Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҬҴААРАЗЫ АТЕМА

Доуҳала ишәу ақьырсианцәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркылоит

Доуҳала ишәу ақьырсианцәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдыркылоит

Шәаԥхьа Аҟазаара 25:29—34, насгьы еилышәкаа Исави Иакови ирыдыркылаз аӡбарақәа зеиԥшраз. Рыуа дарбан ҟәыӷарала зхы мҩаԥызгаз?

Аконтекст шәазхәыц. Иҟалазеи уи аԥхьа? (Аҟаз. 25:20—28). Иҟалазеи уи ашьҭахь? (Аҟаз. 27:1—46).

Акәамаҵамарақәа шәырзааҭгыл. Иарбан зинқәоу имаз, насгьы иарбан ҭакԥхықәрақәоу идыз усҟантәи аамҭазы раԥхьатәи ахшара? (Аҟаз. 18:18, 19; w10-U 1/5 13).

  • Раԥхьа ииуаз ахшара зегьы Мессиа ишьҭра иатәхозма? (w17.12-U 14—15).

Еилышәкааз шәазхәыц, насгьы шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәала. Избан Исави Иакови раԥхьатәи ахшара имаз азин еиԥшӡамкәа изазыҟаз? (Аур. 12:16, 17; w03-U 15/10 28—29). Дышԥарзыҟаз Иегова урҭ аишьцәа, насгьы избан? (Мал. 1:2, 3). Иҟаиҵар илшози Исав, иҟәыӷоу аӡбарақәа идикылаларц азы?

  • Шәхы шәазҵаа: «Рыхә ҳаракны исшьома Иегова имҵахырхәара иадҳәалоу аусқәа? Иаҳҳәап, аҭаацәаратә мҵахырхәара амҩаԥгаразы амши асааҭи алхны исымоума?»