Ауриацәа рахь 12:1—29
12 Ажәакала, хыԥхьаӡара змам арҭ ашаҳаҭцәа аԥҭа ду еиԥш иааҳакәыршаны иҟоуп азы, шәааи наҟ икаҳажьып еидарас ҳазҵоу зегьы, иара убас ҳашьаҳара ззымариоу агәнаҳагьы, насгьы ҳгәы камыжькәа, ачҳара аарԥшны, ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа ҳаныланы ҳаҩлап,
2 ҳхаҵара наӡаны иҟазҵо, уи Ԥхьагылаҩыс иамоу Иисус ҳалаԥш ихымгакәагьы ҳаҩлап. Изыԥшыз агәырӷьара аҳаҭыразы иара ахьымӡӷ дацәымшәаӡакәа, ашьаҟаҿы дгәаҟны дыԥсит, нас Анцәа иарӷьараҿ* дтәеит.
3 Шәазхәыц агәнаҳаҟаҵаҩцәа иҟоу зегь шизырҳәозгьы, ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы, шәымч шәылымӡаарц, шәыгәгьы камҳарц азы. Дара урҭ ажәақәа рыла рхы иақәыӡбеит.
4 Шәара шәакәзар, агәнаҳа шәаҿагыланы аԥсра аҟынӡа макьана шәмықәԥаӡацт.
5 Уимоу, шәара зынӡа ишәхашҭит Анцәа иԥацәа реиԥш ишәабжьигаз: «Сыҷкәын, Иегова* иуиҭо алабжьара тәамбашақә уазымнеилан, уанириашогьы угәы каумыжьлан,
6 избанзар Иегова бзиа иибо дириашоит. Иара аԥа иеиԥш дыззыҟоу иқәнага дақәиршәоит*».
7 Уи ачҳара аарԥшны ишәхыжәгала, избанзар уи зегь зышәхыжәго шәыриашахарц азоуп. Анцәа иԥацәа реиԥш дышәзыҟоуп. Дарбан абу зԥа дызмыриашо?
8 Анцәа шәимыриашозар, закәанла имиз ахәыҷқәа шәоуп, иԥацәа шәакәӡам.
9 Ҳабацәа инақәырӷәӷәаны ҳдыриашон, ҳаргьы урҭ пату рықәаҳҵон. Нас, ҳдоуҳатә ԥсҭазаара Абыс иамоу изыӡырҩра еиҳагьы ҳазхиазар акәӡами, аԥсҭазаара ҳцәымӡырц азы?
10 Дара аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа ауп ҳандыриашоз, иара уигьы дара ииашоуп ҳәа ишырыԥхьаӡоз алоуп ҳашдыриашоз. Иара иакәзар, ҳазириашо, уи ахәарҭа ҳзаанагарц азоуп, иара иеиԥш ҳаԥшьазарц азы.
11 Ҳәарада, ҳандыриашо ҳгәы иахәаӡом, уи ахьаа ацуп, аха ҳаҽҳариашар, уи аҭынчреи аиашареи ҳзаанагоит.
12 Убри аҟынтә ихьыдышьшьыз шәнапқәеи иԥсыҽхаз шәшьамхқәеи шәырӷәӷәа.
13 Амҩа иаша шәаныланы шәцала, ицыркьуа шәшьапы мхҳәацырц, аха ибзиахарц азы.
14 Ауааи шәареи шәыбжьара аҭынчра ыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәыԥшьазарц азгьы ишәылшо зегь ҟашәҵала, избанзар ауаҩы дыԥшьамзар, Иҳақәиҭу дизбаӡом.
15 Шәгәышәҽаныз, Анцәа иааирԥшуа шәзыԥсам ақьиара шәцәымӡааит, шәыбжьара ашҳам змоу адац иеиԥшу ауаҩы дҟамлааит. Уи иҩыза ауаҩы ауадаҩрақәа цәыригоит, ибжьихуагьы рацәаҩуп.
16 Шәгәышәҽаныз шәыбжьара аламысдақәа*, мамзаргьы Исав иеиԥш иԥшьоу ахә зымшьо ҟамларц азы. Иара саанк афатә азы аԥеиҳаб иеиԥш имаз азин мап ацәикит.
17 Шәара ижәдыруеит нас, ԥыҭрак ашьҭахь, иара алԥха иоурц аниҭахха, мап шицәкыз. Длаӷырӡышо иаб дышиҳәозгьы иӡбара иԥсахырц азы, уи амыхәаӡеит.
18 Шәара шәыззааигәахаз амца зку, иубо ашьха акәӡам, аԥҭа еиқәаҵәа акәӡам, лашарак ахьыҟам алашьцара акәӡам, афырҭын акәӡам,
19 абыкь абжьы акәӡам, ажәҩан аҟынтә ауаа ирацәажәоз абжьы акәӡам. Ауаа уи абжьы анраҳа, уаҳа акгьы ранамҳәарц аҳәара ҟарҵон,
20 избанзар дара абри адҵа иацәшәеит: «Аԥстәыҵәҟьа ашьха ашьапы ықәнаргылар, уи ахаҳә иаргатәуп».
21 Уи даараӡа уаршәаратәы иҟаҵәҟьан, иара Моисеи ихаҭагьы абас иҳәеит: «Сара сшәоит, сцәа сҭаӡыӡоит».
22 Шәара шәыззааигәахаз ашьха Сион ауп, зыԥсы ҭоу Анцәа иқалақь — жәҩантәи Иерусалим — ауп, џьарак еизаз жәанызқьҩыла* амаалықьцәа роуп,
23 зыхьӡқәа ажәҩан аҿы иану раԥхьатәи аԥацәа реизара ауп, зегь Ӡбаҩыс ирымоу Анцәа иоуп, анаӡарахь инагоу ауаа иашақәа рдоуҳатә ԥсҭазаара ауп,
24 аиқәшаҳаҭра ҿыц цҳаражәҳәаҩыс иамоу Иисус иоуп, Авель ишьа аасҭа еиӷьу Иисус иҳақәирԥҟҟаз ашьа ауп.
25 Ажәҩан аҟынтә ицәажәо изыӡырҩра мап ацәышәымклан*. Ажәытәан ауаа адгьыл аҿы ираҳауаз Анцәа игәҽанҵарақәа иахьырзымӡырҩыз азы еиқәымхазар, ҳәарада, ҳаргьы ажәҩан аҟынтә зыбжьы ҳаҳауа иҳаиҳәо ҳазымӡырҩыр, ҳзеиқәхаӡом.
26 Усҟан ибжьы адгьыл архыџхыџит. Уажәы иара иҳәоит: «Сара еиҭа адгьыл мацара акәым, ажәҩангьы сырхыџхыџуеит».
27 Ажәа «еиҭа» иаанарԥшуеит Анцәа ихыџхыџуа — иара иимшаз — шықәихуа, ахаан имхыџхыџуа аанхарц азы.
28 Ҳара иаҳдыруеит ахаан имхыџхыџуа Аҳра шҳауа, убри аҟынтә Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара анаҩсгьы иҳамазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап, уи абзоуралоуп ҳара ашәареи апатуқәҵареи аарԥшуа, Анцәа ишиҭаху имаҵ аура злаҳалшо,
29 избанзар Ҳанцәа зегь ықәыццышәаа иқәызҵо мцоуп.
Албаагақәа
^ Ма «итәарҭаҭыԥ арӷьараҿы».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ҟамчыла дипҟоит».
^ Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
^ Ма «мириадҩыла».
^ Ма «иҿаԥхьа шәхы шәмыриашалан».