Аатра 2:1—29
2 Ефестәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар зарӷьа напаҿы быжь-еҵәак зку, насгьы ахьы иалху арлашагақәа быжьба ирылагылоу ииҳәо:
2 ‚Сара уусқәа здыруеит, издыруеит шаҟа аџьабаа убо, ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа шухуго, иара убас ауаа цәгьақәа шудумкыло. Издыруеит ҳапостолцәоуп ҳәа зҳәо шапостолцәам шеилукааз, амц шырҳәо шрыҵудырааз.
3 Уара ачҳара ааурԥшуеит, сыхьӡ азы иухугаз рацәоуп, угәгьы каумыжьӡеит.
4 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп: уара раԥхьа иумаз абзиабара уцәыӡит.
5 Убри аҟынтә иуцәыӡыз угәаларшәа, иҟауҵаз уахьхәны, раԥхьатәи уусқәа рахь ухынҳәы. Уахьымхәыр, уара уахь снеины, урлашага ахьгылоу аҭыԥ аҟынтә еиҭазгоит.
6 Амала, Николаи исекта иатәу русқәа ахьуцәымӷу бзиоуп, урҭ саргьы исцәымӷуп.
7 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: сара аиааира зго азин исҭоит Анцәа иџьанаҭ аҿы игылоу аԥсҭазаара аҵла аҟынтә ашәыр афара‘“.
8 Смирнатәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар ииҳәо Ираԥхьатәиу, насгьы Иҵыхәтәантәиу, иԥсны иҟаз, аха зыԥсы ҭалаз:
9 ‚Сара издыруеит агәаҟрақәа шухуго, ушӷару, аха уеизгьы убеиоуп. Издыруеит ҳауриацәоуп ҳәа зҳәо иҟоу зегь шузырҳәо, аха урҭ ауриацәаӡам, Аҩсҭаа исинагога роуп.
10 Узықәшәараны иҟоу агәаҟрақәа урцәымшәан, Аџьныш шьоукы абахҭа шәҭаижьуеит, аҵыхәтәанынӡа шәԥышәахарц, насгьы жәамш шәгәаҟларц азы. Уԥсы ахьынӡаҭоу ухьамҵӡакәа угылаз, ухаҵара умырӡын, усҟан аԥсҭазаара* ҳамҭас иусҭоит.
11 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: аиааира зго аҩбатәи аԥсра* ибаӡом‘“.
12 Пергамтәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар наҟ-ааҟ ицҳафыруа аҳәа ду змоу ииҳәо:
13 ‚Сара издыруеит уара Аҩсҭаа итәарҭаҭыԥ аҿы ушынхо, аха уеизгьы сыхьӡ уадгылоуп. Шәықалақь аҿы, Аҩсҭаа дахьтәоу аҭыԥ аҿы, сышаҳаҭ иаша Анти́па даныршь амшқәа рзгьы сара сахь иумоу ахаҵара уацәхьамҵӡеит.
14 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп. Уара иумоуп Валаа́м иҵара иацныҟәо ауаа. Уи зны Вала́к иирҵахьан израильаа шхихша, аидолқәа ирызнаргоз афатә афара иалагарц, насгьы иламысдоу* аусқәа ҟарҵаларц азы.
15 Уи адагьы, уара Николаи исекта иатәу рҵарақәа ирыцныҟәо ауаа умоуп.
16 Убри аҟынтә уахьхәы. Уахьымхәыр, ирласны снеины, урҭ сҿы иҭаку аҳәа ду ала срабашьуеит.
17 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит: аиааира зго иҵәаху аманнеи ахаҳә шкәакәеи исҭоит. Уи ахаҳә ахьӡ ҿыц анызаауеит, уи ахьӡ изауа ида аӡәгьы издырӡом‘“.
18 Фиатиратәи аизараҿы иҟоу амаалықь абас изҩы: „Абар зыблақәа амцаԥшь иеиԥшу, зшьапқәа абҩа цқьа еиԥш ицырцыруа Анцәа Иԥа ииҳәо:
19 ‚Сара издыруеит уусқәа, издыруеит абзиабареи ахаҵареи шааурԥшуа, Анцәа имаҵ шууа, ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа шухуго, издыруеит уаанӡа аасҭа уажәы еиҳаны ишыҟауҵо.
20 Аха сгәы иалоугьы ыҟоуп. Уара сԥааимбаруп ҳәа зҳәо Иезаве́ль дучҳауеит. Лара лҵарақәа рыла смаҵуцәа лжьоит, иламысдоу* аусқәа ҟарҵаларц, насгьы аидолқәа ирызнарго афатә рфаларц азы.
21 Сара уи дахьхәырц аамҭа лысҭеит, аха лсексуалтә ламысдара* ахьхәра лыгәгьы иҭаӡам.
22 Сара уи ачымазара бааԥс лырхьны аиарҭа дасҭоит, илыцкаҳԥуагьы* идлырҟаҵоз аусқәа ирхьымхәыр, арыцҳара ду иақәсыршәоит.
23 Лхәыҷқәа ракәзар, изго ачымазара дырхьны исшьуеит, усҟан аизарақәа зегьы еилыркаауеит сара ауаҩы дзызхәыцуа, игәы иҭаҵәаху* шҭысҵаауа. Ааи, сара дасу шәыхәҭа шәысҭоит, ишәықәнагоу шәақәсыршәоит.
24 Иезаве́ль лҵарақәеи Аҩсҭаа имцҵарақәеи ирықәымныҟәо Фиати́ра иҟоу егьырҭ зегьы ишәасҳәар сҭахуп абри ада даҽа еидарак шәаҵасҵар шысҭахым:
25 снеиаанӡа ишәымоу шәыхьчала.
26 Аҵыхәтәанынӡа исҭаху ҟазҵо, аиааирагьы зго — ажәларқәа дырхагылартә еиԥш амчра исҭоит,
27 Саб саргьы амчра шсиҭаз еиԥш. Амчра зысҭо аиха иалху алабашьа ала ажәларқәа напхгара рзиулоит, даргьы анышәаԥшь иалху аԥҳалқәа реиԥш иԥыххааса ицоит.
28 Сара уи шарԥыеҵәа исҭоит.
29 Алымҳақәа змоу иԥшьоу адоуҳа аизарақәа иранаҳәо дазыӡырҩааит‘“.
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсҭазаара агәыргьын».
^ Наӡаӡатәи аԥсра.
^ Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
^ Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
^ Ара иаагоу абырзен ажәа ахатә ҩыза иԥсахра аанагоит.
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иҷаҷақәа».