Ауриацәа рахь 7:1—28

  • Мелхиседек аҳ иоуп, дагьԥшьаҩуп (1—10)

  • Аԥшьаҩы иаҳасабала Христос имаҵзура зегьы излареиӷьу (11—28)

    • Христос илшоит Анцәа изааигәахо реиқәырхара (25)

7  Хыхь иҟоу Анцәа Ду ԥшьаҩыс имаҵ зуаз салимтәи аҳ Мелхиседе́к аҳцәа ириааины ихынҳәны иаауаз Авраам диԥылан, диқәныҳәеит. 2  Авраам имаз зегь аҟынтә Мелхиседе́к ажәабатәи ахәҭа ииҭеит. Ихьӡ иаанагоит «аиашара аҳ», иара убас иара Сали́м аҳ иоуп, уи иаанагоит «аҭынчра аҳ». 3  Уи иаб дыҟам, иан дыҟам, ишьҭрагьы ыҟам, даниз аӡәгьы издырӡом, данԥсызгьы аӡәгьы издырӡом, убри ала Анцәа Иԥа диеиԥшуп, наӡаӡагьы ԥшьаҩыс даанхоит. 4  Шәазхәыц ҳабацәа раб Авраам аибашьра иалигаз иреиӷьу амазара аҟынтә ажәабатәи ахәҭа зиҭаз уи ауаҩ шаҟа дуаҩ дууз. 5  Ԥшьаҩцәас амаҵ зуа Ле́ви иԥацәа азакәан инақәыршәаны ажәлар ажәабатәи ахәҭа рылырхлар ауп, урҭ рашьцәа шракәугьы, Авраам ихылҵыз шракәугьы. 6  Уи ауаҩ Ле́ви ишьҭра дшатәымызгьы, Авраам ажәабатәи ахәҭа имихит, насгьы ақәыргәыӷра зоухьаз диқәныҳәеит. 7  Еилкаауп еиҳау еиҵоу дышиқәныҳәо. 8  Ажәабатәи ахәҭа зауаз алевитцәа иԥсуаз уаан, аха Аҩыра иаҳәоит ажәабатәи ахәҭа зауз егьи ауаҩ иԥсы шҭоу. 9  Иаҳҳәар ҳалшоит ажәабатәи ахәҭа зауаз Ле́вигьы Авраам ила ажәабатәи ахәҭа ишәеит ҳәа, 10  избанзар Авраами Мелхиседе́ки анеиқәшәа, Авраам Ле́ви дихылымҵӡацызт. 11  Ле́ви ишьҭра иатәыз аԥшьаҩцәа рмаҵзура израильаа ирыҭаз Моисеи изакәан иахәҭакын. Урҭ рмаҵзура абзоурала анаӡара уоур ҟалозҭгьы, Ааро́н иакәымкәа, Мелхиседе́к иеиԥшыз даҽа ԥшьаҩык даҭаххозма? 12  Ԥшьаҩцәас амаҵ зуа рыԥсахуазар, азакәангьы ԥсаххоит. 13  Зыӡбахә ҳҳәо дызтәу даҽа шьҭрак ауп, уи ашьҭра аҟынтә аӡәгьы акәырбаннагарҭаҿы амаҵ иуӡомызт. 14  Ҳара иаҳдыруеит Иҳақәиҭу Иуда ишьҭра дшалҵыз, Моисеи уи ашьҭраҿы ԥшьаҩцәас амаҵ зуа ҟалоит ҳәа шимҳәазгьы. 15  Мелхиседе́к иеиԥшу даҽа ԥшьаҩык данцәырҵ, уи еиҳагьы иубарҭахеит. 16  Иара ԥшьаҩыс дзыҟалаз азакәан ишаҳәоз еиԥш уи шьҭрала иара иахь иахьиасыз азы акәӡам, ԥсра зқәым аԥсҭазаара изҭо амч ахьимоу азоуп. 17  Иара изкны иҳәоуп: «Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩуп». 18  Ажәакала, уаанӡатәи аԥҟара аԥыхуп, избанзар иԥсыҽуп, иалшо маҷуп. 19  Азакәан инаӡаны иҟанаҵаз ҳәа акгьы ыҟаӡам, Анцәа иҳаиҭаз агәыӷра акәзар, зегь наӡаны иҟанаҵеит. Уи агәыӷра абзоурала ҳара Анцәа ҳаизааигәахоит. 20  Анцәа Иисус ԥшьаҩыс даныҟаиҵа дқәит азы 21  (иҟоуп ԥшьаҩцәас амаҵ зуа, аха Анцәа урҭ ԥшьаҩцәас ианыҟаиҵоз дымқәӡеит. Ари ауаҩ итәы ҳҳәозар, Анцәа уи дықәны ауп ԥшьаҩыс дшыҟаиҵаз. Иара иҳәеит: «Иегова* дқәит, уи дагьахьхәӡом: „Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп“»), 22  Иисус еиҳа еиӷьу аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәараны дазыҟалеит. 23  Уи адагьы, аԥшьаҩцәа рҽырыԥсахлар акәын, избанзар аԥсра рмаҵзура анагӡара ирԥырхаган. 24  Аха иара наӡаӡа дыҟоуп азы, иара иҭыԥан ԥшьаҩыс уаҳа аӡәгьы дҟалаӡом. 25  Убри аҟынтә иара илшоит иара ила Анцәа изааигәахо реиқәырхара, избанзар дара рзы Анцәа диҳәаларц азы есымша иԥсы ҭоуп. 26  Убри иҩыза аԥшьаҩ хада иоуп ҳара иаҳҭахугьы: Анцәа гәыкала изиашоу, ацәгьара злам, ицқьоу, агәнаҳаҟаҵаҩцәа зынӡа иреиԥшым, ажәҩан аасҭа ирҳараку. 27  Иара аԥшьаҩ хадацәа реиԥш есыҽны зны иара игәнаҳақәа рзы, нас ажәлар рыгәнаҳақәа рзы акәырбанқәа неигалар акәӡам. Иара знык кәырбанс ихы ҟаҵаны, ауаа наӡаӡа ахәарҭа рзаазго акәырбан неигеит. 28  Азакәан инақәыршәаны ԥшьаҩ хадацәас иҟало аԥсыҽрақәа змоу ауаа роуп, аха Анцәа азакәан анҳаиҭа ашьҭахь дқәит, наӡаӡа ҳәа инаӡаны иҟалаз Иԥа ԥшьаҩ хаданы дшыҟаиҵо.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.