Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 24

АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала

Иеговеи шәареи шәеиҩызара наӡаӡа шәалагәырӷьала!

Иеговеи шәареи шәеиҩызара наӡаӡа шәалагәырӷьала!

«Иегова, изылшода уқьалахь сасра анеира?» (АԤСАЛ. 15:1).

ЕИЛАҲКААУА

Иегова ҳаиҩызаны ҳаанхаларц азы иҟаҵалатәу, насгьы иҩызцәа ҳарзыҟазар шҳахәҭоу.

1. Ишԥаҳацхраауеи Аԥсалом 15:1—5?

 ҲАЗХЫСЫЗ астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит Иегова иқьалахь иааиԥхьо зусҭцәоу. Урҭ зыԥсҭазаара изызкыз, насгьы иареи дареи реиҩызара ахә зшьо роуп. Ишԥаҳалшо Анцәеи ҳареи ҳабжьара аиҩызара аизырҳареи ахьчареи? 15-тәи Аԥсалом уи аҿы иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 15:1—5.) Шәааи уа иаагоу ажәеинраалақәа акакала еилҳаргап, насгьы еилаҳкаап Иегова иҩызцәа рҟынтә дыззыԥшу.

2. Дзызхәыцуазар алшози Давид, Иегова иқьала аӡбахә аниҳәоз?

2 15-тәи Аԥсалом абарҭ ажәақәа рыла иалагоит: «Иегова, изылшода уқьалахь сасра анеира? Изылшода иԥшьоу ушьхаҿы анхара?» (Аԥсал. 15:1). Давид Иегова иқьала аӡбахә аниҳәоз, дзызхәыцуаз аамҭак аҩныҵҟа Гаваон иҟаз иԥшьоу ақьала акәызҭгьы ҟаларын. Иара убас Давид иԥшьоу ашьха аӡбахә иҳәеит. Иҟалап иара зыӡбахә имаз Иерусалим иҟаз ашьха Сион акәызҭгьы. Уи ашьха Гаваон аладахьы ишьҭан. Уа Давид ақьала иргылеит, аиқәшаҳаҭра аковчег уахь ииаргарц азгьы адҵа ҟаиҵеит (2 Сам. 6:17). Аныҳәарҭа дыргылаанӡа аковчег уи ашьхаҿы иҟан.

3. Ишԥаҳацхраауеи 15-тәи Аԥсалом Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахьчара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

3 Израильаа реиҳараҩык иԥшьоу ақьалаҿы ахаангьы амаҵ руӡомызт. Аиқәшаҳаҭра аковчег ахьгылаз анеира зылшоз даара имаҷын. Аха гәыкала Иегова имаҵ зуаз зегьы иҩызцәахар рылшон, инықәырԥшны иуҳәозар, иқьалахь сасра инеир рылшон. Ҳаргьы уи даараӡа иаҳҭахуп! 15-тәи Аԥсалом аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳцәымӡырц азы иҟаҳҵалар ҳахәҭоу.

Давид ихаан израильаа Иегова иқьалаҿы сасны аҟазаара иаанаго ибзианы еилыркаауан. (Шәахәаԥш абзац 3.)


ҼԤНЫҲӘА ЗМАМ, ИИАШАНЫ ЗХЫ МҨАԤЫЗГО УАҨНЫ ШӘЫҞАЗ

4. Иабантәиҳдыруеи Иегова ҳаиҩызцәахарц азы аҽӡаахра мацара шазымхо? (Исаиа 48:1).

4 Аԥсалом 15:2 аҿы иануп Иегова иҩыза «ҽԥныҳәа змам, ииашаны зхы мҩаԥызго» иоуп ҳәа. Аха илшома инаӡам ауаҩы ҽԥныҳәа имамкәа аҟазаара? Ааи. Ҳара зны-зынла акәымкәа, еснагь Иегова ҳаизыӡырҩларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, ҽԥныҳәа змам уаҩны ҳиԥхьаӡалоит. Анцәа ҳаҽизкны, аӡы ҳҽанӡааҳхуа, ҳара амҩа иаша ҳанылоит. Аха анаҩсгьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхалароуп. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит израильтәи ажәлар. Дара Анцәа изкыз жәларын. Аха уи иаанагаӡомызт израильаа зегьы Иегова исасцәа ракәын ҳәа. Избан? Избанзар шьоукы Анцәа ишиҳәозгьы, гәык-ԥсыкала иҳәаӡомызт, игәы изырхьуаз аусқәагьы ҟарҵон. (Шәаԥхьа Исаиа 48:1.) Израильаа Иегова исасцәа ракәны иаанхаларц рҭахызҭгьы, иара дара рҟынтә дыззыԥшу аилкаареи уи анагӡареи рыхәҭан. Иахьагьы убасоуп ишыҟоу. Иегова дҳаргәырӷьаларц азы аҽӡаахреи ихьӡ аныҟәгареи мацара азхаӡом, ҳара ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп. Иаҵанакуазеи уахь?

5. Иаанагозеи есымша Иегова изыӡырҩра?

5 Иегова иҿаԥхьа «ҽԥныҳәа змам, ииашаны зхы мҩаԥызго» уаҩны ҳаҟазарц азы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рҭаара мацара азхаӡом (1 Сам. 15:22). Ҳара есымша Иегова ҳаизыӡырҩлароуп, иҟаҳҵозаалакгьы игәаанагара ҳазхәыцлароуп, аӡәгьы ҳимбозаргьы (Ажәам. 3:6; Еккл. 12:13, 14). Амаҷ аҿгьы ихадоуп Иегова изыӡырҩра. Убасала ҳара иҳарбоит бзиа дшаҳбо, иаргьы еиҳа иӷәӷәаны бзиа ҳаибалоит (Иоанн 14:23; 1 Иоанн 5:3).

6. Избан Ауриацәа 6:10—12 иану инақәыршәаны Иегова иқьалаҿы аанхаразы уаанӡа иҟаҳҵахьаз аусқәа мацара зазымхо?

6 Иегова изыҟаҳҵахьоу зегьы ахә ҳаракны ишьоит. Аха Иегова иқьалаҿы ҳсасцәаны ҳаанхарц азы уаанӡа иҟаҳҵахьаз аусқәа мацара азхаӡом. Уи убарҭоуп Ауриацәа 6:10—12 (шәаԥхьа) аҿы иану аҟынтә. Иара иҭахуп гәык-ԥсыкала «аҵыхәтәанынӡа» имаҵ ҳауларц. Ҳгәы камыжьӡакәа иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара наӡаӡа ҳалагәырӷьалоит (Гал. 6:9).

ШӘГӘАҾЫ АИАША ШӘҲӘАЛА

7. Иаанагозеи угәаҿы аиаша аҳәара?

7 Иегова иқьалаҿы сасны аҟазаара зҭаху игәаҿы аиаша иҳәозароуп (Аԥсал. 15:2). Уи иаанаго амцмҳәара мацара акәӡам, ҳара иҟаҳҵо зегьы ламысцқьала иҟаҳҵалар ҳҭахуп (Аур. 13:18). Уи хадоуп, избанзар «Иегова амц зҳәо дицәымӷуп, ауаҩ иаша ҩыза гәакьас диԥхьаӡоит» (Ажәам. 3:32).

8. Иарбан хымҩаԥгашьоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу?

8 Згәаҿы аиаша зҳәо ҩ-ԥсҭазаашьак мҩаԥигаӡом. Иара ауаа данырбогьы данырымбогьы Анцәа иҳәатәы дахыԥаӡом, изакәанқәагьы еилеигаӡом (Ис. 29:13). Ус акәымкәа, даҽакала ихы мҩаԥигозҭгьы, дымцҳәаҩхон. Дышԥаҟало ауаҩы дымцҳәаҩны? Раԥхьа иара библиатә нормақәак иашоу-ииашаму ҳәа длакҩакуа далагоит (Иак. 1:5—8). Нас уиаҟара ихадаӡам ҳәа ииԥхьаӡо азҵаарақәа рҿы Иегова изыӡырҩра даҟәыҵуеит. Ихымҩаԥгашьа алҵшәақәа анимбалак, дымшәаӡакәа Анцәа изакәанқәа реилагара далагоит (Еккл. 8:11). Убасала имҵахырхәара акгьы иаԥсамкәа иҟаиҵоит. Ҳара ҳакәзар, иҟаҳҵозаалакгьы, ламысцқьала иҟаҳҵалар ҳҭахуп.

9. Иигәаԥхазеи Иисус Нафанаил иҿы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Ҳгәаҿы аиаша аҳәара даараӡа ихадоуп. Уи ус шакәу ҳнарбоит Филипп иҩыза Нафанаил Иисус даниабаирдырыз ахҭыс. Уи ахҭыс ҟалаанӡа Иисус Нафанаил дшизымдыруазгьы, даниба ус иҳәеит: «Абар, Израиль иатәыҵәҟьоу, гызмалра злам ауаҩы» (Иоанн 1:47). Иисус егьырҭ иҵаҩцәагьы гызмалра рылаӡамызт ҳәа иԥхьаӡон, аха уи аганахьала Нафанаил урҭ дрылукаартә дыҟан. Ҳәарада, Нафанаил ҳара ҳаиԥш днаӡаӡамызт, аха иара агызмалра зынӡаск илаӡамызт, игәы ҭыӷьӷьаа дыҟан. Иисус уи даараӡа игәаԥхеит, дагьирҽхәеит. Ҳәарада, Иисус ҳара ҳзгьы ус иҳәазҭгьы, уи даараӡа ҳгәы иахәон!

Филипп Иисус иахь иҩыза Нафанаил днаганы диабаирдыруеит. Иара гызмалра зламыз, згәы ҭыӷьӷьаа иҟаз уаҩын. Ҳаргьы ус ҳзуҳәар ауама? (Шәахәаԥш абзац 9.)


10. Избан иаҳҳәо ҳацклаԥшлар зхадоу? (Иаков 1:26).

10 15-тәи Аԥсалом аҿы еиқәыԥхьаӡоу аҭахрақәа реиҳарак егьырҭ ҳашрызныҟәо иазкуп. Аԥсалом 15:3 аҿы иануп Иегова исас «ибз ауаҩы дызлаҟам» шаимырҳәо, изааигәоу ацәгьа шизимуа, насгьы «иҩызцәа рыхьӡ» шимырцәгьо. Иаҳҳәо ҳацкламԥшуазар, егьырҭ аԥырхага ӷәӷәа раҳҭоит. Усҟан Иегова иқьалаҿы ҳзаанхаӡом. (Шәаԥхьа Иаков 1:26.)

11. Иаанагозеи ауаҩы дызлаҟам изҳәара? Ирзыԥшузеи ус ҟазҵо, насгьы уи иахьымхәуа?

11 Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәоит Иегова исас «ибз ауаҩы дызлаҟам аирҳәаӡом» ҳәа. Иаанагозеи уи? Ауаҩы дызлаҟам изҳәара иаанагоит ихьӡ бжьызхыр алшо амц изҳәара. Аӡәы ус ҟаиҵозар, насгьы дахьымхәуазар, ақьырсиантә еизара далырцоит (Иер. 17:10).

12, 13. Иҳарцәгьар шԥаҳалшо ҳҩызцәа рыхьӡ, ҳгәы ацәгьара шҭамгьы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

12 Аԥсалом 15:3 аҿы иара убас иануп Иегова исас «изааигәоу ацәгьа изиуӡом, иҩызцәа рыхьӡ ирцәгьаӡом» ҳәа. Иҳарцәгьар шԥаҳалшо ҳҩызцәа рыхьӡ?

13 Ҳгәы ацәгьара шҭамгьы, аӡәы ихьӡ ҳарцәгьар ҟалоит. Ҳхаҿы иааҳгап х-ҭагылазаашьак: 1) аиаҳәшьа уаҳа пионерс амаҵ луӡом, 2) Вефиль аҿы амаҵ зуаз хаҵеи-ԥҳәыси уа амаҵ аура иаҟәыҵуеит, 3) аиашьа уаҳа аизара ахылаԥшҩыс ма аизара ацхырааҩыс амаҵ иуӡом. Ииашахома уи аҩыза изақәшәаз иазкны ҳхатә гәаанагара ашьақәыргылара, насгьы уи егьырҭ рыларҵәара? Урҭ аԥсахрақәа зыҟаҵаз иазкны иаҳзымдыруа ыҟазар ҟалоит. Иара убас, ишаҳдыруа еиԥш, Иегова исас «изааигәоу ацәгьа изиуӡом, иҩызцәа рыхьӡ ирцәгьаӡом».

Егьырҭ иҽеим ак рызҳәо, ҳгәаанагара ауаа ирылаҳарҵәозар, аӡәы дызлаҟам изызҳәо ҳакәхар ауеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)


ИЕГОВА ИЦӘШӘО ҲАҬЫР РЫҚӘЫШӘҴАЛА

14. Ирыцхраауазеи Иегова иҩызцәа Иегова «ицәымӷу» зусҭцәоу аилкаара? Иҳаилшәыркаа.

14 Аԥсалом 15:4 аҿы иануп Иегова иҩыза «Анцәа ицәымӷу рымԥан дықәлаӡом» ҳәа. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Иегова ицәымӷу дызусҭоу? Уи азҵаараҿы ҳара ҳхатә гәаанагареи ҳцәаныррақәеи ҳрықәгәыӷыр ҟалаӡом. Избан? Избанзар ҳара ҳнаӡаӡам. Уи иахҟьаны шьоукы ҟазшьала еиҳа иаҳзааигәоуп, егьырҭ — ҳзычҳаӡом. Ҳара зымԥан ҳақәымло Иегова «ицәымӷу» роуп (1 Кор. 5:11). Урҭ рахь иаҵанакуеит агәнаҳа ҟазҵо, насгьы уи иахьымхәуа, ҳхаҵара пату ақәзымҵо, ма Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьызхырц иашьҭоу (Ажәам. 13:20).

15. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо «Иегова ицәшәо» ҳаҭыр шрықәаҳҵо?

15 Аԥсалом 15:4 иара убас иаҳгәаланаршәоит «Иегова ицәшәо» ҳаҭыр рықәҵара шхадоу. Убри аҟынтә ҳара Иегова иҩызцәа пату рықәаҳҵоит, хаалагьы ҳрызныҟәоит (Рим. 12:10). Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо урҭ пату шрықәаҳҵо? Аԥсалом 15:4 иануп Иегова исас «ииҳәаз ажәа дацәхьаҵӡом, уи иара аԥырхага изаанагаргьы» ҳәа. Ҳажәа наҳмыгӡозар, егьырҭ ргәы дҳархьуеит (Матф. 5:37). Иегова иҭахуп иҩызцәа аҭаацәара ианалалоз рхатә ҩыза ирҭаз ажәа иазиашазар. Иара убасгьы Иегова дгәырӷьоит аҭаацәа рхәыҷқәа ирырҭаз ажәа анынарыгӡо. Ҳара Анцәеи иаҳзааигәоуи бзиа иаҳбозар, ҳажәа наҳагӡалоит.

16. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо иҵегьы Иегова иҩызцәа ҳаҭыр шрықәаҳҵо?

16 Иара убас ҳара Анцәа иҩызцәа ҳаҭыр шрықәаҳҵо ааҳарԥшуеит, асасдкылареи агәыҭбаареи анааҳарԥшуа (Рим. 12:13). Даараӡа ибзиоуп ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрацәажәо аизара алагаанӡа, ианынҵәалак ашьҭахь, иара убас ажәабжь анрыцаҳҳәо. Аха уи мацара азхаӡом. Ҳара урҭ иҵегь аамҭа рыцаҳхаҳгалароуп. Усҟан дареи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахалоит, Иеговагьы еиҳагьы ҳаизааигәахалоит. Уи адагьы, асасдкылара анааҳарԥшуа, Ҳанцәа ҳаиҿыԥшуеит.

АԤАРА БЗИА ИШӘЫМБАЛАН

17. Избан 15-тәи Аԥсалом аҿы аԥара аӡбахә зҳәоу?

17 Иегова исас «процентла ауаа аԥара риҭаӡом, акгьы зхарам ахара идиҵарц азы аҵарҭыша игаӡом» (Аԥсал. 15:5). Избан ари аԥсалом хәыҷ аҿы аԥара аӡбахә зҳәоу? Амцхә аԥара ҳазхәыцуа ҳалагар, уи ҳара ҳзы ауаа раасҭа ихадахар алшоит, Анцәеи ҳареи ҳаиҩызара аасҭагьы ихадахар ҟалоит (1 Тим. 6:10). Абиблиатә аамҭақәа раан шьоукы иӷарыз рашьцәа ииашамкәа ирызныҟәон, иддырԥсахыз аасҭа еиҳаны ирымырхырц азы аԥара процентла ирырҭон. Иара убас аӡбаҩцәа аҵарҭыша ганы, акгьы зхарам ахара рыдырҵон. Уи аҩыза ахымҩаԥгашьа Иегова ицәымӷуп (Иез. 22:12).

18. Иарбан зҵаарақәоу иҳацхраауа аԥара ҳшазыҟоу аилкаара? (Ауриацәа 13:5).

18 Даараӡа ибзиахоит аԥара ҳшазыҟоу ҳазхәыцлар. Шәхы шәазҵаа: «Сазхәыцуама сара лассы-лассы аԥареи уи ала иаасхәар сылшои? Суалқәа ианаамҭоу исшәома, мамзаргьы ауаҩы аԥара сирԥсахзар, уи уиаҟара даргәаҟӡом ҳәа схәыцуоу? Аԥара суаҩ дуны сҟанаҵоит ҳәа сыԥхьаӡома? Скаҷбеиума? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аԥара рымазар, убри ада хәыцырҭа рымаӡам ҳәа сыԥхьаӡома? Ҩызцәас ишьҭысхуа амал змоу роума? Сышԥарзыҟоу иӷару?» Абарҭ азҵаарақәа рызхәыцра даараӡа ихадоуп, избанзар ҳара Иегова сасра ҳааиԥхьеит, уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп. Анаҩсгьы Иегова иқьалаҿы ҳаанхаларц азы, ҳара аԥара бзиа иҳамбалароуп. Убасҟан иара ахаангьы ҳаанижьӡом. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:5.)

ИЕГОВА ИҨЫЗЦӘА БЗИА ИБОИТ

19. Избан Иегова изиҭаху 15-тәи Аԥсалом иаҳәо ҟаҳҵалар?

19 15-тәи Аԥсалом абарҭ ажәақәа рыла инҵәоит: «Абас ҟазҵо ахаангьы дшьацәхныслаӡом» (Аԥсал. 15:5). Ара аԥсаломшәаҳәаҩ иҳаилиркаауеит Иегова ари аԥсалом иаҳәо ҟаҳҵалар зиҭаху. Иара насыԥ ҳамазар иҭахуп. Анцәа иҳаиҭо анапхгара ҳақәныҟәалар, иара даҳзылԥхалоит, ҳагьихьчалоит (Ис. 48:17).

20. Иарбан ԥеиԥшу Иегова исасцәа ирзыԥшу?

20 Иегова исасцәа аԥеиԥш бзиа рзыԥшуп. Доуҳала иалху имаҵзуҩцәа ажәҩан аҿы инхалоит, Иисус уа «анхарҭа ҭыԥқәа» рацәаны ирызирхиеит (Иоанн 14:2). Адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшуп Аатра 21:3 иану анынаӡо. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп Иегова иқьалахь сасра ҳахьааиԥхьаз, ҳара уа наӡаӡа ҳаанхалар ҳалшоит!

АШӘА 39 Анцәа иҿаԥхьа ахьӡ бзиа шәырҳала