Аатра 18:1—24
18 Уи ашьҭахь дызбеит ажәҩан аҟынтә илбаауаз амчра ду змаз даҽа маалықьк. Уи ихьӡ-иԥша адгьыл арлашеит.
2 Иара ибжьы ҭыганы ҿааиҭит: «Вавилон Ду каҳаит! Уи акаҳԥы адемонцәеи, амаалықь цәгьақәеи, ицқьам, ихәынгаушьартә иҟоу аԥсаатәқәеи рынхарҭа ҭыԥны дҟалеит.
3 Лара дыкны дызмаз агәаҳәара аҩы* — асексуалтә ламысдара* аҩы — ажәларқәа зегьы идлыржәуан. Адгьыл аҳцәа уи илыцныҟәон*. Дыԥхамшьаӡакәа еизылгаз амал ду абзоурала адгьыл ахәаахәҭцәа беиахеит».
4 Сара исаҳаит ажәҩан аҟынтә даҽа бжьык абас шаҳәаз: «Дааншәыжь уи, сыжәлар, лыгәнаҳақәа шәрылахәымхарц азы, лара илыхьуа шәаргьы ишәмыхьырц азы,
5 избанзар ашьха еиԥш еизҳаз лыгәнаҳақәа ажәҩан аҟынӡа инаӡеит, убри аҟынтә Анцәа уи лус цәгьақәа рзы длықәыӡбоит.
6 Егьырҭ дышрызныҟәоз еиԥш шәлызныҟәа, илзыжәуа лара иҟалҵоз аасҭа ҩынтә еиҳазааит. Аҩы зҭаҟалҵоз аҵәца ҩынтә еиҳаны илызҭашәҭәа.
7 Шаҟа лхы шьҭылхуаз, дыԥхамшьаӡакәа шаҟа амал еизылгаз аҟара, убри аҟара агәаҟреи агәырҩеи дақәшәыршәа. Лара гәаныла ус лҳәоит: „Сара аҳкәажә соуп, сара сыԥҳәысеибаӡам, ахаан агәырҩа збараны сыҟаӡам“.
8 Убри азы ҽнакала арыцҳарақәа дрықәшәоит: амлакреи, агәырҩеи, аԥсреи. Анцәа уи амца лыцраҵаны дибылуеит, избанзар илықәыӡбаз Анцәа Иегова* дыӷәӷәоуп.
9 Илыцныҟәоз*, насгьы дыԥхамшьаӡакәа еизылгаз амал лыцеиҩызшоз адгьыл аҳцәа уи дызлабылуа амца иахылҵуа алҩа анырбалак, ргәы иаасуа дырҵәыуалоит.
10 Даргьы уи аҩыза иақәдыршәар ҳәа ишәаны, инахараны игылазаауеит, иагьырҳәалоит: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи узықәшәаз амч ду змоу ақалақь ду Вавилон! Шаҟа ирласны иуқәыӡбазеи!“
11 Адгьыл ахәаахәҭцәагьы игәырҩо уи рҵәыуалоит, избанзар рыҭитәқәа уаҳа аӡәгьы иааихәалаӡом.
12 Аӡәгьы иааихәалаӡом ахьи, араӡни, зыхә ҳараку ахаҳәқәеи, абырлаши, ақәны цқьеи, абырфыни, апурпурԥштәы змоу амаҭәеи, амаҭәа ҟаԥшьи, зыфҩы хаау амҿы иалху амаҭәарқәеи, асланқәа рыбаҩи зегь иреиӷьу амҿи ирылху амаҭәарқәеи, абҩеи, аихеи, амармалташьи,
13 иара убас акорицеи, акардамони, афимиами, зыфҩы хаау ахәшеи, аладани, аҩи, амаслинахәшеи, зегь иреиӷьу ачашылеи, ачарыци, арахәи, ауасақәеи, аҽқәеи, ауардынқәеи, амаҵуцәеи, ԥсы зхоу егьырҭ ауааи.
14 Бзиа иубоз ашәыр бзиақәа умырхит, зегь иреиӷьу афатәи уаҩ иимбац абеиареи уаҳа ахаан иубараны уҟам.
15 Уи зегь зҭиуаз, уи ақалақь абзоурала ибеиахаз ахәаахәҭцәа иара зықәшәаз даргьы ақәшәар ҳәа ишәаны, инахараны игыланы, игәырҩо ирҵәыуалоит,
16 иагьырҳәалоит: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи ақәны цқьа иалху маҭәалеи, апурпурԥштәы змоу маҭәалеи, иҟаԥшьу маҭәалеи еилаҳәоу, хьылеи, зыхә ҳараку хаҳәлеи, бырлашлеи еибыҭоу ақалақь ду зықәшәаз!
17 Шаҟа ирласны иқәӡаазеи абри аҩыза амал ду!“
Амшынуаа зегьы, акаԥданцәагьы, аматросцәагьы, амшын ала зхы ныҟәызгоз зегьы инахараны игыланы,
18 уи злабылуаз амца иахылҵуаз алҩа иахәаԥшуа, ус рҳәон: „Ари ақалақь ду иеиԥшу даҽа қалақьк ыҟоума?“
19 Дара рхы асаба ақәыԥсо, рыҽшьуа иҵәыуон, иагьырҳәон: „Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи аӷбақәа змаз зегьы идырҳаз амал зыбзоуроу ақалақь ду зықәшәаз! Шаҟа ирласны иқәӡаазеи уи!“
20 Угәырӷьала ажәҩан, шәгәырӷьала иԥшьоу ауааи, апостолцәеи, аԥааимбарцәеи, избанзар шәаҳаҭыразы Анцәа уи дақәыӡбеит!»
21 Амч ду змаз амаалықь алу ду иеиԥшыз ахаҳә аашьҭихын, амшын иалаижьит, иагьиҳәеит: «Абас ауп ақалақь ду Вавилон ирласны ишықәӡаауа, хабарда ишыбжьаӡуа.
22 Аҩымаа азырҳәо ашәаҳәаҩцәа рыбжьи, аҿарпын абжьи, абыкь абжьи, егьырҭ амузыкатә инструментқәа рыбжьи уаҳа уара уҿы игараны иҟаӡам. Уара уҿы напҟазакгьы даанхаӡом, алу абжьгьы уаҳа ахаан игалаӡом.
23 Уаҳа уара уҿы акәаҷабқәа лашалаӡом, ԥҳәыс даазго ахаҵеи аҭацеи рыбжьгьы галаӡом. Ухәаахәҭцәа уаа дуқәан, успиритизм* ала ажәларқәа зегь ужьон.
24 Абри ақалақь ауп изхароу аԥааимбарцәа ршьеи, иԥшьоу ауаа ршьеи, адгьыл аҿы иршьыз зегьы ршьеи ахькаҭәаз».
Албаагақәа
^ Ма «агәыԥжәара аҩы».
^ Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
^ Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».