Иҟаҳҵар акәзеи Анцәа ҳаизааигәахарц азы?
Абиблиа иану
Анцәа ҳаизааигәахарц азы иара деилаҳкаароуп, насгьы ԥсахрақәак ҟаҳҵароуп. Усҟан иаргьы даҳзааигәахоит (Иаков 4:8). Абиблиа иҳанаҳәоит Анцәа дшаҳцәыхарам, дшаҳзааигәоу (Аусқәа 17:27).
Анцәа иеилкаара иҳацхраауа ашьаҿақәа
Абиблиа шәаԥхьала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳала иаԥҵоуп» (2 Тимофеи иахь 3:16).
Уи иаанаго. Анцәа — Абиблиа автор иоуп. Абиблиа зыҩуаз дара рхәыцрақәа ракәымкәа, Анцәа ихәыцрақәа ракәын ианырҵоз. Зеиԥшыҟам ари ашәҟәаҿы Анцәа еиҭеиҳәоит иара ҳзишаз, насгьы иарбан ԥсҭазаароу ҳара ҳзы ииҭаху. Абиблиа аҟынтә ҳара Анцәа дзеиԥшроу еилаҳкаауеит. Еилаҳкаауеит аҟазшьа ссирқәа шилоу, абзиабареи, аиашареи, арыцҳашьареи уахь иналаҵаны (Ақәҵымҭа 34:6; Ҩынтәзакәан 32:4).
Иҟашәҵар шәылшо. Абиблиа есыҽны шәаԥхьала (Иисус Навин 1:8). Шәзыԥхьо шәазхәыцла. Шәхы шәазҵаала: «Еилыскаазеи сзыԥхьаз аҟынтә Анцәа изкны?» (Аԥсалом 77:12).
Иаҳҳәап, шәаԥхьа Иеремиа 29:11, нас шәхы шәазҵаа: «Ииҭахузеи сара сзы Анцәа: аҭынчра акәу, агәаҟра акәу? Анцәа ииҭаху сахьирхәырц акәу, аԥеиԥш бзиа сиҭарц акәу?»
Анцәа ишамҭақәа шәрыцклаԥшла
Иаҳәозеи Абиблиа. «Иаҳбарҭам иҟазшьақәа ишамҭақәа рыла иубарҭоуп. Урҭ зегьы иаадырԥшуеит иара инымҵәаӡо амч шимоу, Дшынцәоугьы шьақәдырӷәӷәоит» (Римаа рахь 1:20).
Уи иаанаго. Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи еиӷьны Анцәа иабадырра иҳацхраауеит, избанзар Анцәа зегь иреиӷьу сахьаҭыхҩуп, иара убас дагьнџьныруп. Асахьаҭыхҩы дзеиԥшроу исахьақәа рыла еилукаауеит, анџьныр — иаԥиҵо ала. Ҿырԥштәыс иааҳгап ауаҩы ихшыбаҩ. Уи шышьақәгылоу, насгьы иамоу алшарақәа иаҳдырбоит Анцәа дышҟәыӷәоу. Амреи егьырҭ аеҵәақәеи ирымоу аенергиа ӷәӷәа Анцәа амч ду шимоу ҳаилдыркаауеит (Аԥсалом 104:24; Исаиа 40:26).
Иҟашәҵар шәылшо. Аԥсабара шәацклаԥшларц, насгьы иҭышәҵааларц азы шәаамҭа шәамеигӡалан. Есымша шәхы шәазҵаала: «Еилыскаар сылшозеи Анцәа изкны аԥсабара аԥшӡара санахәаԥшуа, насгьы уи шеиҿкаау анызбо?» a Ҳәарада, аԥсабара Ҳазшаз изкны зегь ҳанаҳәаӡом, убри аҟынтә Анцәа иҳаиҭеит Абиблиа.
Анцәа шәаниацәажәо ихьӡ шәҳәала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Ацәгьа дацәысыхьчоит сара сыхьӡ ахьидырыз азы. Дсашьапкыр ибжьы саҳауеит» (Аԥсалом 91:14, 15).
Уи иаанаго. Анцәа ихьӡ здыруа, уи пату ақәызҵо ҷыдала дырзыҟоуп (Аԥсалом 83:18; Малахиа 3:16). Анцәа ихаҭа ихьӡ ҳаиҳәеит. Иара иҳәеит: «Сара Иегова b соуп. Ари сара сыхьӡ ауп» (Исаиа 42:8).
Иҟашәҵар шәылшо. Анцәа шәаниҳәо, ихьӡ шәҳәала.
Анцәа шәиҳәала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Иегова иҳәо зегьы дырзааигәоуп» (Аԥсалом 145:18).
Уи иаанаго. Иегова иҳәо, насгьы агәрахаҵара змоу рыхә ҳаракны ишьоит. Анцәа ҳаниҳәо, иара ҳашимҵахырхәо, насгьы ҳаҭыр ду шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит.
Иҟашәҵар шәылшо. Шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала (1 Фессалоникаа рахь 5:17). Ак аанмыжькәа, зегь изеиҭашәҳәала, шәгәы иҵхо, изыҵхо иашәҳәала (Аԥсалом 62:8) c.
Агәрахаҵара еизшәырҳала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Гәрахаҵарада Анцәа игәы узыҟаҵом» (Ауриацәа рахь 11:6).
Уи иаанаго. Анцәа уизааигәахарц азы агәрахаҵара умазароуп. Абиблиа инақәыршәаны агәрахаҵара змоу ауаҩы зыгәра иго Анцәа дшыҟоу мацара акәӡам. Анцәа игәра агара иаанагоит иара иқәгәыӷра, ҳзықәиргәыӷуа зегь шынаигӡо агәра агара, иара убас иара ҳара ҳзы зегь иреиӷьу шиҭаху агәра агара. Агәреибагара ахьыҟам, аиҩызарагьы зыҟалом.
Иҟашәҵар шәылшо. Ииашаҵәҟьаны акы агәра угарц азы уи ибзианы иҭуҵаароуп (Римаа рахь 10:17). Убри аҟынтә Абиблиа ҭышәҵаала. Ишәыԥшаа Анцәа иқәгәыӷра ишаԥсоу, насгьы абзиара шышәзеиӷьишьо агәра шәзырго ашьақәырӷәӷәарақәа. Иегова ишаҳаҭцәа гәырӷьаҵәа Абиблиа еиӷьны аилкаара ишәыцхраауеит d.
Анцәа дзыргәырӷьо аусқәа ҟашәҵала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Анцәа бзиа ибара иаанаго иԥҟарақәа рықәныҟәара ауп» (1 Иоанн 5:3).
Уи иаанаго. Иегова иԥҟарақәа ирықәныҟәо рыхә ҳаракны ишьоит, избанзар уи ала дара иара иахь абзиабара аадырԥшуеит.
Иҟашәҵар шәылшо. Абиблиа анҭышәҵаауа, иазгәашәҭала Анцәа игәаԥхо, насгьы игәамԥхо. Шәхы шәазҵаа: «Иарбан ԥсахрақәоу иҟасҵар сылшо, Анцәа дсыргәырӷьарц азы» (1 Фессалоникаа рахь 4:1).
Анцәа шаҟа дқьиоу жәбарц азы ишәабжьеиго шәыдышәкылала
Иаҳәозеи Абиблиа. «Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова» (Аԥсалом 34:8).
Уи иаанаго. Анцәа иҭахуп иара дышқьиоу ҳхатә ԥышәала агәра ҳгарц. Анцәа шаҟа дқьиоу анаҳбалак, еиҳа-еиҳа ҳаизааигәахаларц ҳҭаххоит.
Иҟашәҵар шәылшо. Абиблиаҿы шәзыԥхьо зегьы шәхы иашәырхәала, насгьы иазгәашәҭала уи абзоурала шәыԥсҭазаара аҽшаԥсахуа (Исаиа 48:17, 18). Иазгәашәҭала Абиблиа ҭызҵаауа ауаа Анцәа ицхыраарала ауадаҩрақәа ишыриааиуа, рыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа шыҟарҵо, насгьы уи агәырӷьара шырзаанаго e.
Анцәа изку ииашам агәаанагарақәа
Ииашам агәаанагара. Анцәа дхароуп, ҳара уи изааигәахара ҳалшом.
Афакт. Адунеи аҿы Анцәа еиҳау аӡәгьы дшыҟамгьы, ҳаизааигәахарц ҳааиԥхьоит. Абиблиаҿы иануп Анцәа ҩызцәас ииԥхьаӡоз имаҷҩымкәа ахацәеи аҳәсеи рыӡбахә (Аусқәа 13:22; Иаков 2:23).
Ииашам агәаанагара. Анцәа даҳзеилкааӡом, избанзар иара дмаӡоуп.
Афакт. Анцәа изкны зеилкаара ҳцәыцәгьоугьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, иара иаҳамбо доуҳауп. Аха уи иаанагаӡом иеилкаара ҳалшом ҳәа. Иаҳҳәап, Абиблиа ҳаанаԥхьоит Анцәа дызусҭоу еилаҳкааларц, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы (Иоанн 17:3). Уа еилыкка иҳәоуп Анцәа дызусҭоу, иҟазшьақәа зеиԥшроу. Иара убас уи ашәҟәы аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит иара ауаатәыҩсеи адгьыли ирызирхиаз, насгьы нормақәас имоу (Исаиа 45:18, 19; 1 Тимофеи иахь 2:4). Хыхь ишҳәаз еиԥш, Абиблиа Анцәа ихьӡугьы ҳанаҳәоит (Аԥсалом 83:18). Ари зегьы иаҳнарбоит Анцәа идырра мацара адагьы, иареи ҳареи ҳаиҩызцәахар шҳалшо (Иаков 4:8).
a Аԥсабараҿы Анцәа иҟәыӷара шаарԥшу шәбарц азы, арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҟынтә астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи шәрыхәаԥш.
b Аӡәырҩы ргәаанагарала Иегова ихьӡ иаанагоит «Иара иҟалартә иҟаиҵоит». Анцәа ихаҭа ихьӡ ҳзааиртит, убри алагьы иҳәеит: «Сара шәзықәсыргәыӷыз зегь насыгӡоит, инагӡамкәагьы иаансыжьӡом».
c Шәахәаԥш астатиа «Почему нужно молиться? Будет ли Бог мне отвечать?».
d Еиҳаны еилышәкаарц азы, шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?».
e Арубрика «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаашьа аԥсахуеит» аҟынтә астатиақәа шәрыхәаԥш.