Аатра 8:1—13

  • Абыжьбатәи амҳәыр амхуп (1—6)

  • Раԥхьатәи ԥшь-быкьк рыбжьы гоит (7—12)

  • Арыцҳара шыҟало хынтә иҳәоуп (13)

8  Абыжьбатәи амҳәыр анамнах, ажәҩан аҿы сааҭбжак аҟара иҭынчрахеит. 2  Усҟан сара избеит Анцәа иҿаԥхьа быжьҩык амаалықьцәа шгылаз. Дара быжь-быкьк рыҭан. 3  Даҽа маалықькгьы ахьы иалхыз афимиамҭра кны дааин, акәырбаннагарҭа днадгылеит. Иара ирацәаны афимиам иҭан, иԥшьоу зегьы Анцәа ианиҳәо аамҭазы аҳ итәарҭа аҿаԥхьа игылоу ахьы иалху акәырбаннагарҭаҿы уи афимиам иблырц азы. 4  Амаалықь ииблыз афимиам иахылҵуаз алҩа иԥшьоу рыҳәарақәа ирыцны Анцәа иахь ихалеит. 5  Уи ашьҭахь амаалықь иаразнак акәырбаннагарҭа аҟынтә ижжаӡа иакыз акәицқәа* иган, афимиамҭра ирҭәит, нас урҭ адгьыл ахь икаижьит. Усҟан идыдит, имацәысит, абжьқәа геит, адгьыл ҵысит. 6  Быжь-быкьк зкыз быжьҩык амаалықьцәагьы абыкь асразы рыҽдырхиеит. 7  Абыкь дасит актәи амаалықь. Усҟан адгьыл ахь ишьаӡагәаӡаха акырцхи амцеи леит. Илеимгәаблы ицеит адгьыл ахԥатәи ахәҭа, аҵлақәа ахԥатәи рыхәҭа, насгьы аиаҵәара зегьы. 8  Абыкь дасит аҩбатәи амаалықь. Усҟан амца зкыз, ашьха ду иеиԥшыз акы амшын иалаҳаит. Амшын ахԥатәи ахәҭа шьаарҵәырахеит. 9  Амшын иҭаз ԥсы зхаз зегьы ахԥатәи рыхәҭа ԥсит, аӷбақәа рҟынтә ахԥатәи ахәҭагьы ӡааҟәрылеит. 10  Абыкь дасит ахԥатәи амаалықь. Усҟан амцабз иеиԥшыз аеҵәа ду ажәҩан иалыбган, аӡиасқәа ахԥатәи рыхәҭеи аӡқәа ахьыҵыҵуаз аҭыԥқәеи ирылаҳаит. 11  Уи аеҵәа иашоу аҳаскьын* ахьӡын. Аӡқәа ахԥатәи рыхәҭа уи аҳаскьын еиԥш иашахеит. Уи аӡы иахҟьаны иԥсыз рацәаҩхеит, избанзар аӡы ашахеит. 12  Абыкь дасит аԥшьбатәи амаалықь. Усҟан амра ахԥатәи ахәҭеи, амза ахԥатәи ахәҭеи, аеҵәақәа ахԥатәи рыхәҭеи лашьцеит, амш ахԥатәи ахәҭеи аҵх ахԥатәи ахәҭеи лашарада инхеит. 13  Сара избеит ажәҩан иалаз ауарбажә. Уи абжьы ҭыганы абас аҳәон: «Изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи, изакә рыцҳароузеи адгьыл иқәынхо ауаа зықәшәо, абыкь абжьы аргара иазхиоу иаанхаз хҩык амаалықьцәа рбыкьқәа рыбжьы андырго!»

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амца».
Аполынь.