Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19

АШӘА 22 Иааиааит Анцәа Иԥсҳара!

Ишԥаиӡбало Иегова ауаа рус арыцҳара ду аан?

Ишԥаиӡбало Иегова ауаа рус арыцҳара ду аан?

«[Иегова] аӡә дҭахар иҭахӡам» (2 ПИОТР 3:9).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова арыцҳара ду аан идикыло аӡбарақәа шиашазаало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо.

1. Избан иаҳҳәар зҳалшо иџьашьахәу аамҭазы ҳанхоит ҳәа?

 ҲАРА ҳанхоит иџьоушьаша аамҭазы! Есыҽны абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо ҳбоит. Иаҳҳәап, аҩадатәии аладатәии аҳцәа адунеи зегь напхгара азыруларц азы аиҿыхара иаҿуп (Дан. 11:40, албаага). Уи адагьы, ҳара иаҳбоит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ахаан ишыҟамлац еиԥш адгьыл аҿы рылаҳәара ишаҿу, насгьы миллионҩыла ауаа уи шрыдыркыло (Ис. 60:22; Матф. 24:14). Уи адагьы, ҳара ианаамҭоу меигӡарахда адоуҳатә фатә ҳауеит (Матф. 24:45—47).

2. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшои, иаарласны иаҳзыԥшу иазкны зегь шаҳзымдыруагьы?

2 Иегова иаарласны иаҳзыԥшу хәыҷы-хәыҷла иаҳзааиртуеит (Ажәам. 4:18; Дан. 2:28). Аха макьана иаҳзымдыруагьы ыҟоуп. Ус шакәугьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арыцҳара ду алагамҭазы, иуадаҩу уи аамҭазы Анцәа ҳизиашан ҳаанхарц, насгьы акзаара ҳцәымӡырц азы иаҭаху зегь шаҳдырло. Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит арыцҳара ду иазкны уаанӡа иҳамаз агәаанагара зыҳаԥсахыз. Анаҩс еилаҳкаауеит аԥхьаҟа иаҳзыԥшу иазкны иаҳдыруа, насгьы жәҩантәи Ҳаб иҟаиҵало.

ИАҲЗЫМДЫРУА

3. Иарбан гәаанагароу иҳамаз ауаа Иегова ижәлар рыҽрыдкылара алшара анырмоуа аамҭа иазкны, насгьы избан ус ҳгәы изаанагоз?

3 Уаанӡа ҳара ҳгәы иаанагон арыцҳара ду аналагалак, Иегова ишаҳаҭым рҟынтә аӡәгьы Анцәа ижәлар рыҽрыдкылара, насгьы Армагеддон ахгара рылшаӡом ҳәа. Избан уи аҩыза алкаа зыҟаҳҵаз? Избанзар ҳара ҳгәы иаанагон Нои ихаан иҟаз аӡхыҵра аԥхьаҟа иҟало ахҭысқәа аанарԥшуеит ҳәа. Ҳара абас ҳхәыцуан: аӡхыҵра алагаанӡа Иегова аковчег ашә аиркит. Убас еиԥшҵәҟьа, арыцҳара ду алагаанӡа иара, инықәырԥшны иуҳәозар, ашә аиркуеит, насгьы аиқәхаразы уаҳа аӡәгьы алшара иоуӡом (Матф. 24:37—39).

4. Ҳгәы иаанагома аӡхыҵра аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа аанарԥшуеит ҳәа? Иҳаилшәыркаа.

4 Иаанарԥшуама аӡхыҵра аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа? Аҭак «мап» ауп. Избан? Избанзар Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам a. Иисус ииашаҵәҟьаны Нои ихаан иҟаз амшқәа иаара аамҭа иаҿирԥшит. Аха иара имҳәаӡеит аӡхыҵра аԥхьа иҟаз ахҭысқәа зегьы аԥхьаҟа еиҳа инарҭбааны инаӡоит ҳәа. Уи адагьы, иара имҳәаӡеит Иегова аковчег ашә ахьаиркыз аԥааимбартә ҵакы аман ҳәа. Ус шакәугьы, Ноии аӡхыҵреи ирызку ахҭыс иаҳнарҵо ыҟоуп.

5. а) Ишԥааирԥши Нои ахаҵара аӡхыҵра алагаанӡа? (Ауриацәа 11:7; 1 Пиотр 3:20). б) Излеиԥшузеи иахьатәи ажәабжьҳәаратә уси Нои имаҵзуреи?

5 Нои Иегова иҟынтә агәҽанҵара аниоу, ахаҵара ааирԥшын, аковчег иргылеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа 11:7; 1 Пиотр 3:20.) Убас еиԥш иахьагьы ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа анраҳалак, ираҳаз инақәыршәаны инхалар ауп (Аус. 3:17—20). Пиотр Нои ауаа «аиаша рылазҳәоз» ҳәа изиҳәеит (2 Пиотр 2:5). Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, ҳара иҳазҳәаӡом Нои аӡхыҵра шыҟало ауаа зегь ирылеиҳәарц азы ажәабжьҳәаратә кампаниа еиҿикааит ҳәа. Иахьа Аҳра иазку ажәабжь адунеи зегь аҿы ирыларҳәоит. Аха, егьа аџьабаа ҳбаргьы, аҵыхәтәа ааиаанӡа адгьыл аҿы инхо ауаа зегьы хаҭала ажәабжь раҳәара ҳалшаӡом. Избан?

6, 7. Избан иаҳҳәар зҳалшо аҵыхәтәа ааиаанӡа аӡәгьы даанмыжьӡакәа адгьыл иқәынхо ауаа зегь рҟынӡа ажәабжь бзиа ҳазнагаӡом ҳәа?

6 Ҳахәаԥшып Иисус ажәабжьҳәаратә ус амҽхак зеиԥшрахо иазкны ииҳәаз: «Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит, ажәларқәа зегьы ираҳарц азы» (Матф. 24:14). Ари аԥааимбаражәа иахьа анаӡара иаҿуп. Ажәабжьҳәаратә ус ахаан ишыҟамлац еиԥш адунеи иахыҵәеит. Уи 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла аҳәара иаҿуп, насгьы ҳсаит jw.org абзоурала адгьыл иқәынхо ауаа реиҳараҩык ираҳар рылшоит.

7 Иара убас Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит ақалақьқәа зегь ирылсаанӡа, ма ауаа зегь ирацәажәаанӡа иара дшаауа (Матф. 10:23; 25:31—33). Иисус иажәақәа ҳаамҭагьы аҵанакуеит. Миллионҩыла ауаа ажәабжь бзиа ишаҳҭаху еиԥш иахьаҳзымҳәо аҭыԥқәа рҿы инхоит. Уи адагьы, есминуҭ шәҩыла ауаа ииуеит. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит «милаҭс, биԥарас, жәларыс» иҟоу зегьы рҟынӡа ажәабжь бзиа наҳгарц (Аат. 14:6). Аха уеизгьы аҵыхәтәа ааиаанӡа аӡәгьы даанмыжьӡакәа ауаа зегь рҟынӡа ажәабжь бзиа ҳазнагаӡом.

8. Иарбан зҵаарақәоу иузцәырҵыр алшо Иегова аԥхьаҟа ауаа рус шиӡбало иазкны? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

8 Убри аҟынтә зҵаарақәак цәырҵуеит: «Ирыхьуазеи арыцҳара ду алагаанӡа ажәабжь бзиа аҳаразы алшара змауз ауаа? Ишԥарызныҟәо урҭ Иеговеи аӡбара знапы ианиҵаз Иԥеи?» (Иоанн 5:19, 22, 27; Аус. 17:31). Ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы иануп Иегова «аӡә дҭахар иҭахӡам» ҳәа. Иара «зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху» (2 Пиотр 3:9; 1 Тим. 2:4). Аха ҳара макьана иҳаздырӡом ажәабжь бзиа аҳаразы алшара змамыз ауаа рус шиӡбало. Иегова уи макьана иҳаимҳәаӡацт. Ҳәарада, иара игәы иҭоу ҳаҳәара уалс идӡам.

Дышԥарызныҟәо Иегова арыцҳара ду алагаанӡа ажәабжь бзиа заҳартә алшара змамыз ауаа? (Шәахәаԥш абзац 8.) c


9. Иҳаиҳәазеи Иегова Абиблиа ала?

9 Аха Иегова иҟаиҵарц игәы иҭоу иазкны иаҳдыруагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, Абиблиа аҟынтә иаҳдыруеит иара ажәабжь бзиа раҳартә, насгьы рҽырыԥсахыртә алшара змамыз ииашақәам ауаа рыԥсы шҭеиҵо (Аус. 24:15; Лука 23:42, 43). Уи инадҳәаланы ихадоу даҽа зҵаарақәакгьы цәырҵуеит.

10. Иарбан зҵаарақәоу еиҭа ицәырҵыр алшо?

10 Рыԥсы ҭеиҵома Иегова арыцҳара ду аан иԥсуа ауаа, мамзаргьы урҭ гәыӷрак рымамкәа иԥсуоу? Абиблиаҿы иануп Армагеддон аан Иегова жәҩантәи ири иареи иқәырго иаӷацәа рыԥсы шҭамло (2 Фес. 1:6—10). Аха иаҳҳәар ҳалшои арыцҳара ду аан иахьычмазҩыз, рықәрахь иахьнеихьаз, ма машәырк аҵыхәала иԥсыз, иара убас иршьыз ауаа ирызкны? (Еккл. 9:11; Зах. 14:13). Урҭ адунеи ҿыц аҿы зыԥсы ҭало ииашақәам ауаа ирхыԥхьаӡалахома? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳамаӡам.

ИАҲДЫРУА

11. Дызхәаԥшлозеи Иисус ауасақәеи аџьмақәеи еилихырц азы ауаа рус аниӡбало?

11 Аха иҟоуп иаҳдыруагьы. Иаҳҳәап, ҳара иаҳдыруеит Иисус ауасақәеи аџьмақәеи еилихырц азы ауаа рус аниӡбало, иашьцәа ишырзыҟаз дахәаԥшны уи шыҟаиҵало (Матф. 25:40). Иисус иашьцәеи иареи ирыдгылоз ауасақәа ракәны иԥхьаӡахоит. Иара убас ҳара иаҳдыруеит арыцҳара ду аналагалак Христос иашьцәа рҟынтә шьоукы аамҭак аҩныҵҟа адгьыл аҿы ишынхало, нас — Армагеддон алагаанӡа маҷк шагу — ажәҩан ахь ишгахо. Христос иашьцәа адгьыл аҿы иҟанаҵы иҟалап згәы цқьоу ауаа урҭ ирывагыланы инарыгӡо аус аҿы рыцхрааразы алшара роур (Матф. 25:31, 32; Аат. 12:17).

12, 13. Иҟарҵар алшои шьоукы «Вавилон ду» шықәгахаз анырбалак? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

12 Ишаҳдыруа еиԥш, арыцҳара ду «Вавилон Ду» ақәгарала иалагоит. Убасҟан шьоукы иргәалашәар ҟалоит Иегова ишаҳаҭцәа уи шыҟало рҳәоижьҭеи акыр шыҵуа. Уи Иегова иган аанкылара згәанарԥхо аӡәыр дҟалома? (Аат. 17:5; Иез. 33:33).

13 Иаҳгәалаҳаршәап Моисеи ихаан иҟалаз ахҭысқәа. Израильаа Египет иалҵны ианцоз, еиуеиԥшым ажәларқәа рҟынтә ирацәаҩны ауаа урҭ ирыццеит (Ақәҵ. 12:38). Иҟалап урҭ рҟынтә шьоукы жәа-рыцҳарак ирызкыз Моисеи иажәақәа шынаӡоз анырба, Иегова игәра ргазар. Убас еиԥш Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахь уи збо шьоукы Армагеддон алагаанӡа Иегова иган аанкылара рҭаххар, уи ҳгәы канажьуама? Ҳәарада, мап! Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳиеиԥшзарц ҳҭахуп. Иара «арыцҳашьареи, ақьиареи, ачҳареи злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп» (Ақәҵ. 34:6) b.

«Вавилон ду» шықәгоу збо шьоукы иҟалап иргәалашәар Иегова ишаҳаҭцәа уи аӡбахә рҳәоижьҭеи акыр шыҵуа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.) d


14, 15. Иахьыԥшума ауаҩы иԥеиԥш зеиԥшрахо данԥсыз аамҭа, мамзаргьы дахьынхо аҭыԥ? Иҳаилшәыркаа (Аԥсалом 33:4, 5).

14 Аӡәы абас шиҳәо ҳаҳар алшоит: «Сҭынха арыцҳара ду алагаанӡа дыԥсыр еиҳа еиӷьхон. Убасҟан иԥсы шҭало здыруазаауеит». Ҳәарада, арҭ ажәақәа ауаҩы абзиара шизеиӷьушьо аадырԥшуеит. Аха ауаҩы иԥеиԥш зеиԥшрахо зхьыԥшу данԥсыз аамҭа аума? Иегова — инаӡоу Аӡбаҩ иоуп, иара ииашоу аӡбарақәа идикылоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 33:4, 5.) Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу» иашарала ихы шымҩаԥиго (Аҟаз. 18:25).

15 Иара убас ауаҩы иԥеиԥш зеиԥшрахо зхьыԥшу дахьынхо акәӡам. Иахьа миллионҩыла ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа раҳар ахьрылымшо атәылақәа рҿы инхоит. Иегова убри азы мацара урҭ ауаа «аџьмақәа» ирхиԥхьаӡалару? Ҳәарада, мап (Матф. 25:46). Адгьыл зегь Ӡбаҩыс иамоу ииашоу Анцәа ҳара ҳаасҭагьы урҭ игәы иҵхоит. Ҳара иҳаздырӡом арыцҳара ду аан Иегова ахҭысқәа ахырхарҭа шриҭало. Иара ажәларқәа зегь рҿаԥхьа ихьӡ аниԥшьо, игәраганы иган аанызкыло ауаа ҟалар алшоит (Иез. 38:16).

Арыцҳара ду алагоит «Вавилон ду» ақәгара ала. Уи Иегова иган аанкылара згәазҭанаҵо аӡәыр дҟалома?

16. Иаҳдыруазеи Иегова изкны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

16 Абиблиа ахьҭаҳҵаауа абзоурала ҳара еилаҳкааит Иегова ауаа рыԥсҭазаара ахә ҳаракны ишишьо. Иара наӡаӡа анхара алшара ҳаурц азы Иԥа димеигӡаӡеит (Иоанн 3:16). Ҳара зегьы иаҳбоит Иегова шаҟа бзиа ҳбаны даҳхылаԥшуа (Ис. 49:15). Анцәа ҳара зегьы хьыӡҳәала ҳаидыруеит. Иара убриаҟара ибзианы ҳаидыруеит, ҳаԥсыргьы, ҳаԥсы ҭеиҵар илшоит, избанзар ҳҟазшьақәеи ҳгәалашәарақәеи зегь идыруеит (Матф. 10:29—31). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова доусу иус иашаны ишиӡбо. Избанзар жәҩантәи Ҳаб дҟәыӷоуп, диашоуп, дагьрыцҳашьаҩуп (Иак. 2:13).

Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова доусу рус иашаны ишиӡбо. Избанзар жәҩантәи Ҳаб дҟәыӷоуп, диашоуп, дагьрыцҳашьаҩуп. (Шәахәаԥш абзац 16.)


17. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Уажәшьҭа, еиҭарҿыцу аилкаара анҳау, инаҳагӡо ажәабжьҳәаратә ус шхадоу еиҳагьы еилаҳкаауеит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Насгьы ҳгәазҭазҵои гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара? Анаҩстәи астатиа арҭ азҵаарақәа рҭак инҭкааны иаҳнаҭоит.

АШӘА 76 Цәаныррас иумоузеи?

a Еиҳаны еилышәкаар шәылшоит 2015 шықәса, март 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Аханатә абас аиԥш иҟан Уара угәаҳәа-гәаԥхара» аҟынтә, адаҟьақәа 8—12.

b Вавилон ду анықәгахалак ашьҭахь маҷк аамҭа анҵлак, Магог аҟынтә Гог Анцәа ижәлар дрықәлоит. Усҟан Иегова имаҵзуҩцәа рыдагьы арыцҳара ду аналагалак ашьҭахь Иегова иган аанызкыло ауаагьы ԥышәахоит.

c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Агәырӷьажәабжь адунеи ахьынӡанаӡааӡо ишрыларҳәогьы, уи зегьы ираҳартә алшара рымаӡам. Абар х-мзызк ирыдамзаргьы: 1) аԥҳәыс динхаҵарак ауаа еиҳараӡак ирылаҵәаны иахьыҟоу азы ажәабжьҳәара ахьшәарҭоу аҭыԥ аҿы дынхоит; 2) аҭаацәара аполитикатә режим иахҟьаны ажәабжьҳәара закәанла иахьыҟамло, насгьы иахьшәарҭоу аҭыԥ аҿы инхоит; 3) ахаҵа Иегова ишаҳаҭцәа ахьзымнеиуа аҭыԥ аҿы дынхоит.

d АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО. Аизарақәа рахь аныҟәара иаҟәыҵыз аӡӷаб «Вавилон ду» шықәгахо Абиблиаҿы ишаныз лгәалашәоит. Уи Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа ашьҭалара лгәазҭанаҵоит, убри аҟынтә Иегова ишаҳаҭу лҭаацәа рахь даауеит. Агәнаҳаҟаҵаҩцәа Иегова иахь ишыхынҳәуа анаҳбо, урҭ ҳреигәырӷьалар ҳҭахуп, насгьы жәҩантәи Ҳаб иеиԥш ақьиареи арыцҳашьареи ааҳарԥшлароуп.