҵзуҩцәа арҽхәара иаԥсоуп. Шәааи урҭ ргәы ашьҭыхразы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап (Флм. 4, 5, 7).

15. Ишԥарыцхраауеи шьоукы заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

15 Зны-зынла заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи џьара акала ҳрыцхраалар ауеит (Ажәам. 19:17; Аур. 13:16). Убас ауп Шри-Ланка инхо зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа ишыҟалҵазгьы. Лтәанчахәы ианацырҵа, пионерс амаҵ зуа аԥара иадҳәалаз ауадаҩрақәа зызцәырҵыз ҩыџьа иқәыԥшыз аиҳәшьцәа дрыцхраарц лыӡбеит. Лара илҭахӡамызт урҭ рмаҵзура аанрыжьырц. Убри аҟынтә рҭелқәа аԥара ҭарҵаларц азы есымза иаҭахыз аԥара рылҭо далагеит. Шаҟа ҟазшьа бзиоузеи уи аиаҳәшьа иаалырԥшуа!

16. Иаҳнарҵозеи аназореицәа рҿырԥшы?

16 Акы мап ацәкра иазхиаз аназореицәа аҿырԥш бзиа ҳарҭеит! Уи адагьы, аназореицәа Анцәа ирҭоз ажәа жәҩантәи Ҳаб, Иегова, еиӷьны иеилкаара иҳацхраауеит. Иара агәра ганы дыҟоуп ҳара гәыкала дҳаргәырӷьалар шаҳҭаху, насгьы ҳҽанизаҳкуаз иаҳҭаз ажәа инақәыршәаны ҳанхаларц азы ак мап ацәкра ҳшазхиоу. Анцәа бзиа дшаҳбо злааҳарԥшлаша ҳхаҭа иҳаӡбаларц алшара ҳаиҭеит. Убас аҳаҭыр ду ҳаҭәеишьеит (Ажәам. 23:15, 16; Марк 10:28—30; 1 Иоанн 4:19). Аха иара изы акы мап ацәкра ҳаназхиоу, иара уи гәеиҭоит, ахәгьы ҳаракны ишьоит. Убри аҟынтә шәааи ҳхы ҳамеигӡакәа Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Излоубарҭоузеи аназореицәа рхы ишамеигӡоз, насгьы агәымшәара шрылаз?

  • Ишԥаҳалшо аназореицәа ҳреиԥшхарц азы аӡәи-аӡәи ҳаицхыраалар?

  • Ишԥаанарԥшуеи аназореицәа ирықәырҵоз аҿаҭахьа Иегова имаҵзуҩцәа рыгәра шиго?

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

a Иҟан Иегова ихаҭа назореицәас иалихыз ԥыҭҩык ауаа. Аха еиҳараӡак назореицәас иҟаз хатәгәаԥхарала уи аҩыза аӡбара здызкылоз израильаа ракәызҭгьы ҟалап. (Шәахәаԥш арамка « Иегова иалихыз аназореицәа».)

b Зны-зынла ҳпубликациақәа рҿы заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа Иегова имаҵзуҩцәа аназореицәа ирҿырԥшуп. Аха ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит иӡааху Иегова имаҵзуҩцәа зегьы аназореицәа излареиԥшу.

c Абжьааԥны аҿаҭахьа аназореи усурак анагӡара иднаҵаӡомызт.

d Шәахәаԥш асаит jw.org аҿы арубрика «Случаи из жизни Свидетелей Иеговы» аҟны иаагоу астатиа «Мы решили упростить свою жизнь».

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аназореи аҩнахыб аҟынтә аԥсыжра ицо дрыхәаԥшуеит. Иҭаацәара иатәыз даара бзиа иибоз аӡә дыԥсит. Аха иқәиҵаз аҿаҭахьа иахҟьаны аԥсы иааигәа дызнеиӡом.