Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа арҭ абиблиатә жәабжьқәа шәырзаԥхьалар, ихадоу аурокқәа алыркаар шәрыцхраауеит.

Аԥхьажәа

Ҩынтәзакәан аҟынтә ажәақәа ахәыҷқәа рааӡараҿы ибзиоу цхыраагӡаны иҟалар алшоит.

АУРОК 1

Еилаҳкаарц иаҳҭаху амаӡа

Абиблиаҿы акрызҵазкуа маӡак ануп, уи «иԥшьоу амаӡа» ҳәа иашьҭоуп. Ишәҭахума шәара абри амаӡа иазкны еиҳаны ижәдырырц?

АУРОК 2

Ревекка Иегова длыргәырӷьалар лҭахын

Ишԥаулшо уара Ревекка лҿыԥшра? Шәаԥхьа ари ажәабжь, уи илызку еиҳаны еилышәкаарц.

АУРОК 3

Раав Иегова игәра лгон

Еилышәкаа Иерихон ахырбгалараан Раав лҭаацәеи лареи шеиқәхаз.

АУРОК 4

Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон

Иарбан ажәоу иналыгӡаз Иеффаи иԥҳа? Ишԥаҳалшо ҳара уи лҿыԥшра?

АУРОК 5

Самуил еснагь ииашаны ихы мҩаԥигон

Ишԥаҳалшо ҳара Самуил иҿыԥшра, насгьы еснагь ииашаны ҳхы амҩаԥгара, егьырҭ ус шыҟарымҵогьы?

АУРОК 6

Давид акгьы дацәшәаӡомызт

Шәаԥхьа аинтерес зҵоу ажәабжь, Давид агәымшәара зилаз ахьарбоу.

АУРОК 7

Иҟалахьоума зныкыр аӡәгьы уиҭахымызшәа ухы анубо, насгьы уаншәо?

Иеиҳәазеи Иегова Илиа аӡәгьы диҭахымызшәа ихы анибоз? Иаҳнарҵозеи ҳара Илиа дзықәшәаз ахҭыс?

АУРОК 8

Иосиа аҩызцәа бзиақәа иман

Абиблиа иаҳәоит Иосиа захьӡыз аҷкәын ииашоу аҟаҵара шизымариамыз. Аха уи ицхраауаз аҩызцәа бзиақәа иман.

АУРОК 9

Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара даҟәыҵӡомызт

Избан Иеремиа Иегова иӡбахә аҳәара дзаҟәымҵуаз, ауаа шихыччозгьы, насгьы ргәы шизыԥжәозгьы?

АУРОК 10

Иисус еснагь азыӡырҩра ааирԥшуан

Аҭаацәа рзыӡырҩра еснагь имариам. Еилкаа уи аҿы Иисус иҿырԥшы шуцхраауа

АУРОК 11

Урҭ Иисус иӡбахә рыҩуан

Еилышәкаа Иисус аамҭак азы ицынхоз, насгьы уи иӡбахә атәы зҩыз аа-ҩык ахацәа зусҭцәаз.

АУРОК 12

Арԥыс гәымшәа

Ари арԥыс ианшьа деиқәирхеит. Иҟаиҵазеи иара?

АУРОК 13

Тимофеи ауаа дрыцхраалар иҭахын

Излаҟалар алшозеи уара уԥсҭазаарагьы убасҵәҟьа инасыԥны, насгьы аинтерес аманы Тимофеи иԥсҭазаара еиԥш?

АУРОК 14

Адунеи зегь напхгара азызуло Аҳра

Ишԥаҟало аԥсҭазаара, Иисус адунеи зегь напхгара аназиуло? Иуҭахума уара уи убарц?