Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ижәдыруама шәара?

Ижәдыруама шәара?

Избан Абиблиаҿы жәақәаки фразақәаки зныкымкәа изеиҭаҳәо?

АНЦӘА Абиблиа аҩра знапы ианиҵаз ауаа зны-зынла фразақәак еиҭарҳәон. Еилаҳкаап уи зыхҟьар алшоз х-факторк.

Аамҭа. Ажәытәан Израиль инхоз ауаа реиҳараҩык азакәан акопиа рымаӡамызт. Еиҳарак дара азакәан иазыӡырҩуан, иԥшьоу ақьала аԥхьа ианеизоз. Ԥыҭрак ашьҭахь азакәан иазыӡырҩырц азы аныҳәарҭа аԥхьа еизо иалагеит (Ҩынтә. 31:10—12). Ауаа ршьапы иқәгыланы сааҭқәак рыҩныҵҟа иӡырҩуан (Неем. 8:2, 3, 7). Ҳәарада, уа ирԥырхагахар алшоз абжьқәа рацәан. Аха ихадаз афразақәеи ажәақәеи зныкымкәа иахьеиҭарҳәоз абзоурала, израильаа Анцәа изакәани иԥҟарақәеи ргәынкылареи рхархәареи еиҳа ирзымариан (Алев. 18:4—22; Ҩынтә. 5:1).

Аформа. Абиблиа иану аҟынтә 10 процентк — уи ашәақәа роуп, иаҳҳәап, Аԥсаломқәа рышәҟәы, Соломон иашәа, насгьы Аҵәыуара. Ашәақәа рҿы зны-зынла ахапа ыҟан. Уи ашәа атема иаҵнашьуан, насгьы иӡырҩуаз ажәақәа ргәынкылара ирыцхраауан. Иаҳҳәап, шәахәаԥш Аԥсалом 115:9—11: «Израиль, Иегова уиқәгәыӷла, иара уцхырааҩи уԥыраки иоуп. Аарон ихылҵыз, Иегова шәиқәгәыӷла, иара шәыцхырааҩи шәԥыраки иоуп. Иегова ицәшәо, Иегова шәиқәгәыӷла, иара шәыцхырааҩи шәԥыраки иоуп». Ашәа зҳәоз арҭ ажәақәа ахьеиҭарҳәоз абзоурала, ихадаз аҵабыргқәа бзианы игәныркылон, ргәаҵанӡагьы инеиуан.

Ахықәкы. Абиблиа зыҩуаз зны-зынла ихадаз афразақәа зныкымкәа еиҭарҳәон, ауаа ихадоу азхәыцрақәа ирызхьадырԥшырц азы. Убас, Иегова израильаа ашьа шәымфалан ҳәа анреиҳәа, иара Моисеи игәазҭеиҵеит уи аԥҟара зныкымкәа еиҭеиҳәарц. Анцәа иаҵшьны иазгәеиҭар иҭахын зыԥсы ҭоу ашамҭақәа зегь рыԥсҭазаара ашьа ишалоу; даҽакала иуҳәозар, ашьа аԥсҭазаара шаанарԥшуа (Алев. 17:11, 14). Ԥыҭрак ашьҭахь, Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи ақьырсианцәа Анцәа иргәырӷьаразы иҟарымҵалар рыхәҭоу аӡбахә анырзырыҩуаз, дара дырҩегь иаҵшьны иазгәарҭеит ашьа аҽацәыхьчара даара ишхадоу (Аус. 15:20, 29).

Иегова ҳамхәыцӡакәа Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә ацыԥҵәахақәа реиҭаҳәара шьцыларас ишьҭаҳхыр иҭахӡамызт. Иаҳҳәап, иара Иԥа абас иҳәеит: «Анцәа шәаниҳәо... ишәҳәац еиҭашәымҳәалан» (Матф. 6:7). Анаҩс иара еиқәиԥхьаӡеит Анцәа игәҭакы инақәыршәаны ҳзызиҳәалар ҳалшо (Матф. 6:9—13). Убри аҟынтә ҳаҳәарақәа рҿы иаҳҳәац ажәақәа еиҭаҳҳәаӡом, аха ҳзызиҳәо азы зныкымкәа ҳиҳәалар ҳалшоит (Матф. 7:7—11).

Ҳәарада, Анцәа иара Иажәаҿы жәақәаки фразақәаки реиҭаҳәаразы амзызқәа иман. Уи иҳахәаша ҳзырҵо Зегь иреиҳау ҳамҩақәҵаҩ аҵара злаҳирҵо азнеишьақәа ируакуп (Ис. 48:17, 18).