Аатра 6:1—17

  • Асыс фы-мҳәырк амнахуеит (1—17)

    • Аҽы шкәакәа иақәтәоу аиааира игоит (1, 2)

    • Амцаԥшь еиԥш иҟаԥшьу аҽы иақәтәоу адгьыл аҟынтә аҭынчра игоит (3, 4)

    • Аҽы еиқәаҵәа иақәтәоу амлакра ааигоит (5, 6)

    • Ицәышу аҽы иақәтәоу Аԥсра ихьӡуп (7, 8)

    • Иршьыз Анцәа имаҵуцәа ршьа акәырбаннагарҭа ашьапаҿы (9—11)

    • Адгьылҵысра ӷәӷәа (12—17)

6  Сара избеит Асыс бжьы-мҳәырк рҟынтә актәи амҳәыр шамнахыз. Уи ашьҭахь исаҳаит, ахерувимцәа* руаӡәк ибжьы адыдбжьы иеиԥшны: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 2  Сара избеит аҽы шкәакәа, уи иақәтәаз ахыци ахәымпали икын, агәыргьынгьы иҭан. Иара аиааира зго иеиԥш ддәықәлеит, иаӷацәа нирҵәарц азы. 3  Аҩбатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит аҩбатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 4  Усҟан амцаԥшь еиԥш иҟаԥшьӡа иҟаз даҽа ҽык цәырҵит. Уи иақәтәаз адгьыл аҟынтә аҭынчра агара азин иҭан, адгьыл иқәынхо ауаа нибарҵәаларц азы, иара убас уи аҳәа ду иҭан. 5  Ахԥатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит ахԥатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз, нас избеит аҽы еиқәаҵәа шцәырҵыз, уи иақәтәаз акапанга икын. 6  Сара исаҳаит ԥшьҩык ахерувимцәа рҟынтә бжьык шааиуаз, уи абас аҳәеит: «Хи́никск* ачарыц динарк* ҳәа, х-хи́никск ачаԥшь динарк ҳәа. Амаслинахәшеи аҩи урыламкьысын». 7  Аԥшьбатәи амҳәыр анамнах, исаҳаит аԥшьбатәи ахерувим: «Уца!» — ҳәа шиҳәаз. 8  Усҟан избеит ицәышыз аҽы, уи иақәтәаз Аԥсра ихьӡын, иара ишьҭаланы анышәынҭра* неиуан. Дара адгьыл аԥшьбатәи ахәҭа иқәынхо ауаа аҳәа ду ала, амлакра ала, ачымазара ҿкқәа рыла, иара убас агыгшәыгқәа рыла иршьларц амчра рыҭан. 9  Ахәбатәи амҳәыр анамнах, сара избеит акәырбаннагарҭа ашьапаҿы икаҭәаз ашьа. Уи Анцәа имаҵзуҩцәа ршьа акәын. Урҭ Анцәа иажәа иахьықәныҟәоз, насгьы шаҳаҭра ахьыруаз азы иршьит. 10  Дара рыбжьы ҭыганы абас рҳәон: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, иԥшьоу Анцәа иаша, ианбанӡаучҳало? Адгьыл иқәынхо ҳазшьыз рус анбоуӡбо, рықәнага ианбақәуршәо?» 11  Дара иауз амаҭәа шкәакәақәа рыҭан, насгьы дара шшьыз еиԥш Анцәа имаҵ зцыруаз рашьцәагьы ршьаанӡа, насгьы рхыԥхьаӡара харҭәаахаанӡа даҽа маҷк иааԥшырц раҳәан. 12  Сара избеит Асыс афбатәи амҳәыр шамнахыз, усҟан адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, амра ашәы* ахадырԥазшәа еиқәаҵәахеит, амза ашьа еиԥш иҟаԥшьхеит, 13  ажәҩан икыдыз аеҵәақәа кыдышәшәаны адгьыл иқәыԥсеит, аԥша цәгьа анасуа, алаҳа кәамԥақәа алаҳаҵла иҿышәшәаны ишкаԥсо еиԥш. 14  Ажәҩан ашәҟәеикәарҳә еиԥш аҽеикәанарҳәын, ибжьаӡит. Шьхас, дгьылбжьахас иҟаз зегь рҭыԥқәа рҟынтә еиҭаҵит. 15  Адгьыл аҳцәеи, ачынуааи, аруаа реиҳабацәеи, ауаа беиақәеи, амчра змоу ауааи, амаҵуцәеи, зхы иақәиҭу ауааи аҳаԥқәеи ашьхарақәеи рҿы рҽырҵәахит. 16  Дара ашьхақәеи ацаҟьақәеи рахь рхы рханы абас рҳәон: «Ҳшәыхьча, аҳ итәарҭаҿы итәоу иҟынтә ҳашәҵәахы, Асыс агәыԥжәара ҳацәышәыхьча, 17  избанзар урҭ ргәыԥжәара амш ду ааиуеит, иацәынхода уи?»

Албаагақәа

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.
Ахиникс абырзенцәа ршәага-зага акәын, литрак аасҭа маҷк еиҳан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ара зыӡбахә ҳәоу аласа иалырхуаз амаҭәа џьаџьа ауп.