Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла

Ари аброшиура уцхраауеит ацәажәареи, аԥхьареи, арҵареи рҿы уҟазара аиӷьтәра.

Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы

Ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәоит даараӡа акрызҵазкуа ажәабжь.

АУРОК 1

Алҵшәа бзиа аазго алагамҭа

Алҵшәа бзиа аазго алагамҭа х-хықәкык амоуп.

АУРОК 2

Абжьааԥны еиԥш уцәажәала

Абжьааԥны еиԥш уцәажәозар, аӡырҩцәа иуҳәо азыӡырҩра рзымариазаауеит.

АУРОК 3

Азҵаарақәа ухы иархәала

Аӡырҩцәа аинтерес рызцәыругарц, насгьы ихадоу азхәыцрақәа ирыҵушьырц азы апатуқәҵара аарԥшны азҵаарақәа ықәыргылала.

АУРОК 4

Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа

Уазхәыц ажәеинраала уаԥхьаанӡа аӡырҩцәа рыхшыҩ азыҟауҵар шулшо.

АУРОК 5

Ииашаны уаԥхьала

Иегова изку адыррақәа уоуларц азы ииашаны уаԥхьалар ауп.

АУРОК 6

Абиблиатә жәеинраалақәа ииашаны идеилыркаала

Аӡырҩцәа идеилыркаа узыԥхьаз ажәеинраалеи иуҳәаз азхәыцреи шеидҳәалоу.

АУРОК 7

Ииашоу, зыгәра угартә иҟоу аинформациа

Ииашоу зыгәра угартә иҟоу аинформациа аӡырҩцәа ииашоу алкаа аҟаҵара ирыцхраауеит.

АУРОК 8

Ухы иархәала аҿырԥштәқәа

Ухы иархәала аӡырҩцәа аинтерес рызцәырызго, насгьы ихадоу азхәыцра деилзыркаауа имариоу аҿырԥштәқәа.

АУРОК 9

Алабҿабатә цхыраагӡақәа

Ухы иархәала алабҿабатә цхыраагӡақәа иузыӡырҩуа ихадоу азхәыцрақәа еилыркаарц, насгьы игәныркыларц азы.

АУРОК 10

Убжьы ԥсахла

Иуҳәо ауаа ргәаҵанӡа инеирц азы убжьы ԥсахла.

АУРОК 11

Уажәақәа аԥсы рхаҵала

Уажәақәа аԥсы рхаҵаны уахьцәажәо абзоурала уцәаныррақәа ааурԥшлар улшоит, иара убас уи аӡырҩцәа иаадырԥшуа аинтерес аизырҳара иуцхраауеит.

АУРОК 12

Уажәақәа аԥхарра рыҵаз

Уажәақәа аԥхарра рыҵазар, аӡырҩцәа бзиа ишубо дурбоит.

АУРОК 13

Иуҳәо ахәарҭа алырхыр шалшо дырбала

Урыцхраа аӡырҩцәа ироуҳәо дара ишрыҵанакуа аилкаара, насгьы уи рхы ишадырхәаша дырба.

АУРОК 14

Ихадоу азхәыцрақәа алкаала

Урыцхраа аӡырҩцәа атема шеилурго ацклаԥшра, насгьы иазгәаҭ ихадоу азхәыцрақәа ажәахә атемеи ахықәки ишрыдҳәалоу.

АУРОК 15

Иуҳәо агәра шуго аарԥшла

Иуҳәо агәра шуго аарԥшла. Уажәақәа ирныԥшуазар ауп иуҳәо агәра шуго, насгьы уи шхадоу.

АУРОК 16

Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа уалацәажәала

Ауаа ргәы акажьра аҭыԥан, ргәы шьҭыхла. Абиблиа иану угәы шьҭыхуа аҵабыргқәа урызхьаԥшла.

АУРОК 17

Уеилыркаартә еиԥш уцәажәала

Урыцхраа аӡырҩцәа иуҳәо ҵакыс иамоу аилкаара. Ихадоу азхәыцрақәа инҭкааны иҳәала.

АУРОК 18

Иузыӡырҩуа зусҭцәоу уазхәыцла

Ажәахә убас иуҳәар ауп, аӡырҩцәа ихадоу ак шраҳаз еилыркаартә еиԥш.

АУРОК 19

Иуҳәо аӡырҩцәа ргәаҵанӡа инагала

Ргәазҭаҵа аӡырҩцәа Анцәеи иара Иажәа Абиблиеи бзиа рбара.

АУРОК 20

Алҵшәа змоу аҵыхәтәантәи ажәақәа

Аҵыхәтәантәи ажәақәа аӡырҩцәа ираҳаз адкылареи ахархәареи ирыцхраауеит.

Иҟауҵо ақәҿиарақәа анҵала

Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара анеиӷьутәуа уқәҿиарақәа анҵала.

Иара убас ишәгәаԥхар ауеит

АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА РСЕРИА

Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еиӷьтәла. Авидеонҵамҭақәа

Аԥхьареи арҵареи рҿы уҟазара еизырҳала.