Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 15

АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп

Иегова иорганизациахь шәыгәрагара шәырӷәӷәала

Иегова иорганизациахь шәыгәрагара шәырӷәӷәала

«Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәхашәмыршҭлан. Дара Анцәа иажәа шәдырҵон» (АУР. 13:7).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова иорганизациа еснагь агәра агара иҳацхраауа.

1. Ишԥеиҿкааз актәи ашәышықәсазы Иегова имаҵзуҩцәа?

 ИЕГОВА имаҵзуҩцәа адҵа анриҭо, уи рҽеиҿкааны инарыгӡалоит ҳәа дақәгәыӷуеит (1 Кор. 14:33). Иаҳҳәап, Анцәа иҭахуп адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәахарц (Матф. 24:14). Иегова Иисус уи аус дахаиргылеит. Иисус уи еиҿкааны имҩаԥысларц дахылаԥшуеит. Актәи ашәышықәсазы еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аизарақәа анцәырҵуаз, ажәабжьҳәаратә ус напхгара азыруларц азы аизара ахылаԥшыҩцәа алырхуан (Аус. 14:23). Апостолцәеи аизара ахылаԥшыҩцәеи рыла ишьақәгылаз Иерусалим иҟаз анапхгаратә хеилак аизарақәа зегь зықәныҟәалар рыхәҭаз аӡбарақәа рыдыркылон (Аус. 15:2; 16:4). Аизарақәа урҭ рнапхгара иахьазыӡырҩуаз абзоурала «аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхаҵара́ ӷәӷәахон, рхыԥхьаӡарагьы есыҽны иацлон» (Аус. 16:5).

2. Ишԥаҳаиҭо Иегова анапхгареи адоуҳатә фатәи 1919 шықәса раахыс?

2 Иахьагьы Иегова ижәлар рҽеиҿкааны имаҵ рулартә иҟаиҵеит. Иисус ажәабжьҳәаратә ус напхгара аиҭаларц, насгьы ишьҭанеицәа адоуҳатә фатә риҭаларц азы 1919 шықәса раахыс доуҳала иалху ахацәа имаҷу ргәыԥ ихы иаирхәоит (Лука 12:42) a. Ҳәара аҭахума, Иегова уи агәыԥ хәыҷ рџьабаа дазылԥхоит (Ис. 60:22; 65:13, 14).

3, 4. а) Иарбан хәарҭоу иаанаго ҳмаҵзура еиҿкааны иахьымҩаԥысуа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ҳара ибзианы ҳаиҿкаамызҭгьы, Иисус иҳадиҵаз адҵа ҳзынагӡарымызт (Матф. 28:19, 20). Шәазхәыц, аучастокқәа ҳамамызҭгьы, насгьы доусу иахьиҭахыз ажәабжь иҳәозҭгьы иҟалоз. Ҭыԥқәак рахь ажәабжьҳәаҩцәа иааҟәымҵӡакәа инеилон, даҽа ҭыԥқәак рахь аӡәгьы днеилаӡомызт. Ишәҳәар шәылшома ҳҽеиҿкааны ажәабжь ахьаҳҳәо иҵегьы хәарҭас иаанаго?

4 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҟаиҵоз ауп ишьҭанеицәагьы иахьа иҟарҵо. Ари астатиаҿы ҳара ҳалацәажәоит Иисус иаҳзынижьыз аҿырԥшы, насгьы ҳорганизациа уи аҿырԥшы ишақәныҟәо. Иара убас ҳара ҳалацәажәоит Иегова иорганизациа агәра шаҳго ааҳарԥшыр шҳалшо.

ҲОРГАНИЗАЦИА ИИСУС ИҾЫԤШУЕИТ

5. Ишԥеиҿыԥшуеи ҳорганизациа Иисус? (Иоанн 8:28).

5 Иисус Иаб иирҵаз иҳәон, насгьы ишиирҵаз еиԥш ихы мҩаԥигон. Ишԥеиҿыԥшуеи Иегова иорганизациа Иисус? Уи анапхгара анаҳнаҭо, насгьы ацәгьеи-абзиеи закәу анҳанаҳәо, Анцәа Иажәа шьаҭас иҟанаҵоит (шәаԥхьа Иоанн 8:28; 2 Тим. 3:16, 17). Ҳара лассы-лассы иаҳгәаладыршәоит Абиблиа аҭҵаара шаҭаху. Избан арҭ алабжьарақәа изырзыӡырҩлатәу?

6. Ишԥарӷәӷәо Абиблиа аҭҵаара Иегова иорганизациахь иҳамоу агәрагара?

6 Абиблиа анҭаҳҵаауа ҳара иҳалшоит уа иануи апубликациақәа рыла ҳорганизациа аҟынтә иҳауа амҩақәҵарақәеи еиҿҳарԥшлар. Иҳарҭо анапхгара Иԥшьоу Аҩыра шьаҭас ишамоу анаҳбо, Иегова иорганизациахь иҳамоу агәрагара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Рим. 12:2).

7. Иарбан жәабжьу Иисус ииҳәоз, насгьы ишԥеиҿыԥшуеи уи Иегова иорганизациа?

7 Иисус «Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа» ауаа ирылеиҳәон (Лука 4:43, 44). Иҵаҩцәагьы убас ҟарҵаларц реиҳәеит (Лука 9:1, 2; 10:8, 9). Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа зегьы Аҳра иазку ажәабжь бзиа рҳәоит, урҭ ахьынхозаалакгьы, насгьы аорганизациаҿы инарыгӡо аҭакԥхықәрақәа зеиԥшразаалакгьы.

8. Иарбан ҳаҭыру иҳаҭәашьоу?

8 Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара ҳаҭыр дууп! Аха уи аҳаҭыр зегьы ираҭәашьаӡам. Иаҳҳәап, Иисус адгьыл аҿы данынхоз адоуҳа цәгьақәа иӡбахә рҳәалар иуӡомызт (Лука 4:41). Иахьа ауаҩы Иегова ижәлар дрылагыланы ажәабжь иҳәаларц иҭахызар, иԥсҭазаара Анцәа инормақәа ирықәшәалартә еиԥш иԥсахроуп. Ҳара Анцәа Иаҳра аӡбахә аҳәара аҳаҭыр ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит, алшара шааҳаулак еиԥш, уи ауаа ирзеиҭаҳҳәозар. Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшны иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Аҳра иазку аҵабырг ажәлақәа ауаа ргәаҿы алаҵареи аӡы аҵаҭәареи рзы (Матф. 13:3, 23; 1 Кор. 3:6).

9. Иҟанаҵозеи ҳорганизациа, ауаа Анцәа ихьӡ раҳарц азы?

9 Иисус ауаа Анцәа ихьӡ аилкаара дрыцхраауан. Жәҩантәи Иаб даниҳәоз, иара абас иҳәеит: «Сара... ухьӡ рзаасыртит» (Иоанн 17:26). Иисус иҿыԥшны Иегова иорганизациа ауаа Анцәа ихьӡ рзаанартларц азы иҟанаҵо рацәоуп. Аиҭага «Адунеи ҿыц» уи аҿы ихадоу ароль нанагӡоит. Уа Анцәа ихьӡ ыҟазар ахьахәҭоу игылоуп. Иахьа уи абиблиатә еиҭага шеибгоу ма хәҭа-хәҭала 270 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп. Уи аиҭага аҿы иҟоу Ацҵақәа А4, насгьы А5 аҟны иҳаԥшаар ҳалшоит Абиблиа аҿы Анцәа ихьӡ зеиҭашьақәыргылаз, насгьы уи шыҟаҵаз иазку инарҭбаау аинформациа. Англыз бызшәала иҟоу «Учебная Библия» ацҵақәа руак аҿы (Appendix C) иаагоуп иҵегьы ашьақәырӷәӷәарақәа Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ 237-нтә иҟазар захәҭоу ҳзырбо.

10. Илҳәазеи Мьианма инхо ԥхәыск Анцәа ихьӡ анлаҳа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ахҭыс?

10 Иисус иеиԥш ҳаргьы иаҳҭахуп Анцәа ихьӡ иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа ираҳарц. 67 шықәса зхыҵуа Мьианма инхо ԥҳәыск Абиблиа лзырҵо ҳаҳәшьа лылаӷырц лҿыжжы абас лалҳәеит: «Иахьа уажәраанӡа исмаҳаӡацызт Анцәа Иегова шихьӡу. Бара зегь раасҭа ихадоу аҵабырг сабҳәеит». Ари ахҭыс ишаҳнарбо еиԥш, гәыкала иҟоу ауаа Анцәа ихьӡ анеилыркаалак, уи ӷәӷәала рыԥсҭазаара аԥсахыр алшоит.

ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИА АГӘРА ЖӘГАЛА

11. Иаадырԥшыр шԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иорганизациа агәра шырго? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Ишԥарылшо аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иорганизациа агәра шырго аадырԥшыр? Аишьцәа иҿыцу анапхгара анроулак, уи рыхшыҩ азышьҭны иаԥхьароуп, насгьы иахьынӡалшо ибзианы инарыгӡароуп. Иаҳҳәап, дара аизарақәа шымҩаԥгалатәуи аизаразы Анцәа ишиҳәалатәуи ирызку амҩақәҵарақәа рыдагьы, Христос иуасақәа ишырхылаԥшлатәу реилзыркаауа амҩақәҵарақәагьы роуеит. Аизара ахылаԥшыҩцәа ҳорганизациа аҟынтә ироуа анапхгара ианықәныҟәо, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирбоит Иегова бзиа ишибо, дагьшреиҷаҳауа.

Аизара ахылаԥшыҩцәа Иегова иорганизациа аҟынтә иҳауа анапхгара агәра агара иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 11.) b


12. а) Избан аҭакԥхықәра зду аишьцәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу? (Ауриацәа 13:7, 17). б) Избан аизара ахылаԥшыҩцәа ирылоу аҟазшьа бзиақәа ҳхы рзыҳашьҭлар зҳахәҭоу?

12 Аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә анапхгара анҳауа, иаразнак уи ҳақәныҟәалароуп. Избанзар убасҟан аишьцәа ирыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара рзымариахоит. Абиблиа иҳанаҳәоит аҭакԥхықәрақәа зду ҳарзыӡырҩларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:7, 17.) Зны-зынла уи мариамзар алшоит. Избан? Избанзар урҭ ахацәа инаӡам уаауп. Аха урҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа ргәаҭара ҳаҟәыҵны, ирыгу ҳхы азыҳашьҭлар, ҳаӷацәа ирҭаху ҟаҳҵоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар убасҟан Иегова иорганизациахь иҳамоу агәра агара ԥсыҽхоит, ҳаӷацәа ирҭахугьы убри ауп. Ишԥаҳалшо ҳаӷацәа рыпропаганда агәаҭара, урҭ ршьацҳәа ҳаҿамшәарц азы?

ИЕГОВА ИОРГАНИЗАЦИАХЬ ИШӘЫМОУ АГӘРАГАРА АӠӘ ДАԤЫРХАГАХАР ЖӘЫМУН

13. Иҟарҵозеи Анцәа иаӷацәа иорганизациа ацәа ахырхырц азы?

13 Анцәа иаӷацәа иорганизациа ацәгьа азырҳәоит. Иаҳҳәап, Абиблиа аҟынтә ҳара иаҳдыруеит Иегова имаҵзуҩцәа цәеижьлеи хымҩаԥгашьалеи ицқьазарц, насгьы иара игәы ишақәшәо еиԥш имҵахырхәаларц шиҭаху. Иара иҳәоит агәнаҳа ҟазҵо, насгьы аҽыԥсахра згәы иҭам ауаа аизараҿы ишзаанымхо (1 Кор. 5:11—13; 6:9, 10). Ҳара Абиблиаҿы иану уи анапхгара ҳақәныҟәоит. Аха ҳаӷацәа ауаа бзиа иҳамбошәа, насгьы иҳаиԥшым ҳҭахымшәа ҳрықәыӡбошәа ҳзырҳәоит.

14. Изҭахыда Иегова иорганизациа иазкны ауаа амц рыларҵәара?

14 Амц иахыҵхырҭоу дызусҭоу еилышәкаа. Уи Аҩсҭаа Аџьныш иоуп. Абиблиаҿы иара «амц абыс дамоуп» ҳәа изҳәоуп (Иоанн 8:44; Аҟаз. 3:1—5). Убри аҟынтә Аҩсҭаа Иегова иорганизациа ахьӡ ирџьаларц азы ҳаӷацәа ихы иахьаирхәо џьаҳшьаӡом. Актәи ашәышықәсазгьы ус иҟан.

15. Иҟарҵози адиннапхгаҩцәа Иисус ишьҭанеицәеи иареи рыхьӡ дырџьарц азы?

15 Анцәа Иԥа, Иисус, гәнаҳа шимамызгьы, насгьы ирацәаны аџьашьахәқәа шыҟаиҵозгьы, Аҩсҭаа ауаа ихы иархәаны уи амц изиҳәон. Иаҳҳәап, адиннапхгаҩцәа ирҳәон Иисус ауаа адемонцәа злархицоз «адемонцәа раҳ имчала ауп» ҳәа (Марк 3:22). Иисус аӡбарҭаҿы дангылаз, адиннапхгаҩцәа уи Анцәа ихьӡ ирџьошәа ахара идырҵеит, насгьы дыршьырц ажәлар иҿадыргылеит (Матф. 27:20). Ԥыҭрак ашьҭахь Христос ишьҭанеицәа агәырӷьажәабжь анырҳәоз, аҵабырг зцәымӷыз ауаа иауриамыз ауаа ақьырсианцәа «ргәаӷ ддыркын, ирҿадыргылеит» (Аус. 14:2, 19). 1998 шықәса, декабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы Аусқәа 14:2 абас иахцәажәон: «Ақьырсианра зцәымӷыз аиудеиаа аҵабырг мап ацәыркит, аха уи аҿы иаанымгылаӡеит: дара иауриамыз ауаа Иисус иҵаҩцәа ргәаӷ ддыркырц азы иҟам-ианым рзырҳәарц рыӡбеит».

16. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, Иегова иорганизациа иҽеимкәа ишахцәажәо ҳаҳар?

16 «Адунеи зегь зжьо» ҳәа зызҳәоу Аҩсҭаа иахьагьы ауаа ржьара даҿуп (Аат. 12:9). Шәаргьы ишәаҳар ауеит ауаа ҳорганизациа ма аҭакԥхықәра зду аишьцәа амц шырзырҳәо. Убасҟан ишәгәалашәыршәала Анцәа иаӷацәа актәи ашәышықәсазы Иисус иҵаҩцәеи иареи ишрызныҟәоз. Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа ирышьҭашәарыцоит, насгьы иладырҟәуеит. Аха ҳара уи џьаҳшьаӡом, избанзар ус шыҟало Абиблиаҿы заа ианын (Матф. 5:11, 12). Урҭ ҳрызжьаӡом, избанзар ҳара еилаҳкаауеит уи амц зҳәо дызусҭоу, насгьы уи ҳҽацәыҳахьчарц азы иаразнак ак ҟаҳҵоит. Изакәу?

17. Иҟаҵалатәузеи амц агәра ҳамгарц азы? (2 Тимофеи 1:13). (Шәахәаԥш иара убас арамка « Ииашам аинформациа ҳаҳазар иҟаҵатәу».)

17 Ииашам аинформациа мап ацәышәкла. Апостол Павел еилыкка иҳәеит амц ҳаҳар, иҟаҵатәу. Иара Тимофеи иеиҳәеит «Анцәа ихьӡ лазырҟәуа иҟам-ианым ажәабжьқәа» дырзымӡырҩларц, егьырҭгьы урҭ ирзымӡырҩларц реиҳәарц (1 Тим. 1:3, 4; 4:7). Ҳара иаҳҭахӡам адашьмаҿы икажьу шьҭыхны зҿы иҭазҵо ахәыҷқәа ҳреиԥшзарц. Адуцәа ус ҟарҵаӡом. Ҳара амц мап ацәаҳкуеит, избанзар уи ауаа ирылазырҵәо дызусҭоу ҳдыруеит. Ҳара «ахшыҩ зҵоу» аҵабырг ажәақәа ҳрықәныҟәоит. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 1:13.)

18. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова иорганизациа агәра шаҳго?

18 Ҳара еилҳаргеит Анцәа иорганизациа Иисус иахьиҿыԥшуа х-ган заҵәык. Абиблиа анҭышәҵаауа ҳорганизациа Иисус излаиҿыԥшуа узырбо егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәагьы шәыԥшаала. Шәеизараҿы иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳорганизациа агәра агара шәрыцхраала, шәхаҭагьы гәыкала Иегова имаҵ уа, насгьы игәҭакы назыгӡо иорганизациа шәадгыло, уи агәра шыжәго аашәырԥшла (Аԥс. 37:28). Ҳара Иегова ижәлар ҳрылагыланы имаҵ аура аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп. Шәааи уи алшара ахә ҳаракны иаҳшьалап!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥеиҿыԥшуеи Анцәа иорганизациа Иисус?

  • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иегова иорганизациа агәра шаҳго?

  • Иҟаҵатәуи, ииашам аинформациа ҳаҳазар?

АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»

a Шәахәаԥш ашәҟәы «Чистое поклонение Иегове восстановлено!» аҿы иану арамка «Почему именно 1919 год?», адаҟьақәа 102—103.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизара ахылаԥшыҩцәа ауаа еиҳа иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәаразы иҟоу анапхгара иалацәажәоит. Уи ашьҭахь ажәабжьҳәаратә гәыԥ иахылаԥшуа аиашьа аиҳәшьцәа иреиҳәоит астенд иадгыланы ажәабжь анырҳәо шьҭахьла аҭӡамц иадгылазар шрыхәҭоу.