Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23

АШӘА 28 Иегова уиҩызаха

Иегова сасра ҳааиԥхьоит

Иегова сасра ҳааиԥхьоит

«Сқьала урҭ рыгәҭа игылазаауеит, саргьы Рынцәа сакәзаауеит» (ИЕЗ. 37:27).

ЕИЛАҲКААУА

Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова иқьалахь иааиԥхьо зусҭцәоу, иааиԥхьо асасцәа рҟынтә дыззыԥшу, иара убас урҭ дышреиҷаҳауа.

1, 2. Иарбан ҳаҭыру ираҭәашьоу Иегова игәы иақәшәо ҟазҵо имаҵзуҩцәа?

 ДЫЗУСҬАДА шәара шәзы Иегова? Иҟалап шәара ишәҳәар: «Саб иоуп, Сынцәа иоуп, Сҩыза иоуп». Ҳәарада, Иегова изкны иҵегь ишәҳәаша шәымазар ауеит. Аха шаҟа лассы-лассы шәхаҿы даашәгозеи асасдкылара аазырԥшуа аԥшәма иеиԥш?

2 Аҳ Давид Иегова аԥшәма диҿирԥшит, игәы иақәшәо ҟазҵо имаҵзуҩцәа — асасцәа. Иара дҵааит: «Иегова, изылшода уқьалахь сасра анеира? Изылшода иԥшьоу ушьхаҿы анхара?» (Аԥсал. 15:1). Арҭ ажәақәа рҟынтә ҳара иаҳбоит ауаҩы Иегова дисасхар шилшо, даҽакала иуҳәозар, диҩызахар. Шаҟа ҳаҭыр дуузеи уи!

ИЕГОВА АСАСЦӘА БЗИА ИБОИТ

3. а) Дызусҭадаз Иегова раԥхьатәи исас? б) Иарбан цәаныррақәоу ирымаз Иегова раԥхьатәи исаси иареи, урҭ аамҭа анеицырхыргоз?

3 Аханатә Иегова ихала дыҟан, аха нас иара Иԥа дишеит. Уи Иегова иқьалаҿы раԥхьатәи асас иакәын. Иегова даараӡа игәаԥхон иҿыцу ироль — аԥшәма ироль. Абиблиа иҳаилнаркаауеит Иегова ишигәаԥхоз Иԥа аамҭа ицыхгара, Аԥагьы игәаԥхон Иаб иааигәара аҟазаара (Ажәам. 8:30).

4. Иегова иқьалахь иҵегь ааԥхьара зиҭада?

4 Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова амаалықьцәа ишеит. Иара урҭгьы иқьалахь ааԥхьара риҭеит. Абиблиаҿы «Анцәа иԥацәа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу урҭ амаалықьцәа насыԥ рыман Анцәа иааигәара иахьыҟаз (Иов 38:7; Дан. 7:10). Раԥхьа Иегова сасцәас имаз ажәҩан аҿы ицынхоз заҵәык ракәын. Ԥыҭрак ашьҭахь иара ауаа ишеит — урҭгьы иқьалахь ааԥхьара риҭеит. Иегова исасцәа рыбжьара иҟан Енох, Нои, Авраам, Иов. Анцәа урҭ ҩызцәас иԥхьаӡон, избанзар игәҭакы нарыгӡон (Аҟаз. 5:24; 6:9; Иов 29:4; Ис. 41:8).

5. Еилаҳкаауазеи Иезекииль 37:26, 27 аҟны иану аԥааимбаражәа аҟынтә?

5 Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Иегова есааира аҩызцәа ҿыцқәа сасра иааиԥхьоит. (Шәаԥхьа Иезекииль 37:26, 27.) Иезекииль иԥааимбаражәа аҟынтә иаҳбоит Анцәа ишиҭаху изиашоу имаҵзуҩцәеи иареи аизыҟазаашьа бзиақәа рымазарц. Иара ажәа риҭеит иареи дареи «аҭынчра аиқәшаҳаҭра» шрыбжьеиҵо. Ари аԥааимбаражәа иаанарԥшуан аԥхьаҟа жәҩантәи агәыӷра змоуи адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоуи ԥсасакны ишыҟало, насгьы иқьалаҿы ишеицынхало (Иоанн 10:16). Уи ҟалахьеит!

ИЕГОВА ИСАСЦӘА ЗЕГЬЫ ДРЕИҶАҲАУЕИТ

6. Данбаҟало ауаҩы Иегова иқьалаҿы дсасны, насгьы иабаҟоу уи ақьала?

6 Абиблиатә аамҭақәа раан ақьала — уԥсы ушьар, насгьы амш цәгьа аан ухы ыҵаукыр ахьалшоз ҭыԥын. Ауаҩы аӡәы иқьалаҿы даннеиуаз, аԥшәма ибзианы дидикылоит ҳәа дгәыӷуан. Иегова ҳаԥсҭазаара анизаҳкуа, иқьалаҿы ҳсасцәаны ҳҟалоит (Аԥсал. 61:4). Уа ҳара иаҳзыԥшуп доуҳатә фатәыла ирхиоу астол. Иара убас егьырҭ асасцәа аамҭа рыцыхгара алшара ҳамоуп. Иегова иқьала — иалкаау ҭыԥӡам. Имаҵзуҩцәа ахьыҟоу ауп иқьалагьы ахьыҟоу (Аат. 21:3). Егьырҭ атәылақәа рахь шәцахьазар, иаҳҳәап, иҷыдоу аконгресс ахь, ҳәарада, шәара шәеиԥш Иегова имаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәрабадырит. Даргьы Иегова иқьалаҿы исасцәоуп.

7. Иаҳҳәар зҳалшозеи иԥсхьоу Иегова имаҵзуҩцәа уажәыгьы иқьалаҿы исасцәоуп ҳәа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

7 Иаҳҳәар ҳалшозеи гәыкала Иегова изиашаз иԥсхьоу имаҵзуҩцәа рзы? Иаҳҳәар ҳалшома дара уажәыгьы Иегова иқьалаҿы исасцәоуп ҳәа? Ааи. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избан акәзар Иегова урҭ ихашҭӡом, иара изы дара рыԥсы ҭоуп. Уи ҳбарҭоуп Иисус иажәақәа рҟынтә: «Аԥсцәа рыԥсы шҭало атәы ҳҳәозар, уи Моисеигьы иҳәеит. Амца зкыз ачықь аӡбахә аниҳәоз, иара Иегова „Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа“ ҳәа изиҳәеит. Иара зыԥсы ҭам Рынцәа иакәӡам, зыԥсы ҭоу Рынцәа иоуп, избанзар иара изы урҭ зегьы рыԥсы ҭоуп» (Лука 20:37, 38).

Иԥсхьоу Иегова имаҵзуҩцәа уажәыгьы иқьалаҿы исасцәоуп. (Шәахәаԥш абзац 7.)


ХӘАРҬАС ИҲАУА, НАСГЬЫ ИЕГОВА ДЫЗЗЫԤШУ

8. Ишԥахьчахо Иегова иқьалаҿы иҟоу исасцәа?

8 Ақьалаҿы уԥсы ушьар, насгьы ақәеи аԥшеи рҟынтә уҽуҵәахыр улшоит. Иегова иқьалаҿы ҳаныҟоу, доуҳалагьы ҳахьчоуп, агәыӷрагьы ҳамоуп. Иегова ҳахьынӡаицу, Аҩсҭаа иузмыриашо аԥхасҭа ҳзиуӡом (Аԥсал. 31:23; 1 Иоанн 3:8). Адунеи ҿыц аҿы Иегова гәыкала изыҟоу иҩызцәа адоуҳатә шәарҭара мацара акәӡам изцәихьчало, аԥсра аҟынтәгьы ихьчалоит (Аат. 21:4).

9. Дыззыԥшузеи Иегова исасцәа рҟынтә?

9 Иегова иқьалаҿы сасны аҟазаара ҳаҭыр дууп. Уи иаанарԥшуеит ҳара Иегова иҩыза шҳакәу. Уи аиҩызара наӡаӡа иҟазар алшоит. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ари аҩыза асасдкылара ахә шаҳшьо? Иаҳҳәап, сасра шәанаарыԥхьо, уаҟа шәхатә ԥҟарақәа шьақәшәыргылаӡом. Шәахьнеиуа аҩнаҿы реимаа рышьырхуазар, шәаргьы убас ҟашәҵоит. Убасҵәҟьа ҳаргьы иаҳдыруазар хадоуп Анцәа исасцәа рҟынтә дыззыԥшу. Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, убри аҟынтә «игәы иахәо» ҟаҳҵалар ҳҭахуп (Кол. 1:10). Ааи, иара Ҳҩыза иоуп, аха иара убас аҳаҭыр иаԥсоу Ҳанцәа, насгьы Ҳаб иоуп (Аԥсал. 25:14). Уи ҳхаҳмыршҭуазароуп, есымшагьы ҳаҭырла ҳаизыҟазароуп. Уи ҳацхраауеит ҳхы ацклаԥшра, ҳхымҩаԥгашьала ихьӡ лаҳмырҟәларц азы. Ҳара ахынраалара аарԥшны Ҳанцәа ҳицзароуп, убриоуп хықәкыс иҳамоу (Мих. 6:8).

ИЕГОВА АЖӘЫТӘАН ЕИЛЫХ ШЫҞАИМҴОЗ

10, 11. Избан иаҳҳәар зҳалшо Синаитәи ацәҳәыраҿы Иегова еилых ҟамҵакәа, израильаа зегьы еиԥшны дырзыҟан ҳәа?

10 Иегова исасцәа зегьы еилых ҟамҵакәа еиԥшны дырзыҟоуп (Рим. 2:11). Уи убарҭоуп Синаитәи ацәҳәыраҿы ижәлар дышрызныҟәоз ала.

11 Иегова израильаа египеттәи ахәура аҟынтә рхы ианақәиҭитә ашьҭахь иԥшьоу ақьала дыргыларц адҵа риҭеит, насгьы уаҟа амаҵ зулаша аԥшьаҩцәеи алевитцәеи алихит. Иаанагозма уи иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ зуаз, ма уи ааигәара инхоз Иегова еиҳа дреиҷаҳауан егьырҭ раасҭа ҳәа? Мап. Иегова зегьы еиԥшны дырзыҟоуп.

12. Излоубарҭоузеи Иегова ижәлар рыбжьара еилых ҟамҵакәа, зегьы еиԥшны дшырзыҟаз? (Ақәҵымҭа 40:38). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Израильаа иреиуаз дарбанзаалак, иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ иуозу-имуозу, уи азааигәара дынхозу-днымхозу, Иегова диҩызахар илшон. Иаҳҳәап, Анцәа иԥшьоу ақьала иахагылаз аԥҭеи амца шьаҟеи ижәлар зегьы ирбалартә иҟаиҵеит. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 40:38.) Аԥҭа шьҭыҵны аныҟәара ианалагоз, уи алагер аҵыхәан инхозгьы ирбон. Уи абзоурала дара ирласны рымаҭәақәа еидыркылар рылшон, егьырҭ ирыҵамхакәа, ирышьҭаланы ицаларц азы (Ахыԥхь. 9:15—23). Иара убас зегьы ираҳауан араӡны иалхыз, ҩ-быкьк ирхылҵуаз еилыкка иҟаз абжьы. Уи абжьы амҩа ақәлара шаҭаху деилнаркаауан (Ахыԥхь. 10:2). Аӡәы иԥшьоу ақьала азааигәара дынхозҭгьы, уи иаанагаӡомызт уи ауаҩ Иегова еиҳа дизааигәан, егьырҭ раасҭа ҳәа. Иҿыцыз уи ажәлар рыбжьара дарбанзаалак Анцәа дисасны дҟалар ауан, Иегова дшихьчало, дышиеиҷаҳало агәра ганы дыҟазаргьы илшон. Убасоуп иахьагьы. Ҳахьынхозаалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит бзиа ҳазбо Ҳанцәа анапхгара шҳаиҭало, насгьы ҳшихьчало.

Иегова еилых ҟамҵакәа, израильаа зегьы еиԥшны дырзыҟан, иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ руозу-ирымуозу, уи азааигәара инхозу-инымхозу. (Шәахәаԥш абзац 12.)


ИЕГОВА ИАХЬА ЕИЛЫХ ШЫҞАИМҴО

13. Иаазырԥшуазеи Иегова иахьа еилых шыҟаимҵо?

13 Иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы Иегова ишаҳаҭцәа ихадоу русбарҭеи рфилиалқәеи рзааигәара инхоит. Иҟоуп уа амаҵ зуагьы. Убри аҟынтә ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Вефиль аҿы иҟоу еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы ацхыраара ҟарҵоит, аҭакԥхықәра зду аишьцәагьы ирацәажәалар рылшоит. Шьоукы араионтә маҵзуреи иҷыдоу егьырҭ амаҵзура ахкқәеи ирылахәуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи реиҳараҩык реиԥш шәаргьы уажәы ус еиԥш иҟоу амаҵзура ахкқәа рыҽрылархәра шәылымшозар, шәгәы кашәмыжьын. Зегь раасҭа ихадоу — Иегова шәсасны шәахьиҭоу ауп, иара иааиԥхьаз зегь бзиа ибоит. Иегова ҳаззегьы ибзиаҵәҟьаны ҳаидыруеит, иаҳҭаху зегь ҳаиҭоит (1 Пиотр 5:7). Анцәа ижәлар рыбжьара иҟоу зегьы адоуҳатә фатәи анапхгареи риҭоит, иагьихьчоит.

14. Иаажәга даҽа ҿырԥштәык, Иегова еилых ҟамҵакәа, зегьы еиԥшны дшырзыҟоу ҳзырбо.

14 Абар Иегова еилых ҟамҵакәа, зегьы еиԥшны дшырзыҟоу ҳзырбо даҽа ҿырԥштәык. Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ауаа зегьы Абиблиа иаԥхьалар рылшоит. Аԥхьанатә уи х-бызшәак рыла акәын ишҩыз: ауриа бызшәеи, арамеи бызшәеи, абырзен бызшәеи. Аха ииашахома иаҳҳәар Абиблиа аоригинал бызшәақәа рыла аԥхьара зылшо Иегова еиҳа изааигәоуп, урҭ абызшәақәа рыла аԥхьара злымшо раасҭа ҳәа? Ҳәарада, мап! (Матф. 11:25).

15. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иегова еилых шыҟаимҵо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Ҳара Иегова ҳаиҩызахар ҳалшоит, ажәытә бызшәақәа ҳзымдыруазаргьы, аҵара ду ҳамамзаргьы. Абиблиа аилкааразы ҳапрофессорзар акәӡам. Иегова Абиблиа зқьы бызшәала еиҭагазартә еиԥш иҟаиҵеит. Убри аҟынтә адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ирылшоит Анцәа иеилкаареи иҟәыӷоу илабжьарақәа рықәныҟәареи (2 Тим. 3:16, 17).

Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа зегьы ирылшоит Абиблиа аԥхьара. Ишԥашьақәнарӷәӷәо уи Иегова еилых шыҟаимҵо? (Шәахәаԥш абзац 15.)


АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИҚЬАЛАҾЫ ШӘЫҞАЗ

16. Дыззыԥшузеи Иегова исасцәа рҟынтә, Аусқәа 10:34, 35 иану инақәыршәаны?

16 Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Иегова иқьалахь ҳахьааиԥхьаз. Иара зегь раасҭа иқьиоу, зегь раасҭа абзиабара аазырԥшуа, зегь раасҭа асасдкылара злоу ԥшәымоуп. Уи адагьы, иара ауаа еилихӡом. Иегова еиуеиԥшым ауаа ааԥхьара риҭоит. Иара дахәаԥшӡом ауаҩы дахьынхо, иааӡашьа, аҵара имоу-имаму, дызмилаҭу, иқәра, дхаҵоу-дыԥҳәысу. Аха иара иҭахуп исасцәа ҳаҭыр иқәырҵаларц, иагьизыӡырҩларц. (Шәаԥхьа Аусқәа 10:34, 35.)

17. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

17 Аԥсалом 15:1 аҿы Давид дҵааит: «Иегова, изылшода уқьалахь сасра анеира? Изылшода иԥшьоу ушьхаҿы анхара?» Анаҩстәи астатиаҿы 15-тәи Аԥсалом еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит, насгьы еилаҳкаауеит Иегова исасцәа рҟынтә иҵегь дыззыԥшу.

АШӘА 32 Иегова уидгыл!