Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа иҿыцу ҩыџьа аишьцәа

Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа иҿыцу ҩыџьа аишьцәа

АХАШАҼНЫ, ианвар 18, 2023 шықәсазы асаит jw.org аҿы иҷыдоу лаҳәарак цәырҵит. Уа иҳәан аишәцәа Геиџь Флигли Џьеффри Уиндери Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак аҿы амаҵ шыруло. Акыршықәса ҵуеит аишьцәа рҩыџьагьы гәыкала Иегова имаҵ руеижьҭеи.

Геиџь Флигл иԥшәма Надиеи иареи

Аиашьа Флигл изҳаит Еиду Аштатқәа, аштат Пенсильваниа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы, Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәара аҟны. Иара данхбыџыз иҭаацәара ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхоз қалақь хәыҷык ахь нхара ииасит. Уи ашьҭахь хара имгакәа, ноиабр 20, 1988 шықәсазы иара аӡы иҽӡааихит.

Аиашьа Флигл иҭаацәа иаамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазикларц игәазҭарҵон. Дара араион ахылаԥшыҩцәеи Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи лассы-лассы ирыдыркылон. Геиџь ибон урҭ шаҟа агәырӷьара рымаз. Иара аӡы иҽанӡааих ашьҭахь шықәсыкгьы мҵӡацызт еиԥш, сентиабр 1, 1989 шықәсазы пионерс амаҵ аура далагеит. Ҩышықәса рышьҭахь, октиабр мза, 1991 шықәсазы, иара Бруклин Вефиль аҿы амаҵ аура далагеит, уа 12 шықәса анихыҵуаз аахыс амаҵ иулар иҭахын.

Вефиль аҿы аиашьа Флигл аа-шықәса ацәахҟьаратә цех аҿы амаҵ иуан, нас амаҵзуратә ҟәшахьы дрышьҭит. Усҟан иара шықәсқәак рыҩныҵҟа аурыс еизараҿы дыҟан. 2006 шықәсазы иара Надиа зыхьӡу аиаҳәшьа ԥҳәысс дигеит, уи ашьҭахь ларгьы Вефиль аҿы амаҵ аура далагеит. Дара апортугал бызшәала иҟаз аизараҿы амаҵ руан, нас 10 шықәса инареиҳаны — аиспан бызшәала иҟаз аҿы. Аиашьа Флигл амаҵзуратә ҟәшаҿы акыршықәса амаҵ аниу ашьҭахь, Арҵаратә комитет абиуро ахь диаргеит, ԥыҭрак ашьҭахь — Амаҵзуратә комитет абиуро ахь. Март мза, 2022 шықәсазы иара Анапхгаратә хеилак амаҵзуратә комитет ацхырааҩыс дҟалеит.

Џьеффри Уиндер иԥшәма Анџьелеи иареи

Аиашьа Уиндер диит ақалақь Маррие́та (аштат Калифорниа, Еиду Аштатқәа) аҿы. Иара Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы изҳаит, насгьы март 29, 1986 шықәсазы аӡы иҽӡааихит. Иааиуаз амзазы иара ицхырааҩу пионерс амаҵ аура далагахьан. Иара уи амаҵзура даара игәаԥхеит, ааныжьрагьы игәы иҭаӡамызт. Мызқәак рышьҭахь, октиабр 1, 1986 шықәсазы аиашьа Уиндер пионерс амаҵ аура далагеит.

Џьеффри данхбыџыз, Вефиль аҿы амаҵ зуаз ҩыџьа иашьцәа ибарц дцеит. Уи ашьҭахь иара Вефиль аҿы амаҵ иулар иҭаххеит. Џьеффри иӡбеит уи амаҵзура даҵанакуа даныҟалалак, иаразнак арзаҳал хаирҭәаарц. Маи мза, 1990 шықәсазы иара Уолкиллҟа Вефиль ахь ааԥхьара ирҭеит.

Уа аиашьа Уиндер ацқьара аҟәшаҿы, афермаҿы, насгьы Вефиль абиуро аҿы амаҵ иуан. 1997 шықәсазы иара А́нџьела зыхьӡу аиаҳәшьа ԥҳәысс дигеит, уи аахыс рҩыџьагьы Вефиль аҿы амаҵ руеит. 2014 шықәсазы дара Уорвикҟа ииаргеит. Уа аиашьа Уиндер адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа аргылараҿы ацхыраара ҟаиҵон. 2016 шықәсазы дара Паттерсон иҟоу Ахьчаратә бааш арҵаратә центр ахь ииасит. Уа аиашьа Уиндер аудионҵамҭақәеи авидеонҵамҭақәеи аус ахьрыдыруло аҟәшаҿы амаҵ иуан. Ԥшьышықәса рышьҭахь дара Уорвикҟа ихынҳәит, насгьы аиашьа Уиндер Акадрқәа ркомитет абиуро аҿы амаҵ аура далагеит. Март мза, 2022 шықәсазы иара Анапхгаратә хеилак акадрқәа ркомитет ацхырааҩыс дҟалеит.

Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит «ҳамҭаҵас иҳаиҭ[аз]» урҭ ахацәа рзы, насгьы Иегова ҳиҳәоит Аҳра аус азы ирбо аџьабаа меигӡарахда дазылԥхарц (Еф. 4:8).