Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14

АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа

«Анаҩсгьы доуҳала ҳашәлароуп»

«Анаҩсгьы доуҳала ҳашәлароуп»

«Анаҩсгьы доуҳала ҳашәлароуп» (АУР. 6:1).

ЕИЛАҲКААУА

Ақьырсиан ихәыцрақәеи иусқәеи рыла Анцәа диргәырӷьаларц, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа идикылаларц азы доуҳала дышәхар шилшо.

1. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә?

 АҬААЦӘА рыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ргәы зырхыҭхыҭуа ахҭыс — уи ахәыҷы иира ауп. Дара рхәыҷы бзиа дшырбогьы, иара дшыӡҟу даанхар рҭахӡам. Ахәыҷы изымҳауазар, аҭаацәа уи хьаас иркуеит. Убас еиԥшҵәҟьа, раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵаны ақьырсиантә мҩа ҳананыло, Иегова дҳаигәырӷьоит. Аха иара иҭахӡам доуҳатә ӡҟцәаны ҳаанхарц, иара иҭахуп доуҳала ҳаизҳаларц (1 Кор. 3:1; 14:20).

2. Еилҳаргозеи ари астатиа аҿы?

2 Дзеиԥшра уаҩузеи доуҳала ишәу ақьырсиан? Иҟаҵалатәузеи доуҳала ишәу қьырсианны ҳҟаларц азы? Иарбан рольу уи аҿы икьакьоу адоуҳатә фатә инанагӡо? Насгьы избан ҳхы ҳақәымгәыӷцәалар зхадоу? Шәааи арҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәап.

ДЗЕИԤШРА УАҨУЗЕИ ДОУҲАЛА ИШӘУ АҚЬЫРСИАН?

3. Иҟаҵатәузеи доуҳала изызҳахьоу реиԥш ҳҟаларц азы?

3 «Изызҳахьоу» ҳәа Абиблиа аҿы еиҭагоу абырзен ажәа ишәу, аҵыхәтәанынӡа инагоу, ма ихарҭәаау ак аанарԥшуеит (1 Кор. 2:6) a. Ҳара изызҳахьоу ма доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалоит, доуҳатә ӡҟцәаны ҳаанымхар. Аха уи ахықәкы анынаҳагӡалак ашьҭахьгьы ҳара ҳаангылар ҟалаӡом (1 Тим. 4:15). Доуҳала ишәу қьырсианцәаны аҟалара зегьы ирылшоит, зынӡа иқәыԥшугьы уахь иналаҵаны. Излоудыруазеи ус еиԥш иҟоу ауаа?

4. Дызлоудыруазеи доуҳала ишәу ақьырсиан?

4 Доуҳала ишәу ақьырсиан — уи Анцәа изакәанқәа зегь бзиа избо, насгьы инасыгӡалои-инасмыгӡалои ҳәа урҭ еилызымхуа иоуп. Ҳәарада, иара дшынаӡам даанхоит, убри аҟынтә зны-зынла агхақәа ихьлоит. Аха уеизгьы иара ихәыцрақәеи иусқәеи Анцәа ддыргәырӷьаларц азы есыҽны ихы аус адиулоит. Иара цәаҩа ҿыцла иҽеилеиҳәеит, насгьы Анцәа ихәыцшьа еиҳа-еиҳа иҿиҵааларц азы илшо зегь ҟаиҵоит (Еф. 4:22—24). Идикыло аӡбарақәа Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи шьаҭас ирымоуп, убри аҟынтә аԥҟарақәа зну асиа ду иҭахӡам. Иара адисциплина имоуп, убри аҟынтә дызлагаз аҵыхәтәанынӡа инаигӡоит (1 Кор. 9:26, 27).

5. Иарбан шәарҭарақәоу доуҳала ишәым ақьырсиан дзықәшәар алшо? (Ефесаа 4:14, 15).

5 Доуҳала ишәым ақьырсиан ижьара мариоуп. Иара имцу ажәабжьқәеи уҳәан-сҳәани рзыӡырҩра игәаԥхоит, насгьы аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа рыпропаганда агәра игоит b. (Шәаԥхьа Ефесаа 4:14, 15.) Иара дшьыцуеит, аимак-аиҿак иҽалаигалоит, дгәаауеит, насгьы дхызхуа акы данақәшәо, уи аҿагылара ицәыуадаҩуп (1 Кор. 3:3).

6. Излеиԥшузеи ақьырсиан доуҳала дшеизҳауеи ахәыҷы ишизҳауеи? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Ишаҳҳәахьоу еиԥш, Абиблиа аҿы ақьырсиан доуҳала дшеизҳауа ахәыҷы ишизҳауа иаҿырԥшуп. Ахәыҷы аԥсҭазаараҿы аԥышәа имаӡам, убри аҟынтә иҭаацәа дрыхьчалароуп, насгьы иҟаиҵаша иарҳәалароуп. Иаҳҳәап, амҩа анеихҵәатәу ан лыӡӷаб хәыҷ лнапы лкуп. Аӡӷаб маҷк ианлызҳалак, ан лхала доулышьҭлоит, аха лгәылҽанызарц лалҳәалоит. Ианлызҳалак, машәырда амҩа шеихҵәатәу лхаҭа илдыруазаауеит. Доуҳала ишәым ақьырсианцәа ахәыҷқәа ирҩызцәоуп. Урҭ адоуҳатә шәарҭарақәа рҽырцәырыхьчаларц азы, насгьы иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркылаларц азы лассы-лассы доуҳала ишәу ақьырсианцәа рыцхыраара рҭахуп. Доуҳала ишәу ақьырсианцәа ракәзар, рхала аӡбарақәа рыдыркылоит. Урҭ Иегова игәаанагара еилыркаарц азы абиблиатә принципқәа ирызхәыцуеит, анаҩс урҭ инарықәыршәаны рхы мҩаԥыргоит.

Ауаҩы доуҳала дышәны дҟаларц иҭахызар, абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны аӡбарақәа идкылашьа иҵароуп. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Ирҭахума доуҳала ишәу ақьырсианцәагьы егьырҭ рыцхыраара?

7 Иаанагома уи доуҳала ишәу ақьырсиан зынӡа ацхыраара иҭахӡам ҳәа? Мап. Иаргьы алабжьара даҳәар алшоит. Аха иара дазыԥшӡам егьырҭ иҟаиҵаша иарҳәоит ҳәа, насгьы иара изы аӡбара рыдыркылоит ҳәа. Доуҳала ишәу ақьырсиан еиликаауеит аҭакԥхықәра зду иара шиакәу, насгьы «иеидара [дшаҵоу]» (Гал. 6:5).

8. Еиԥшызар аума доуҳала ишәу ақьырсианцәа зегьы? Иҳаилшәыркаа.

8 Изызҳахьоу ауаа зегьы ԥшрала еиԥшӡам. Убас еиԥш доуҳала ишәу ақьырсианцәагьы еиԥшӡам. Шьоукы аҟәыӷара рылоуп, егьырҭ агәымшәара. Аӡәы дҳалалуп, егьи ауаҩы дизааигәоуп. Уи адагьы, еиԥшу аҭагылазаашьақәа рҿы ҩыџьа доуҳала ишәу ақьырсианцәа еиԥшым аӡбарақәа рыдыркылар рылшоит, аха урҭ рыҩ-ӡбарак Абиблиа иаҳәо иақәшәалоит. Лассы-лассы ус иҟалалоит ҳаламыс ишаҵанакуа еиԥш аӡбарақәа анҳадаҳкыло. Уи еилаҳкаауазар, егьырҭ ирыдыркыло аӡбара ҳара иҳадаҳкыло иеиԥшымзаргьы, урҭ ҳрықәыӡбалаӡом. Уи аҭыԥан, иҳабжьо акзаара ҳаԥырхагамхарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит (Рим. 14:10; 1 Кор. 1:10).

ИҞАҴАЛАТӘУЗЕИ ДОУҲАЛА ИШӘУ ҚЬЫРСИАННЫ ҲҞАЛАРЦ АЗЫ?

9. Иҳалшома доуҳала аизҳара, акгьы ҟаҳамҵозар? Иҳаилшәыркаа.

9 Ахәыҷы изҳаларц азы акгьы ҟаиҵаӡом. Аха доуҳала ҳаизҳаларц азы аџьабаа ҳбалар ауп. Иаҳҳәап коринфаа агәырӷьажәабжь рыдыркылеит, аӡы рыҽӡаархит, иԥшьоу адоуҳагьы роуит. Уи адагьы, урҭ апостол Павел хаҭала аҵабырг дирҵон (Аус. 18:8—11). Аха аӡы рҽанӡаарх ашьҭахь шықәсқәак анҵы урҭ рҟынтә аӡәырҩы уеизгьы доуҳала имеизҳаӡацызт (1 Кор. 3:2). Иҟаҳҵалар акәзеи ҳаргьы ус ҳмыхьырц азы?

10. Излалагозеи адоуҳатә еизҳара? (Иуда 20).

10 Доуҳала ҳаизҳарц азы уи ҳхаҭа иаҳҭаххароуп. Зегь рыгәра зго ма аԥышәа змам реиԥш аҟазаара згәаԥхо ауаа доуҳатә ӡҟцәаны иаанхоит (Ажәам. 1:22). Ҳара иаҳҭахӡам изызҳахьоу, аха аӡбарақәа иара иҭыԥан иҭаацәа ирыдыркылаларц зҭаху ауаҩы ҳиеиԥшзарц. Ҳара иаҳҭахуп доуҳала аизҳаразы аҭакԥхықәра зду ҳара шҳакәу еилаҳкаалар. (Шәаԥхьа Иуда 20.) Аус здаҳулаша ак шыҟоу гәаҳҭазар, шәааи Иегова уи азы «агәаҳәареи амчи» ҳаиҭарц ҳиҳәалап (Флп. 2:13).

11. Дышԥаҳацхраауеи Иегова доуҳала аизҳара? (Ефесаа 4:11—13).

11 Ҳәарада, Иегова игәы иаанагаӡом доуҳала аизҳаразы аӡәы ицхыраара ада, ҳхала аџьабаа ҳбалароуп ҳәа. Иара ақьырсиантә еизаразы ахьчацәеи арҵаҩцәеи алихит. Урҭ аишьцәа ҳацхраауеит зегь рыла «Христос иеиԥш ҳашәны» аҟалара. (Шәаԥхьа Ефесаа 4:11—13.) Иара убас «Христос ихәыцшьа» ҳамазарц азы Иегова иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭоит (1 Кор. 2:14—16). Уи адагьы, ҳара ԥшь-Евангелиек ҳамоуп, урҭ рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иисус адгьыл аҿы данынхоз дышхәыцуаз, дышцәажәоз, насгьы ихы шымҩаԥигоз. Иара ихәыцшьа иҿаҳҵаалар, насгьы иара иеиԥш ахымҩаԥгара ҳҽазаҳшәалар, ҳхықәкы наҳагӡоит — доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалоит.

ИКЬАКЬОУ АДОУҲАТӘ ФАТӘ ИНАНАГӠО АРОЛЬ

12. Изакәызеи «аԥхьанатә иҳауз Христос изку аҵарақәа»?

12 Доуҳала ҳаизҳарц азы «аԥхьанатә иҳауз Христос изку аҵарақәа» рҿы, даҽакала иуҳәозар, ихадоу ақьырсиантә ҵарақәа рҿы, ҳаанымгылалароуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, ахьхәра, ахаҵара, аӡӡаахра, насгьы аԥсҭалара (Аур. 6:1, 2). Ақьырсианра урҭ аҵарақәа шьаҭас иамоуп. Убри азоуп апостол Пиотр Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны ажәабжь аниҳәоз, урҭ аҵарақәа рыӡбахә зиҳәоз (Аус. 2:32—35, 38). Христос иҵаҩцәа ҳакәны ҳҟаларц азы ҳара ихадоу урҭ аҵарақәа рыгәра ҳгароуп. Иаҳҳәап, Павел еилыкка иаҳирбеит аԥсҭалара агәра ҳамгозар, ииашаҵәҟьоу қьырсианцәаны ҳашзыҟамло (1 Кор. 15:12—14). Аха ихадоу аҵарақәа ирызку адыррақәа анҳаулак, уа ҳаанымгылароуп.

13. Иҟаҳҵалар акәзеи Ауриацәа 5:14 аҿы зыӡбахә ану икьакьоу адоуҳатә фатә ахәарҭа ҳзаанагаларц азы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

13 Икьакьоу адоуҳатә фатә аԥхьанатә иҳауз аҵарақәа иреиԥшӡам. Уи Иегова изакәанқәа рыдагьы, иара дышхәыцуа аилкаара иҳацхраауа апринципқәагьы аҵанакуеит. Уи афатә ахәарҭа ҳзаанагаларц азы Абиблиа ҭҵаалатәуп, ҳзыԥхьо иазхәыцлатәуп, насгьы еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәаларц азы иҳалшо зегь ҟаҵалатәуп. Убасҟан Иегова дзыргәырӷьало аӡбарақәа рыдкылашьа ҳҵоит c. (Шәаԥхьа Ауриацәа 5:14.)

Икьакьоу адоуҳатә фатә анаҳфо, Иегова дзыргәырӷьо аӡбарақәа рыдкылашьа ҳҵоит. (Шәахәаԥш абзац 13.) d


14. Дышԥарыцхрааи Павел коринфаа доуҳала аизҳара?

14 Зҵаарак аганахь ала иалкааны закәанк аныҟам, насгьы апринципқәа рызхәыцра анаҭаху доуҳала ишәым ақьырсианцәа аӡбарақәа рыдкылара рцәыуадаҩуп. Шьоукы ирыԥхьаӡоит убас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ишырҭаху рхы мҩаԥыргалар рылшоит ҳәа. Егьырҭ ирҭахуп, уи аҩыза аҭахра аныҟамгьы, ԥҟарак шьақәыргыланы иҟазарц. Коринф инхоз ақьырсианцәа ауаа анцәахәқәа ирызнаргоз афатәқәа ҳфалар ҟалоу-иҟамлоу ҳәа Павел ианиазҵаауаз, ԥҟарак шьақәиргылар рҭахызҭгьы ҟаларын. Аха уи аҭыԥан Павел иргәалаиршәеит аламыс рольс инанагӡо, насгьы ауаа зегь ахақәиҭра шрымоу. Иара принципқәак дрылацәажәеит, насгьы урҭ рыцхыраарала идирбеит аӡбарақәа анудукыло, уламыс иаҵанамкуа шыҟаумҵалаша, насгьы егьырҭ зыхҟьашо хаҳәны ушыҟамлаша (1 Кор. 8:4, 7—9). Павел иҭахын дара ауаа ргәаанагареи аԥҟарақәеи ракәымкәа, Анцәа Иажәа иақәгәыӷларц. Убасҟан дара доуҳала ишәу қьырсианцәаны иҟалон.

15. Дышԥарыцхрааи Павел иауриаз ақьырсианцәа анаҩсгьы доуҳала аизҳара?

15 Павел иауриаз ақьырсианцәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы ихадоу даҽа уроккгьы ҳаԥшаауеит. Урҭ рҟынтә шьоукы доуҳала аизҳара иаҟәыҵит, убри аҟынтә Павел абас рзиҩит: «Макьана хшыла иааӡатәқәоу шәоуп, икьакьоу [адоуҳатә] фатә афара шәцәыуадаҩуп» (Аур. 5:12). Дара Иегова аизара ала хәыҷы-хәыҷла иааиртуаз иҿыцыз аилкаара инақәыршәаны инхаӡомызт (Ажәам. 4:18). Иаҳҳәап, ауриацәа аӡәырҩы Моисеи изакәан ишықәныҟәац иқәныҟәон, Иисус дыԥсижьҭеи, насгьы уи азакәан аҟәихижьҭеи 30 шықәса раҟара шыҵхьазгьы (Рим. 10:4; Тит 1:10). Ҳәарада, ажәытәтәи ааныжьразы 30 шықәса маҷӡамызт! Убри аҟынтә Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи зыӡбахә рзиҩуаз иҵаулоу аҵабыргқәа реилкаара дрыцхраарц иҭахын. Убри акәын урҭ ақьырсианцәа ирҭахыз, уаанӡа Анцәа ишимҵахырхәоз аасҭа уажәы ишимҵахырхәо еиҳа ишеиӷьу агәра ргарц азы. Уи рыцхраауан аиудеиаа шырҿагылозгьы, имшәаӡакәа ажәабжь аҳәара (Аур. 10:19—23).

ШӘХЫ ШӘАҚӘЫМГӘЫӶЦӘАЛАН

16. Иҟаиҵалар акәзеи ақьырсиан доуҳала ишәу уаҩны даныҟалалак ашьҭахь?

16 Ҳара доуҳала ишәу қьырсианцәаны ҳҟалароуп, аха уи аҿы ҳаанымгылароуп. Уи азы ҳхы ҳақәымгәыӷцәалароуп (1 Кор. 10:12). Ҳара ҳхы гәаҳҭалароуп, џьарак ҳгылоу ԥхьаҟа ҳцоу еилаҳкааларц азы (2 Кор. 13:5).

17. Ишԥаҳнарбо Колоссаа рахь асаламшәҟәы доуҳала ушәны уҟазар шхадоу?

17 Колоссаа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы Павел доуҳала ушәны уҟазарц шаҟа ихадоу дырҩегь далацәажәоит. Колосс инхоз ақьырсианцәа доуҳатә ӡҟцәаӡамызт, аха Павел урҭ ргәырҽаниҵеит ари адунеи афилософиа ихнамхырц (Кол. 2:6—10). Епафрас уи аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ибзианы идыруазҭгьы ҟаларын, иара урҭ рзы Анцәа дааҟәымҵӡакәа диҳәон, «изызҳахьоу ишәхьоу [р]акәны [и]ҟазарц» азы (Кол. 4:12). Павелгьы Епафрасгьы еилыркаауан аџьабаа мбаӡакәа, насгьы Анцәа ицхыраарада уи шалымшо. Дара ирҭахын Колосс инхоз ақьырсианцәа изықәшәозаалакгьы, доуҳала ишәу ракәны иҟазарц.

18. Ихьыр алшозеи доуҳала ишәу ақьырсиангьы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

18 Павел иауриаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәырҽаниҵеит, доуҳала ишәу ақьырсиангьы Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа наунагӡа ибжьихыр шалшо. Ауаҩы ахьхәра илымшо, насгьы Анцәа иҟынтә анажьра имоуа аҟынӡа игәаҵәа жәпахар алшоит. Ауриацәа уи аҟынӡа рхы нарымгаӡеит (Аур. 6:4—9). Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаамҭақәа рзы? Дышԥарзыҟоу Иегова аизарақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵыз, иара убас аизара иалцаз, аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь иахьхәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Урҭ иаадырԥшыз ахынраалара иунарбоит дара Павел зыӡбахә иҩуаз ауаа ишреиԥшым. Аха ауаҩы Иегова иахь даныхынҳәлак ацхыраара иҭахуп (Иез. 34:15, 16). Аизара ахылаԥшыҩцәа доуҳала ишәу ақьырсиан иҳәоит, уи ауаҩы доуҳала аӷәӷәахара дицхраарц.

Иегова доуҳала аӷәӷәахара зыхәҭоу дрыцхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 18.)


19. Иарбан хықәкқәоу иқәҳаргылар ҳахәҭоу?

19 Доуҳала ишәу қьырсианны аҟалара шәҽазышәшәала, убасҟан шәхықәкы нашәыгӡоит. Икьакьоу адоуҳатә фатә шәфала, насгьы шәхәыцшьа Анцәа иҳәыцшьа еиҳа-еиҳа еиԥшхаларц азы ишәыԥсахла. Доуҳала шәеизҳахьазар, ижәбаз аџьабаа аӡы иашәымҭан.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Дзеиԥшра уаҩузеи доуҳала ишәу ақьырсиан?

  • Иҟаҵалатәузеи доуҳала ишәу қьырсианны ҳҟаларц азы?

  • Избан ҳхы ҳақәымгәыӷцәалар зхадоу?

АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!

a Ауриатә Ҩырақәа рҿы ажәақәа «ишәу», насгьы «ишәым» анӡам, аха урҭ рҵакы уеилзыркаауа уԥылоит. Иаҳҳәап, ашәҟәы Ажәамаанақәа рҿы иқәыԥшу, аԥышәа змам ауаҩы иҟәыӷоу, насгьы аилкаара змоу диҿырԥшуп (Ажәам. 1:4, 5).

b Шәахәаԥш асаит jw.org, насгьы апрограмма JW Library® аҿы аҟәша «Разное» аҟны иаагоу астатиа «Защитите себя от дезинформации!».

c Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу арубрика «Аҭҵааразы атема».

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа дызхәаԥшыша афильм аналихуа абиблиатә принципқәа игәалаиршәоит.