Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

ИХӘАРҬОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА

Шәхы иашәырхәар шәылшо зыхә ҳараку азхәыцрақәа шәыԥшаала

Шәхы иашәырхәар шәылшо зыхә ҳараку азхәыцрақәа шәыԥшаала

Ҳара Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы уи анҭаҳҵаауа зыхә ҳараку азхәыцрақәа ҳаԥшаар ҳалшоит. Иҟаҳҵар ҳалшозеи Анцәа Иажәа аԥхьара еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагаларц азы?

Иҵауланы иҭышәҵаала. Акәамаҵамарақәа шәырзааҭгылала. Иаҳҳәап, еилышәкаа шәзыԥхьо ацыԥҵәаха зҩыз дызусҭоу, уи аниҩыз, насгьы изакәытә ҭагылазаашьаз иҟаз. Иззырҩыда уи? Иарбан хҭысқәоу уи рҩаанӡа, насгьы ианырыҩ ашьҭахь иҟалаз?

Уи ишәнарҵо шәазхәыц. Абарҭ азҵаарақәа шәхы иашәҭ: «Иарбан цәаныррақәоу ирымаз сзыԥхьо ацыԥҵәахаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа? Иарбан ҟазшьақәоу урҭ иаадырԥшуаз? Иарбан ҟазшьақәоу исыласааӡаларц исҭаху, иарбан икасыжьырц исҭаху, насгьы избан?»

Еилышәкаауа шәхы иашәырхәала ажәабжьҳәараҿы, насгьы абжьааԥны шәыԥсҭазаараҿы. Убасҟан ибзианы еилышәкаауеит Иисус зыӡбахә иҳәоз: «Убас ҟашәҵалар, насыԥ шәымазаауеит» (Иоанн 13:17).

  • Алабжьара. Иазгәашәҭ аусура амшқәа раан имҩаԥысуа аиԥылараҿы апункт «Анцәа Иажәа аҟынтә ахазынақәа» ахәҭак аҿы еилаҳкаауа аԥсҭазаараҿы ҳхы ишаҳархәалаша шаҳнарбо. Уа иҟоуп шәхаҭара агәаҭареи азхәыцреи рзы азҵаарақәа, иара убас ибзианы иазхәыцны иалху асахьақәа. Уи зегьы аматериал ирацәаны ахәарҭа алгара иҳацхраауеит.