Иқәгахома Адгьыл?
Абиблиа иану
Мап, апланета Адгьыл ахаан иқәгахом, мцала ибылхом, ма даҽа планетак ала иԥсаххом. Абиблиа иаҳәоит Анцәа Адгьыл зишаз ауаа наӡаӡа иқәынхаларц азы ауп ҳәа.
«Ауаа иашақәа адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа» (Аԥсалом 37:29).
«[Анцәа] адгьыл ашьаҭа ӷәӷәа аиҭеит, иҵысӡом уи наунагӡа, наӡаӡа» (Аԥсалом 104:5).
«Адгьыл наӡаӡа иаанхоит» (Екклезиаст 1:4).
«Адгьыл Зшаз уи Ашаҩы, иара шьақәзырӷәӷәаз уи баша имшаӡеит, иара уи ишеит ауаа ықәынхаларц азы» (Исаиа 45:18).
Иқәырхуама ауаа Адгьыл?
Ауаа аибашьрақәа ишырҿугьы, аԥсабара шырҟьашьуагьы, апланета зегьы аԥырхага шарҭогьы, Анцәа ауаа Адгьыл шьаҭанкыла иқәырхыртә еиԥш рылиршаӡом. Иара «иқәихуеит адгьыл иаӷацәоу» (Аатра 11:18). Ишԥаҟаиҵо уи иара?
Адгьыл ахьчара злымшо ауаатәыҩсатә напхгара Анцәа иԥсахуеит инаӡоу жәҩантәи Аҳра ала (Даниил 2:44; Матфеи 6:9, 10). Уи Аҳра напхгара азиулоит Анцәа Иԥа, Иисус Христос (Исаиа 9:6, 7). Иисус адгьыл аҿы данынхоз, иара џьашьахәыла аԥша ӷәӷәа еиқәиртәеит (Марк 4:35—41). Анцәа Иаҳра иахагылоу Аҳ Иисус адгьыли аԥсабаратә мчқәеи дырхылаԥшларц азы амч иҭахоит. Иара адгьыл иазирхынҳәуеит Едемтәи абаҳчаҿы иҟаз аҭагылазаашьа (Матфеи 19:28; Лука 23:43).
Иаҳнамырҵаӡои Абиблиа Адгьыл мцала ишықәгахо?
Мап. Ари аҩыза ииашам агәаанагара лассы-лассы ицәырҵуеит, 2 Пиотр 3:7 иану ажәақәа ииашамкәа иахьеилыркаауа азы. Уа иануп: «Иахьатәи ажәҩани адгьыли... мцала ауп уажәшьҭа ауаа мцурашақәа рҵыхәа ԥҵәахараны ишыҟоу». Ҳахәаԥшып арҭ ажәақәа рҵакы аилкаара иҳацхраауа ихадоу ҩ-ганк.
Ажәақәа «ажәҩан», «адгьыл», «амца» Абиблиаҿы еиуеиԥшым аҵакқәа рымазар алшоит. Иаҳҳәап, Аҟазаара 11:1 аҟны иануп: «Адгьыл зегь аҿы бызшәак акәын иҟаз». Ара иаагоу ажәа «адгьыл» иаанагоит ауаатәыҩсатә еилазаара.
2 Пиотр 3:7 аконтекст иҳаилнаркаауеит ара зыӡбахә ҳәоу ажәҩани, адгьыли, амцеи рҵакы. 5-тәи, 6-тәи ажәеинраалақәа рҿы урҭ Нои ихаан иҟаз Аӡхыҵра иаҿырԥшуп. Усҟан ажәытәтәи адунеи ықәган, аха ҳапланета акгьы амыхьӡеит. Аӡхыҵра Адгьыл ықәнамхӡеит, уи иқәнахыз ицқьам ауаатәыҩсатә еилазаара ауп (Аҟазаара 6:11). Иқәхын ажәҩан ҳәа иԥхьаӡаз — ауаатәыҩсатә еилазаара напхгара рзызуаз ауаа. Убасала, иқәхыз ҳапланета акәӡам, ауаа цәгьақәа роуп. Нои иҭаацәареи иареи усҟантәи адунеи ақәхра иацәынхеит, насгьы Аӡхыҵра ашьҭахь адгьыл ықәдырҭәааит (Аҟазаара 8:15—18).
Аӡхыҵра иеиԥшу 2 Пиотр 3:7 аҟны зыӡбахә ҳәоу ақәхра, мамзаргьы «амца», ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа аанагоит. Уи иқәнахуа апланета Адгьыл акәӡам. Анцәа ҳақәиргәыӷуеит «иаша-ҵабыргла иҭәу ажәҩан ҿыц, аԥсҭазаара ҿыц» (2 Пиотр 3:13). «Ажәҩан ҿыц», мамзаргьы анапхгара ҿыц — «Анцәа Иаҳра», напхгара азнаулоит «адгьыл ҿыц», мамзаргьы ауаатәыҩсатә еилазаара. Уи Аҳра анапхгара абзоурала Адгьыл аҭынчра ахьыҟазаало, иссиру џьанаҭны иҟалоит (Аатра 21:1—4).