Ауриацәа рахь 13:1—25

  • Аҵыхәтәантәи ажәақәа (1—25)

    • «Асасдкылара аарԥшра шәхашәмыршҭлан» (2)

    • Аҭаацәара пату ақәышәҵала (4)

    • «Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла» (7,17)

    • Ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа акәырбан еиԥш Анцәа изнаго, дҳарҽхәалап (15, 16)

13  Еишьцәаҵас бзиа шәеибабала анаҩсгьы. 2  Асасдкылара аарԥшра* шәхашәмыршҭлан, избанзар асасдкылара аазырԥшыз шьоукы рхаҭа уи рзымдырӡакәа амаалықьцәа рыдыркылеит. 3  Абахҭа иҭаку шәхашәмыршҭлан, шәаргьы урҭ шәрыцҭакушәа жәбала, иҟоу зегь ззаарцогьы шәхашәмыршҭлан, избанзар шәхаҭагьы ацәеижь змоу, ашьа злоу уаауп*. 4  Зегьы аҭаацәара пату ақәырҵалароуп, ахаҵа иԥҳәыс димԥсахроуп, аԥҳәыс лхаҵа длымԥсахроуп, избанзар Анцәа ламысдарала* зхы мҩаԥызго зегьы дрықәыӡбоит, урҭ аҭаацәара иалазаргьы иаламзаргьы. 5  Аԥара бзиа ишәымбалан, ишәымоу маҷшәымшьалан, избанзар иара иҳәеит: «Ахаангьы уаансыжьӡом, ахаангьы укасыжьӡом». 6  Убри азоуп ҳара ҳамшәаӡакәа абас заҳҳәо: «Иегова* сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом. Ауаҩы исзиураны иҟоузеи?» 7  Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәхашәмыршҭлан. Дара Анцәа иажәа шәдырҵон. Урҭ рхымҩаԥгашьа лҵшәас иаанаго шәахәаԥшны, рхаҵара шәаҿыԥшла. 8  Иисус Христос ахаан иҽиԥсахӡом — иацгьы, иахьагьы, наӡаӡагьы. 9  Ишәзымдыруа еиуеиԥшым аҵарақәа шәшьақәдырҟьар шәымун. Еиҳа еиӷьуп Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ала шәыҽшәырӷәӷәалар*, афатә иазку аԥҟарақәа рыла акәымкәа, избанзар урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәо иахьрықәныҟәо ахәарҭа рзаанагаӡом. 10  Ҳара акәырбаннагарҭа ҳамоуп. Ақьалаҿы амаҵ зуа уи акәырбаннагарҭа иқәу рфар ҟалаӡом. 11  Аԥшьаҩ хада иԥшьоу аҭыԥ* дыҩналаны, агәнаҳазы кәырбанҵас аԥстәқәа ршьа неигоит, аԥстәқәа рхаҭақәа алагер анҭыҵ ирбылуеит. 12  Убри азоуп Иисусгьы ақалақь агәашәқәа рынҭыҵ дгәаҟны дзыԥсыз, ишьала ажәлар иԥшьарц азы. 13  Убри аҟынтә, шәааи, алагер ҳалҵны, иара иахь ҳнеип, иара иигаз ахьымӡӷ ҳаргьы иаҳгап, 14  избанзар ҳара еснагь иҟоу ақалақь ҳамаӡам, аха ҳгәы хыҭхыҭуа иааираны иҟоу ақалақь ҳазыԥшуп. 15  Шәааи Иисус ила еснагь Анцәа дҳарҽхәалап, ихьӡ ауаа ирылаҳҳәалап, убасала, ҳҿы иҭыҵуа ажәақәа рыла, акәырбан изнаҳгалап. 16  Иара убас абзиара аҟаҵареи ишәымоу егьырҭ рыцеиҩшареи шәхашәмыршҭлан, избанзар ус еиԥш иҟоу акәырбанқәа Анцәа игәы иахәоит. 17  Шәыбжьара напхгара ҟазҵо шәырзыӡырҩла, рҳәатәы шәацныҟәала, избанзар дара Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟазҵараны иҟоу реиԥш иааҟәымҵӡакәа ишәхылаԥшуеит. Рҳәатәы шәацныҟәалар, дара уи иқәыԥсычҳауа акәымкәа, игәырӷьаҵәа иҟарҵалоит. Иқәыԥсычҳауа иҟарҵалар, уи шәара ишәԥырхагахар алшоит. 18  Шәиҳәала Анцәа ҳара ҳзы, избанзар иҟаҳҵозаалакгьы ламысцқьала иҟаҳҵоит азы, ҳаламыс шыцқьоу* ҳдыруеит. 19  Аха еиҳараӡак сшәыҳәар сҭахуп иаарласны шәара шәахь схынҳәырц азы Анцәа шәиҳәаларц. 20  Наӡаӡатәи аиқәшаҳаҭра ашьа Анцәа изназгаз ахьча ду Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭазҵаз аҭынчра Анцәа 21  ииҭаху анагӡара шәылшаларц азы иаҭаху зегь шәиҭааит, Иисус Христос ила ииҭаху аҟаҵара ҳгәазҭеиҵалааит, наӡаӡа хьӡи-ԥшеи имазааит. Амин. 22  Сашьцәа, сшәыҳәоит шәгәы шьҭызхуа арҭ ажәақәа ачҳара аарԥшны шәырзыӡырҩырц, ишәзысҩыз уиаҟара ирацәаӡам. 23  Ижәдыруазар сҭахуп ҳашьа Тимофеи дшоурыжьыз. Уи иаарласны даар, иареи сареи шәара шәахь ҳаицнеиуеит. 24  Асалам сызрышәҭ шәыбжьара напхгара ҟазҵо, насгьы иԥшьоу зегьы. Асалам шәырҭоит Италиа иҟоу аишьцәа. 25  Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара зегьы ишәымазааит.

Албаагақәа

Ма «ишәзымдыруа иахь ақьиара аарԥшра».
Мамзаргьы иҟалап «шәаргьы урҭ шәрыцгәаҟуашәа жәбала».
Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыгәқәа шәырӷәӷәалар».
Ма «Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шыбзиоу».