Аатра 13:1—18
13 Иара* амшын аҿы аԥслымӡ илагылан.
Сара избеит жәа-тәыҩаки быжь-хыки зхагылаз агыгшәыг амшын ишҭыҵуаз. Атәыҩақәа рҿы 10 диадемак аман, ахқәа рҿы Анцәа ихьӡ зырцәгьоз ахьӡқәа анын.
2 Избаз агыгшәыг алеопард иеиԥшын, аха ашьапқәа амшә ашьапқәа иреиԥшын, асаса алым асаса иеиԥшын. Агәылшьаԥ уи агыгшәыг амчи, аҳраҭыԥи, амчра дуи анаҭеит.
3 Нас избеит агыгшәыг иахагылаз ахқәа руак ахәра шамаз. Уи ахәра изацәынхарым ҳәа уҳәартә иҟан, аха нас иӷьеит. Усҟан адгьыл иқәынхо ауаа зегьы агыгшәыг џьашьахәыс иҟаҵаны иашьҭалеит.
4 Ауаа агәылшьаԥ иеихырхәеит, избанзар агәылшьаԥ агыгшәыг амчра анаҭеит, дара агыгшәыггьы иеихырхәеит, абас ҳәо: «Иҟоума ари агыгшәыг иеиԥшу даҽакы? Изгәаӷьуада уи абашьра?»
5 Уи аҽырԥагьаны Анцәа дзырџьо ажәақәа аҳәаларц азин аҭан, 42 мзы иаҭаху ҟанаҵаларц азгьы амчра аҭан.
6 Уи агыгшәыг Анцәа ирџьара иалагеит, иара убас Анцәа ихьӡи, инхарҭа ҭыԥи, ажәҩан аҿы инхои арџьон.
7 Иара иԥшьоу рабашьреи риааиреи алыршан, иара убас амчра аҭан, уи абзоурала биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы иара анапы аҵаҟа иҟалеит.
8 Адгьыл иқәынхо зегьы уи иеихырхәоит, адунеи анышьақәыргылаз инаркны* урҭ рыхьӡқәа кәырбанс инагаз Асыс иатәу аԥсҭазаара ашәҟәы ианырҵаӡом.
9 Алымҳақәа змоу дӡырҩааит.
10 Итҟәаны иргараны иҟоу дытҟәаны дыргоит. Аҳәала аӡә дызшьуа иаргьы аҳәала дыршьыроуп, убри азоуп иԥшьоу хьамҵӡакәа, аҵыхәтәанынӡа ачҳареи ахаҵареи аадырԥшлар зрыхәҭоу.
11 Уи ашьҭахь избеит адгьыл аҟынтә ихалоз даҽа гыгшәыгк. Уи асыс атәыҩақәа иреиԥшыз ҩ-тәыҩак ахагылан, аха агәылшьаԥ еиԥш ицәажәон.
12 Иара актәи агыгшәыг ишабо уи иамоу амчра аҩыза шамоу аанарԥшуеит, насгьы адгьыл иқәынхо ауаа зегьы зыхәра ӷәӷәа ӷьаз актәи агыгшәыг иамҵахырхәарц рыднацалоит.
13 Уи ауаа рҿаԥхьа аџьашьахә дуқәа ҟанаҵоит, ажәҩан аҟынтә адгьыл ахь амцагьы ланашьҭуеит.
14 Аҩбатәи агыгшәыг актәи агыгшәыг аҿаԥхьа изқәиҭыз аџьашьахәқәа ҟаҵо, адгьыл иқәынхо ауаа зегь ажьоит, насгьы аҳәала ихәыз, аха зыԥсы ҭалаз агыгшәыг асахьа ҟарҵарц ранаҳәоит.
15 Аҩбатәи агыгшәыг актәи агыгшәыг асахьа аԥсы аханаҵарц азы амчра аҭан, уи асахьа ацәажәара алшарц азы, насгьы уи амҵахырхәара мап ацәызкуа зегьы ршьларц адҵа ҟанаҵаларц азы.
16 Уи агыгшәыг ауаа зегьы — анхаҩцәагьы ауаа дуқәагьы, ибеиоугьы иӷаругьы, зхы иақәиҭугьы амаҵуцәагьы — рарӷьа напаҿы ма рылахь аҿы адырга рыдыркыларц рыднацалоит,
17 уи адырга — агыгшәыг ахьӡ, ма ахьӡ ахыԥхьаӡара — змоу рыда, аӡәгьы акгьы изаамхәаларц, акгьы изымҭиларц.
18 Ара аҟәыӷара аҭахуп: аилкаара змоу агыгшәыг ахыԥхьаӡара еиликааит, уи ахыԥхьаӡара 666 ауп, уи уаҩытәыҩсатә хыԥхьаӡароуп.