Абиблиатә принципқәа рхархәара

Анцәа Иажәа ҳацхраауеит ҳхәыцшьеи ҳхымҩаԥгашьеи рҿы апринципқәа рхархәара. Урызхәыц иҟәыӷоу абиблиатә лабжьарақәа шаҟа ихәарҭоу узырбо ҿырԥштәқәак.

Урҭ уҩызцәахар рылшоит

Аҩыза бзиа дызҭахым аӡәгьы дыҟаӡам. Иарбан библиатә принципқәоу аҩызцәа бзиақәа рыԥшаара иуцхраауа?

Анцәа Иегова уара дуцхраауеит

Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә анаӡара дазыԥшӡам. Аха иара иҭахуп уара доуҳала уеизҳаларц, убри аҟынтә ацхыраара уҭара дазхиоуп.

Алабжьара уазыӡырҩла, аҟәыӷара еизырҳала

Алабжьара узҭо иакәымкәа, алабжьара ахаҭа ухы азышьҭла. Ақьырсиантә еиҳабацәа иҟәыӷоу ражәақәа ишьақәдырӷәӷәоит Анцәа ҳара ҳахь иааирԥшуа абзиабара.