Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Иаҳәозеи Абиблиа Иегова аԥхьаҟа иҟало аҳәаразы имоу алшара иазкны?

Абиблиа ибзианы иҳаилнаркаауеит Иегова аԥхьаҟа иҟало иҳәар шилшо (Ис. 45:21). Аха уи алшара ихы ишаирхәо, ианаирхәо, насгьы шаҟа ихараны дыԥшуа иазку акәамаҵамарақәа зегь аҳәаӡом. Убри аҟынтә уи азҵаара аҭак аахҵәаны иҳазҳәаӡом. Аха иаҳдыруагьы ак ыҟоуп.

Иегова иара ихазы ишьақәиргылаз аҳәаақәа рыда даҽа ҳәаак иара изы иҟаӡам. Анцәа аҟәыӷара ду имоуп, насгьы изакәызаалак иазкны ԥхьаҟа иҟало иҳәар илшоит (Рим. 11:33). Уи адагьы, иара инаӡоу аҽынкылара имоуп, убри аҟынтә ԥхьаҟа иҟало акы еилимкаарц иӡбар илшоит. (Иаҿшәырԥш Исаиа 42:14.)

Иегова ииҭаху ҟалартә иҟаиҵоит. Ишԥадҳәалоу уи ԥхьаҟа иҟало аҳәаразы имоу алшара? Исаиа 46:10 аҿы иануп: «Сара аханатә аахыс исҳәоит аҵыхәтәаны иҟало, ажәытәтәи аамҭақәа раахыс — иҟамлац атәы. Сара исҳәоит: „Сыгәҭакы наӡоит, насгьы сгәаԥхара иаҵанакуа зегьы ҟасҵоит“».

Иегова ԥхьаҟа иҟало аҳәара злаилшо амзызқәа руак — уи иара игәы иҭеикыз зегь анагӡаразы амч ахьимоу ауп. Иаҳҳәап, афильм зланҵәо еилаҳкаарц ҳҭахызар, ирццакны ԥхьаҟа иаҳгар ҳалшоит. Аха Иегова иҟалараны иҟоу ахҭысқәа еиликаарц азы нҵамҭак дахәаԥшуашәа ирццакны ԥхьаҟа игаӡом. Иара иазалху аамҭазы иҟалар ахәҭоу ахҭыс иӡбоит, анаҩс ииҳәаз ианаамҭоу инаӡартә еиԥш ахҭысқәа ахырхарҭа риҭоит (Ақәҵ. 9:5, 6; Матф. 24:36; Аус. 17:31).

Убри аҟынтә Абиблиаҿы ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазкны Иегова игәы иҭеикыз атәы анаҳәо, уажәтәи аиҭагақәа рҿы рхы иадырхәоит «исыӡбеит», «сгәы иҭаскит», насгьы «архиара саҿуп» реиԥш иҟоу ажәақәа (2 Аҳ. 19:25; Ис. 46:11; Иер. 18:11). Аоригинал бызшәаҿы арҭ аҟаҵарбақәа ажәа «аԥҳалҟаҵаҩ» иазааигәоуп (Иер. 18:3, 4). Аԥҳалҟаҵаҩ бзиа ҽыҭк анышәаԥшь аваза ԥшӡа алихыр шилшо еиԥш, Анцәагьы игәы иҭеикыз наигӡарц азы ахҭысқәа реиҿкаара ма ахырхарҭа рыҭара илшоит (Еф. 1:11).

Иегова ауаҩы алхразы имоу ахақәиҭра пату ақәиҵоит. Анцәа ауаа алахьынҵа риҭаӡом: иара ауаа абзиара аҟаҵара рыдицалаӡом, рықәгарахь иназго аус бааԥсқәагьы дирҟаҵаӡом. Иегова аԥсҭазааратә мҩа ҳхаҭа иалаҳхыртә алшара ҳаиҭоит, аха убри аамҭазгьы ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц ҳаиҳәоит.

Ҳрылацәажәап ҩ-ҿырԥштәык. Раԥхьа ҳалацәажәап Ниневиа инхоз ауаа рыӡбахә. Дара цәгьамзар бзиа руӡомызт, убри аҟынтә Иегова заа иреиҳәеит рықалақь шықәиго. Аха русқәа ианрыхьхәы, «иӡбара иԥсахит, насгьы зыӡбахә иҳәахьаз арыцҳара иақәимыршәаӡеит» (Иона 3:1—10). Иегова иӡбара иԥсахит, избанзар дара ириҭаз агәҽанҵара иазыӡырҩит.

Аҩбатәи аҿырԥшы — уи Кир зыхьӡыз аибашьҩы изку аԥааимбаражәа ауп. Иԥшьоу Аҩыраҿы заа иҳәан иара итҟәаны иҟаз ауриацәа ахақәиҭра шриҭо, насгьы Иегова иныҳәарҭа аиҭашьақәыргыларазы адҵа шыҟаиҵо (Ис. 44:26—45:4). Уи аԥааимбаражәа Персиа аҳ, Кир, инаигӡеит (Езд. 1:1—4). Иара Ҳазшаз Анцәа имаҵ шимуазгьы, Иегова аԥааимбаражәа анагӡаразы ихы даирхәеит (Ажәам. 21:1). Аха Анцәа Кир иара имаҵ иуларц идицалаӡомызт.

Ҳәарада, Иегова аԥхьаҟа иҟало аӡбахә аниҳәо дызхәаԥшуа афакторқәа зегь реилкаара ҳалшаӡом. Аӡәымзар-аӡәы аҵыхәтәанынӡа иара ихәыцрақәа изеилкааӡом (Ис. 55:8, 9). Ишыҟазаалакгьы, Анцәа иаҳзааиртыз ҳхаҵара арӷәӷәоит — еснагь ииашаны ихы шымҩаԥиго, аԥхьаҟа иҟало иазкны акы аниҳәогьы уахь иналаҵаны.